Ҟарачы-Черқьестәыла еицырдыруа ауаажәларра-политикатә усзуҩы Исмел Абыџь ииубилеи инадҳәаланы АААК аинфопортал иазнархиеит иналукааша ари ауаҩ иԥсҭазааратә мҩеи, иҭаацәареи, иазҿлымҳарақәеи ирызку аочерк.

Лиудмила Аисан

Ажьырныҳәа 25 рзы 65 шықәса ихыҵуеит Ҟарачы-Черқьестәыла зыхьӡ нагоу ауаажәларра-политикатә усзуҩы, аполитикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ҞЧА Жәлар Реизара (Апарламент) арегламенти амандат азҵаарақәеи рзы аилак ахантәаҩы Исмел Абдул-Ҳазиз-иԥа Абыџь

Сара сгәанала, аихьӡарақәа змоу ауаҩы уанихцәажәо, уи ихылҵшьҭра, идаракәыц атәы мҳәакәа узавсуам, мамзар уажәабжь харҭәаамкәа иаанхоит. Избан акәзар аамҭақәа реиқәҿыҭреи урҭ реинырреи атәы здыруа, атрадициақәеи агенетикатә гәалашәареи рҵакы шдуу еилызкаауа ауаҩ иоуп зыԥсҭазаара насыԥла иҭәны, аинтерес аҵаны иззышьақәыргыло. Уи иԥсҭазааратә мҩа еснагь аиҳабацәа рҿыԥшреи, иара ихаҭараҿгьы иреиӷьу аҟазшьақәеи аҟыбаҩқәеи еиқәырханы рырҿиареи иазынархоуп. Абас иҟоу аԥышәа бзиа иара иҭаацәараҿы инхоит, ихәыҷқәагьы ирымдахоит.

Исмел Абдул-Ҳазиз-иԥа Абыџь абас иҟоу ауаа рахь даҵанакуеит. Иара иҩызцәа рзы ирҳәоит ижәлар дырҵеи иашоуп ҳәа.

Абасала иареи сареи ҳаицәажәара хацыркуа, аԥхьа ихылҵшьҭра рҭоурых ҳазааҭгыларц еибаҳҳәеит.

Абыџьаа убыхцәоуп

Абыџьаа рыжәла аҭоурых Исмел еснагь еиԥшны еиҭеиҳәоит, аӡәгьы гәалсра имоурц: «Сара Аԥснытәи сашьцәа Абыџьбақәа рҟны сасра сышцо, ма гәахәарала аҩны ишсыдыскыло еиԥшҵәҟьа, Адыгатәыла инхо Быжьаа рҿгьы сымҩахыҵыр сылшоит, аҟарачқәа Биџьиевраа срымадоуп, аҳәаанхыҵ инхо сашьцәагьы убас. Ҳара зегьы ажәытә убых милаҭтә культура ҳахәҭакуп, убри ҳаиднакылоит», – иҳәоит иара.

Сара сфырхаҵа аҭаацәара ду далҵит, ихылҵшьҭрақәа ф-абиԥарак Ҟәыбина ақыҭан инхон. Исмелгьы ари ақыҭан диит, усҟан иаб 53 шықәса ихыҵуан, иан – 48 шықәса дырҭагылан. Исмел иаби иани Ԥашьа-иԥа Абдул-Ҳазизи Насыԥ-иԥҳа Ҳаџьари иаабац қыҭанхацәан. Урҭ ааҩык ахшара рхылҵит. Исмел зегьы дреиҵбын, абрыла иабду ду ихьӡ ихырҵеит.

Исмел Абдул-Ҳазиз-иԥа ҩыџьа иашьцәа Музакьыри Аскерби (рыдунеи рыԥсаххьеит), ҩыџьа аиаҳәшьцәа имоуп Ксениеи Ҭамареи, урҭ уаанӡеиԥш иахьагьы, ҳәара аҭахума, раб иҩны иаху рашьазаҵәи дареи аибабара рыбжьоуп, рыгәқәа еизыбылуеит.

