Жьҭаара 27 инаркны абҵарамза 1-нӡа ҞЧА имҩаԥысуан абаза бызшәеи алитературеи аԥшьбатәи рфестиваль. Аусмҩаԥгатә хыркәшан итрадициатәу аконференциа – «Ҭобыль иаԥхьарақәа» рыла.

Саид Барганџьиа

Аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Ҭобыль иаԥхьарақәа» рыла ихыркәшан жьҭаара 27 инаркны абҵарамза 1-нӡа ҞЧА имҩаԥысуаз абаза бызшәеи алитературеи аԥшьбатәи рфестиваль.

Апрофессор, абызшәадырҩы, Ҟарачы-Черқьесиатәи аҳәынҭқарратә университет аҭҵаарадырратә усуразы апроректор Сергеи Паз излаиҳәаз ала, аԥхьарақәа рыпрограмма инақәыршәаны, ражәахәқәа рыманы иқәгылеит – аҵарауаа қәыԥшқәа, аԥышәа змоу аҵарауаа, арҵаҩцәа-апрактикцәа, ҞЧА аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра аспециалистцәа, Ареспублика амуниципалтә раионқәа рҟны иҟоу аҵарадырреи акультуреи рыҟәшақәа русзуҩцәа, амагистрантцәа, ҞЧАУ аспирантцәа, иара убасгьы Аԥсныи Ставропольи рҟынтә аԥхьарақәа ирҭааз аҵарауааи астудентцәеи.

Аԥхьарақәа мҩаԥысит апленартә еилатәареи, асекциақәа русуреи аформат ала. Асекциақәа рҿы иалацәажәон: абаза бызшәеи аԥсуа бызшәеи иахьатәи рҭагылазаашьа, нас рҵара иадҳәалоу апроблемақәа; аҟабарада-черқьес бызшәа, уи алитературеи афольклори; абаза, аԥсуа литературақәеи, афольклорқәеи; ахатәы бызшәеи алитературеи рҵара атеориеи апрактикеи, амаҭәарбжьаратә ҭҵаарақәеи, арҵаратә методикақәеи ирыдҳәалоу азҵарақәа. Апленартә еилатәара урысшәала имҩаԥысит. Асекциақәа рҿы изыԥхьоз ажәахәқәа раԥхьаӡа акәны абаза бызшәеи, аԥсуа бызшәеи, аҟадарда-ачерқьес бызшәеи рыла ицәырган – иара абригьы ахатәы бызшәақәа реиқәырхара аус аҿы ԥхьаҟа шьаҿакны иҟалеит.

Аконференциаҿы иалацәажәеит иара убас абри ахырхарҭала иҟарҵахьоу аконкреттә шьаҿақәеи, ироухьоу аихьӡарақәеи.

«Ҟарачы-Черқьесиа акрааҵуеит апоетцәеи, ашәҟәыҩҩцәеи, егьырҭ арҿиара знапы алаку ауааи рҩымҭақәа ахьыркьыԥхьша асахьаркыратә журналқәа аԥҵатәны иҟазижьҭеи. Ари апроблема ҞЧА амилаҭтә шәҟәыҩҩцәа реидгылақәа ишьҭырхуеижьҭеи акрааҵуеит. Сынтәа У.Д. Алиев ихьӡ зху Ҟарачы-Черқьесиатәи аҳәынҭқарратә университет анапхгара иаӡбеит алитература-сахьаркыратә, аҭҵаара-рккаратә журналқәа ԥшәба раԥҵара, ҞЧА ашьагәыҭтә жәларқәа рбызшәақәа рыла», – иҳәеит Сергеи Паз, иагьациҵеит «Ҭобыль иаԥхьарақәа – 2019» аҟны, ҞЧА аҳәынҭқарратә университет аректор Ҭаусолҭан Узденов амилаҭтә бызшәақәа рыла иҭыҵыз ажурналқәа актәи рномерқәа ауаа идырбаны ҳамҭас ишриҭаз. Арҭ ажурналқәа ирыхьӡуп «Абазашта адзыхьква» («Абазашҭа аӡыхьқәа» абаза бызшәала иҭыҵуеит – аред.), «Хақә» ( "Аԥсадгьыл" аҟабарда-черқьес бызшәала иҭыҵуеит – аред.). Арҭ ажурналқәа шықәсык ахь ҩынтә рҭыҵра азԥхьагәаҭоуп ҳәа азгәеиҭеит абызшәадырҩы.

Иара еизаз зегьы иргәалаиршәеит 2019 шықәсазтәи аконференциа уаанӡатәи ашықәсқәа рзтәи аконференциақәа ишреиԥшым, избан акәзар иара мҩаԥгоуп ауаажәларратә еилазаара рыҿиара иазынархоу Ахада игрантқәа рфонд аҟнытә иҟаҵаз агранттә цхыраарала. Уи адагьы, аконференциа аусура сынтәа активла иалахәын Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҵарауааи астудентцәеи, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҵарауааи рделегациа.

«Есышықәса «Ҭобыль иаԥхьарақәа» рымҩаԥгара аԥышәа иаҳнарбоит арҵаҩратә еилазаара рыбжьара иара – абаза бызшәеи алитературеи, акультуреи реиқәырхареи рыҿиареи рзы акрызҵазкуа елементны ишыԥхьаӡоу», - ҳәа иажәа хиркәшеит Сергеи Паз.

Абаза бызшәеи алитературеи рфестиваль есышықәса имҩаԥнагоит жәларбжьаратәи аилазаара «Алашара», Ҟарачы-Черқьестәи аҳәынҭқарратә университети, ҞЧА Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрреи, Абаза муниципалтә раиони алархәны. Афестиваль анаԥҵаз 2014 шықәса инаркны иалоуп абарҭ аусмҩаԥгатәқәа: ҞЧА абжьаратә школқәеи аколлеџьқәеи рҵаҩцәа рыбжьара абаза бызшәала ахыҭҳәаа аҩразы аицлабра, исахьаркны аԥхьаҩцәа реицлабра, абаза бызшәеи алитературеи рзы аолимпиада. Афестиваль хыркәшахоит «Ҭобыль иаԥхьарақәа» рыла, уаҟа аицлабрақәа зегьы реихшьалақәа ҟарҵоит, урҭ рҟны аиааира згаз аҵаҩцәеи дара азыҟазҵаз арҵаҩцәеи аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥысуеит.