Ажьырныҳәа 29, 1918 шықәсазы иқәыргылан ҳмилаҭтә театртә ҟазара ашьаҭа зкыз раԥхьаӡатәи аԥсуа спектакль. Аԥсуа драматургиа ажанр хацзыркыз ҳәа дыԥхьаӡоуп иахьа Аԥсуа драматә театр зыхьӡ аху ашәҟәыҩҩы Самсон Ҷанба.

Арифа Қапԥҳа

Самсон Иаков-иԥа Ҷанба диит рашәарамза 18, 1886 шықәсазы Кәыдрытәи ауезд Аҭара ақыҭан (иахьатәи Очамчыра араион – аред.) анхаҩ ӷар иҭаацәараҿы. Аҭаацәараҿы иара хәҩы еиҳәшьцәа драшьазаҵәын. Иаб Кьагәа (аҩны ишишьҭаз ала) ауадаҩра дуқәа иԥылазаргьы, зегь акоуп, адыррақәа ирызҿлымҳаз иҷкәын ашкол дҭеиҵеит. 1893 шықәсазы быжь-шықәса зхыҵуаз Самсон Драндатәи ауахәаматә школ даанахәоит, уи анаҩс иҵара иациҵоит Аҟәатәи ашьхарыуаа рышкол аҟны. Аха иара иҵара ахә аҳәынҭқарра иашәомызт, аб ихахьы игеит: Аҟәатәи аџьырмыкьаҿы дықәгылан криҭиуан, иааиоуаз зегьы Самсон иҵара-инхара иахҭниҵон.

Аҷкәын иаб иџьабаа баша имырӡит, аҵараҿы аҟыбаҩ бзиаӡа ааирԥшуан. Ашьхарыуаа рышкол қәҿиарала даналга аамышьҭахь дҭалеит Қәҭешьтәи ақыҭанхамҩатә школ, уаҟа иҵара хиркәшеит 1907 шықәсазы. Самсон Ҷанба Қәҭешьынтә данаа ашьҭахь шықәсык иназынаԥшуа иқыҭа гәакьа Аҭара даанханы дыҟан.

Арԥыс иҵара иациҵар иҭахын, аха уи аҩыза алшара имамызт аҟынтә Кәтолтәи абжьаратә школ аҟны рҵаҩыс аусура далагеит. Арҵаҩра игәы иақәшәо ишыҟаз, дук хара имгакәа аусура даҟәырхит арҵаҩратә аттестат ахьимамыз иахҟьаны. Абраҟа Самсон ахьамҵра аарԥшны Хәантәи арҵаҩратә семинариа дҭалан, қәҿиара дула далганы дааит 1914 шықәсазы. Адиплом иманы деиҭахынҳәит Кәтолтәи абжьаратә школ ахь, нас уи ахылаԥшҩыс аусгьы иуит шықәсык аҟара. 1915 шықәсазы Самсон Ҷанба Аӡҩыбжьатәи ашкол ахь усура диасит, уаҟа дзабадырыз арҵаҩы Елена Никонор-иԥҳа Гоиден ԥҳәысс дааигоит. Хара имгакәа Аҟәаҟа дара нхара ҳәа ииасуеит.

Асеминариаҟны

Аҟәа иахьааиз Самсон рҵаҩыс аусура даалгеит Арҵаҩратә семинариа иатәыз алагарҭатә школ аҟны. Абраҟа аԥсуа бызшәеи агеографиеи рырҵаҩыс зымҩа хацзыркыз, аамҭақәак рышьҭахь ашкол напхгара аиҭо дҟалеит. Аԥсны арккара аус аҿы злагала дуӡӡоу Дырмит Гәлиеи, Андреи Ҷоҷуеи, Фома Ешбеи уҳәа реиԥш иҟоу ауаа рыхьӡқәа зыдҳәалоу абри асеминариаҿы Самсон Ҷанба иааира машәырымызт. Иара абарҭ ауаа драбадырыр иҭахын – иара иеиԥш Аԥсны аԥеиԥш иазхәыцуаз, акультуреи аҵаралашареи раагара иашьҭаз.

