Ԥхынгәы 15 – Борис Адлеиба имшира аҽны АААК аинфопортал иазнархиеит иналукаашаз Аԥсны аԥхьагылаҩ изку аочерк.

Арифа Қапԥҳа

Борис Адлеиба, ииашаҵәҟьаны, аиҳабыраҿы иҟаз аԥсуаа рыбжьара инарылукааша дыруаӡәкын ҳәа изуҳәартә дыҟоуп. Иара иаамҭамкәан иԥсҭазаара далҵит, аха аҭоурых аҿы ишьҭа анымӡӡаауа инхеит. Борис Адлеиба 11 шықәса инеиԥынкыланы ҳтәыла напхгара аиҭон, адипломатиа ҳаракӡа аарԥшны, Қырҭтәыла аҭахрақәа дырҿагыланы, иԥсадгьыл аинтересқәа ихьчон.

Борис Виктор-иԥа Адлеиба диит 1931 шықәса, ԥхынгәы 15 рзы, Аҟәа ақалақь аҟны. Шьҭрала аԥсуа қыҭақәа Отапи Ҷлоуи дыртәын. Урҭ аҭыԥқәа Борис Виктор-иԥа лымкаала бзиа ибон, илшозгьы зегь ҟаиҵон ақыҭақәа ршьапы иқәгыларц, иҿиаларц азы. Иаҳҳәап, Ҷлоу ақыҭан ашкол аартра зыбзоуроу – Борис Адлеибеи, нас уи ақыҭа иалҵыз Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәбеи роуп.

«Сара сакәзар аҿыуаҩ, аӷәрагьы сара искызароуп»

Адлеиба ипартиатә кариера ахы акит Очамчыратәи араионтә комитет аҟны, уа иара дагьынаӡеит акомитет амаӡаныҟәгаҩ имаҵуранӡа. 34 шықәса анихыҵуаз далырхуеит Апартиа Аҟәатәи ақалақьтә комитет аҩбатәи маӡаныҟәгаҩс. 1971 инаркны 1975 шықәсанӡа Борис Адлеиба напхгара аиҭон Апартиа Ҭҟәарчалтәи ақалақьтә комитет. 1978 шықәсазы иԥсҭазаареи икариереи рҿы акрызҵазкуаз ахҭыс ҟалоит: далырхуеит Апартиа Аԥснытәи аобласттә комитет актәи маӡаныҟәгаҩс, даҽакала иуҳәозар – Аԥсны аиҳабыра рхаҿы дгылоит.

Ус шакәызгьы, Борис Виктор-иԥа Қарҭ иаҭаху шаҭаху иҟазҵо аӡә иакәны дҟаларц игәгьы иҭамызт. Имаҵуратә ҭагылазаашьа ихы иархәаны, илшоз зегь ҟаиҵон Аԥсны жәлар ринтересқәа рыхьчаразы, убри аамҭазы аиҳабыратә ҭыԥ аиқәырхарагьы илиршон. Аиҳабыра хьыӡшьала акәымкәа, ишахәҭоу еиԥш, уи иацу амчра инапаҿы иҟазарц азы Адлеиба иааирԥшуан адипломатиатә ҟазара ҳаракы.

Борис Виктор-иԥа дыздыруаз аӡәырҩы иргәалашәоит иажәақәа: «Сара сакәзар аҿыуаҩ, аӷәрагьы сара искызароуп» ҳәа.

Аԥсуа культура адгылара аиҭон

Борис Виктор-иԥа Адлеиба ихаан аԥсуа жәлар зыргәамҵуаз азҵаарақәа рацәаны иӡбан. Усҟан аҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩын – аԥсуаа рзинқәа рыцҳашьарада Қарҭаа ирҿаҟәон. Убас, Адлеиба ибзоуралоуп аԥсуаа ишроуз Аҟәа ақалақь аҿы инхарц азы ашәҟәы аҽҭагалара азин. Акультура аусзуҩцәа аҳҭнықалақь аҟны ауаҭахқәа рырҭо иалагеит, аха уи аиҳагьы ихадароу – Адлеиба илшоз зегь ҟаиҵон иааизакны акультура арҿиаразы.

Идыру фактуп Борис Адлеиба даараӡа атеатр бзиа ишибоз, лассы-лассы Аԥсуа драматә театр аспектакльқәа дырҭаауан, насгьы араионқәеи ақыҭақәеи рҿы инхоз ауааԥсыра атеатр иаҭааларц азы алшарақәа аԥиҵон. Иара агәра ганы дыҟан – аԥсуа театр ахь имныҟәо аԥсуа культура пату ақәиҵом ҳәа.

