Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс аԥхьа ишьҭоу ахықәкқәеи ахыдҵақәеи, аԥсуааи абазааи рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәреи, дара-дара реимадарақәа рырӷәӷәареи, абызшәа аиқәырхареи ирызкны ҳиацәажәеит Аконгресс анагӡаҩ-маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Асҭа Арӡынԥҳа.

- Раԥхьатәи сызҵаара Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс иахьа изҿу, ԥхьаҟатәи гәҭакқәас иамоу ирызкуп. Хаҭалагьы, иарбан хадара злоу хырхарҭақәас шәусураҿы иахьазы иалышәкаауа?

- Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс – адунеи иԥсаҟьаны иалаԥсоу ҳажәлар еидызкыло аиҿкаара аҳасабала, иахьатәи ҳаԥсҭазаараҿы ицәырҵуа апроцессқәа ирықәҿнаҭуазароуп, ҳауаажәлар зегьы рзы, иахьынхозаалак. Уажәы ҳҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкқәа ртәы ҳхәозар – уи раԥхьаӡа иргыланы, ҳусура шьаҭас иамоу аилкаареи, ахырхарҭа алхреи роуп. Ари аус аҿы акыр исыхәоит Ҭырқәтәыла сыҟанаҵ ҳџьынџьуааи сареи ҳусеицураҿы исоуз аԥышәа. Сара даара иџьасшьеит аҿар рҟынтә аӡәык-ҩыџьак абас рҳәоны ансаҳа: «Сабду даԥсыуан рҳәоит» ҳәа. Ари уаршәоит, уагьархәыцуеит.

Иахьатәи аамҭа иҳанаҭо атехникатә лшарақәа акыр идырманшәалоит азҵаарақәа рӷьырак рыӡбара. Ҳара ҳгәы иҭоуп Аконгресс – ҳзеиԥш ҩны – аусура информациала аиқәыршәара арҿиара. Ари аиҿкаара иазкны иааҳартуа аинформациатә портал акыр ихәарҭахоит ҳәа агәыӷра ҳамоуп.

Ҳәарада, егьа ус акәзаргьы, лабҿабатәи аибабара, аицәажәара иагхар ҟалаӡом. Ҳақәгәыӷуеит ҳаицтәылауаа ахьынхо аҭыԥқәа рахь експедициала ацарақәа алыршахоит ҳәа. Асоциалтә ҵакы змоу апроектқәа аԥсҭазаара раларҵәараҿы аҿарацәа реиԥш аиҳабацәа рабиԥарагьы алаҳархәуеит.

- Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аԥҵоижьҭеи хадаратәла иззықәгыло акоуп: адунеи иалаԥсоу аԥсуааи абазақәеи реидкылара, реилаҵәара. Абарҭ ажәақәа ирыҵаркуеи шәара шәзы? Ишԥажәбо абри ахырхарҭала аусура?

- Аиаша сҳәозар, арҭ ажәақәа сара сзы абстракттә ҵакы рымоуп. Сара сгәанала, ҳарҭ – жәларык ахаҭарнакцәа – лахьынҵала ҳаиҟәгахеит, аха гәаҭала ҳаизакуп, жәларыкны ҳаанхоит, ҳахьԥшуа акоуп. Сара еиҳа иахәҭаны исыԥхьаӡоит аимадарақәа рырӷәӷәара, хра злоу аусмҩаԥгатәқәа реицнагӡаразы алшарақәа реизырҳара уҳәа реиԥш иҟоу атемақәа рылацәажәара.

Ҳаиҿцаарақәа ианакәзаалак еиҳа ирацәазар уҭаххоит, аха сышьҭахьҟа схьаԥшны иазгәасҭар сылшоит, адиаспора аҩнуҵҟа еиԥш, адиаспореи аҭоурыхтә ԥсадгьыли рыбжьарагьы аимадарақәа есааира ишеиӷьхо. Уи иацхраауеит уаанӡа аибабаразы иҟаз аԥынгылақәа раԥыхрагьы. Аха иахьазы иаанханы иҟоу аԥынгылақәагьы ыҟоуп, еиҳа иааигәаны аиҿцаара алзмыршо. Раԥхьаӡа иргыланы, абызшәа азҵаара. Аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рыбжьара зхатәы бызшәа ззымдыруа рацәаҩуп, абызшәоуп зегьы ирыцку – аимадара ашьақәыргылараҿы.

И. Гыцба абызшәа ихадароу елементуп ҳәа иаликааит адиаспореи аҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара арҿиараҿы

- Абызшәа аиқәырхара – актуалра зцу темоуп, Аԥсны аҩнуҵҟа еиԥш адиаспораҿгьы лассы-лассы иқәгылоит уи азҵаара. Аконгресс изныкымкәа иқәгылахьеит аԥсуа, абаза бызшәақәа реиқәырхара аус иаарласны иацхрааша аусмҩаԥгатәқәа нагӡатәуп ҳәа. Иарбақәан дара, шәара шәгәаанагарала?