«Анрыла сабдугьы ахылҵ-ԥылҵ рыла дбеиан – 22-ҩык ахәыҷқәа иоуит – ҳәа иажәабжь иацҵаны иаҳзеиҭеиҳәоит Исмел Абдул-Ҳазиз-иԥа, иагьазгәеиҭеит дԥышәырччо: «Ас еиԥш иҟоу аҿырԥштәқәа аԥсуа-абаза ҭаацәарақәа рҿы ирацәахар, ҳдемографиатә ҭагылазаашьа акыр еиӷьхон» ҳәа.

Иабацәа рҭоурых аинтерес ду шаҵоугьы, арыцҳарақәагьы маҷмызт. Иабду Ԥашьа Исмел-иԥа Абыџь ддинхаҵаҩын, амсылман џьаамаҿы муедзинс амаҵ иуан, уи иԥа Бемырза (Исмел иаб иашьа) иаб иус иацҵауа Ҟәыбина ақыҭан ҳаҭыр ду зқәыз еффендис дҟалеит

(Мрагыларатәи атәылақәа рҟынтә иаауа атитул, афицартә хьӡы – аред.). Анрыла иабду – Насыԥ Џанчар – 1917 шықәсазы ареволиуциа ҟалаанӡа Ҟәыбина ақыҭа асҭаршьынс дыҟан, усҟантәи аамҭазы ари амаҵура иахьатәи ақыҭсовет аиҳабы имаҵура иаваҟәылон. Рыцҳарас иҟалаз, 1926 шықәсазы, аколлективизациеи аполитикатә репрессиақәеи анҵысы, иара иеихсны дыршьит.

Исмел Абдул-Ҳазиз-иԥа дахӡыӡааны иҵәахны имоу анкьатәи афотосахьақәа ҳирбоит. Урҭ ирну иуацәа гәакьақәа – рышәҵатәы уҳәару, ргылашьа-рыԥшышьа уҳәару – зегь рыла агәымшәареи афырхаҵареи зныԥшуа хаҭарақәан, акыраамҭа угәалашәараҿы инхартә аҟынӡа.

«Ҽнакала зегь ааиқәыбгеит»

Ус-ус ҳшеицәажәоз ҳааскьеит Исмел иаби иани рҭоурых аҟынӡагьы.

Ҽнак зны иаб амхәырсҭаҿы аус шиуаз машәырла иаҳаит, иԥҳәыси ҩыџьа ихәыҷқәеи егьырҭ ақыҭауаа ԥыҭҩык ирылакны «Џьыгәҭа аихамҩатә станциахь иргеит ҳәа, уантә аидара вагонқәа рыла иршьҭырц». Ари 1933 шықәса акәын, арепрессиақәа реиҳа ианыӷәӷәаз аамҭан (амассатә политикатә репрессиақәа мҩаԥысуан Асовет Еидгыла ахьынӡанаӡааӡоз Сталин ихаантәи аамҭазы, 1920-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа инаркны 1950-тәи ашықәсқәа ралагамҭаҟынӡа – аред.).

«Ҽнакала зегь ааиқәыбгеит», – ҳәа гәалсра дула еиҭеиҳәоит Исмел.

Усҟан иҷкәыназ, агәымшәара злаз Абдул-Ҳазиз иҭацәхаз иаб игәараҭа лаԥшыла иааимидан, минуҭкгьы дымлакҩаккәа иҭаацәа дрыхьӡарц дрышьҭалеит, Анцәа иџьшьарала дагьрыхьӡеит. Ари ҟалеит 1933 шықәса, мшаԥымза 17 рзы. Усҟан Исмел иани иаби рхахьгьы иааиуамызт 18 шықәса дуӡӡа ҳәа рыԥсадгьыл шаанрыжьуаз, ҩыџьа рхәыҷқәа амҩа хьанҭа иацыз амыҟәмабарақәа рызхымгакәа ишрыԥхоз, иахьнеиз аҭыԥангьы хара имгакәа ииз аԥшқагьы дшырԥымлоз…

Ахҵәацәа ақыҭанхамҩатә артель «Ачерқьес ҟаԥшь» аҿы анхара иалашьцылар акәхеит, Омскатәи аобласт Вассаисктәи араион аҿы иҟаз ари аҭыԥ ахь нхареи усуреи иаарышьҭуан Ачерқьес автономтә областынтә иааргаз егьырҭ ахҵәацәагьы.