Дара зегьы рхазы абри аус акәын ихадараны ирбоз. Абри арҵаҩратә семинариаҿоуп аханатә инаркны уа аус зуаз Дырмит Гәлиа алитературатә кружок «Шарԥыеҵәа» ахьаԥиҵаз. Асеминариаҿоуп иахьцәырҵ раԥхьатәи аԥсуа театртә труппа, иагьеиднакылон иара атеатр ҟазара абзиабаҩцәа.

Асеминариаҿтәи алагарҭатә школ аҟны Самсон Ҷанба иаамҭа аиҳарак Аԥсны агеографиа арҵара иазикуан. Иара агеографиазы ихатәы рҵагашәҟәгьы еиқәиршәеит. Ҳҭоурых аҿы ираԥхьаӡатәиу ари агеографиа арҵагашәҟәы ҭыжьын 1923 шықәсазы, ашьҭахь изныкымкәа еиҭаҭрыжьит 30-тәи ашықәсқәа раан.

Агазеҭи аполитикеи

1920 шықәсазы Самсон Ҷанба агазеҭ «Аԥсны» аредактортә гәыԥ далан – ари ԥсыуа бызшәала иҭыҵыз раԥхьаӡатәи кьыԥхьуп.

Агазеҭ аредакторс дыҟан Дырмит Гәлиа, раԥхьаӡатәи аномер злаатуаз ааԥхьаратә ажәа иҩит Самсон Ҷанба. Уаҟа иара иҳәоит агазеҭ хықәкыс ишамоу «ажәлар амҩа иаша дырбара, агхақәеи аграқәеи раарԥшра, адыррақәа реизырҳара».

Ашьҭахь, Асовет мчра анааи, Самсон Иаков-иԥа Ҷанба агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакторсгьы дҟалоит.

Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла Самсон Ҷанба аполитикаҿы ачынуаҩ икариера ҟаиҵаратәы алшарақәа изаатит. 1921-1925 шықәсқәеи 1930-1932 шықәсқәеи рзы Аԥснытәи ССР Аҵаралашаратә комиссариат деиҳабын. 1923–1930 шықәсқәа рзы Самсон Иаков-иԥа

Аԥснытәи ССР Ацентртә анагӡаратә еилакы ахантәаҩыс дыҟан. 1932 шықәса инаркны 1937 шықәсанӡа (иԥсы ахьынӡаҭаз) Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла дахагылан.

Алитератураҿы

Аха аполитикатә, ма ачынтә маҵурақәа ракәӡамызт Ҷанба иԥсҭазаараҿы ихадараз. Хадара зуаз иара изы ижәлар аҵаралашара рыларҵәареи алитература ашҭаҿы аҽаарԥшреи ракәын. Ҷанба илитературатә усура хациркит публицистк иаҳасабала. Раԥхьатәи истатиақәа икьыԥхьуан урысшәала иҭыҵуаз агазеҭқәа «Закавказскаиа речь», «Сухумски листок» рҟны, раԥхьатәи исахьаркыратә ҩымҭақәа агазеҭ «Аԥсны» адаҟьақәа ирнылеит. Урҭ иреиуоуп апоема «Ашьха ҭыԥҳа», иара убас аҭоурыхтә пиеса «Амҳаџьыр».

Апиеса «Амҳаџьыр» раԥхьаӡа акәны икьыԥхьын 1919 шықәсазы агазеҭ «Аԥсны» адаҟьақәа рҿы, 1920 шықәсазы хазгьы иҭыҵит. Уи асиужет шьаҭас иамоуп XIX-тәи ашәышықәсазы Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭыс еиқәаҵәақәа – ауаа рыԥсадгьыл иахцаны рхырҵәара, «амҳаџьырра» ҳәа аҭоурых аҿы иаанхаз (иахьа ари атермин ахархәара акыр имаҷхеит, избанзар уи ҵакыс иамоу – амсылманцәа имсылмантәым атәыла аҟынтә имсылмантәу атәылахь ишҳәыԥку рцароуп, Аԥсны аҭоурых аҿы иҟаз ахҭысқәа зынӡа уи иақәшәом – аред.).

Ари адраматә ҩымҭа раԥхьатәиуп апиеса ажанр ала аԥсуа литератураҿы иаԥҵаз, Самсон Ҷанба ихаҭа иакәзар – аԥсуа драматургиа ашьаҭаркҩыс дыԥхьаӡоуп. Апиеса «Амҳаџьыр» даара акырынтә Аԥсуа театр асценаҿы иқәдыргылахьан. Аԥсуа театр аҟны ари апиесала аспектакль апремиера мҩаԥысит рашәарамза 27, 1928 шықәсазы, режиссиорс даман усҟантәи атеатр анапхгаҩы Кривцов, аха уи аԥхьагьы зшьамдгьыл ааныжьра зықәшәаз ауаа ррыцҳара иазкыз ари апиеса рбеит Аҟәатәи аурыс театр аҟны, уаҟа иара ықәдыргылеит «Баҭал» ҳәа ахьӡ аманы.

Аԥсуа театр аҿы аспектакль апремиера шымҩаԥысыз атәы иҳәоит Владимир Дарсалиа ишәҟәы «Аԥсуа совет драматургиа» аҟны. Аспектакль иахәаԥшырц иааиз ауаа дрылан апиеса автор Самсон Ҷанбагьы, абар уи иреакциа ашәҟәаҿы ишаарԥшу: «Автор ҿымҭаӡакәа, ихшыҩ азышьҭны, цәаныррак инмырԥшӡакәа артистцәа рыхәмаршьа дахәаԥшуан. Асценаҿы ахҭысқәа ҿион, уажәы-уажәы рҽеиҭаркуан, алахьеиқәратә сахьақәа раамышьҭахь агәышьҭыхра зцыз аацәырҵуан. Аха абар аспектакль нҵәеит. Шәымҭак ҿымҭран, нас атеатр ауразоуроу анапеинҟьабжь ааҩныҩит, кыраамҭа еихсыӷьуамызт. Автор асценахь днарыԥхьеит… Самсон Ҷанба дыԥхашьаԥхаҵо «абарҭ роуп изыбзоуроу» ҳәа артистцәа инапы рықәикуан…».

Ари аспектакль ахәаԥшцәа рыбжьара абас ақәҿиара дуӡӡа ахьаиуз џьашьатәым. Самсон Ҷанба абарҭ ахҭыс еиқәаҵәақәа ирызкны ауаа рҿынтә иидыруаз, иаҳахьаз рацәан, апиесаҿгьы убарҭқәа зегь ааирԥшит. Уи шьаҭас иамоу адокументқәеи аҭҵаамҭақәеи ракәӡам – усҟантәи аамҭазы дара ус мариала иуоуа иҟамызт – абдуцәа рҟынтә абацәа ираҳаз, абацәа рҟынтә - амоҭацәа ҳәа аҭаацәарақәа абиԥарала еиҭаҳәо иааргаз ажәабжьқәа роуп.

