Аҭауад Қьалышьбеи Чачба, XVIII-тәи ашәышықәса анҵәамҭеи XIX-тәи ашәышықәса алагамҭеи рзы Аԥсны аҳра ныҟәызгоз – зыԥсҭазаара зегьы зыԥсадгьыл ахақәиҭра иазызкыз аԥсуа политикцәа дыруаӡәкын.

Асҭа Арӡынԥҳа

Иара иӡбахә рҳәоит Аԥсҳа Леуани, Нестор Лакобеи, Владислав Арӡынбеи рыхьӡқәа инарываргыланы. Аурыс император иоума, аҭырқәа сулҭан иоума – аӡәы иҳәатәы хаиҵо дыҟамызт, урҭ аҩыџьа рҟынтә аӡәгьы илымшеит инагӡаны Қьалышьбеи дара рахь ихьарԥшра. Иара иаамҭазы реиҳа ахыԥша змаз аҳәынҭқарқәа ируаӡәкыз аԥсуа ҭауад Қьалышьбеи Чачба (Шервашиӡе) XVIII-тәи XIX-тәи ашәышықәсақәа реилыҵымҭазы Аԥсны аҳра знапаҿы иҟаз, еснагь ижәлар ринтересқәа дрықәныҟәон, ҩ-империа дук дышрыбжьагылазгьы, ҟазарала ихатәы политика мҩаԥигон.

Қьалышьбеи игәазыҳәара

Аԥсҳа Леуан (иҳьыԥшымыз Аԥсуа аҳра иахагылаз – аред.), Аԥсны аҳ Қьалышьбеи, Асовет мчра раԥхьатәи ашықәсқәа раан Аԥсны иахагылаз Нестор Лакоба, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба… Арҭ аполитикцәа дара-дара ашәышықәсақәа рыбжьоуп, аха дара зегь еидызкыло гәаҳәарак ыҟоуп – урҭ рыԥшьҩыкгьы рыԥсҭазаара зегьы Аԥсны ахьыԥшымра иазыркит.

VIII-тәи ашәышықәсазы Аԥсҳа Леуан илшеит ихьыԥшым Аԥсуа аҳра ашьақәыргылара. Иԥсадгьыл ахьыԥшымра азаагара акәын Қьалышьбеигьы хықәкы хадас имаз. Ақырҭуа меншевикцәа рахцареи Асовет мчра аагареи дырзықәԥон Нестор Лакоба – иара ихаан уи иаанагоз Аԥсны аҳәынҭқарратә статус аиҭашьақәыргылара акәын. Ҳтәыла иҿыцӡоу аҭоурых аҟны ари ахьыԥшымра ацәаҳәа иациҵеит Владислав Арӡынба, уаанӡа иҳамхыз ахьыԥшымреи ахақәиҭреи рырхынҳәразы ажәлар реидкылара илшеит, аиааирагьы ҳзааигеит.

Зоура наӡаз, зыхцәы амца ацразшәа иаԥшьыз, знык уааиҿаԥшыр ахааназ угәалашәараҿы инхоз – абас Қьалышьбеи исахьа аадырԥшуан иара ихааныз ауаа, убри аан лымкаала иазгәарҭон Аԥсны аҳ даара дышҟәыӷаз, агызмалрагьы шилаз, иарбан усзаалак лассы ишиӡбоз. Даҽакала ҟалашьагьы амамызт: XVIII-XIX ашәышықәсақәа реилыҵымҭаз араҟа ҩ-ҳәынҭқарра дук ринтересқәа еиҿагылеит – Османтәи аимпериеи, Урыстәылатәи аимпериеи – убри аҭагылазаашьаҟны зхатәы политика амҩаԥгара зылшоз аҳәынҭқар даара акыр илазар акәын.

Аҳрахь анеира

Аԥсны иахагылараны иҟаз аҳ Қьалышьбеи ихәыҷреи иқәыԥшреи ашықәсқәа ирызкны иҟоу аинформациа маҷуп. Иаҳдыруеит, иқәыԥшра аамҭа Ҭырқәтәыла ишихигаз. Аха дшыхәыҷыз иҭаацәа дрыцны уахь дықәнагалоу (Қьалышьбеи иаб – аҳ Манучари уи иашьцәа Шьаруани Зураби XVIII-тәи ашәышықәса аҽеиҩшамҭазы Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа иахигеит асулҭан), мамзаргьы уаҟа атәым дгьыл аҿы диизу – иахьа уажәраанӡа цқьа еилкааны иҳамам. Ишакәхалакгьы, иахьазы иҵабыргны иаҳдыруеит Ҭырқәтәыла аҵара шиоуз, иара уа амсылман дингьы шидикылаз.

Чачаа рҭаацәараҟынтә зыԥсадгьыл ахь ахынҳәра зылшаз Қьалышьбеи уи иаб иашьа Зураби роуп. Ара ишааиз еиԥшҵәҟьа иаразнак ала аполитикатә цәгьаршрақәеи аҳра азықәԥареи рыгәҭаҵәҟьа иналаҳауеит. Чачаа ахганы иҟазижьҭеи даҽа ҭауад жәлак акыр рыҽдырӷәӷәеит – Ӡаԥшьаа – убри аҟнытә раԥхьаӡа иргыланы Зураб даалаган иашьа иԥа Қьалышьбеи аҭауад ҭыԥҳа Ӡаԥшьԥҳа Мариам ԥҳәысс дизааигеит, уи ашьҭахь иара Аԥсны аҳас дҟалоит, уи алагьы Чачаа рымчра еиҭаиргьежьуеит.

Аҭырқәцәа Чачаа ишрызныҟәаз дырны, Ӡаԥшьаа ицырхырааны, 1771 шықәсазы Зураб илшеит Аҟәа ақәгылара еиҿкааны аҭырқәа аруаа ралцара. (XV-тәи ашәышықәса инаркны аҭырқәцәа излауала Амшын Еиқәа аҿықәан рҽышьақәдырӷәӷәар рҭахын, убри аҟнытә амшын иаԥныз ақалақьқәа акакала иааныркылон. Раԥхьатәи аҭырқәа гарнизон Севастополис (иахьатәи Аҟәа) идыргылеит 1578 шықәсазы, 1724 шықәсазы араҟа абаа дыргылеит Сухум-кале ҳәа хьӡыс измаз, убри абаа-хырӷәӷәарҭоуп Зураб Чачба ирымихызгьы – аред.). Аха дук хара имгакәа аҭырқәцәа ҩаԥхьа ақалақь рнапахьы иааргеит, Зураб амчра имырхын, иашьа иԥа Қьалышьбеи Аԥсны аҳас дазхарҵеит.

Убас, XVIII-тәи ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа инадыркны Қьалышьбеи Чачба (Шервашиӡе) амчра инапаҿы иҟалан, ҩажәижәаба шықәса инеиԥынкыланы Аԥсны аҳас дыҟан.

Аруаа, афлот, анхацәа – зегь еидикылеит

Қьалышьбеи аҳас даныҟала азныказы даара ауадаҩрақәа иԥылеит: ҭауади-аамсҭеи уи имчра азхарҵарц аханатә ргәы иҭамызт. Аха аҳәынҭқар қәыԥш урҭ рҿаԥхьа дқьақьо, иахьыҟаз днеины драцәажәо даламгеит, уи ахаҭыԥан зхы иақәиҭыз анхацәа дрызнеит, урҭ рҩызара шьҭихит. Аԥсны жәлар злашьақәгылаз раӷьырак анхацәа цқьақәа ракәын. Урҭ рыбзоуралоуп Қьалышьбеи имчра иаҳагьы излаирӷәӷәаз, ана-ара ихәылҵҟьоз ақәгыларақәагьы ршьаҽра злаилшаз.