«Ирҳәоит убас, ауаҩы изхымго егьыҟам доуҳалеи махәҿылеи акыр дыӷәӷәазар ҳәа. Сара саби сани убас иагьыҟан», – ҳәа игәы рыладуны иҳәеит Исмел.

Ҳәара аҭахума, агәамч дуӡӡеи хамеигӡарала аџьабаабареи аҭахын аҭыԥ ҿыц аҿы ҿыц анхара алагаразы.

«Рыԥсҭазаараҿы зегь реиҳа иуадаҩыз абри аамҭа хьанҭа раҳаҭыр камыршәкәа ирхыргеит. Атәым дгьыл аҿы иит сашьа аиҳабӡа Музакьыр, саҳәшьцәа Қсенеи Ҭамареи. [Егьи сашьеиҳаб] Асқьери сареи ҳауп Абазашҭа ииз, 1951 шықәсазы сани саби рыԥсадгьыл ахь ианыхынҳә аамышьҭахь», – ҳәа еиҭеиҳәоит Исмел Абдул-Ҳазиз-иԥа.

Агәалашәара ашьара

Ари атема уажәыгьы игәы ишаныруа гәаҭаны, сиазҵааит ааскьатәи аамҭақәа рзы иани иаби абриаҟара шықәса иахьынхоз аҭыԥқәа ирҭааны ҽазнык ирбарц рҭахымхаӡеишь ҳәа.

«Саб даара ицәымӷын ахгара иадҳәалаз агәалашәарақәа рхыртлара, аха сара схаҭа ахҵәацәа рыуацәа рхаԥшьгаратә гәыԥ сацны ԥшьынтә уахь сцахьеит», – ҳәа ҳаиҳәеит Исмел Абдул-Ҳазиз-иԥа, архивтә документқәа рыхҩылаақәеи афотосахьақәеи згәылоу ашәҟәы ҳарбауа.

Уи иԥшаарақәа ирылҵшәаны еизигаз адыррақәа рацәоуп: иаҳҳәап, 1941 шықәса цәыббра 3 рзы имҩаԥысыз аколнхацәа реизара аԥкаанҵа, аизара ахантәаҩыс даман иара иаб, Черқьестәыла иалцаз ахҵәацәа рсиақәа, урҭ рџьатә фырхаҵара зыршаҳаҭуаз ашәҟәқәа уҳәа. Арҭ аекспедициақәа ирылҵшәа хадахеит уҳәар ауеит 2019 шықәсазы Омсктәи аобласт, Пологрудовтәи ақыҭа-еиланхарҭаҿы еиҿкааз ахгарҭатә пункт аҭыԥан агәаларшәагатә мемориалтә комплекс аартра.

«Ҳҭоурых адаҟьа еиқәаҵәақәа раан аџьамыӷәа цәгьа зхызгаз ҳауаажәлар зегьы ргәалашәара шҳацу аанарԥшуеит ари абаҟа», – иҳәоит Исмел.

Ашәышықәсан иреиҳаӡаз аргылара иалахәыз

Исмел Абыџь ихаҭа дызнысхьоу аԥсҭазааратә мҩа ҳазыгьежьуа иазгәаҳҭар ҳҭахуп, иара инапы злакызаалакгьы, иҟаиҵо зегь нҭырҳәцааны, ишахәҭоу еиԥш инаигӡоит, икәша иҟоу ауаа гәцаракны, раҳаҭыр бауа – иахьазы ари аҩыза аус азнеишьа лассы иуԥылом.

Акыршықәса раахыс ажәлар рҿы аҳаҭыри ахьӡи змоу аполитик, Ҟарачы-Черқьестәыла аҳәынҭқарратә усзуҩ Исмел Абыџь иҟазшьаҿы еснагь ахатәрареи алашҩыкреи еилеигӡон. Убас, иаҳзеиҭеиҳәеит даныҷкәыназ, быжьба рҿы дантәаз еиԥш, арадио-бзиабара далашҩыкны дшыҟаз. Цәқәырԥақәак кны аефир ахь ацәырҵшьақәагьы иҵартә аҟынӡа днеит – иҩызцәа-идырцәа адныҳәаларақәа рзыҟаиҵон, иршанхауа. Аҩнтәи абзазаратә техника ԥхасҭахар, уадаҩрада ирҽеины ҿыц аибыҭашьа идыруан, агәылацәа ртәқәагьы изааргон.

