Шәышықәса раԥхьа, 1919 шықәса жәабран 27 рзы иҭыҵит раԥхьатәи аԥсуа агазеҭ «Аԥсны». Ари амш ԥхьаӡоуп Аԥсны амассатә-информациатә хархәагақәа русзуҩцәа ирымшны. Алегендартә газеҭ аиубилеи аҽны, АААК иазнархиеит аҭыжьымҭа аҭоурыхи иахьатәи амши ирызку аочерк. 

Саид Барганџьиа

Агазеҭ «Аԥсны» аиубилеитә номер аҟынгьы шәышықәса раԥхьа ишыҟаз еиԥшҵәҟьа Аԥсны имҩаԥысуа ихадароу ахҭысқәа аарԥшуп. Усҟан еиԥшгьы, иахьа агазеҭ адаҟьақәа ирнылоит аԥсуа жәлар зыргәамҵуа азҵаарақәа, имҩаԥысыз аиԥыларақәеи, урҭ рҟны ирыдыркылаз аӡбарақәеи зныԥшуа ажәабжьқәа. Амала ари аномер аҟны зегь реиҳа акрызҵазкуа — агазеҭ аҭоурых иазкны ианылаз аматериал оуп. Агазеҭ «Аԥсны» епохоуп, аԥсуа журналистикеи алитературеи ирхыҵхырҭоуп.

Ашьаҭакра

1906 шықәсазы жәлар рырҵаҩы Андреи Ҷоҷуа аиҳабырахь аҳәара ҟаиҵеит аԥсуа бызшәала агазеҭ аҭыҵразы алшара аԥырҵарц. Усҟантәи ашықәсқәа рзы, Аԥсны Қырҭтәыла анапаҿы ианыҟаз, уи аҩыза аҟалашьа ухаҿы иузаагомызт, урҭ аамҭақәа рзы аԥсуа цәа зхоу зегьы шьаҭанкыла ирхәаҽуан. Иџьашьатәым,Ҷоҷуа иҟаиҵаз аҳәара анагӡарагьы Тифлис (Тбилиси — аред.) азин ахьыҟанамҵаз. 

Агазеҭ аԥҵара алыршахеит 13 шықәса рышьҭахь, уи рылдыршеит Аԥсны Жәлар Рсовет (аҭыԥантәи анапхгараҭаратә усбарҭа, абҵарамза 8, 1917 шықәсазы аԥсуа жлар реизара ду ҿы иаԥҵан — аред.), алахәцәа: Самсон Ҷанба (аԥсуа рккаҩы, апрозаик, адраматург, апоет, апублицист, ауаажәларатәи аҳәынҭқарратәи аусзуҩы — аред.), Михаил Цагуриа (апрофессор, иналукааша ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи аусзуҩы — аред.), Дмитри Аланиа (ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи аусзуҩы, арркаҩы, апублицист — аред.) убасгьы егьырҭ аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа. 

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба игәаанагарала, иахьагьы имаӡоуп, Гәлиеи иара иҩызцәеи изларылшаз ақырҭуа еиҳабыра рҟны агазеҭ аҭыҵразы азин рымхра. 

«Уи аамҭа — аԥсуа жәлар азин анрымамыз аамҭоуп, ақырҭуа меншевикцәа ирҳәоз ишырҳәоз иҟалар акәын. Убас аҭагылазаашьа шыҟазгьы, уамашәа иубаратәы, аԥсуа газеҭ аҭыҵразы азин аиура алыршахеит. Ҳәарада, аполитикатә газеҭ аҭыжьра аӡәгьы далацәажәомызт, азин ҟаҵан арркаратә ус мацара амҩаԥгаразы», — ҳәа иԥхьаӡоит Аҩӡба. 

Ишыҟазаалакгьы, 1919 шықәса, жәабран 27 рзы иҭыҵуеит, ԥсышәа мацарала еиқәыршәаз раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны», убри амш инаркны агазеҭ еиԥҟьарада иҭыҵуа иалагоит.