Адлеиба иганахьала адгылара дуӡӡа рныруан Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгылагьы. Ишдыру еиԥш, Адлеиба идҵалоуп аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа ԥарак дырҳаразы рсахьақәа аҳәынҭқарра иаанахәо ишалагаз. Иара убасгьы, аԥсуа культуразы акрызҵазкуа лагаланы иҟалеит – Адлеиба ибзоурала Аԥсны раԥхьатәи апрофессионалтә сахьаҭыхҩы Александр Чачба-Шервашиӡе иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь архынҳәра, араҟа анышә иамадара.

Адлеиба иаамҭақәа рзы иҟалаз ихадоу ахҭысқәа рахь иԥхьаӡоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Аԥсуа телехәаԥшреи раԥҵара. Ҳәарада, урҭ аартын азеиԥштә милаҭтә-хақәиҭратә қәԥара аџьабаала, аха усҟантәи аамҭазы Аԥсны ахадара азызуаз ари аус адгылара ӷәӷәа аимҭазҭгьы, уи залымшахаргьы ҟалон. Усҟан Борис Адлеиба далахәын иарбанызаалак, егьа ихәыҷӡазгьы, азҵаара аӡбара.

Борис Адлеиба иԥа Асҭамыр игәалашәоит убас еиԥш иҟаз хҭыск: «Ателехәаԥшра аусзуҩцәа рҟынтә хаҭала исаҳахьеит: 1978 шықәсазы, Аԥсуа телехәаԥшра анаадыртуаз, амузыкатә бжьаргылас иалхыз амелодиа ақырҭқәа зынӡа иргәамԥхаӡеит. Урҭ

ргәаанагарала уи амелодиа анационалисттә ҟазшьа аман, ахархәарагьы мап ацәыркит, иԥсахтәуп ҳәагьы рыӡбеит. Аха саб ателехәаԥшра аусзуҩцәа амелодиа аанрыжьырц азы адҵа риҭеит, ақырҭқәа рыԥсахеибакра ихахьы иганы».

Ижәлар ахьыҟаз иаргьы дыҟан

Ҳәарада, Апартиа Аԥснытәи аобком актәи амаӡаныҟәгаҩ, дарбанызаалак даҽаӡә иаасҭа ицәыуадаҩын аԥсуа жәлар ахьыԥшымразы рықәԥараҿы адгылара рыҭара. Убри дахцәажәауа, аҳәынҭқарратә усзуҩы Константин Озган ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа лфильм аҟны иазгәеиҭон: «Борис Виктор-иԥа Адлеиба Аԥсны данахагылаз аамҭақәа рзы Асовет Еидгыла анапхгара ҟалашьак арҭомызт арегионқәа рнапхгаҩцәа рганахьала амилаҭтә-хақәиҭратә ҵасрақәа адгылара рырҭартә еиԥш аҭагылазаашьа». Ус шакәызгьы, уи ақәԥара иара дадгылеит, уи атәгьы иршаҳаҭит 1989 шықәса, хәыжәкырамзазы, Лыхнытәи Аизара ду аҟны.

Усҟан Лыхнашҭаҿы еизаз 36 нызқьҩык ауааԥсыра рнапы аҵарыҩит амаӡаныҟәгаҩ хадеи, Асовет Еидгыла Акомпартиа Акомитет ахадареи рахь ашәҟәы. Уаҟа аҳәара ҟарҵон, 1921 инаркны 1931 шықәсанӡа иҟаз Аԥснытәи Асоветтә Социалисттә Республика аиҭашьақәыргыларазы (Лыхны Аизара ду анымҩаԥысуаз аамҭазы Аԥсны Қырҭтәылатәи АССР автономтә республика аҳасабала иалан – аред.). Раԥхьаӡагьы уи ашәҟәы знапы анызҵаз Борис Виктор-иԥа Адлеиба иакәын, иара убри алагьы идырны икариера аҵәаӷәа ахьишьит: дук хара имгакәа актәи амаӡаныҟәгаҩ имаҵура нижьыр акәхеит.

«Ари акрызҵазкуа фактуп ҳаб ибиографиа аҟны, уи ҳара – ихәыҷқәа ҳилаҽхәартә ҳҟанаҵоит. Сара сгәанала, иара ибзиаӡаны еиликаауан иҟаз аҭагылазаашьаҿы ижәлар дрылагылазарц шихәҭоу, имаҵуреи, иусуреи шицәыӡуазгьы дырны. Агәра ганы сыҟоуп, ижәлар рыгәҭа дгыланы дзыхьӡарц ииҭахыз шырацәаз», – иҳәеит Асҭамыр Адлеиба.

«Арӡынба Аԥсназы илшаша рацәоуп»

Борис Адлеиба, аполитик ҵаула иаҳасабала ԥхьаҟатәи аԥеиԥш дазхәыцуан: аиҳабыраҿы дыҟанаҵ иҭыԥ аҟны дзыԥсахуа ауаҩы дишьҭан. Уи дагьиԥшааит – аҵарауаҩ қәыԥш, аоратор бзиа Владислав Григори-иԥа Арӡынба.

Арӡынба Москвантәи Аԥсныҟа иаарагьы Борис Адлеиба ибзоуралоуп изыҟала. Уи шыҟалаз атәы даараӡа аинтерес аҵаны игәалаиршәон ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба исататиа «Борис Адлеиба иакәмызҭгьы» ҳәа хьӡыс измоу аҟны. Астатиаҿы иара еиҭеиҳәоит, ҽнак иара иахь Борис Виктор-иԥа дшымҩахыҵыз. Ашәҟәыҩҩы иахь аполитик иман аҳәара – Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабыс Арӡынба икандидатура адгылара аҭара. Аҳәба азныказы агәҩара ааирԥшит, акыршықәса Москва аус зухьаз аҵарауаҩ Аԥсны дааны аинститут ахагылара иҭаххарыма ҳәа. Абар уи астатиа аҟнытә ацыԥҵәаха:

«– Борис Виктор-иԥа, иахьынӡаздыруа, Арӡынба 20 шықәса инареиҳаны Москва аус иуеит. Ус анакәха, Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аусура иара дацәыхаразар ҟалап.

– Убри азоуп иара икадидатура сагьзазхәыцуа. Иара иакәым, ара инхо аԥсуаа зны-зынла ҳзеилибакаауам. Насгьы – иара Қарҭ аҳәатәы дацныҟәом. Иахьазы, ҳчынуааи ҳҵарауааи аӡәырҩы Қарҭ аиҳабыра ражәа иахыԥом. Ианамуҵәҟьагьы, аинститут аҟны иусура зышьақәымгылар, имаҵура ныжьны Москваҟа дхынҳәыр ҟалоит, уаҟа дызҿыз аус еиҭах дналагап. <..> Сара сыԥсы ахьынӡаҭоу, Шеварднаӡе иажәақәа – аԥсуаа, акаҵақәа реиԥш ирҟьцлатәуп ҳәа ииҳәаз ахаангьы ианасыжьуам. Сара сгәанала, Арӡынба Аԥсназы илшаша рацәаӡоуп, ҳара ҳинтересқәа изыхьчалоит». Ишнеи-шнеиуаз, Борис Виктор-иԥа ишиҳәоз еиԥш иагьыҟалеит.

Иҷыдоу ԥыжәарак рымҭакәа

Борис Адлеиба иҭаацәара ианакәзаалак иаҩцаны ахымҩаԥгашьақәа рыламызт. Борис Виктор-иԥа иԥшәмаԥҳәыс Лиудмила Лабахәуа, занааҭла иҳақьымыз, аамҭак азы агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩс дыҟан, аха хатәгәаԥхарала лмаҵуара нлыжьуеит – лыԥшәма аԥснытәи Аобком актәи маӡаныҟәгаҩыс даныҟала. Ари аҭаацәаараҿы даҽакала изыҟаломызт.

«Аԥсуа ҭаацәарақәа зегь реиԥш ҳаҟан, иҷыдоу аԥыжәарақәа ҳәа ззырҳәо ҳамамызт. Ашколахь, аџьармыкьахь шьапыла ҳныҟәон. Ҳаб даҿагылан акала ҳалызкаашаз иарбанзаалак зегьы, иара убас ахарҟьарақәагьы бзиа ибомызт. Ҳанхон ԥшь-еихагылак змаз аҩны ахԥатәи аихагылаҟны, х-уадак змаз ауаҭах аҟны. Иахьазы уи Имам-Шамиль имҩала амшын азааигәара игылоу аҵыхәтәантәи аҩноуп. Сара схәыҷра зегь уаҟоуп иахьысхызга, еиҵаԥсоз акаруаҭ аҿы сыцәон. Аматериалтә мал ҳәа акгьы нимыжьит, иахьазы иҳамоу ҳара иҳарҳаз ауп», – еиҭеиҳәоит Асҭамыр Адлеиба.

Ԥшьҩык ихшара – иԥҳа Манана, иҷкәынцәа – Геннади, Ҭемыр, Асҭамыр – раб лассы-лассы дырбомызт: иаамҭа зегьы иусура иазикуан, ашьыжь шаанӡа индәылҵуаз ҵхагәаныла даауан. Амҽыша заҵәык хәыҷык заашәа аҩныҟа даауан ауп.