Анаҩс, Аԥсны аҳ иӷәӷәоу ар, нас аибашьыгатә флот аԥиҵоит. Уи аԥхьагьы, анаҩсгьы ҳтәыла абас иӷәӷәаз, бџьарла иеибыҭаз ар аманы иҟамлаӡацт. Иахаану иазгәарҭон, аибашьра ашәарҭара ҟалозар, Қьалышьбеи сааҭқәак рыла 25 нызқьҩык зхыԥхьаӡалаз, бџьарлеи џьаԥҳанылеи иеибыҭаз ар ықәиргылон ҳәа. Ар иалан артиллериеи аибашьыга ҽқәеи. Ишхәақәа ракәзар, 600 цыра ыҟан, уахгьы-ҽынгьы Баҭыми Анапеи рыбжьара амшын ихын, аӷа даауазар ҳәа ԥшыхәра руан.

Қьалышьбеи иаҳра раԥхьатәи аамҭақәа раан аҭырқәцәа арра-политикатә дгылара ирҭон, избан акәзар Аԥсны усҟан дара хылаԥшра азыруан. Арҭ аизыҟазаашьақәа ианрасакьаҳәымҭаз Қьалышьбеи 70 бзарбзан зықәгылаз аибашьыгатә ӷба ду Аҟәа иргылан, ҳамҭас асулҭан Селим III ииҭеит. Аха Аԥсуа ҳәынҭқарра инагӡаны ахы иақәиҭны, ихьыԥшымны аҟаҵара еснагь игәы иҭан Қьалышьбеи.

Ахьыԥшымра аагареи акәараҵаратә политикеи

XIX-тәи ашәышықәса алагамҭазы Урыстәылатәи Аимпериа еиҳа-еиҳа Кавказ аҽарӷәӷәо иалагоит. 1801 шықәсазы Қырҭтәыла мрагыларатәи ахәҭаҿы Қарҭли-Кахетиатәи аҳра аԥырхын. Аԥышәа змаз аполитик Қьалышьбеи еиликаауеит арегион аҟны иатәаумбар иҟамло амчра шааиз, убри аҟнытә Урыстәыла аҽазааигәатәразы раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟаиҵоит. Аха Урыстәыла адларагьы дахыццакуамызт, уи иҭахын аурысқәа рыцхыраарала Ҭырқәтәылатәи амчра даҵыҵны, Аԥсны ахьыԥшымра азааигарц.

Иааџьоушьаратәы, арҭ игәҭакқәа хара имгакәа инаӡо иалагеит. 1806 шықәса ԥхынгәы 25 рзы аҭырқәа флот – аибашьыгатә ӷбақәа хԥеи, ажәҩатә шхәақәа аабеи – Аԥсны аҟәара иазааигәахеит Қьалышьбеи «ихшыҩ аагаразы», аха аҿагылара ӷәӷәа анроу игьежьны иахьынтәааз ицар акәхеит. Қьалышьбеи аҭырқәцәа рааира дазыԥшын, аҽазыҟаҵарагьы дахьӡеит: Аҟәатәи абаа аҿаԥхьа иргылеит зықьҩыла аруаа бџьарла еиқәных, ар шьақәгылан аԥсуааи адыгааи рыла.

Еицырдыруа аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ Гьаргь Ӡиӡариа иазгәеиҭоит, «ари ахҭыс ду Қьалышьбеи ихьӡ иаҳагьы иҭнагеит, уи ашьҭахь ифырхаҵаратә хыԥша зынӡа иӷәӷәахеит» ҳәа.

Ииашаҵәҟьаны, ари ахҭыс ашьҭахь Қьалышьбеи шықәсык иназынаԥшуа ихатәы политика мҩаԥигон, Урыстәыла аганахьалагьы акыр дыхьшәашәахеит.

Қьалышьбеи агыруа ҭауадцәа Дадианааи

Қьалышьбеи мрагыларатәи игәылацәеи – Гыртәылеи Имеретиеи реизыҟазаашьақәагьы ус имарианы ишьақәгыломызт. Уаанӡа Аԥсуа аҳра иаҵанакуаз арҭ адгьылқәа, аамҭақәак рышьҭахь аҳра иалҵын, Османтәи Аимпериа анапаҵаҟа иҟалеит, XVIII-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы урҭ изларылшоз ала Урыстәыла ацхыраара роурц иашьҭан, аҭырқәа имчра иаҵыҵырц азы.