Агазеҭ раԥхьатәи аномер ианылеит Дырмит Гәлиа игәырӷьаратә ажәақәа, раԥхьатәи аԥсуа газеҭ аҭыҵра иазкны. Иара иҩуан уажәшьҭа аԥсышәала ажәабжьқәа рыԥхьаразы алшара шыҟалаз атәы, агазеҭ жәлар рҿахәы зҳәо акакәны ишышьақәгыло. Ари, ҳәарада, иааира дуун. 

Усҟан зхыԥхьаӡара рацәамхацыз аԥсуа интеллигенциа агазеҭ аҭыҵра иадгылеит, реиҳараҩыкгьы уи авторцәас иҟалеит. 

Избан аиааира?

Раԥхьатәи ашықәсқәа рзы агазеҭ ианылоз аматериалқәа рыҭҵараан иумбар залшом, уи адаҟьақәа рҿы ишышьҭырхуаз аполитика атемагьы, иара убас ақырҭуа еиҳабыра иаҿагылоз аматериалқәа маҷмызт, аха зегь реиҳа ихадароу — агазеҭ аҟны Аԥсны ахьыԥшымра иазкыз атемақәа шьҭыхын. Еилкаауп, ақырҭуа еиҳабыра иргәамԥхоз материалқәак анкьыԥхьхоз, урҭ аамҭа-аамҭала «рыла хырҩон», ирымбозшәа ҟарҵон. 

Аслан Аҩӡба игәаанагарала, ақырҭуа еиҳабыра уи аҩыза рхымҩаԥгашьа аҵаҵӷәқәа аарԥшуп абарҭ афактқәа рыла. Раԥхьаӡа иргыланы, аҵарауаҩ ишиԥхьаӡо ала, усҟантәи аамҭазы аменшевиктә Қарҭтәыла иаҿагылоз аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа реиҳараҩык ҭакын, инханы иҟаз ракәзар, аиҳабыра ргәаанагарала, урҭ рзыҟазаашьа арцәгьара аԥсамызт, насгьы еилыркаауан, аӡә даанмыжькәа зегь шузҭамкуаз. Уи «политика прианика» ҳәа изышьҭоу оуп. Уи адагьы, ақырҭуа еиҳабыра ирҭахын адемократиатә принципқәа ирыдгылозшәа ддырбарц. 

Акрызҵазкуаз фактын агазеҭ аԥсышәала иахьҭыҵуаз: ирласны акьыԥхь ахь инашьҭу аматериалқәа аиҳабыра агәаҭара иахьӡомызт. 

«Агазеҭ аԥҵара Аԥсны азы акрызҵазкуа хҭыс дууп, избан акәзар иароуп аԥсуа жәлар рырккаратә усураҿы ихадоу ароль назыгӡаз. Аԥсуа ҩыра азы ари хәы змаӡам лагаланы иҟалеит», — ҳәа иԥхьаӡоит Аслан Аҩӡба. 

Аԥсуа журналистика адебиут 

Агазеҭ раԥхьатәи аҭыжьымҭақәа рҟны аредактор иаҳасабала иарбан «аредакторцәа ргәыԥ», анаҩс ҩыџьа-хҩык ауаа. Аха ихадоу аусқәа зегьы назыгӡоз аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа иакәын. Иара иоуп агазеҭ азы аинформациа еидызкылоз, акьыԥхь збараны иҟаз ажәабжьқәа шьақәзырӷәӷәоз, автор ҿыцқәа зыԥшаауаз. 

«Агазеҭ аҭыҵра ианалага аамҭазы Дырмит Гәлиа аус иуан Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа аҟны, — еиҭеиҳәоит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша ихадоу аҭҵаарадырратә усзуҩы Уасил Аҩӡба. —Лассы-лассы агазеҭ аҟны икьыԥхьларц азы иадиԥхьалон иҵаҩцәа. Иаҳҳәар ҳалшоит, аԥсуа литература аклассикцәа аӡәырҩы раԥхьатәи  рҩымҭақәа агазеҭ «Аԥсны» адаҟьақәа рҿоуп иахьцәырҵыз ҳәа».

