Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс 2023 шықәсазы имҩаҧнагаз аусура алҵшәақәа еихшьаалоуп, адҵа ҿыцқәа ықәыргылоуп.

Алиса Хәытаба

Ҧхынҷкәынмза 25 АААК Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы Мусса Егзакь онлаин режимла иҽрымаданы дырҧылеит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси ИАЕ «Алашареи» рколлективқәа. Аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аусуратә еицәажәара иалахәын АААК ИА Ахантәаҩы иаппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниеи, аинформациатә политикеи аимадарақәеи рҳәаақәҵаҩ Ҭенгиз Ҭарбеи. Аиқәшәараҿы ҳазҭоу ашықәс аихшьаалақәа ҟарҵеит. Уи анаҩсан, иалыркааит ҳазҭало 2024 шықәсазы имҩаҧгатәу хадара злоу ахырхарҭақәеи аҳасабтәқәеи. Мусса Егзакь имҩаҧгоу аусуреи, аколлектив аусзуҩцәа реидгылареи, иаадырҧшуа аџьабзиабареи рыхә ҳаракны ишьеит. АААК ИА Ахантәаҩы аусзуҩцәа ҳазҭало ашықәс Ҿыц рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, иазҧхьагәаҭоу аусқәа зегьы қәҿиарала рынагӡара.

«Аиҿкаара ауасхыртә ҳасабтәқәа рахь иаҵанакуеит Абаза жәлар ретнокультуратә акзаара аиҭашьақәыргылара, амилаҭ ахатәҷыдарақәа реиқәырхара, адиаспора ахаҭарнакцәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рырхынҳәра арманшәаларазы аҭагылазаашьақәа раҧҵара.  Ҳара ҳнапы злаку – ауаҩы дзыргәырӷьаша ахҭыс лахҿыхқәа раҧҵара мацара акәым, ҳара еиқәҳаршәо апрограммақәа аҵак ду рымоуп абызшәеи, акультуреи, аҭоурыхи реиқәырхаразы, избанзар еиқәыҧхьаӡоу аусқәа рыбзоурала ҳмилаҭгьы еиқәҳархоит. Арҭ апрограммақәа ҳазегьы иҳалааӡазар зықәнагоу аҵасқәеи ауаҩы изааигәоу рахь абзиабареи реиқәырхара иацхраауеит. Иҟаҵоу рацәоуп, аха ҳаҧхьа ишьҭоу аусқәа – иаҳагьы еиҳауп!», – ҳәа азгәеиҭеит иара. 

АААК аофис аҿы онлаин режимла имҩаҧысуаз аиҧылара ашьҭахь, иацҵан АААК Аҟәатәи аҟәша анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа иҧылара. Иара излазгәеиҭаз ала, ииасыз ашықәс иалагӡаны, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс имҩаҧнагеит апроектқәа жәпакы. Урҭ рызкын адоуҳатәи акультуратәи еимадарақәа рырӷәӷәара, ауаажәларратә еилазаара ҧырхагада аҿиаразы аҭагылазаашьақәа раҧҵара, иара убасгьы аџьынџьуаа арыхӡыӡаара. 

 «Ииасуа ашықәс хҭысла ибеиан. Хымҧада ҳара азин ҳамоуп имҩаҧаҳгаз апроект дукәа рыхгәырӷьаара. Иҳәатәуп, зхаҭабзиара ҳараку аусура алыршареи иҵоуроу алҵшәақәа раиуреи рзы еиуеиҧшым аҟәшақәа рахь иаҵанакуа аусзуҩцәа зегьы шеицхыраауаз. 2023 шықәсазы аплан инацҵаны инагӡан – ҳгәыҧ еиуеиҧшым апроектқәа ирызкыз 102 усмҩаҧгатә еиҿыркааит. Урҭ апроектқәа рынагӡара иалахәын 50 нхарҭаҭыҧи хә-нызқьҩык инарзынаҧшуа ауааҧсыреи», – иҳәеит Ҭемыр Рекәаа.