«Аха ари аганахьала сымҩа иацысҵартә изыҟамлеит: Таганрогтәи арадиотехникатә институт аҟны аҭаларатә ԥышәара сзахымсызт, убас аргыларахь сагьаанагеит», – иҳәоит Исмел Абдул-Ҳазиз-иԥа иџьамҩа шхацыркхаз дазааҭгыло, усҟан иара хаҳәеиқәҵаҩыс аус иуан.

Хара имгакәа, арԥыс аррамаҵура дахысны данаалак, Ставропольтәи аполитехникатә институт далгоит, аргылаҩ изанааҭ ала 18 шықәса дуӡӡагьы аус иуеит.

Иԥсҭазаараҿы арҭ ашықәсқәа злалукааша акоуп – иара Европа иреиҳаӡоу, 144 гектар инаӡоз арԥхарҭатә нхамҩа «Иужныи», иқыҭа гәакьа Ҟәыбина азааигәара 12 нызқьҩык ауааԥсыра зкыша амикрораиони рыргылара апроект дахьалахәыз. Аргылара аус аҿы Абыџь аханатә инаркны анапхгаратә маҵурақәа никылон. 2001 шықәса жәабранмза инаркны 2004 шықәса хәажәкыранӡа Черқьесск ақалақь ахадара Адәныҟаекономикатә еимадарақәа рыҟәша аиҳабыс дыҟан.

Аргылара иадҳәалоу иԥсҭазаара аҟынтә даҽа факткгьы: 1995–1996 шықәсқәа рзы иара аргыларатә усбарҭа аспециалист иаҳасабала Будионовтәи ахәышәтәырҭа аиҭашьақәыргылара инапы алакын, атеррористцәа анақәла аамышьҭахь иԥҽыз.

Ауаажәларратә усзуҩ, аполитик

Усҟантәи аамҭазы активла зхы аазырԥшуаз аҿарацәа зегьы реиԥш, Исмел Абдул-Ҳазиз-иԥа Абыџь ауаажәларратә усура инапы алакын. Асовет Еидгыла архәҭақәа рҿы аррамаҵура данахысуаз, Германиа, аус иуан агарнизон акомсомолтә еиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩс.

«Уи ашьҭахь, ишаԥыз еиԥш, Асовет Еидгыла Акоммунисттә партиа салалеит, ари ҟалеит 1984 шықәсазы, иахьа уажәраанӡагьы уи салоуп, иӡырнаго аидеиалқәа срықәныҟәоит, ҳаамҭазы уи ҿхарцәажәароушәа угәы иабозаргьы», – ҳәа иполитикатә хәаԥшышьақәа ртәы еиҭеиҳәоит Исмел.

2003 шықәса, хәажәкырамзазы Абыџь далырхуеит Урыстәылатәи Афедерациа Акоммунисттә партиа Ҟарачы-Черқьестәыла иҟоу арегионалтә ҟәша Акомитет актәи амаӡаныҟәгаҩыс, убас апартиа ацентртә комитетгьы дахәҭакхоит. 2004 шықәсазы Ҟарачы-Черқьестәыла Жәлар Реизара (Апарламент) адепутатс дҟалоит. Уи аамҭазы иара ақыҭсовети ақалақь ахадареи рҟны депутатс аусқәа иухьан.

Иахьазы Исмел Абыџь аԥшьынтә раан Ҟарачы-Черқьестәыла азакәанԥҵаратә усбарҭа адепутатс далхуп. Абри аамҭа зегьы иалагӡаны иара ҩынтә дахагылахьеит аҭҵаарадырреи, аҵареи, акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи, атуризми рзы аилак; аус иуан иара убас аҭыԥантәи анапхгараҭареи, амилаҭтә политикеи, ауаажәларратә еиҿкаарақәеи адинтә еилазаарақәеи рымадареи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс. Иахьазы арегламенти амандат азҵаарақәеи рзы аилак ахантәаҩыс дыҟоуп.

