Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс имҩаԥнагеит ақыҭақәа Ԥақәашь, Река, Баслахә, Акәасқьа, Гәыԥ ахәыҷқәа рзы аныҳәа.

Ақыҭақәа Ԥақәашь, Река, Баслахә, Акәасқьа, Гәыԥ рҟынтә ахәыҷқәа 200-ҩык инареиҳаны рхы аладырхәит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс еиҿнакааз аныҳәа. Аныҳәа мҩаԥысит Ԥақәашь ақыҭан рашәара 16 рзы, иагьазкын ари амзазы иазгәарҭаз Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш.

Уаанӡа Ԥақәашь ақыҭа анхаҩы Аркади Ҳашба АААК ахьӡала аҳәара ҟаиҵеит иқыҭа гәакьеи ааигәа-сигәа иҟоу ақыҭақәеи рхәыҷқәа рзы аныҳәа еиҿкаазарц. Иара иазгәеиҭеит Ԥақәашь ишраҳахьоу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аӡбахә: АААК ахаҭарнакцәа арахь иаахьан аиҿкаара зызку, усқәас имҩаԥнаго аиҭахәаразы.

«Ҳара Аконгресс аидеиақәа гәацԥыҳәара дула иҳадаҳкылеит, нас аинтернет аҟны иаҳбеит Аконгресс Аҭаратәи ашкол аҵаҩцәа рзы аныҳәа шеиҿнакааз. Уи ҳанаԥхьа, АААК ахь аҳәара ҟаҳҵеит ҳара ҳҟынгьы абри аҩыза аныҳәа еиҿыркаарц азы. Хаҭала сара сҟынтәи Ԥақәашь ақыҭа анхацәа рыхьӡалеи Аконгресс даараӡа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит иахьатәи аныҳәазы», – иҳәеит Ҳашба.

Иара иациҵеит «аибашьра ааилгеижьҭеи» (1992-1993 шш. рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра – аред.) иқыҭаҿы «абри аиԥш зеиԥшу аныҳәа ҟамлацызт, ираԥхьатәиуп» ҳәа.

Аныҳәа алагамҭазы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихьӡала аныҳәа алахәцәа зегьы аԥсшәа реиҳәеит АААК Ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба. Иара иазгәеиҭеит Аконгресс аусураҿы ахәыҷқәа зҿлымҳара дула ишрызнеиуа, асортсменцәа ҿарацәеи, абаҩхатәра злоу ақәыԥшцәеи адгылара рынаҭоит, ахатәы бызшәа аҵаразы акурсқәа аанартуеит ҳәа.

«Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ақыҭақәа рхадацәа абри аныҳәахь ахәыҷқәа аазгаз, иара убасгьы, ҳәарада, арҭ ақыҭақәа рҟны еиҿкаау АААК аҭыԥантәи аҟәшақәа рхантәаҩцәеи, урҭ рылахәцәеи. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит адгылара ҳазҭо зегьы, хаҭалагьы аилахәыра «Премиум» анапхгаҩы Асҭамыр Гагәылиа, анаплакцәа Резо Занҭариа, Ручес Арӡынба, Гәдиса Шурдулаа уҳәа Аконгресс аҩызцәа зегьы, иахьатәи аусмҩаԥгатә иацхрааз», - ҳәа аҭабура ажәақәа иҳәеит Гыцба.

Аныҳәа алагамҭаз ахәыҷқәа бзиа ирбо афырхацәа рыҽреиԥшыртәырц рылшон: аниматорцәеи, амультфильм афырхацәа реиԥш еилаҳәаз ақьачақьцәеи ахәыҷқәа рхы-рҿқәа рҟны аква-грим ала асахьақәа ҭырхуан. Аҷкәынцәа рыбжьара зегь раасҭа ирацәаҩхеит акомикс «Ауаҩы-бызкаҭаҳа» фырхаҵас далызхыз. Иҟан убасгьы Бетмен, Супермен уҳәа еицырдыруа афырхацәа рсахьақәа шьҭызхызгьы. Аӡӷабцәа еиҳарак ашәҭқәа ҭырхырц иаҳәон, аӡәырҩы ирҭаххеит «апони хәыҷқәа» иреиԥшзарц.

АБРИ АХҬЫС ИАЗКУ АВИДЕО АХӘАԤШРА >>

Ауаҩ ишәара иҟаз акьанџьақәа – амультфильмқәа рперсонажцәа – аныҳәа ахьынӡацоз ахәыҷқәеи асасцәеи ргәы дырҿыхон. Ахәыҷқәа рпатреҭ ҭырхуан зегь реиҳа рылаҿы иааиз атрансформер Бамблби иадгыланы.