Аҟәшақәа рнапхгаҩцәа аусура алҵшәақәа иаҳа инарҭбааны ирылацәажәеит. Урҭ аилатәара иалахәыз ирыдыргалеит 2023-тәи ашықәс азы имҩаҧыргаз аусура алҵшәанҵеи, 2024-тәи ашықәс азы ргәы иҭоу апроектқәеи. 

АКОНГРЕСС АППАРАТ

Иахьатәи аамҭазы, АААК Аҟәатәи аофис аҿы 16-ҩык рыла ишьақәгылоу аколлектив аус руеит. Аиҿкаара аҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәа рымҽхак зҳацыҧхьаӡа, аусуҩцәа рхыҧхьаӡарагьы иацлоит. Аколлектив шьақәгылоуп ф-ҟәшак рыла:

- Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша;

- Аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцура аҟәша;

- Аҿари абаҩрҵәыратә культуреи рырҿиара аҟәша;

- Аинформациа аҟәша;

- Амаӡаныҟәгарҭа;

- Аҳасабеилыргарҭа.

Иара убасгьы аус ауеит хазы игоу даҽа структуракгьы – АААК Аҳәса ркоординациатә хеилак. 

АҴАРЕИ, АСОЦИАЛТӘ АКТИВРЕИ, АГӘАБЗИАРАХЬЧАРЕИ РЫҞӘША АУСУРА ИАЗКНЫ

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша 2023-тәи ашықәс азы имҩаҧнагаз, зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау апроектқәа ируакуп – 2023 шықәса хәажәкырамза ихацыркыз, ақыҭа харақәа рҿы инхо аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рзы адиспансеризациа амҩаҧгара. Аҟәша анапхгаҩы Изольда Ҳагҧҳа лажәақәа рыла, апроект хықәкыс иаман ихароу ақыҭақәа рҿы инхо, ахәышәтәырҭахь амҩахыҵра зцәыуадаҩу аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ганрацәалатәи амедицинатә гәаҭара рахыжьра. Ус, ақыҭа Ҧсҳәы ахьыхароу инамаданы, уаҟа адиспансеризациа мҩаҧганы, анхацәа зегьы ргәабзиара агәаҭара хымш аҭаххеит. 

«Ари – Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрреи ҳареи еицаҳзеиҧшу акциоуп. Аханатә апроект амҩаҧгара идаҳгалеит дагьақәшаҳаҭхеит аминистр Едуард Быҭәба. Анаҩс, аиҿкааратә усмҩаҧгатәқәа раан иҳавагыланы аус ҳацыруан аминистр ихаҭыҧуаҩ Саида Делҧҳаи, ахәшәтәра-профилактикатә цхыраара иазку аусбарҭа аспециалист хада Есма Гәниаҧҳаи. Урҭ рыцхыраара еиҳаракгьы изыдҳәалаз УЗИ ма ЭКГ зламҩаҧырго атехникала ҳаиқәыршәара акәын. Аха зегь раҧхьаӡа иргыланы иҳәатәуп адиспансеризациа амҩаҧгаразы зыда ҳхәарҭамыз аспециалистцәа шҳарҭаз. Уахь иаҵанакуеит: акардиологцәа, аотоларингологцәа, анервҳақьымцәа, аблаҳақьымцәа, ахәыҷтәы ҳақьымцәа, аурологцәа, арентгенологцәа. Иара убасгьы иҳацхрааит хаҭалатәи ацентрқәа. Уахь иаҵанакуеит «MedLife» зыхьӡу алабораториеи амедицинатә центр «Альбамеди». Иҭабуп ҳәа раҳхәоит апроект анагӡараҿы иҳавагылаз зегьы», – лҳәеит Ҳагҧҳа.

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша аспециалист Наур Хышба апроект алҵшәақәа еихшьааланы, згәабзиара гәаҭаз аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рхыҧхьаӡара иазку астатистикатә рбагақәа дрылацәажәеит.