Уасил Аҩӡба иазгәеиҭоит, агазеҭ «Аԥсны» адаҟьақәа рҟны ишцәырҵыз хыԥхьаӡара рацәала ауаа, анаҩс алитературеи ажурналистике аҟны зхы бзианы иаазырԥшыз. Иара иажәақәа рыла, уаҟа икьыԥхьуан иналукааша Аԥсны ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩцәа. 

«Иҟоуп Нетор Лакоба иазгәаҭакгьы, — еиҭеиҳәоит Аҩӡба. — Ҵабыргыла иуҳәозар, уи фольклортә текступ, Лыхны инхоз абырг иажәақәа рыла ианиҵеит. Иахьазгьы, уи азгәаҭа иану ажәақәа зегь узеиҭагом, урҭ рҵакы макьаназы еилкаам. Иара убасгьы агазеҭ адаҟьақәа ирнылахьан Уасил Лакоба (аԥсуа револиуционер, амилаҭтә-хақәиҭратә еидгыла «Кьараз» аԥҵаҩы — аред.) истатиақәагьы». 

Усҟангьы иахьагьы иактуалтәу: ахатәы бызшәа аиқәырхара азҵаара

Раԥхьатәи аԥсуа газеҭ ишьҭнахуаз атематика уалацәажәозар, иубартә иҟоуп аҵареи, арккареи, амилаҭтә школқәеи, ахатәы бызшәа аиқәырхареи, уи арҿиареи уҳәа реиԥш иҟаз азҵаарақәа ес-номер аҭыԥ рацәаны ишырзалхыз. Иахьазы актуалра зҵоу ахатәы бызшәа аиқәырхара апроблема шәышықәса раԥхьагьы иқәгылан. Уи дыршаҳаҭуеит агазеҭ «Аԥсны» аредактор хада Дырмит Гәлиа хкы рацәала истатиақәа: абызшәа апроблема иазкны иҩхьан 15 инареиҳаны астатиақәа. 

Иара иҩуан: «Ҳарҭ аԥсуаа ҳбызшәа пату ақәаҳҵом, уи арҿиара ҳашьҭам. Џьоукы абызшәа аиқәырхара ацымхәрас ус рҳәоит: изаҳҭахузеи абызшәа, иаҳнаҭои... Нас, абри аҩыза аҭагылазаашьаҟны абызшәа зыҿиома? Абызшәагьы зынӡа иӡыр ҟамлои?». 

«Ҳара ҳаамҭа» ҳәа хьӡыс измаз Дырмит Гәлиа истатиа кьыԥхьын 1919 шықәсазы агазет «Аԥсны» 33, 34 аномерқәа рҟны. Уаҟа Гәлиа далацәажәоит аԥсуа бызшәа аҿиара шхымԥадатәиу, уи аус иацу ауадаҩрақәагьы азгәаҭаны. Гәлиа игәаанагарала, ажәытәӡан аԥсуаа хыԥхьаӡарала ирацәаз милаҭын, рхатәы аҳцәа рыман, аха аҩыра ахьрымамыз иахҟьаны рбызшәа аҿиараҿы иаҵахон. Убри аҟнытә аԥсуаа атәым бызшәақәа рҵон, иара убас атәым милаҭқәагьы рыҽрыладырӡуан ҳәа. 

