Ҟарачы-Черқьесиа жәлар  рпоет, алитератор, аиҭагаҩ Ҳаџьисмель Аџьибеков 70 шықәса ихыҵра инамаданы, АААК Аинформациатә портал иазнархиеит уи изку аочерк.

Селма Базба

Ахәыҷреи ақәыҧшреи

Лаҵарамза 17 1953 шықәсазы, Гәымлоуқыҭ диит Ҟарачы-Черқьесиа жәлар рпоет Ҳаџьисмель Аџьибеков. Аофициалтә шәҟәқәа рҿы ашәҟәыҩҩы дарбоуп Александр ҳәа, аха алитератураҿы дызлацәырҵыз иан ихылҵаз аҩбатәи ихьӡ – Ҳаџьисмель (абаза бызшәала – ХIаджьисмель) алоуп.

1971 шықәсазы далгоит Гәымлоуқыҭтәи абжьаратә школ. Хәыҷаахыс бзиа ибон алитература, иҭиҵаауан атәым бызшәақәа, данқәыҧшыз инаркны аиҭагара инапы алакын.

Иреиҳау аҵараиурҭаҿы иалихуа азанааҭ аханатәгьы еилкаан. Аџьибеков дҭалеит Пиатигорсктәи арҵаҩратә институт, аҳәаанырцәтәи абызшәақәа рфакультет.

Александр Пушкин, Михаил Лермонтов, Николаи Рубцов, Мусса Джалиль, Едуард Асадов, Генрих Геине, Иван Ҭарба, Терент Ҷаниа уҳәа реиҧш иҟаз апоетцәа ражәеинраалақәа Аџьибеков ибзоурала абаза бызшәала ицәажәеит.

 «Ари аҭоурых ахы ыҵнахит Пиатигорск, аҳәаанырцәтәи абызшәақәа ринститут аҿы аҵара анысҵоз», - игәалаиршәоит Аџьибеков. – Клара Герман-иҧҳа Кабер дзыҧхьоз, афонетика иазкыз акурс ҳанахысуаз аамҭазы, Генрих Геине иажәеинраалақәа руак еилҳаргон. Арҵаҩы дҳазҵааит: «Дарбан еицырдыруа урыс поету ари ажәеинраала аурыс бызшәахьы еиҭазгаз?». Ҳара, иацы ашкол иалгаз аҿар ари азҵаара аҭак ҳзыҟамҵаӡеит. Уи ҳарҵаҩы лгәы иалсит. Ҧыҭрак ашьҭахь иҳалҳәеит аиҭага авторс иамоу Михаил Лермонтов шиакәу. Уи иман аиҭага аверсиақәа ҩба. Арҵаҩы, Геине ирҿиара аҟнытә иаагоу аепиграф инадкыланы, урҭ аиҭагақәа дрыҧхьеит. Ари аҭагылазаашьа даара ҳарҧхашьеит аҟнытә, алекциа аамышьҭахь агәыҧ зегьы абиблиотекахь ҳамҩахыҵит. Уаҟа ҧшь-томк иҟоу Лермонтов ишәҟәы ганы, урҭ ажәеинраалақәа ҳаҧшааит. Убри аамҭазы, сыҩнуҵаҟа акы «ааҧшит». Сазхәыцит Генрих Геине иажәеинраалақәа абаза бызшәахьы еиҭагазар шҧабзиаз ҳәа. Уи ирҿиара,  сеиҭагаратә усураҿы гәызҭаҵагоуп, иҷыдоу аҭыҧ аанакылоит», - ҳәа игәалаиршәоит Аџьибеков.

Пиатигорск аҵара аниҵоз, Ҳаџьисмель длабадыруеит шьҭрала Евпаториа иашьагәыҭыз, анаҩс иҧшәмаҧҳәысхаз – Наталиа. Абар уажәшьҭа 47 шықәса ҵуеит урҭ еицынхоижьҭеи.

Арҵаҩратәи алитературатәи аусура

Аҳәаанырцәтәи абызшәақәа рфакультет даналга ашьҭахь, Ҳаџьисмель Аџьибеков Туватәи АССР ахь ддәықәырҵеит, уаҟа иара анемец бызшәеи англыз бызшәеи дрыҧхьон. Ҧыҭрак ашьҭахь Кочетовскаиатәи аа-классктәи ашкол еиҳабыс дҟарҵеит, анаҩс Сосновскаиатәи абжьаратә школ ахь еиҳабыс диаргеит.

1981 шықәсазы Ҟрымҟа диасит. Уа, Евпаториа иҟоу ахәыҷтәы-қәыҧштә санаториаҿы шықәсык ааӡаҩс аус иуан.