«Хәажәкырамза инаркны 19 қыҭа рҿы 1500-ҩык инареиҳаны арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи амедицинатә гәаҭара иахҳажьит. Урҭ рыҟнытә 1200-ҩык инареиҳаны аҵаҩцәа роуп. Зеиҧшла, Аҧсны 11 нызқьҩык инареиҳаны ақыҭатә школхәыҷқәа ҳамоуп. Ус анакәха, имҩаҧаҳгаз апроект 11% ақыҭатә ҵаҩцәа аҵанакит. Ари даара иҳараку рбагоуп. Еиҿкааз аус иалахәын 80-ҩык инарзынаҧшуа аспециалистцәа», – иҳәеит Хышба. 

Иара убасгьы Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша 2023 шықәсазы имҩаҧнагаз аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан аҵаратә проектқәагьы. Уахь иаҵанакуеит: раҧхьатәи аҳақьымнӡатәи ацхыраара аҭашьеи, азанааҭ алхреи ирызку атренингқәа. 

«2023 шықәса цәыббрамза инаркны АҶА аспециалист Индира Амҷҧҳаи ҳареи раҧхьатәи аҳақьымнӡатәи ацхыраара азушьа иазку атренингқәа рымҩаҧгара ҳалагеит. Ҳазҭоу ашықәс азы 1000-ҩык рҟынӡа аҵаҩцәа алархәны, 23 школ рҿы атренингқәа мҩаҧган. Урҭ рҳәаақәа ирҭагӡаны, ашколхәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит аҧсмаҷхареи, абылреи, ахы амра асреи, ацҳареи, ааха аиуреи, абаҩҧҵәареи, ашьацареи раан ауаҩы раҧхьатәи ацхыраара аиҭашьа. Иара убасгьы иҷыдоу атренажер аҿы ахәыҷқәа иддырҵеит иҧсабаратәым аҧсыҧлагаҩагара атехникеи, агәы иҧиоу амассаж азушьеи. Ахәыҷқәеи адуцәеи рзыҳәан арҭ рҩызцәа атренингқәа рымҩаҧгара аҵакы дууп ҳәа ҳгәы иаанагоит, избанзар ачымазаҩ аҳақьымцәа ааиаанӡа ишақәнагоу аиҧш раҧхьатәи ацхыраара иҭазар,  анаҩстәи ихәшәтәра иаҳа имариахоит», – ҳәа лгәы иаанагоит Изольда Ҳагҧҳа.

Наур Хышба иажәақәа рыла, 2023 шықәсазы «Азанааҭ алхра» зыхьӡыз апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ашколқәа рышҟа 11-нтә имҩахыҵит. 500-ҩык инарзынаҧшуа ахәыҷқәа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла зквалификациа ҳараку аспециалистцәа ирацәажәартә аиҧш алшара роуит. 

«Ашколхәыҷқәа ҳанрацәажәоз игәаҳҭеит аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа ҧхьаҟа иалырхша азанааҭ заанаҵы ишаламцәажәо, хархәара змоу азанааҭқәа рзы аинформациа шрымам. Ирацәаҩуп ари атема ҭаацәашәала иаламцәажәо. Иҟоу аҭагылазаашьа ариашаразы ҳара имҩаҧаҳгоит атренингқәа. Уаҟа ашколхәыҷқәа ирзеиҭаҳҳәоит хкы рацәала ҳтәыла азы даара ихәарҭоу азанааҭқәа алырхыр шрылшо. Иара убасгьы еиуеиҧшым ахырҭарҭақәа рыла аус зуа, ҩба ма инареиҳаны азанааҭқәа знапы алаку ауаа ирацәажәартә аиҧш алшара раҳҭоит», – иҳәеит Наур Хышба. 