Даараӡа аинтерес аҵоуп даҽа гәаанагаракгьы. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, М. Горки ихьӡ зху Адунеизегьтәи алитературатә институт аҟны Урыстәылатәи Афедерациаҿы инхо ажәларқәеи Ихьыԥшым Атәылақәа Реилазаара ажәларқәеи рлитература аҟәша ихадоу аҭҵаарадырратә усзуҩы Виачеслав Бигәаа ишиԥхьаӡо ала, Дырмит Гәлиа абызшәа апроблема идырны еиҳагьы ирҵаруан, иџьынџьуаа рҟынӡа инеигарц, идирҳарц абызшәа агәҭасра атрагеди ду ахылҿиаар шалшо. 

«Ажәлар рхыԥхьаӡара агхара абызшәа иахароуп ҳәа сыҟам; иаҳгәалаҳаршәап XIX-тәи ашәышықәсазы атәыла ҭазырцәыз Кавказтәи аибашьра. Сара сгәаанагарала, ари апроблема Дырмит Гәлиа ирҵаруан, ижәлар рхатә бызшәала аҵараҵарахьы рхы ирхарц азы, аԥсуаа џьоукы-џьоукы ирҟазшьаз рбызшәа атәамбара аԥихырц азы», - иҳәоит Бигәаа.  

Рыцҳарас иҟалаз, аԥсуа бызшәа аиқәырхара азҵаара иахьагьы ишыҟац иаанхоит: аԥсуа бызшәа «аӡра» иаҿуп. Агазеҭ «Аԥсны» ҳара ҳамшқәа рзгьы ари апроблема инарҭбааны иалацәажәоит. 

Аицәажәареи азҵаарақәа рыӡбареи алзыршоз

Агазеҭ «Аԥсны» адаҟьақәа рҿы иҷыдоу аҭыԥ ааннакылон аполитика, лымкаала Аԥсны ахьыԥшымра иазкыз астатиақәа. Ҳәарада, агазеҭ аҟны зыстатиақәа ркьыԥхьуаз аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа зегьы Рыԥсадгьыл хьыԥшымны ирбон, аха абри азҵаараҿы доусы рхатә азнеишьа рыман. Иҟалалон ари атема акәша-мыкәша аимак-аиҿакқәагьы анцәырҵуаз.  

Акырынтә Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа иазкны агазеҭ «Аԥсны» адаҟьақәа рҟны игәаанагара иҩхьан Самон Ҷанба. 1919 шықәса, мшаԥымзазы иҭыҵыз аномерқәа руак аҟны Ҷанба абас иҩуан: «Уажәшьҭа ақырҭқәа аҳәынҭқарра аргылара иашьҭалеит. Апартиақәа зегьы, амилаҭтә-демократиатәгьы уахь иналаҵаны, ҩба-ҳԥа рыда, еидгыланы уи азҵаара рҽазыркит. Адгьыли ауааԥсыреи рыда аҳәынҭқарра зышьақәгылом, убри азы ақырҭқәа рҳәаақәа дырҭбаауа иалагеит. Ҳәарада, ари аҭыгылазаашьаҟны Аԥсны ашәарҭара иҭагылоуп. Аха Аԥсны рнапаҿы аагара шԥарылшари? Мчыла уи аҟаҵара уадаҩхоит, гызмалрак аԥшьырымгар».  

Ари аматериал хыркәшо Ҷанба иазгәеиҭон: «Қарҭтәылатәи Ареспублика аԥҵара ҳадгылоит, ақырҭқәа рыхҳәаақәҵаразы иҟарҵо ашьаҿақәа рыдаҳныҳәалоит; аха ҳара ҳахгьы уи еиҵамкәа пату ақәаҳҵоит, ражәа ԥшӡақәа ирныԥшуеит рхықәкы хада — Аԥсны рнапаҿы аагара рҭахуп. Убри азоуп ҳзырҿагылоугьы».

Самсон Ҷанба идагьы аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа аӡәырҩы агазет «Аԥсны» ақәгыларазы ихадоу ҭыԥс иԥхьаӡаны, ари азҵаара аганахьала ирымоу ргәаанагарақәеи рпозициеи аадырԥшуан, аилацәажәарақәа ирылахәын, азҵаара аӡбашьа амҩақәа рыԥшаауан.   

Ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра атема 

XIX-тәи ашәышықәсазы мчала зтәыла иахгаз аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ашҟа рырхынҳәра — агазеҭ «Аԥсны» ззааҭгылоз ихадоу атемақәа ируакуп. Виачеслав Бигәаа игәаанагарала, ауаажәларратә усзуҩцәеи ашәҟәыҩҩцәеи ибзиаӡаны еилыркаауан 60-70-тәи ашықәсқәа рзы ( XIX-тәи ашәышықәса) еиҳараҩык аԥсуаа мчыла Ҭырқәтәылаҟа рахгара иахҟьаны Аԥсны шкәадахаз. «Ирылшоз зегь ҟарҵон ари аҭагылазаашьа аԥсахразы, ахҵәацәа рыхәҭак иадымхаргьы рырхынҳәразы», — иҩуеит Бигәаа. 

1920 шықәса, нанҳәа 28 рзы агазеҭ «Аԥсны» адаҟьақәа ирнылаз зыхьӡ шьақәыргылам автор истатиаҟны ус аҳәон: «Ҳара, Аԥсны иҟоу аԥсуаа ҳзы, ихьаау зҵаароуп ҳџьынџьуаа реиҳарак рҭоурыхтә ԥсадгьыл иахьацәыхараӡоу, Ҭырқәтәыла иахьыҟоу. Уажәраанӡа уи ҳалацәажәомызт, уи азҵаара аӡбара шҳалымшо еилкааны». 

Виачеслав Бигәаа ари ацитата анализ азуа иазгәеиҭоит, аԥсуаа мчылатәи рахгара иацхраауаз Урыстәылатәи Аимпериаҟны усҟан иаԥыз ахатәымчра иахҟьаны, ахҵәацәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра ухаҿы иузаамгоз акы акәны иҟан ҳәа. XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭа инаркны, зыԥсадгьыл ахь ахынҳәра зылшаз даараӡа имаҷын, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Дырмит Гәлиа иҭаацәарагьы.  

1920 шықәсазы агазеҭ «Аԥсны» адаҟьақәа рҿы икьыԥхьыз астатиа «Амҳаџьырцәа рус азы Акомитет» аҟны Дырмит Гәлиа иҩуан аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь Ҭырқәтәылантәи рыхынҳәраҿы ацхыраара рызҭаша «Аеммиграциатә комитет» аԥҵара шахәҭоу. Гәлиа иԥхьаӡон, иахыгаз рзы адгьылқәа аанкылатәуп ҳәа, насгьы урҭ рырхынҳәразы аԥара аидкылара иазкызаауа ауаа шалхтәу иҳәон. Гәлиа иазгәеиҭон иара убас аԥсуа ҭаацәарақәа рырхынҳәра еитап-етапла, зныкала 10 мамзар 20 ҭаацәара рыла ишьақәыргылатәуп ҳәа. Абарҭ ахшыҩҵакқәа еизгоуп истатиа «Даҽазныкгьы амҳаџьырцәа рыпроблема иазкны» ҳәа хьӡыс измоу аҟны. 

Еиқәырхаз аҭоурых

Иҵару атемақәа згәамԥхоз шыҟазгьы, аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи агазеҭ «Аԥсны» адаҟьақәа рҿы еиԥмырҟьаӡакәа иқәгылон — ркалам иҵыҵуан азгәаҭақәа инадыркны астатиа дуқәа рҟынӡа. 

2006 шықәсазы Аҟәа иҭрыжьит агазеҭ «Аԥсны» еиқәхаз аномерқәа зегьы знылаз аизга. Ари аҭыжьымҭа, ҳәарада, агазеҭ аиаӡӡара аҟнытә еиқәнархеит ҳәа иҩуеит аҵарауаҩ Виачеслав Бигәаа. Еиқәханы иҟаз агазеҭ «Аԥсны» аномерқәа реиҳарак ажәын, урҭ рыхәҭак ауаа рхатә архивқәа рҿы иҟан. Убри зегьы иахҟьаны иахьатәи аԥхьаҩцәеи аҵарауааи ирымамызт алшара агазеҭ ԥыхьатәи аномерқәа рыхәаԥшра, рыҭҵаара.  