Аполитикцәа рыԥсҭазаараҿы ишыҟалало еиԥш, иахьеи-уахеи зҽеиҭазкуа ҳдунеиаҿ иаргьы аиҿагылара ӷәӷәақәа дрыниахьеит, дызҿу иус аилкаареи адкылареи анрымамызгьы ҟалалон. Аха ус шакәызгьы, Абыџь итәылаҿы хьӡи-ԥшеи иоуит, иоппонентцәа рыбжьарагьы аҳаҭыр ду иқәуп, ииашареи, иус ацәхьамҵреи, игәыцыхцыхреи, илоу аоптимизми ирыбзоураны.

«Абзиара ҟаҵаны – аӡы иаҭ»

Иҳәатәуп, сара – абри аочерк авторгьы – аамҭак азы хаҭала Исмел Абдул-Ҳазиз-иԥа аус шицзухьаз, зхыԥхьаӡара маҷу абаза жәлар рсоциалтә-економикатә, ркультуратә ҿиара иадҳәалоу азакәанқәа раларҵәара иазкны иаԥҵаз акомиссиақәа рҟны, иара урҭ акомиссиақәа напхгара рзиуан. Убри аҟнытә сара лымҳаҭасла акәым ишыздыруа уи ипрофессионалтә ҟазшьақәа реиԥш, иреиӷьӡоу иуаҩытәыҩсатә ҟазшьақәагьы. Иааигәа иҟоу ауаа ҳаҭыр ду иқәырҵоит ижәлари иԥсадгьыл гәыкала дахьырзыҟоу азы, ауаа рыгәҭыха иаҳартә дахьыҟоу азы, еснагь ацхыраара аҟаҵара дахьазыхиоу азы – ажәалагьы услагьы. Абарҭқәа есааира имаҷхо иалагеит ҳаԥсҭазаараҿы, убри аҟнытә аҳәынҭқарреи ауаажәлари рымаҵ зуа ачынуаа еиҳангьы аҭакԥхықәра ду рыдуп.

Абри атема иҵегь сагәылалар сҭахны сҿанынасха, Исмел Абдул-Ҳазиз-иԥа хаҵак ишиаҭәоу еиԥш сааникылан, ус иҳәеит: «Саб рыцҳа абасқәа раан ажәытә абаза жәаԥҟа игәалаиршәон «Абзиара ҟаҵаны – аӡы иаҭ» ҳәа. Саргьы уи сықәныҟәалар сҭахуп».

Ельбрус ақәцәа ахалара

Исмел Абдул-Ҳазиз-иԥа аҭаацәаратә насыԥ имоуп. Ҟарачы-Черқьесиатәи арҵаҩратә институт афизика-математикатә факультет иалгаз, инаицәыхарамкәа инхоз Сима Евгамыкәеи иареи еибагеит 1979 шықәсазы. Ахәыҷы хазынақәа рхылҵит – ҩыџьа аԥацәеи рыԥҳаи, уажәшьҭа фҩык амоҭацәагьы роухьеит – ргәадурақәа. Ахара џьара нхара ацаразы алшарақәеи амчи шрымоугьы, аҿарацәа раб игәараҭа аанрыжьуам, игәырӷьаҵәа рыҩнду иахуп – ҳаамҭа иақәшәо иԥшӡаӡа еиҿкаауп иара. Ажәытә ҩнгьы ықәрымгаӡеит, еиқәырханы ирымоуп, анапы агхом, иахӡыӡаауеит абиԥарала иаауа ҭынхак еиԥш.

