Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь адоуҳатә ҭынха иазку апроект «Амазара» раԥхьатәи аетап аихшьаалақәа ҟаиҵеит.

Аԥсуа милаҭтә кәашара иазкыз апроект «Амазара» раԥхьатәи авидео 30 нызқьҩык раҟара ахәаԥшхьеит, ахәаԥшцәа рхыԥхьаӡара азҳара иаҿуп. Абри атәы иҳәеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь аролик аԥҵаҩцәеи акәашацәеи злахәыз аонлиан-еиԥылараҿы, ахаша абҵара 11 рзы.

Авидеонҵамҭа аԥҵара иалахәыз зегьы рҟынтә АААК апресс-центр иаҭааз хәҭаак роуп: ансамбльқәа «Кавкази» «Шьараҭыни» рыкәашаҩцәа, арежиссиор Ҭемыр Кәакәасқьыр, амузыкант Ҭемыр Агрба, акомпозитор Анри Гәымба.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иҭабуп ҳәа реиҳәеит акәашара иазку авидеонҵамҭа аԥҵаҩцәа зегьы, иагьазгәеиҭеит, апроект «Амазара» ишеиднакылаз «абаҩхатәра злоу, ак ҟаҳҵандаз ҳәа иҟоу ауаа рацәаҩны».

«Иуадаҩуп ажәала аарԥшра, шаҟа иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭаху! Сара саҟара сыцлоит сашьцәа санрыхәаԥшуа. Ишәылоу аенергиа, шәемоциақәа саргьы сныруеит. Шәара шәыбзоурала ҳара иҳазцәырҵуеит алшара адунеи зегьы ҳарбартә еиԥш. Иҭабуп, абри аидеиа ахьыгәнышәкылаз, иахьақәҿышәҭыз. Раԥхьатәи ҳвидео даараӡа иԥшӡоу, убла хызкуа акы акәны иҟалеит. Ауаа рацәа ирбоит ари иџьашьатәу акәашара. Ари апроект хықәкыс иамоу акызаҵәык ауп – ҳкультура ацәыргаразы иҳалшо зегь аҟаҵара», – иҳәеит Егзакь.

Иара иҳәеит, АААК ԥхьаҟагьы иазгәаҭаны ишамоу арҿиаратә проектқәа аус рыдулара, иара убасгьы «Амазара» авидеонҵамҭа алахәцәа аусеицуразы ааԥхьара шрыҭахо.

«Шәааи ҳахшыҩқәа еилаҳҵап. Иаҳхәыцп уаҩы иимбац-имаҳац аидеиақәа, анаҩс урҭ ҳамчқәа еилаԥсаны инаҳагӡарц азы. Адунеи иқәынхо ауаа зегьы ирызнаҳгап, зегьы ирзеиҭаҳҳәап, ҳара – иаку ҭаацәарак ду шҳакәу», – ҳәа ажәалагала ҟаиҵеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы.

Авидео арежиссиор, еицырдыруа аԥсуа акинематографист Ҭемыр Кәакәасқьыр Мусса Егзакь иҭабуп ҳәа иеиҳәеит апроект «Амазара» алахәхаразы алшара ахьиоуз. Иара убасгьы иазгәеиҭеит аԥсуа культуреи, аҭҵаарадырреи, абызшәеи рырҿиара аус аҟны Мусса Егзакь иалагала шдуу.

«Иҭабуп Аԥсны арҿира ахьӡала иҟашәҵо зегь азы. Ҳара иаҳбарҭоуп хьаас ишшәымоу ҳмилаҭ, ҳкультура. Шәара шәгәаартырала ауаа рыгәқәа шьҭышәхуеит, амч рызҭашәҵоит, ҳаргьы убас амч ҳалашәҵеит, убри абзоуралоуп ари апроект анагӡара зҳалшаз», - иҳәеит арежиссиор.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апроектқәа изныкымкәа адгылара риҭахьеит еицырдыруа аԥсуа композитор Анри Гәымба. Иара иазгәеиҭеит, АААК аусқәа разнеишьа «угәы шьҭнахуеит, саргьы ак ҟасҵандаз ҳәа ацәанырра узцәырнагоит».

«Ари апроект атәы ҳҳәозар – аидеиа акыршықәса ҳахқәа ирҭан ҳҳәар ҟалоит, аха аӡәгьы ҳаизеидкыломызт апроцесс ахацыркразы. Иҭабуп, ҳаицырхырааны, ҳаидкыланы ари аус ахьҳшәырҟаҵаз азы. Ҳаԥхьаҟагьы аинтерес, мамзаргьы хәарҭара злоу проект шәызцәырҵуазар, сара сганахьала еснагь адгылара шәысҭоит», - иҳәеит амузыкант.

Апроект алахәҩы, амилаҭтә костиум аҭыхҩы Мадина Ҷанԥҳа иалкааны, ҷыдала иҭабуп ҳәа лалҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҳәсацәа Рхеилак ахантәаҩы Гета Арӡынԥҳа, избан акәзар «лара лоуп изылшаз абысҟаҩык апрофессионалцәа проектк иҭагӡаны реидкылара».

«Акыр аџьабаа лбеит. Дыпрофессионалуп, уи ҳара зегьы иаҳныруан. Лара лыда ари апроект зынагӡахомызт», - ҳәа лгәаанагара лҳәеит Мадина Ҷанԥҳа.

Уи лажәақәа дрықәшаҳаҭхеит Мусса Егзакь, иганахьалагьы инацҵаны иазгәеиҭеит, «АААК Аҳәсацәа Рхеилак анапхгаҩы егьа иуадаҩу аус лыдҵаны, угәы ҭынчны улашьҭанеир шыҟало».

«Аҟәыбҷа, ҳара даараӡа иҳаракны пату ақәаҳҵоит илылоу абаҩхатәра, лыҩныҵҟатәи аԥшӡара, лтакԥхықәра», - иҳәеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы.

Мызқәак ҵуеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси жәларбжьаратәи аилазаара «Алашареи» ихацдыркиижьҭеи аԥсуа-абаза жәлар иматериалтәым рҭынха иазку апроект «Амазара». Уи апроект ихадоу хықәкыс иамоуп, иматериалтәым аҭынхамҭақәа ирызку ипрофессионалтәу авидеонҵамҭақәа ҭыхны интернет аҭагалара. Аидеиа авторс дамоуп – АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь.

Апроект абзоурала адунеи ахьынӡанаӡааӡо иқәынхо абаза жәлари егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәеи ирзаартхоит ҳатрадициатә культура иҵаулоу аҵакы. Апроект «Амазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны раԥхьатәи обиектс иалхын акәашара. АААК акомандеи апрофессионалцәеи рымчқәа еилаԥсаны иҭырхит иахьатәи аамҭа иақәшәо иҟоу аԥсуа кәашара знылаз авидео. Аролик АААК Аинформациатә портал асаит аҟны икьыԥхьын, иара убасгьы адунеи аҿы еицырдыруа асаитқәа рахь иҭагалан