Аизга иаҵанакыз апериод азы иҭыҵыз агазеҭ 85 номер рҟынтә ԥшь-номерк рыда зегь анылеит. Иагыз аномерқәа акыраамҭа ирышьҭан — Қарҭ, Москва, Петербург, аха џьаргьы ирзымԥшааит. Бигәаа игәаанагарала Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә архиви, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи аҭоурыхи ринститут афонди рҟны иҟазар ауан.  Аха Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәа ақырҭқәа рнапаҿы ианыҟаз аамҭазы, аҭҵааратә центрқәа аҩбагьы рархивқәа шьаҭанкыла иблын. 
«Аԥсны» аиҭаира 

Еиқәырхоу агазеҭ «Аԥсны» аномерқәа рахьтә аҵыхәтәантәи ҭыҵит 1921 шықәса жәабран мзазы. 

Хәыжәкыра 4, 1921 шықәсазы Аԥсны Асовет мчра шьақәырӷәӷәан, уи ҳәарада, агазеҭгьы ианыԥшит. Агазеҭ ахьӡ «Аԥсны ҟаԥшь» ҳәа иԥсахын. Аексперт Уасил Аҩӡба ишазгәеиҭо ала, агазеҭ ахьӡ инашьҭаргыланы иԥсахын иара аидеологиагьы, уажәшьҭарнахыс уи партиатә газеҭхеит. Аҵарауаҩ иазгәеиҭоит агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» еснагь аамҭак иақәыршәаны иҭыҵуамызт ҳәа. Аҳәынҭқарратә архивқәа рҿы иҵәаху 50-тәи ашықәсқәа рҟынӡа иҭыҵуаз аномерқәа даараӡа имаҷуп. 

Агазеҭ «Аԥсны» ҳәа ахьӡ азыхынҳәит 1991 шықәсазы, уи аамҭа инаркны еиԥмырҟьаӡакәагьы иҭыҵуеит. Иахьазы агазеҭ редактор хадас дамоуп Енвер Ажьиба. 

«Иҳалшо зегь ҟаҳҵоит Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиеи, иналукааша аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәеи шәышықәса раԥхьаҟа иаԥырҵаз атрадициақәа рыцҵаразы. Шәышықәса раԥхьа ишҭыҵуаз еиԥш, иахьагьы агазеҭ еиқәыршәоуп ԥшь-цәаҳәак рыла. Агазеҭ адаҟьақәа ирнылоит Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәеи, аҭоурыхтәи, аполитикатәи, аекономикатәи материалқәа, иара убасгьы иналукааша ауаа рыӡбахә еиҭаҳҳәоит», – иҳәеит «Аԥсны» аредактор хада.  

Енвер Ажьиба иажәақәа рыла, иахьазы агазеҭ аҿаԥхьа иқәгылоу проблемоуп аофициалтә саит аҟамзаара. «Ахатә саит ада иахьатәи аамҭазы амассатә-информациатә хархәага зыҟалом. Ҳгәыӷуеит, хара имгакәа ари азҵаара аӡбара ҳалшап», – ҳәа азгәеиҭеит иара.   
Иахьазы агазеҭ ҭыҵуеит мчыбжьык ахь ҩынтә, зықь цыра атираж аманы. Иналукааша аԥсуа милаҭ ахаҭарнакцәа ахьықәгылоз, акыр иззықәԥахьаз алегендартә газеҭ «Аԥсны» аамҭа иагәылганы иаҳзаанагеит абиԥарақәа рҭоурых, ауадаҩрақәа ириааины, иахьагьы аԥхьаҩ имаҵ ауеит.