АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь Иорданиатәи Ҳашимиҭтәи Акралра иаҭаара хацыркын нанҳәамза 25 рзы Иорданиа аҳҭнықалақь аҿы инхо аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа рԥыларала.

Изольда Ҳагԥҳа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь Иорданиа аҳҭнықалақь Амман даҭааит, нанҳәамза 25 рзы излагаз иофициалтә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, дагьнеит ауаажәларратә еиҿкаара «Диуан Абаза» аофис аҟны (Иорданиа инхо аԥсуааи абазақәеи еидызкыло аиҿкаара – аред.), уаҟа дырԥылеит Амман инхо аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа.

Египеттәи аԥсуа-абаза диаспора ишырҷыдароу еиԥш Иорданиатәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәагьы еицырзеиԥшу ажәла Абаза ныҟәыргоит официалла, убри аан зҭоурыхтә жәлақәа згәаламшәогьы ыҟоуп.

Егзакь гәырӷьарала Иорданиа иҟоу аԥсуа-абаза диаспора дырԥылеит, иагьазгәеиҭеит Аконгресс Аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны, АААК ахықәкы хадақәа ишыруаку адунеи иалаԥсоу абаза жәлар зегьы реидкылара.

"Иорданиа иҟоу ҳашьцәа рхыԥхьаӡара шмаҷым ҳдыруеит. Хықәкыс иҳамоуп ҳбызшәеи, ҳкультуреи, ҳҵасқәеи реиқәырхареи рырҿиареи азы ҳаидгыланы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа зегьы раԥҵара, анаҩс абри адоуҳатә мал ду ҳхәыҷқәа ирымаҳдарц. Ҳара иаҳҭахуп ҳхәыҷқәа иаку акультуратә, аинформациатә дунеик аҿы инхаларц, еицаҳзеиԥшу ҳаԥсадгьыл Аԥсны шәҭыкакаҷхаларц", - иҳәеит Егзакь иааԥхьаратә ажәаҿы.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иазгәеиҭеит абаза жәлар ҳабдуцәа азқьышықәсақәа иргәылганы рбызшәеи ркультуреи мырӡкәа ишааргаз, убри абзоуралагьы ҳмилаҭ иахьанӡа ишеиқәхаз. 

"Агәра ганы сыҟоуп абра Иорданиагьы, Ҭырқәтәылагьы, ҳдиаспора ахьынхо егьырҭ атәылақәа рҿгьы шәара (адиаспора ахаҭарнакцәа - аред.) шәабдуцәа ишәыларааӡаз аҟазшьақәа ахьеиқәшәырхаз адагьы, аԥсуа-абаза культура ныҟәыжәгоит, шәахьынхо атәыла акультура уи ала ирҿиауа, ирбеиауа. Ҳара - иуникалтәу жәларуп. Уажәоуп шәареи ҳареи ҳанеибадыр, цқьагьы шәҳаздыруам, аха уажәнатә бзиа шәаҳбоит, избан акәзар ҳшеибатәу ҳныруеит", - ҳәа азгәеиҭоит Егзакь.   

Иара еизаз ирзеиҭеиҳәеит Аконгресси "Алашареи" Аԥсныи Ҟарачы-Черқьестәылеи имҩаԥырго апроектқәа ртәы, иара убас Аконгресс аусура апринципқәа ртәы.

"Ҳара аполитика ҳҽалаҳгалаӡом. Ҳара итатоу адипломатиа ҳхы иаҳархәоит. Мҩак ауп иҳамоу - аҽеидкылара, аицхыраара. Бзиала шәаабеит Абаза дунеиахь! Ҳаидгыланы аԥсҭазаара бзиа аԥаҳҵап!"

Аконгресс ахантәаҩы убасгьы иорданиатәи адиаспора рахь ааԥхьара ҟаиҵеит иахьынӡарылшо ала есышықәсатәи акультуратә-спорттә усмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәырц, иара иганахьалагьы иахәҭоу ацхыраара рыҭара дшазыхиоу иҳәеит.

Ауаажәларратә еиҿкаара "Диуан Абаза" ахада Ҳасан Абаза (Чычба) еиҭеиҳәеит аиҿкаара аԥҵара аҭоурых, уи хықәкы хадас иамоуп - Иорданиа иҟоу аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа зегьы реидкылара, нас урҭ рҭоурыхтә ԥсадгьыли дареи ирыбжьоу аимадарақәа рырҿиаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара.

"Аханатә хықәкыс иҳаман ажәлақәа зегьы [аԥсуа-абаза жәлақәа] рхаҭарнакцәа реидкылара, ауаа еибадырырц, рдац-ԥашә ахьынтәаауа еилыркаарц. Анаҩстәи шьаҿахеит Аԥсны аҽамадара, [аԥсуа] тәылауаҩра аиура. Иахьазы аиҿкаара «Диуан Абаза» иалоуп ԥшь-нызқьҩык ауаа. 750-ҩык аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа роухьеит. Агәыӷра ҳамоуп, ари апроцесс ԥхьаҟагьы иацҵахап ҳәа", - иҳәеит Ҳасан Абаза.

«Диуан Абаза» ахада иазгәеиҭеит адиаспора ахаҭарнакцәа аӡәырҩы ааигәанӡа рҭоурыхтә ԥсадгьыл Аԥсны аӡбахәала акгьы шырмаҳацыз. Аха «Диуан Абазеи», Аԥсны Арепатриациазы аминистрреи, уажәшьҭа Аконгресси рыбзоурала, Иорданиа инхо аԥсуааи абазақәеи Аԥсны иамадахап ҳәа агәыӷра роуит, уаанӡа "уи аҩыза иагьеиԥхыӡуамызт". 

Ҳасан Абаза иазгәеиҭеит, адиаспора ахьынхо атәылақәа зегьы рҿы АААК иамоу ахықәкқәа «ДиуанАбаза» Иорданиа иаму ахықәкқәа ишреиԥшу. Иара игәаанагарала, ари аусураҿы ақәҿиара аазго - иааиԥмырҟьаӡакәа аԥсадгьыл адҳәалазаареи, ауаа русеицуреи роуп, еиҳаракгьы аҿар реимадара.

"Ҳара ҳхәыҷқәа, сынтәа Аԥсны аԥхынтәи алагер ззеиҿкааз (Ҭырқәтәылеи Иорданиеи рҟынтә ахәыҷқәа рзы алагер еиҿнакааит Аԥсны арепатриациазы аминистрра - аред.), рыҩныҟақәа рахь ианыхынҳәуаз уантәи иреиӷьӡоу агәалашәарақәеи ацәаныррақәеи ааргеит. Шьҭарнахыс зыԥсадгьыл иаҭаарц зҭаху иаҳагьы ирацәаҩхеит, ауаа лабҿаба ирбар рҭахуп Аԥсны, уи акультуреи атрадициақәеи", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳасан Абаза.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз «Диуан Абаза» алахәцәа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс алаларазы анкетақәа хадырҭәааит.

АААК аделегациа Иорданиатәи Ҳашимиҭтәи Акралра раҭаара мҩаԥысуеит нанҳәамза 24-27 рыбжьара. Иара арбоуп Аконгресс анапхгара 2019 шықәсазы имҩаԥнагараны иҟоу аҳәаанырцәтәи аҭаарақәа рыплан-еихшанҵа аҟны, 2018 шықәсазы Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа ишьақәдырӷәӷәаз.