Урыстәылатәи ашьапылампылтә клуб «Зенит» ахәыҷқәеи-ақәыԥшцәеи ракадемиа ахәмарцәа ҩымчыбжь раахыс Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон. Урҭ лҵшәақәас ироуз атәы АААК аинфопортал иазеиҭарҳәеит «Зенитаа» разыҟаҵаҩи аспортсменцәа рхаҭақәеи.

Аԥсны ашьапылампыл аҽазыҟаҵаразы аҭагылазаашьа маншәалоуп, амшқәагьы уаҳа назҭахым роуп ҳәа азгәеиҭеит Урыстәылатәи ашьапылампылтә клуб «Зенит» ахәыҷқәеи-ақәыԥшцәеи ракадемиа азыҟаҵаҩ еиҳабы Алексеи Тихомиров, хәажәкыра 19 инаркны 31 рҟынӡа Аԥсны имҩаԥысуаз аҽазыҟаҵарақәа ахҳәаа рыҭо.

Зынӡа аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын ҩышәҩык аспортсменцәа инарзынаԥшуа, 2005-2011 шықәсақәа рзы ииз ашьапылампыласцәа ркомандақәа быжьба.

Тихомиров еиҭеиҳәеит «Зенит» анапхгара ахәыҷқәа азыҟарҵарц азы Аԥсныҟа аара ргәазырԥхаз атәы. Ииасыз ашықәс азы аклуб ахаҭарнакцәа, азыҟаҵаҩцәа рзанааҭдырра аизырҳара ацентр адиректор, Урыстәыла ашьапылампылтә хеилак атехникатә еилакы алахәыла Сергеи Морозов раԥхьа днаргыланы, Аԥсны иаҭааны иҟан, Аԥсуа шьапылампылтә федерациа иҟанаҵаз ааԥхьарала, аҭыԥнтәи азыҟаҵаҩцәа рдырра аизырҳаразы.

«Усҟантәи ҳаараан аԥснытәи ҳколлегацәа иаҳдырбеит аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥугаша аҭыԥқәа, нас «Зенит» анапхгара ирыӡбеит ааԥынразы Аԥсныҟа ахәыҷқәа аарышьҭырц», – иҳәеит азыҟаҵаҩ.

Иара иазгәеиҭеит ари аӡбамҭа адкылараан еиҳарак изызхьаԥшыз Аԥсны аҳауа бзиоуп ҳәа.

«Уа ҳара ҳҿы (Санкт-Петербург – аред.) аӡыншьҭахь аспортсменцәа рымчқәа рылкәкәааны иҟоуп: акыраамҭа мрак уқәымԥхакәа, ахьҭақәа рымшала уҩнанакны уаныҟоу ушԥаҟало. Ара ҳанааи, амрагьы аԥхаррагьы ҳауит. Иара убас, ҳәарада, аҽазыҟаҵаразы иахәҭоу зегь рыла ҳаиқәыршәан, адкылара бзиаӡагьы ҳзыԥшын. Аԥснытәи ҳколлегацәа ииашан еилыркааит абра иаҳбарц иаҳҭаху. Афатә-ажәтә иҳаздырхио аума, ҳаангыларҭа аиҿкаашьоума – зегь хазыноуп», - иҳәеит Алексеи Тихомиров.

Уи иацҵангьы иҳәеит «Зенит» анапхгара ԥхьаҟагьы ргәы ишҭоу Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгра. Иара иажәақәа рыла, аҩбатәи раара азԥхьагәаҭоуп ҳазҭоу ашықәс жьҭаара анҵәамҭеи абҵарамза алагамҭеи рзы.

«Зенит» азыҟаҵаҩ еиҳабы излаиԥхьаӡо ала, Аԥсны ауаажәлар ашьапылампыл аҿиара акыр иазҿлымҳауп. Уи иаразнакала иубаратәы иҟоуп. Насгьы иҳәеит араҟа еснагь ашьапылампыласцәа бзиақәа шеиҵарааӡоз, урҭ рахьтә аӡәырҩы еицырдыруа ишыҟалахьоу.