Борис Виктор-иԥа бзиа ибон ашьапылампыл асра, даныхәыҷыз аахыс уи аспортхкала иҽазыҟиҵоан, амбахьчаҩ бзиасгьы дыҟан. Ашьапылампыл абзиабара иҷкәын еиҵбы Асҭамыр иахьгьы ииасит, уигьы ихәыҷратә шықәсқәа инадыркны ашьапылампыл дасуан. Насгьы, Асҭамыр алшара иоухьан иаразнак адунеизегьтәи ачемпионатахь ишьҭыз ашьапылампыл асразы Асовет Еидгыла аҿарацәа еизгоу ркоманда алаларазы. Аха азыҟаҵаҩ Асҭамыр димгаӡеит, нас уи аус иабгьы анырра аимҭаӡеит. Борис Виктор-иԥа иҷкәын димыцхрааӡеит – «уахь ацара иҽизаԥсамтәзар акәхап» ҳәа ҳәаны.

Асҭамыр Адлеиба иазгәеиҭоит, ианакәызаалак ахәыҷқәа рзы иҷыдоу, аԥыжәара зцу ҭагылазаашьак раб ишаԥимҵоз. Игәалаиршәоит, агәыбжьанытәи иашьа Ҭемыр қәҿиарала Ақыҭанхамҩатә институт далганы аҩныҟа данаа, игәы ишаанагоз иаб ҭыԥ бзиак идеигалап ҳәа.

«Исгәалашәоит, сашьа Москвантәи данаауаз зегь ҳаиԥылеит… Нас ҳазегьы – иааз сашьа ихаҭа, сан ҳазыԥшын ҳаб аҩныҟа ихынҳәра. Ус ҳгәы иаанагон: уажәы ҳаб Ҭемыр усура дишьҭуеит Аминистрцәа Реилазаарахь ҳәа. Насгьы уи азы иҟан амзызқәа – аинститут бзиа далгеит, иҵарагьы бзиаӡаны ихиркәшеит. Ахәылбыҽха ҳаб аҩны данааи, Ҭемыр иахь ихы нарханы ус иҳәоит: «Нас, уалгама? Ибзиоуп. Ашьыжь уҽеидкыла, Ҷлоуҟа уцоит. Уа иузыԥшуп. Амеханизациа зызу абригада бригадирс уҟалоит» ҳәа… Иҳаҳаз ҳазхамҵо ҳахьтәақәаз ҳкаҳахьан … Убас, 412-тәи «Москвич» изаахәаны, сашьа ҩышықәса ҳәа Ҷлоуҟа усура дышьҭын».

Борис Виктор-иԥа иԥсҭазаара далҵит 59 шықәса дшырҭагылаз. Жьҭаарамза, 1990 шықәсазы ахынтә раан аинфаркт исуеит. Еицырдыруа урыстәылатәи акардиохирург Лео Бакьериа – Борис Виктор-иԥа иҩыза иажәақәа рыла, аполитик иԥсы аиқәырхара ауан. «Кавказтәи ашьхарыуа хаҵа ишиҟазшьоу еиԥш, асакаса аниалара мап ацәикит, аха иҟаз аҭагылазаашьаҿы уи хымԥадатәиин. Убри иахҟьаны, амашьына дахьақәтәаз ирыԥҳа чит, уи уажәшьҭа алыргашьак ыҟамызт», – еиҭеиҳәоит Бакьериа.

Убас, иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ ҟәыш, апатриот, ахаҵареи аламысреи злаз ауаҩы игәы аисара иаҟәыҵуеит.

Иахьатәи аамҭа иаҿырԥшны иуҳәозар, Борис Виктор-иԥа Адлеиба ачынтә кариера ду аҟаҵара илшеит. Аха ус шакәугьы, ажәа «ачынуаҩ» иара идукылаша ажәақәа рхыԥхьаӡараҿы актәи аҭыԥ аҿы игылаӡам: аиҳабыраҿы дыҟанаҵ иусқәа зегьы рҟны раԥхьаӡа игылаз ижәлари иԥсадгьыли ринтересқәа ракәын.

Ахыҵхырҭақәа:

  • Аԥсуа биографиатә жәар
  • Џьума Аҳәба. «Борис Адлеиба иакәымызҭгьы». Астатиа, агазеҭ «Республика Абхазия» 05.06.2016-тәи аномер ианылаз
  • Екатерина Бебиаԥҳа лфильм «Ахацәа ишгылоу аԥсра иаԥылоит: Борис Адлеиба».