Ҟарачы-Черқьессиаҟа  Аџьибеков дхынҳәит 1982 шықәсазы. Иҧсадгьыл ахь даныхынҳә ашьҭахь, агазеҭ «Коммунизм алашара» (иахьа – «Абазашта) аредакциахь штаттә усзуҩыз дрыдыркылеит.

Амилаҭтә газеҭ аҿы аусура Аџьибеков иҿыцны изцәырнагеит алитературатә рҿиарахь агәазыҳәара. 1985 шықәсазы Ҳаџьисмельи, Фатима Апсовеи, Али Ионови иҭрыжьит раҧхьатәи иеизга «Цветы жизни». 1989 шықәсазы иҭыжьын адокументалтә повест «Когда просыпаются Стожары».

Алитератор ирҿира ақәцәа ҳәа иҧхьаӡоуп 2000-тәи ашықәсқәа. Ҳаџьисмель иҭижьит апоеттәи апрозатәи аизгақәа 15. 2002 шықәсазы Ҳаџьисмель Аџьибеков Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла даларҵеит. Иара дазхаҵоуп иахьатәи абаза литераторцәа инарылукааша аҟаза ҳәа.

Ихатәы рҿиамҭақәа аус рыдуло, Аџьибеков иациҵон егьырҭ ашәҟәыҩҩцәа ртекстқәа абаза бызшәахь реиҭагара. Еицырдыруа аиҭагақәа рахь иахьа уажәраанӡагьы иаҵанауеит Генрих Геине ипоезиа.

Аиубилеитә, хыҧхьаӡарала 15-тәи аизга «Мгновения моего времени» ҭыҵит 2002 шықәсазы. Уи еиднакылеит ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, анемец авторцәа рбалладақәа быжьба реиҭагеи.

Афольклор аиқәырхаразы аусура

Ҳаџьисмель Аџьибеков – абаза фольклор активла еидикылоит. 1994 шықәсазы Аџьибекови, Владимир Тугови, Шахамби Хуранови иҭрыжьит аизга «Очаг мудрецов». Уи иагәылалеит Гәымлоуқыҭи, Ҟарачы-Черқьессиа егьырҭ анхарҭа ҭыҧқәеи рҿы инхоз ашьагәыҭнхаҩцәа ражәақәа рыла ианҵоу ажәабжьқәеи алегендақәеи.

«Ҳара аизга «Очаг мудрецов» аҩра ҳаналагоз уи аамҭазы алегендақәеи аҳәамҭақәеи реизгара иаҿыз маҷын. Излаҳалшоз ала ҳҽазаҳшәеит уи ариашара. Аизгаҿы ахархәара змоу аҭоурыхтә фактқәа даара иҵаулоуп – 500 шықәса инареиҳаны ирхыҵуеит. Сгәыӷуеит, егьа абиҧара рҽырҧсахыргьы ари ашәҟәы актуалра еиқәхап ҳәа», - иҳәоит Аџьибеков.

 Афольклортә текстқәа – «Следы золотого кубгана» зыхьӡу аизга иахәҭакхеит. Урҭ рыдагьы ари аизга ианылеит аҧсшәа аҟнытә абаза бызшәахь еиҭеигаз Симон Басариеи («Абазинский аул в Малокарачаевском округе») Миха Лакрбеи («Первая книга») раҧҵамҭақәа.

2019 шықәсазы иҭыҵит афольклор зну даҽа еизгак. Уи иахьӡуп «Завет сказителей». Жәларбжьаратәи аидгыла «Алашара» уи аизга ҭнажьит «2017-2019 шықәсқәа рзы иазҧхьагәаҭоу, Абаза жәлар рбызшәа, ркультура, рдоуҳа реиқәырхареи рырҿиареи ирызку акомплекстә программа» аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ашәҟәы еиднакылеит 80-90-тәи ашықәсқәа рзы Ҳаџьисмель Аџьибеков еидикылоз, 80 инарзынаҧшуа афольклортә текстқәа.

«Аҳәамҭақәа зегьы ирныҧшуеит урҭ иахьа уажәраанӡа иаҳзаазгаз ауаа руасиаҭ», - ҳәа аниҵеит Аџьибеков аҧхьажәаҿы. – «Ишәхьча ҳажәлар ражәа, ииашаны игәнышәкыл уи аҵакы, насгьы шәхәыҷқәа рҟынӡа инажәга, шәымчқәа еибыҭаны еиқәшәырха – сшәыҳәоит!».

Аҵак ду амоуп ашәҟәы иацу, абаза ажәабжьҳәаҩцәеи аубых бызшәа здыруаз аҵыхәтәантәи ауаҩы Тевфик Есенчи рыбжьы.

Абаза бызшәа аҭҵаара

Ҳаџьисмель Аџьибеков иусура ахырхарҭақәа ируакуп – абаза бызшәа аҭҵаара. Иара дыҧхьаӡоуп зҟазара ҳараку адырҩцәа ируаӡәку ҳәа. 