Аԥсны аҳ ихатәы ԥҟарақәа рыла дыхәмаруан, мрагыларатәи игәылацәагьы рацәак ишаҭомызт, изныкымкәа рыдгьылқәа дрықәлахьан, ирхәҭақәа Имеретиа аҳҭнықалақь Қәҭешьынӡагьы инаӡахьан. Егры аӡиас арымарахьтәи аԥшаҳәаҿы (усҟан Егры аӡиас Гыртәыла иаҵанакуан) аӡиас ахьыҵыҵуаҵәҟьа игылаз абаа Анаклиа ааникылеит, 1802 шықәсазы Гыртәыла аҳ Григори Дадиани иԥа хәыҷы Леван дыҭҟәаны дигеит. 1804 шықәсазы Григори Дадиани иаалырҟьаны даныԥсы аамышьҭахь (уи иҳақьым – апап Николаи шаҳаҭра шиуыз ала, Григори Дадиани ашҳам иҭаны дылшьит иԥҳәыс Нина) Урыстәылеи Аԥсныи реизыҟазаашьақәа иаразнакала иԥхасҭахоит.

Иршьыз Гыртәыла аҳ иԥа уажәыгьы Қьалышьбеи иҟны дыҭҟәаны дтәан. Аурысқәа адҵа ҟарҵеит зыԥшра ҟамҵакәа Леван Дадиани доурыжьырц. Аха Қьалышьбеи иаҿаршәны мап аныик, арратә операциала аҭак ҟарҵеит. 1805 шықәса хәажәкырамзазы аурыс аинрал Рыкгоф Қьалышьбеи имихит Анаклиатәи абаа. Акыраамҭатәи аиҿцәажәарақәа рышьҭахь, аԥсуа аҳ Леван Дадиани дызтәыз дриҭеит, абаа изырхынҳәра ацкыс. Формалла Леван Дадиани Гыртәыла дахагылеит.

Талеирани иареи ирыбжьаз ашәҟәеимдара

Аурысқәеи аҭырқәцәеи реиҿагылара ибжьахаз Қьалышьбеи, иҭагылазаашьа шыуадаҩу еилкааны, аурысқәа рқәыӷәӷәара аҿаԥызҽшаз ацхыраара аԥшааразы Европаҟа дхьаԥшуа далагеит. Наполеон дызхагылаз Франциа аҟны адәныҟаполитикатә еимадарақәа рышьақәыргылара иҽазикит. Ахыҵхырҭақәа шьоукы рҟны иаҳәоит, аԥсуа аҳ Қьалышьбеи Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр Талеиран иахь ашәҟәқәа иҩуан, аҭакгьы иоуан ҳәа. Аха урҭ асалам шәҟәқәа акгьы еиқәымхаӡеит.

Игәы аартым ҳәа ахара идҵара

1806 шықәсазы ҩаԥхьа ихацыркхеит аурыс-аҭырқәа еибашьра, Амшын Еиқәа Кавказтәи аҿықә аҟны акәын аидысларақәа раӷьырак ахьымҩаԥысуазгьы. Аурысқәа аԥсуа аҳ рхы дадырхәарц рыӡбеит: 1807 шықәсазы Қьалышьбеи иабжьыргоит абаа Поти аҭырқәцәа рымхра. Аха иара уи ажәылара дацәхьаҵуеит, ааха ӷәӷәа соур ауеит ҳәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Ари ашьҭахь Аԥсны аҳ аҽԥныҳәа дадыргеит, маӡала аҭырқәцәа дрыдгылазар ауеит ҳәа рыԥхьаӡеит, игәы ҳзаартым, Урыстәылаа ҩызарала даҳзыҟам ҳәа рыԥхьаӡеит.