«Ҳара иаҳҭахуп иахьынӡаҳалшо ала аԥснытәи ҳколлегацәа ҳрыцхраарц аметодика аганахьала, иара убас ашьапылампыл аҿиара еиуеиԥшым ахырхарҭақәа ҳрылацәажәарц. Ахәыҷқәа «Зенит» акоманда иаанахәарц азы алшара раҳҭарц ҳҭахуп, анаҩс аспорт адунеи аҿы иҵегь рымҩа ҭбааны иаатырц. Убри азоуп абра ҳфилиал зааҳартыз, араҟа аус зуа аԥсуа зыҟаҵаҩцәа ракәхоит, ҳара ҳметодикақәа рыла аԥышәа заҳҭаз. Даара ҳгәыӷуеит аԥсуа арԥарацәа ари ашанс рхы иадырхәап ҳәа», – иҳәеит Тихомиров.

«Зенит» академиа ашьапылампыласыҩ Никита Лобов еиҭеиҳәеит аспортсменцәа рымш шеиҿкаау: есҽны ҩба-ҩба ҽазыҟаҵара мҩаԥыргоит. Аԥсны акырџьара инеиааины ирбартә еиԥш аамҭа рымамызт, аха зегь акоуп мышкы алхны аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аекскурсиа рзымҩаԥыргеит.

«Аԥсны даара иԥшӡарҭоуп. Сара раԥхьаӡа акәны сааит арахь, избаз зегь сгәаԥхеит», – иҳәеит аҷкәын.

Аспортсмен иазгәеиҭеит, Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа рзы аҭагылазаашьа шыманшәалоу.

«Ҳҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьа сгәаԥхеит. Амшқәа бзиоуп, уи даара иаҳнаалоит. Даҽазныкгьы ҳаауазар цәгьа избом», - иҳәеит Никита Лобов.

Уи ииҳәаз дадгылеит иҩызагьы, «Зенит» ахәмарыҩ Иван Шленок. Иаргьы раԥхьӡа акәны Аԥсны даҭааит, даршанхеит аекскурсиа аан иддырбаз Афонҿыцтәи аҳаԥы.

Шленок иазгәеиҭеит аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьа бзиа адагьы, аԥсуа ган питертәи «Зенитаа» рыдкылара ҩаӡара ҳаракыла рыҽшаздырхиаз.

«Афатә даара ихаауп, аҩны ҳаҟоушәа ҳгәы иабоит. Адәгьы бзиоуп. Изакәызаалак уадаҩрак ҳԥымлеит, - иҳәеит аспортсмен қәыԥш.

Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ршьапылампылтә школ «Зенит» афилиал Аԥсны официалла иаартын хәажәкыра 27 рзы, аха аусура иалагахьан 2020 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны. Аԥснытәи ашьапылампыласцәа қәыԥшқәа ԥшьҩык Санкт-Петербург, АК «Зенит» аҟны ирыхәаԥшит уи аԥхьагьы – абҵарамзазы. Ари аспортсменцәа ргәыԥ дацны дцеит усҟан Афонҿыцтәи ахәыҷқәа разыҟаҵаҩ Армен Капикиан, иара «Зенит» адиректор хада идҵала Аԥснытәи афилиал еиҳбыс даҭоуп.

Уи аԥхьа, 2020 шықәса, цәыббрамзазы аԥснытәи азыҟаҵаҩцәа 27-ҩык «Зенит» академиа еиҿнакааз акурсқәа ирхысит, уажәшьҭа урҭ иреиӷьқәоу аԥсуа филиал аҟны азыҟаҵаҩцәас аус рулоит. Акомандақәа рахь иргалоит фышықәса инаркны 13 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа.

Ашьапылампылтә клуб «Зенит» Академиа – ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ршьапылампылтә школуп, еиҿкаауп еицырдыруа питертәи аклуб «Зенит» аҩнуҵҟа. Академиа хықәкыс иамоуп – аклуб акоманда хада ахьӡала иқәгылаша аспортсменцәа ӷәӷәақәа реиҵааӡара. Ари ашкол ахатә философиа злаҟоу ала, уи аушьҭымҭацәа ашьапылампыл асраҿы иахьҟазацәоу адагьы егьыс азеиԥш ҵара бзиа рымазароуп. Академиа акомандақәа улаԥш здызхало, игәмырҿыӷьгоу ашьапылампыл иасуеит. Аспортсменцәа разыҟаҵараан хаҭа-хаҭала ирызнеиуеит. Ашкол аҽазыҟаҵарақәа зегьы х-категориакны еихшоуп: атехника-тактикатә, атеориатә, апсихологиатә, иҟоуп иара убас абаҩрҵәыратә ҽазыҟаҵарақәа.