«Иҟоуп зыҧсҭазаара, зымчқәа, здыррақәа зыжәлари зыҧсадгьыли рымаҵ аура иазызкуа ауаа, уи алагьы дара иаадырҧшуеит Аҧсадгьыл ахь ирымоу абзиабара. Ҳаџьисмель Аџьибеков ус еиҧш иҟоу ауаа дыруаӡәкуп. Иареи сареи 30 шықәа аус еиҵаҳуан ААРЕ «Ҟарачы-Черқьессиа» аҿы, убри аҟнытә агәра ганы, ҿыӷәӷәала исҳәар сылшоит абаза бызшәа адырраҿы Ҳаџьисмель иаҧызго ауаа шмаҷу», - лҳәеит арадиодырраҭара амаҵзура акорреспондент Фатима Хунова.

Аҧсны ажәлар рыдгылара

Ирацәоуп Ҳаџьисмель Аџьибекови Аҧсны акультуреи ауаажәларратә ҧсҭазаареи ирзеилоу. Иара Аҧсны дадгылан иуадаҩыз аибашьраани, уи ашьҭахьтәи ашықәсқәеи раан.

«1980 шықәсазы Тува санынхоз Хәасҭа иҟоу асанатори ахь амҩақәҵага соуит. Убасҟан ауп гәыҧҩык аҧсшьацәа срыцны, раҧхьаӡа акәны Аҧсны санаҭааз. Усҟан, ҳара аӡиа Риҵа ҳаҟан. Анаҩс, сызцыз агәыҧ рыда Аҟәа саҭааит, ашәҟәыҭиирҭақәа ҧшааны, ҧсышәала иҟаз ашәҟәқәа рацәаны иаасхәеит. Тува сыҟанаҵ, аҧсуа бызшәа ҭысҵаауа салагеит. Абас ала Аҧсны бзиа избеит», - иҳәеит Аџьибеков.

1988-1989 шықәсқәа рзы Аџьибеков Аҟәа даан, аҧсуаа рықәгыларақәа рҿы адгылара риҭеит. Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан, 1992 шықәсазы Ҳаџьисмель ҩымз Пицунда дыҟан. Жьҭаарамзеи абҵарамзеи рзы ақырҭуа-аҧсуа еибашьра афронтқәа рҿы аҭагылазаашьа ҭиҵаауан.

«Аҧсны сгәаҵаҿы аҭыҧ ҷыда аанакылоит. Сиашьаратә жәлар арыцҳара аамҭазы исзаанмыжьит. Убри азын ауп Аҧсныҟа ацара аҭахуп ҳәа изызӡбазгьы. Имҩаҧысуаз ахҭысқәа ҭазыҩуан. Урҭ аматериалқәа рылаҳәан АТРЕ «Ҟарачы-Черқьесиа» арадио ала. Исыман ибжьамыжькәа ихасырҭәаауаз амшынҵа, аха урҭ анҵанмҭақәа макьана икьыҧхьым. Сгәыӷуеит, анаҩс ари аибашьра иазку аусумҭа аҭыжьра сылшап ҳәа», - иҳәеит Аџьибеков.

Аџьибеков иҽалаирхәит 1992 шықәсазы Лыхны ақыҭан имҩаҧысыз Жәларбжьаратәи аҧсуа-абаза жәлар рассоциациа (Иахьа, АААК) раҧхьатәи аизара.

«Исгәалашәоит Аҧсны раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Лыхны имҩаҧысыз аизараҿы иқәгылара. Владислав иажәа заҳауаз зегьы ргәы шьҭнахит, ршьапы иқәгыланы рнапы еинырҟьон. Усҟан ҳара еилаҳкааит Аҧсны ахақәиҭразы аҵыхәтәанынӡа ақәҧара шаҭаху», - ҳәа игәалаиршәоит Аџьибеков.

Ҳазҭагылоу аамҭа

1989 шықәса инаркны, иахьа уажәраанӡа Аџьибеков напхгара аиҭоит ААРЕ «Ҟарачы-Черқьесиа» аҟны абаза бызшәала аус зуа арадиодырраҭара аредакциа. Имҩаҧигоит ҩ-программак: «ХIытшгIва» (аҧс. «Ахәшҭаара» - аред. изгә.), «Алитература анйараква»  (аҧс. «Алитературатә еиҧыларақәа» - - аред. изгә.).

Аџьибеков иаҧиҵаз арадиожурнал «Ахәшҭаара» раҧхьаӡа акәны аефир ахь ицәырҵит нанҳәамза 4 1990 шықәсазы. Аматериалқәа еиҳараӡак ирымоуп адоуҳа-цәаҩашәатә хырхарҭа. Уаҟа еиҭаҳәоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду, аҿар рыҧсҭазаара, амилаҭтә ҵасқәеи ақьабзқәеи, ахатәы бызшәеи акультуреи реиқәырхара ауадаҩрақәа. Ажурнал аҿы еснагь имҩаҧырго рубрикоуп абаза аулқәа рҿы инхо, ақәра рацәа нызҵыз абыргцәа ргәалашәарақәа, еиҵагыло абиҧарақәа рзы иҿырҧшыгоу ахандеицәа ирызку аочеркқәа.

Арадиодырраҭара «ХIытшгIва» (аҧс. «Ахәшҭаара» - аред. изгә.) аефирқәа зегьы Ҳаџьисмель Аџьибеков ихатәы архив адагьы, ААРЕ «Ҟарачы-Черқьессиа» Арадио Аҩны ахьтәы фонд иаҵанакит.

«Сара сызнеишьа абас иҟан: ауаҩы изкны исыҩуазар, ажәак бжьамыжькәа зегьы анҵаны, аиқәырхара сҽазысшәон. Ус мацара акәын иҟасҵаз аус сгәы алаҟаны санаанхоз. Ари аҩыза азнеишьа садгылоуп иахьагьы. Арҭ адырраҭарақәа архивтәхеит. Аамҭа анҵлак иуадаҩхоит иҟалахьоу хҭыск акгьы агмыжькәа агәаларшәара, аха уи кыраамҭа еиқәхоит ақьаад ианҵазар. Зны-зынла ухаҭа уамашәа иубоит анҵамҭақәа аанкылан еиҭа уанаҧхьалак. Иҟалалоит аиубилеи, ма даҽа хҭыск инамаданы ҿыц аӡәы уанихцәажәо. Усҟан, ажәытә нҵамҭақәа рыбзоурала иҧсҭазаараҿы хадара злоу ахҭысқәа ралкаара улшоит. Убри аҟнытә сара еснагь адырраҭарақәа гәцаракны аус рыдызулон», - ҳәа игәалаиршәоит Аџьибеков.

Кыршықәса инеиҧынкыланы, Ҳаџьисмель Аџьибеков редакторс даман Жәларбжьаратәи аҧсуа-абаза жәлар рассоциациа (Иахьа – АААК) иҭнажьуаз ажурнал «Абаза», инапы алакын Ҟарачы-Черқьессиа ажурнал аларҵәара.

Ҳаџьисмель Аџьибеков активла аус ациуеит Москва иҟоу, Абиблиа аиҭагара иазку Урыстәылатәи Аинститут. Аџьибеков аурыс бызшәа аҟнытә абаза бызшәахьы еиҭеигеит «Соломон иҟәыӷара», Лука иҟнытә Ажәабжь Бзиа, Матфеи иҟнытә Ажәабжь Бзиа. Уажәы Ҳаџьисмель аус адиулоит апсалтыри ацқьа цҳаражәҳәаҩцәа рыҟаҵамҭақәеи реиҭагара.

Алитературатә еизгақәа равтор, аиҭагаҩ, апрозаик Ҳаџьисмель Аџьибеков иахьагьы аџьа ибоит абаза культура арҿиаразы.

Аҳамҭақәеи алшамҭақәеи

Ҳаџьисмель Аџьибеков – изанааҭтә усуреи абаза культура арҿираҿы илагалеи рзы амедальқәеи аорденқәеи жәпакы иҽрыҧсеитәхьеит. Уи ирҿиамҭақәа абаза бызшәа арҵагақәеи Урыстәыла амилаҭтә литературақәа рантологиеи ирнылеит.

1988 шықәса ҧхынгәымза инаркны, аҭыжьырҭақәеи, аполиграфиақәеи, ашәҟәыҭиреи рзы Аҳәынҭқарратә еилаки, акультура аусзуҩцәа рзанааҭеидгылеи рзы Аилак хадеи Ҳаџьисмель Аџьибеков ихырҵеит «СССР акьыҧхь ауснагӡаҩ бзиаӡа» ҳәа ахьӡ. 2000 шықәсазы Ҳаџьибеков «Абаза культура арҿиареи аиқәырхареи аус аҿы алагалазы» ианаршьеит ҞЧА Жәлар Реизара Апрезидиум Аҳаҭыртә шәҟәы. 2007 шықәса цәыббрамзазы ихырҵеит «Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспублика зҽаҧсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы. 2008 шықәса рашәарамзазы алитературеи аҟазареи рыҟәшаҿы ҞЧА Ахада ипремиа далауреатхеит, 2014 шықәсазы «ҞЧА зҽаҧсазтәыз апоет» ҳәа ахьӡ ихырҵеит.