- Абызшәа, иҟалап, зегьы иреиҳау факторзар адунеи иқәынхо аицтәылауаа реимадара арӷәӷәара аус аҿы. Уи адагьы, абызшәа – амилаҭ иреиҳаӡоу рытрадициақәа ныҟәызго акоуп. Абызшәа ахьчареи аиқәырхареи рзы иҟарҵо рацәоуп ара – Аԥсны, убас адиаспораҿгьы. Еиҳаракгьы Ҭырқәтәылоуп уажәы зыӡбахә сымоу, избанзар ҳџьынџьуаа рӷьырак уоуп иахьынхо. Иахьа алшарақәа ыҟоуп ҳаамҭа иақәшәо аметодқәа рыла абызшәа аҵара. Убри аԥышәа ҿыц ахархәара ауҭар ҟалоит ақәҿиара зманы зхы аазырԥшхьоу акурсқәа рҟны. Уи мариаӡам иара, аха иҟаҵатәуп. Ахатәы бызшәала ацәажәара моданы иҟаҵатәуп, иахьеи-уахеитәи ҳаԥсҭазаараҿы ада ԥсыхәа ҳамамкәа ҳҟалароуп. Абызшәа адырра ишакәхалак аџьшьарак аҭалатәуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳара ус ҳҳәоит, зхатәы бызшәа ззымдыруа ауаҩы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рахь амаҵурахьы дрыдрымкылааит ҳәа. Сгәанала, ари азҵаара даҽакала иазнеитәуп. Абызшәа здыруа – акала аџьшьара иоулароуп, уи премиазааит, даҽакызааит. Убас хәыҷы-хәыҷла абызшәа зегьы ирҭаххо иҟалоит.

- Аконгресс иааидкыланы аԥсуаа-абазақәа рызҵаара аӡбара знапы алаку егьырҭ аҳәынҭқарратә, ауаажәларра-политикатә еиҿкаарақәа аус шԥарыцнауеи?

- Ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит Аконгресс аусура азҿлымҳара азҭо аҳәынҭқарратә, ауаажәларра-политикатә еиҿкаарақәа зегьы аус рыцура. Ари зегьы еицаҳзеиԥшу акоуп.

Иаҳҳәап, Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еиллакыи ҳареи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп. Арепатриациа ахырхарҭала ҳусеицура даара аҩаӡара ҳаракны ишьҭыхуп. Иара Аконгресс аҟынгьы ишьақәгыланы иҟоуп арегионалтәә хаҭарнакцәеи ҳареи ҳаимадарақәа. Аилак аусзуҩцәа активла рхы аладырхәуеит Аконгресс Аԥҟаԥҵәа ҿыц аԥҵара. Ари узеигәырӷьаша акоуп, агәыӷра унаҭоит ҳаԥхьаҟагьы Аконгресс аусура иазхьаԥшуа, иацхраауа ауаа рхыԥхьаӡара иацлалоит ҳәа.

Уи анаҩс, Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ацхыраара ҳанаҭоит, атехникатә еиқәыршәарала уҳәа егьырҭ аганқәа рылагьы. Ҳарҭ ҳусбарҭа аартуп – иҳадгыларц зҭаху зегьы рзы, ари апроцесс иалахәызарц зыхәҭоуи ҳареи аусуратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьаҵара ҳашьҭоуп.

- Иахьазы актуалра абанӡамоу, шәара шәгәаанагарала, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь – Аԥсныҟа рыхынҳәра азҵаара? Ҭырқәтәыла аамҭак азы Аԥсны ахаҭарнакс иҟаз иаҳасабала, шәгәы ишԥаанаго, иарбан шьаҿақәоу ҳаиҳабыра иҟанаҵар ахәҭоу арепатриациа аганахьала? Насгьы иарбан ҭыԥу Аконгресс иаанакылар алшо ари аус аҿы?

- Жәаҳәарада, ҳаицтәылауаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра – милаҭтә идеиазароуп. Аха абра еилкаатәу уи оуп, аҳәара мацара азхом, аидеиа аҟазаара мацара шазымхо еиԥш. Зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәуа ара иманшәаланы инхарц азы аҭагылазаашьа бзиақәа аԥҵалатәуп. Уахь иаҵанакуеит асоциалтә адаптациа азҵаара, иара убас ауаҩы зеиԥшла ихаҭара еиззырҳауа, дызҿу аус аихаҳара иацхраауа аҭагылазаашьақәа раԥҵара азҵаарагьы. Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аилак даара ирацәаны иҟанаҵоит, аха егьа ус акәзаргьы иахьаҳцәагхо аганқәа ыҟоуп, убарҭ ҿыц ҳрызхәыцроуп ҳәа сгәы иаанагоит. Арахь шәаа ҳәа ааԥхьарақәа ҟаҵалатәуп, ҳәарада. Аха, иара убри аамҭазы, иааз дыззааз, дахьааз инагӡаны еиликаарц азгьы аусура аҭахуп.

Ҭырқәтәыла иҟаз Амчра нагӡа змоу Аԥсны Ахаҭарнакраҿы ҳусура уасхырс изықәгылазгьы уи акәын – адиаспореи аҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара арӷәӷәара, арҭбаара, нас, ҳәарада, ҳтәыла аиҳабыра ҳҿаԥхьа иқәнаргылоз адипломатиатә зҵаарақәа рыӡбарагьы. Ҳара еилаҳкаауан Аԥснынтә иаауаз аԥшьгарақәа адиаспораҿы зны-зынла ахәшьара иаша шырмоуаз. Аха уа ҳаҟанаҵ ҩнуҵҟала иҭааҳҵаартә аҭагылазаашьа ҳаман ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ахынҳәра алшара иазыԥшны, иазхианы иахьынӡаҟоу. Аԥсны иқәынхо ҳтәылауаа ианырзеилымкаауа ыҟоуп аҳәаанырцәынтә иааз ҳџьынџьуаа рҭахрақәа. Агәыӷра ҳамоуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгрессгьы ари азҵаараҿы аганахь игылом ҳәа, зыԥсадгьыл иазыхынҳәуа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзы абжьагарақәа реиқәыршәараҿоума, Аԥсны анапхгараҿы арҭ азҵаарақәа рыӡбара знапы алаку амаҵурауаа рзы ажәалагалақәа рыҟаҵараҿгьы.