«Қьалышьбеи адәахьала аурысцәа дырҩызоушәа ҟаиҵоит ауп», – ҳәа иҩуан аинрал Рыкгоф, аханатә Қьалышьбеи дызцәымӷыз. Иара убри амшала илшоз зегь ҟаиҵон Кавказ арегион аҿы иҟаз Урыстәылатәи ар рԥыза Гудович дигәамԥхарц азы.

Хара имгакәа Гудович ихаҭагьы Қьалышьбеи аҽԥныҳәа ииҭеит, усҟан иара ииҳәаз ажәақәа аҭоурых арҵага шәҟәқәа шамахамзар зегьы ирнылеит: «… <Шәара> аҭырқәцәа рабашьраҿы ҳархәҭақәа адгылара рышәымҭеит, насгьы агәҩарақәа ҳамоуп маӡала аҭырқәцәа шәрыцхраауеит ҳәа».

Ашәышықәсақәа рымаӡа

Ари аҭоурых уаҩ дыззыԥшымыз аҵыхәтәа аиуит: 1808 шықәса лаҵарамза 2 рзы иҟалаз бџьаршьҭыхлатәи ажәылараан Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Аҟәатәи иаҳҭынраҿы ишьрала.

Ашьра шааҟалаз еиԥшҵәҟьа, Аԥсны ҩаԥхьа Амшын Еиқәа аҿықәан аҳратәра иазықәԥоз ҩ-ҳәынҭқаррак иреимакырҭахеит. Зны Аԥсны аҳас дҟалеит Қьалышьбеи иԥа еиҳабы Асланбеи, уи Османтәи аимпериа адгылара инаҭон. Аха аурыс ар Аҟәа анааныркыла ашьҭахь, Аԥсны аҳас ихьӡ ҳәан Сафарбеи – агыруа ҭауадцәа Дадианаа рымаҳә, зан д-Леиԥхаз, иан дынхаҩ ҭыԥҳан аҟнытә уаанӡа аҳрахь анеира азин змамыз.

Қьалышьбеи дызшьыз дарбан ҳәа аимак-аиҿак жәашықәсала еиқәтәомызт. Ҩышә шықәса инарзынаԥшуа ари ашьра Ҭырқәтәыла ара имҩаԥнагоз ацәгьаршрақәа ирыдырҳәалон, Асланбеи иоуп заб дызшьызгьы ҳәа ирыԥхьаӡон. Ҳаамҭазтәи аҭоурыхҭҵаараҿы ицәырҵит даҽа гипотезак: Қьалышьбеи иаԥыхра ззыфеидаз Кавказ иҟаз Урыстәылатәи адҵаҟаҵаҩцәеи агыруа ҭауадцәа Дадианааи ракәын ҳәа.

Ари атеориа автор – аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ Станислав Лакоба, зегь акоуп, иазгәеиҭоит Қьалышьбеи дызԥырхагаз шырацәаз, убри аҟнытә аҭырқәцәагьы ари аус зынӡа ааигәарагьы иҟам ҳәа аҳәара гәаӷьыуацәоуп.

Қьалышьбеи иԥсы ахьынӡаҭаз Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи дырзықәԥон, ҳадгьыл аҟны зинтересқәа еиқәшәаз ҩ-империа дук рыбжьара ҟазарала дкәараҵо.

1808 шықәса нанҳәамза 12 рзы Сафарбеи аурыс император Александр I иахь «аҳәаратә пунктқәа» наишьҭуеит Аԥсны Урыстәыла иадларц азы. Абри аҳәара шьаҭас иҟаҵаны 1810 шықәса жәабран 17 рзы Александр I иҷыдоу аграмота ала дазхаиҵеит Гьаргь (Сафарбеи усҟан ақьырсианра идикылан, ихьӡ иԥсаххьан – аред.) «шьҭралатәи Аԥсны аҳас, Урыстәылатәи аимпериа иреиҳаӡоу ахылаԥшрала». Абас Аԥсны Урыстәылатәи аимпериа иалалеит.