Амениу
23 Мшаԥы 2024
09:32
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Иорданиа

06.11.2019 10:40 Адиаспора 37111
Зыԥсадагьыл згәы иҭахәхәа иҭоу Иорданиатәи ҳџьынџьуаҩ Азиз Абаза изкны

АААК Аинфопортал иацнаҵоит аҳәаанырцә инхо аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа рыӡбахә шәзеиҭаҳәара. Иахьатәи анҵамҭа изкуп Иорданиа инхо ҳџьынџьуаҩ Азиз Абаза (Мыхц).

03.10.2019 16:10 Адиаспора 38486
Иорданиатәи ҳџьынџьуаҩ Ануар Чкәуа: аԥсуара ҳмилаҭ еиқәнархоит

Жьҭаара 3 рзы имшира азгәеиҭоит АААК апрезидиум алахәыла, Иорданиатәи ҳџьынџьуаҩ Ануар Чкәуа. Аконгресс аделегациа Иорданиа иаҭааны ианыҟаз, АААК аинфопортал агәацԥыҳәара ду змоу ари арԥыс иҿцәажәеит.

27.08.2019 12:00 Ажәабжьқәа 36079
АААК аделегациа Иорданиа раҭаара ахыркәшамҭаз Абаза жәла аҭаацәарақәа ирԥылеит

Мусса Егзакь напхгара зиҭо АААК аделегациа ахаҭарнакцәа Иорданиа раҭаара иалагӡаны аҵыхәтәан ирԥылеит уа инхо Абаза жәла еиднакыло аҭаацәарақәа.

26.08.2019 23:50 Ажәабжьқәа 37789
Мусса Егзакьи Амман иҟоу аспорттә клуб анапхгаҩи русеицура иалацәажәеит

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи Аконгресс егьырҭ ахаҭарнакцәеи Иорданиа раҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны иԥылеит Амман иҟоу аспорттә клуб «Аль Ахли Клаб» анапхгаҩы.

26.08.2019 12:00 Ажәабжьқәа 33453
Мусса Егзакь Иорданиатәи аполитикатә, ауаажәларратә усзуҩцәа дырԥылеит

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы хадара ззиуа Аконгресс аделегациа нанҳәамза 25 рзы Иорданиатәи Ҳашимиҭтәи Акралраҿы еиуеиԥшым аиԥыларақәа мҩаԥнагеит, Иорданиа ауаажәларратә-политикатә усзуҩцәа рԥыларақәагьы уахь иналаҵаны.

25.08.2019 23:50 Ажәабжьқәа 33025
АААК аделегациа Иорданиа иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа анапхгара ирԥылеит

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи егьырҭ Аконгресс ахаҭарнакцәеи Иорданиа иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа анапхгара ирԥылеит, АААК аделегациа арҭ амшқәа рзы усуратә ныҟәарала Иорданиа раҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

25.08.2019 22:50 Ажәабжьқәа 32772
АААК аделегациа Иорданиа иҟоу аԥсуа-абаза уаажәларра ирԥылеит

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь Иорданиатәи Ҳашимиҭтәи Акралра иаҭаара хацыркын нанҳәамза 25 рзы Иорданиа аҳҭнықалақь аҿы инхо аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа рԥыларала.

Аибашьра ахаҿсахьақәа: аԥсуа хатәгәаԥхарауаа рҭоурых

Нанҳәа 15 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Ахатәгәаԥхарауаҩ имш. Ари амш рызкуп – Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала ҳажәлар ирывагыланы аӷа иабашьыз афырхацәа. Абри арыцхә инақәыршәаны АААК аинфопортал иазнархиеит аветеранцәа-ахатәгәаԥхарауаа ирызку ҭоурыхқәак.

02.07.2019 18:50 Аԥсны 41224
Ҭырқәтәылеи Иорданиеи инхо аԥсуа ҭаацәарақәа рҟынтә 70-ҩык ахәыҷқәа ԥсшьара ҳәа Аԥсныҟа иааит 

Ҭырқәтәылеи Иорданиеи инхо аԥсуа хәыҷқәа ԥсшьара ҳәа Аҟәаҟа иааит. Дара рныҟәара еиҿнакааит Аԥсны арепатриациазы аминистрра.