Ихәыҷқәа реихьӡарақәа ртәы здыруан аҟынтә сиазҵааит: иара иеиԥш зкариераҿы ақәҿиара дуқәа раагара зылшада игәанала ҳәа. Абри аҭакс дааԥышәырччан ус иҳәеит: «Схәыҷқәа реихьӡарақәа маҷысшьом, ҳәарада, аха сара саԥысра зылшаз саҳәшьаԥа иоуп, саҳәшьа Ксениа лԥа – Мураҭ Ныхә-иԥа Уаз (уаанӡа адунеиаҿ еицырдыруаз аспортсмен, Абаза муниципалтә раион ахадас иҟаз, иахьа – Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспублика ахада иусбарҭа аиҳабы – аред.)». Сара усҟан ус сгәы иаанагеит, иаҳәшьаԥа ихаҭа ус имԥхьаӡозар ҟалап, дызхылҵыз реиԥш иаргьы аԥхашьаԥхаҵара шилоу здыруеит аҟынтә. Аус ацәхьамҵреи ахықәкынагӡареи рыла Мураҭ Ныхә-иԥа хымԥада ианшьа дугьы диҿыԥшуан.

Исмел Абдул-Ҳазиз-иԥа Абыџь изку аочерк хыркәшауа имҳәакәа сзавсуам аинтерес зҵоу даҽа факткгьы, уигьы даҽазнык иаршаҳаҭуеит игәамч аӷәӷәареи имаашьареи. Исмел Абдул-Ҳазиз-иԥа дхалахьеит Европеи Урыстәылеи иҳаракӡоу ашьха Ельбрус, зныкгьы акәым… хәынтә! Ас зылшо рацәаҩӡам!

Раԥхьаӡа акәны аекспедициа дацларц ааԥхьара ирҭеит Саратовтәи иколлегацәа, иара урҭ дрыцхраауан Ҟарачы-Черқьестәыла иҟоу альпинистцәа ртәарҭа «Алибек» аҟны рҭыԥ алхраҿы. Урҭ рҽадцаланы аҽазыҟаҵарақәа ишырҿыз збоз Исмел лафшақә ус иҳәеит: «Уԥши уара, акаршәрауаа ҳашьхақәа ирхаларц рыӡбазаап!» ҳәа. Иара уаҵәҟьагьы аҭак иаҳаит: «Уаала уҳацны, ус имариазар убап!» ҳәа.

Аамҭак ашьҭахь, 2006 шықәсазы Москва имҩаԥысыз апартиа изаамҭанытәыз апленум аамышьҭахь Исмел Абдул-Ҳазиз-иԥа диқәшәеит уи аекспедициа напхгара азҭоз, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Валери Ракшин, уи иаразнакала аԥхьантәи реицәажәара аӡбахә аацәыригеит.

«Убасҟан сара исыӡбеит, исцәагалакгьы «ҳашьхақәа» рхалара уадаҩрак шысзацымло схазгьы исырҵабыргырц, даргьы идсырбарц. Ари даара ихьанҭоу, иагьшәарҭоу усуп аиашаз, аха знык уа саннеи, нас уаҩы сизаанкылозма, иҵегь ацара сҭаххеит, убасҟак схы-сгәы ианырит убра избаз зегьы», – иҳәоит Исмел.

Ашьхараҿы иибаз «нашанак» атәгьы ҳзеиҭеиҳәеит: Ельбрус ахаларақәа руак аан иџьашьахәу аԥсабаратә цәырҵра шаҳаҭс даиуит – аԥшеилаҩынт хәыҷқәа 15 аамҭакала еилагьежьуан, икәашозшәа, ус минуҭқәак рышьҭахь аԥшатлакәқәа ныҵабеит, нас иаалырҟьаны амра шашаӡа иаакылԥхеит. Абас иҟоу асахьа ссирқәеи даҽакы иузадымкыло ацәанырра ӷәӷәақәеи рзоуп ауаа уажәгьы-уашьҭангьы аҳаракырақәа рахь изхало!

Исмел Абдул-Ҳазиз-иԥа изеиӷьаҳшьоит макьана акыршықәса игәашьамх ӷәӷәаны, иусураҿгьы имч-илша иагымкәа дыҟазарц, иҩнаҭа агәырӷьара агымзарц, иџьабаақәа бзабааны иԥылаларц. Акыр иаԥсоу Исмел Абдул-Ҳазиз-иԥа, гәыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәира амш, агәабзиара шәымазааит, ашьхахалара ҿыцқәа шәзыԥшызааит!