Иҳамҭа ссирны ахәыҷқәа ирзыҟалеит убасгьы акырӡа иблахкыгаз асапын қәақәа ашоу. Нас еиндаҭлон зегьы иреиҳау ақәақәа аҭарчра зылшарыда ҳәа, нас уи акыраамҭа иԥымжәарц азы рҽазыршәон. Ахәыҷқәа гәырӷьаҵәа асерпантин иалахәмаруан, икәашон, еиҳарак зегьы акәашара иқәлон аԥсуа аркәашага ашәа анаҿаркуаз. Аныҳәа алахәцәа еицҿакны инарыгӡеит аԥсуашәа «Аиааира». Аӡәырҩы аԥсышәала ажәеинраалақәа ирыԥхьеит. Ахәыҷқәа убасгьы рхы аладырхәит илахҿыху аестафета. Аныҳәа ахыркәшамҭаз ахәыҷқәа зегьы АААК аҟынтә ҳамҭас ахаа-мыхаақәа роуит.

Милана Гындиаԥҳа 12 шықәса лхыҵуеит, лара Ԥақәашь дынхоит. Аныҳәа шылгәаԥхаз атәы анеиҭалҳәоз лыԥсыԥ алагаҩагара лцәыуадаҩын, аҩреи-аԥареи акәашареи рышьҭахь.

«Сара даара лахҿыхрала аамҭа схызгеит. Еснагь исҭахын Скаи дызбарц (ахәыҷтәы мультфильм «Аласбатә патруль» иалоу - аред.). Даара иҭабуп! Абри аҩыза аныҳәа даҽазнык иҟалар сҭахуп», – лҳәеит аӡӷаб.

Ԥақәашь инхо жәашықәса зхыҵуа Сандро Ԥачлиа иакәзаргьы гәаартыла иҳәеит, абри еиԥш аныҳәа уажәаԥхьа зныкгьы ихы шалаимырхәыцыз.

«Сара зегь реиҳа исгәаԥхеит асапын қәақәа, даара ҳарлахҿыхит ҳазегь. Ирацәаны аԥсыуала ҳкәашон, ашәақәа ҳҳәон», – ҳәа еиҭеиҳәеит аҷкәын.

Дамир Ҷыҭанаа ари аныҳәахь дааит агәылара қыҭа Баслахәынтә. Иара 11 шықәса ихыҵуеит. Иан длыцны дааит. Аҷкәын азныказы дыԥхашьа-ԥхаҵон изымдыруаз ахәыҷқәа рыбжьара дахьыҟаз, аха нас еишьцылеит, зегьы дрыцкәашеит.

«Сара зегь реиҳа исгәаԥхеит ақьаадтә шоу. Насгьы сыблала избеит Бамблби. Иҭабуп!» - иҳәеит Дамир.

Жәашықәса зхыҵуа Анрик Нарманиа иани иаби дрыцны Акәасқьантә дааит. Зхы-зҿы асахьа ақәҭыхыз аҷкәын, ачча иҿықәыхх иҳаиҳәеит «насыԥ шимоу».

«Иҭабуп абри аныҳәа ҳзымҩаԥызгаз зегьы! Ҳара аамҭа бзиаӡа ҳхаагеит», – иҳәеит иара.

Аҭаратәи ашкол ашҭаҿы ишыҟаз еиԥш араҟагьы аныҳәа ахыркәшамҭаз зегьы ақьаадтә шоу ддырбеит.

Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш – ижәытәӡатәиу жәларбжьаратәи аныҳәақәа ируакуп. Уи азгәаҭара ахәҭоуп ҳәа азыӡбан 1925 шықәсазы, ахәыҷқәа рыманшәалара азҵаарақәа ирызкыз адунеизегьтәи аконференциаҿы, Женева. Аха раԥхьаӡа акәны аныҳәа азгәаҭара аналыршаха даҽа 25 шықәса рнаҩс ауп – 1950 шықәсазы. Уи аахыс есышықәса иазгәарҭоит. Ахәыҷқәа рыхьчара амш – баша хәыҷтәы ныҳәам, ари амш ауаажәларра иргәаланаршәароуп ахәыҷы изинқәа шыхьчалатәу, ахәыҷқәа зегьы гәырӷьаҵәа изҳаларц, аҵара рҵаларц, бзиа ирбо аус рнапы алакызарц, иандухалакгьы иҿырԥшыгоу рхатә ҭаацәарақәа аԥҵаны, узықәгәыӷуа тәылауааны иҟаларц азы.