Аспектакль «Амҳаџьыр», Алхас Шамба иқәыргыламҭа, 2016 шықәса, цәыббрамза
© Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр афонд

Убас, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аԥсуа ажәаҳәа аҭҵааҩы Шоҭа Салаҟаиа иазгәеиҭоит Ҷанба ипиесаҿы хазы игоу епизодҵас ишаарԥшу амҳаџьырратә фольклор аҟны зегь реиҳа ирацәаны иуԥыло асиужет – ан иԥсхьоу лысаби длымхны амшын далармыжьырц агарашәа шизылҳәо аазырԥшуа. Ауаа шхәала, ӷбала амшын ианырыргоз, амҩан иԥсқәоз зегьы иаразнакала аӡы иаларыжьуан, аҿкы чымазарақәа мҵысырц азы. Аха ари ан рыцҳа амҩа зызхымгаз лхәыҷы аҟәараҿы иӡхыҵаанӡа дылгәыҵаҳәҳәан даалгеит, нас убра анышә дамалдеит. Салаҟаиа иажәақаә рыла, ари аҩыза ахҭыс ҟалаҵәҟьеит: иара згәалашәоз, зыблала избаз ауаа ыҟан.

«Иџьоушьап, аха адрама «Амҳаџьыр» аҟны аҭоурыхтә хаҭарақәа зынӡа иалагалаӡам, – ҳәа иҩуеит алитератураҭҵааҩ Виачеслав Бигәаа. – Избан акәзар иара изы (Ҷанба изы – аред.) зегь реиҳа ихадараз изеиԥшырку ахаҿсахьақәа раарԥшра акәын, уи еснагьҵәҟьа ишилымшозгьы. «Амҳаџьыр» аҟны хра злоу ажәлар рҭоурых азҵаарақәа ииашаны рықәыргылашьеи рсахьаркыратә аарԥшышьеи дахьақәшәаз иабзоураны иахьатәи аԥхьаҩцәагьы рыжәлар алахьынҵа иазнархәыцуа иҟоуп».

Самсон Ҷанба авторс дамоуп иара убас аԥсуа литератураҿы раԥхьатәи апрозатә ҩымҭақәа ируаку аповест «Сеидыҟ». Аҩымҭа афырхаҵа хада дкулакын («акулакцәа» ҳәа ирышьҭан амал змаз анхацәа – аред.) Сеидыҟ аколнхарақәа рааира даҽагылон (хаз-хазы зынхамҩақәа еиҿызкаауаз анхацәа џьаракны реидкылара аполитика, Асовет Еидгылаҿы имҩаԥысуан 1928 шықәса инаркны 1937 шықәсанӡа - аред.) ақыҭанхамҩа уаанӡа ишыҟаз еиԥш иаанхарц иҭахын.

Самсон Ҷанба иуаҩышьаз

Иналукааша аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа аӡәырҩы реиԥш Самсон Ҷанбагьы Сталин ирепрессиақәа раантәи аӡыхәашь дагеит: 1937 шықәсазы дҭаркын, иеихсны дыршьит. Нас, 50-тәи ашықәсқәа реиҩшамҭазы арепрессиақәа ирықәдыршәаз рыриашарақәа аныҟала, Самсон Ҷанба ихьӡ дыриашеит, ахара идырҵаз шымцеиқәырҽаҽараз, ишхыҭхәааз шьақәдырӷәӷәеит.

Самсон Ҷанба ихьӡ ахуп Аԥсуа драматә театр, иара убас ҳҭәыла ақалақьқәа ирылсуа амҩадуқәа. Самсон Ҷанба ҩызас имаз еицырдыруа аԥсуа уаажәларратә усзуҩ Андреи Ҷоҷуа абас иҩуан иара изкны: «Иҳаракӡаз ауаҩытәыҩсатә ҟазшьақәа илан: игәы ҭбаан, диашан, аусура дацәаашьомызт, дԥагьамызт. Насгьы иара, ҳәара аҭахума, дпатриот дуун, гәыкала ижәлар рымаҵ иуан. Абас дахьыҟаз азы ауаа рҿы ахьӡ иман, ҳаҭыр ду иқәын».

Ахархәара змоу алитература:

· Дарсалиа В.В. Аншба А.А. «Самсон Ҷанба»

· Салаҟаиа Ш.Хә.«Алитература алаԥшҳәаа»

· Аԥсуа биографиатә жәар

· В. Бигәаа «Аԥсуа ҭоурыхтә роман»