Зықьҩыла ауаа ааины иргәаладыршәеит Кавказтәи аибашьреи ахҵәареи ирылаӡыз ҳџьынџьуаа. Агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿкаан Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа, иара убас Ҭырқәтәыла – Амшын Еиқәа иаҿықәу ақалақь Қьефқьен. Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысуаз амитинг аҳәаақәа ирҭагӡаны Ҭырқәтәылеи Аҟәеи авидео-цҳа рыбжьарҵеит.

Аста Ардзынԥҳа

Иштрадициахаз ала, агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа Аҟәа имҩаԥысит ахәылбыҽха, амшын аԥшаҳәаҟны, амҳаџьырцәа рыԥшаҳәа ҳәа иахьашьҭоу. Ақәа шлеиуазгьы, амра анҭашәа ашьҭахь, шәҩыла ауаа ааит амҳаџьырцәа рбаҟахьы. Алахьеиқәратә ныҟәара рхы аладырхәит атәыла аиҳабыра, Аԥсны ахадеи, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи аԥхьа инаргыланы. 

Абираҟқәеи амцақәеи кны, еизаз ауаа анысит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа инаркны Амҳаџьырцәа рбаҟа аҿынӡа инеиуа амҩа, уаҟа минуҭктәи аҿымҭрала иҭахаз ргәаладыршәеит, рыхьӡала ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, амшынгьы ихырҵеит. Ацеремониа ахыркәшамҭаз аҟәараҿы агәаларшәаратә ҵакы аманы Нарҭаа рымца еиқәҵан.

150 шықәса иреиҳаны Аԥсны ааныжьны ацара зықәшәаз рхылҵшьҭрақәа агәра ргоит – ари абаҟа акрызҵазкуа ҭыԥны ишыҟоу зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз рзеиԥш, иахьа уажәраанӡа уи иаҟәыгоу рзеиԥшгьы. Аҽыуаҩ ажәҩанахь ирхоу иҭачкәым акәзар – ҳажәлар реиҭаира иасимволуп. 

Абаҟа аҿаԥхьа имҩаԥысыз алахьеиқәратә митинг аҟны иқәгылоз ауаа атрагедиа иалацәажәон, хара рымамкәа уи иалаӡыз жәа-нызқьҩыла ауааԥсыра ргәаладыршәон, аҭоурых ахлымӡаахрақәа ргәалашәара шаҳуалу, рхашҭра шыҟамло атәы рҳәон. 

Аԥсны ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа иазгәеиҭеит, ахҵәара Кавказ ажәларқәа рҭоурых аҟны ашәеиқәара зкәыршоу даҟьаны ишыҟалаз, ҷыдалагьы дазааҭгылеит ҳашьцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра аганахьала Аԥсны имҩаԥнаго аусура еиҳагьы ишырӷәӷәатәу.

Абри ахҭыс иазку афотолента ахәаԥшра>>

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа ахада Аҭанур Аҟусбa авидео-еимадарала еизаз рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҭоурых ргәалашәаларц, гәаҟрала иҭахаз рхамышҭларц.

Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Беслан Дбар инаҵшьны иазгәеиҭеит, арепатриациа зныҭрысла имҩаԥысуа акцианы ишыҟам, ари апроцесс еснагь ицалоит – иҳәеит иара.

«Ҳазхысыз ҳхашҭыр, ԥеиԥш ҳамам – абри еилаҳкаароуп. Амшын Еиқәа егьи аҿықә аҟны инхаз ҳашьцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыхынҳәразы алшарақәа зегь ҟалааит, Анцәа сиҳәоит!» – ҳәа ациҵеит иара.

Алахьеиқәратә ныҟәара зхы алазырхәыз рҟынтә зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иааз амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа маҷмызт.

Аныл Храҿба мызкы аԥхьа Аҟәаҟа дааит ҭырқәтәылатәи ақалақь Диузџье аҟнытә. Арԥыс ибзианы аԥсышәала дцәажәоит, далаҽхәаны иҳәоит уи иабдуцәа – аҳҷыԥсаа – Мӡымҭа ишықәынхоз, Аԥсныи иахьатәи Краснодартәи атәылаҿацәи рҳәааҟны. 

«Ҳара ҳабдуцәа агәаҟра дуқәа рхыргеит, ацәыӡқәа шьарда роуит. Иахьа абра смаар сгәы иауомызт, сҩызцәагьы – убас», – иҳәеит Аныл.

«Аиаша шәасҳәап, сылаӷырӡ аарла иныскылеит», – иҳәеит Мусса Егзакь аҽны иибақәаз рышьҭахь.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иџьеишьеит хәыҷгьы-дугьы гәцаракрала еиҟараны, ихьааганы ари амш ишазнеиз, еиҳаракгьы аҿар.

«Сара агәра ганы сыҟоуп, аҭоурых иаҳзыннажьыз аԥышәа аҟнытә алкаақәа шыҟаҳҵаз, ус анакәха, ари аҩыза ахлымӡаах ахаан уаҳа иҟамларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Уи моу, уи ариашаразгьы иҳалшо акаҿы ҳаангылом. Ҳҽеидаҳкылоит, ҳаицхырааны аԥсадгьыл ахь амҩа ҭбаа ылаҳгоит. Уи азы аусура рацәаны иаҭахуп, аха сара сгәаанагарала, уи ҳара ҳазхиоуп», – иҳәеит Егзакь.

Агәалашәара амш лаҵара 21 азы иахьазгәарҭо машәырны иҟамлаӡеит. Ари амш азоуп 1864 шықәсазы шәышықәсабжак ицоз, ишьаарҵәыраз Кавказ жәларқәа рабашьраҿы аурыс ар раиааира иазкны Гәбаадәы апарад анымҩаԥырга. Шә-нызқьҩыла ауааԥсыра рлахьынҵа ӡбахеит уи аибашьраҿы. Урҭ аханатә аахыс изқәынхоз ршьам дгьылқәа ааныжьны Османтәи аимпериахь ихҵәар акәхеит.