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Аҭаацәаратә клуби амедицинатә центр «Альбамед» анапхгаҩы Альбина Хәаџьааи зпсихикатә ҿиареи зцәажәареи ҧку ахәыҷқәа рыхәшәтәразы иҟоу алшарақәеи, урҭ радаптациеи, аҵара адырҵареи ирызку азҵаарақәа рыла аиҧылара мҩаҧыргеит. Аконференциа еиднакылеит аҳақьымцәа, адефектологцәа, алогопедцәа, арҵаҩцәа, асоциалтә структурақәеи аҭаацәеи рхаҭарнакцәа. 

«Аиҧылараҿы иқәгылеит еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аспециалистцәа. Урҭ еизаз ирзеиҭарҳәеит русура алҵшәақәа, иахьатәи аамҭазы ахәшәтәра аҧхьагыларатә методқәа ирылацәажәеит. Аиқәшәара иалахәын хықәкыла ари атемала аус зуа аҳақьымцәа. Урҭ изларҳәаз ала ирацәоуп ҿыц ираҳаз аинформациа. Аконференциаҿы иара убасгьы ицәырган Аҧсны ахархәара зоухьоу ахәшәтәра аҧхьагыларатә методқәа, хаҭала иаҳҳәозар урҭ рхы иадырхәоит амедицинатә центр «Альбамед» аҿы. Аха уи атәы зегьы ирыздыруам», – ҳәа азгәалҭеит Ҳагҧҳа.

Наур Хышба излеиҭеиҳәаз ала, 1992-1993 шықәсазтәи Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра адаҟьақәа рыҟнытә зегь реиҳа илахьеиқәҵагахаз аибашьратә операциа – Хәажәкыратәи ажәылара амшқәа ргәалашәара аламҭалазы АААК еиҿнакааит Ҳараз Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә школ аҵаҩцәеи «Гәымсҭа нырцә» зыхьӡу ашәҟәы авторс иамоу Аҧсны Афырхаҵа Авҭандил Гарцкиеи реиқәшәара.

«Ашколхәыҷқәа иддырбеит Авҭандил Гарцкиа ишәҟәы шьаҭас иҟаҵаны иҭыху афильм «Гәымсҭа нырцә». Ашәҟәы автор 1993 шықәса хәажәкырамза имҩаҧысуаз аибашьратә хҭысқәа игәалаиршәеит, аҵаҩцәа рызҵаарақәа аҭак ҟаиҵеит. Аиқәшәара хыркәшауа Гарцкиа ашколхәыҷқәа зегьы ишәҟәқәа ҳамҭас ириҭеит», – иҳәеит Хышба.

АҬЫҦАНТӘИ АХАҬАРНАКРАҚӘА АУС РЫЦУРА АҞӘША

Аҟәша активла ахы аанарҧшуеит араионқәа рҿы иҟоу ахаҭарнакрақәа аус арыцуразы. Ашықәс иалагӡаны еиҿкаан асоциалтә ҵакы змоу апроектқәа, акциақәа, аусмҩаҧгатәқәа. Ус, 2023 шықәсазы аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа раҧшьгарала хықәкылатәи ацхыраара аҟаҵаразы имҩаҧган анҭыҵтә еиҧыларақәа 14, иаахәан аспорт-маҭәахәқәеи, аиҿкаатехникеи, амилаҭтә атрибутикеи, аргыларатә маҭәахәқәеи.

«Аимадара» апроект (350-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа амҽханакит) аҳәаақәа ирҭагӡаны, еиҿкаан аҭыҵрақәа 6 

Ахәыҷқәа рзыҳәан аниматорцәа злахәыз акциақәа 4

Аетнографиатә лекциақәа 4

 Иара убасгьы иаартын АААК ахаҭарнакра ҿыцқәа ҩба: Афон Ҿыци Хыҧсҭеи.

«Аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа иаҳа-иаҳа атәылаҿы аларҵәара роуит, иара убасгьы ирыцлеит апроекттә шьаҭа ахыҧхьаӡаратәи ахаҭабзиаратәи арбагақәа. Имҩаҧгоу аусура алҵшәақәа ҳгәы рылаҟоуп, ҳазҭало ашықәс азы аҩаӡара ҿыцқәа азҧхьагәаҳҭеит», – ҳәа азгәеиҭеит аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцура аҟәша анапхгаҩы Дмитри Жьиба.

АҾАРИ АБАҨРҴӘЫРЕИ РЫРҾИАРА АҞӘША АУСУРА ИАЗКНЫ

Аҿари абаҩрҵәыреи рырҿиара аҟәша аҧшьгарала еиқәыршәаны имҩаҧгоуп апроектқәеи акциақәеи жәпакы. 

«Еизҳауа аҿар аус рыдулара – аҟәша имҩаҧнаго аусура ахырхарҭа хадақәа ируакуп», – ҳәа азгәеиҭеит аҟәша анапхгаҩы Валери Берзениа.

Ус, 2023 шықәса ажьырныҳәамза инаркны ҧхынҷқәынмзанӡа аҟәша еиқәнаршәеит «Ирӡтәым» зыхьӡу апроект. Уи алыршаразы аус иадыргалеит еицырдыруа аҧсуа ҭоурыхҭҵааҩцәеи, абызшәадырҩцәеи, аетнографцәеи, аетнологцәеи. Гәдоуҭа араион ашколқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа рзыҳәан еиҿкаан алекциақәа 10. Урҭ рызкын анаҩстәи атемақәа: «Аҧсуа игәараҭа: аҵасқәеи ақьабзқәеи», «Аҧсуара – аменталитети ауаҩышәаратә ҟазшьақәеи рызҵаарақәак», «Ақьабзтә ашәақәеи урҭ рынагӡашьеи», «Аҧсуа жәлар рдипломатиа», «Аҧсуа милаҭтә кәашара аҭоурых», «Аҧсуаа рҽыбӷаҟазара аҵасқәа», «ХХ ашәышықәса анҵәамҭеи, XXI ашәышықәса алагамҭеи рзтәи Аҧсны аҭоурых». 

Уи адагьы, аҟәша еиҿнакааит Аҧсны аҭоурыхи акультуреи ирызкыз, «Авикторина Абаза» зыхьӡыз арлахҿыхра-интеллектуалтә хәмарра. Уаҟа иалахәын 7-гәыҧк, урҭ руак – Аконгресс агәыҧ акәын. 

Аҧсны Аиааиреи Ахьыҧшымреи 30 шықәса ахыҵра Амш азгәаҭара инамаданы, еиҿкаан «Аибашьра асаламшәҟәқәа» зыхьӡыз апроект. 14 сериа рыла ишьақәгылоу ари авидеоматериал аҿы АААК аусзуҩцәа 1992-1993 шықәсқәа рзы аҭыҧ змаз аибашьратә хҭысқәа ирыдҳәалоу асаламшәҟәқәа ирыҧхьоит. Иара убасгьы аныҳәатә рыцхә инақәыршәаны, еиҿкаан «Аибашьҩы дзааӡаз агара» зыхьӡыз акциа-ацәыргақәҵа. 

Еиқәыҧхьаӡоу инамаданы, аҟәша Очамчыра араион ашколхәыҷқәа рыбжьара имҩаҧгаз ашьапылампыл азы Ачемпионат апартнерцәа ируакын. Аицлабра иалахәын 15 гәыҧ. Алахәҩцәа рзеиҧш хыҧхьаӡара 170-ҩык иреиҳахеит.

Аҟәша еиқәнаршәаз апроектқәа рахь иаҵанакуеит аҧсуа милиҭтә хәмаррақәа ирызкыз амастер-классқәа реиҿкаара. Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аконгресс аусзуҩцәа еиуеиҧшым анхарҭаҭықәа рахь ицаны, аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа алархәны, ахәмаррақәа мҩаҧыргон. Зеиҧшла, ари апроект иамҽханакит 200-ҩык инареиҳаны ауааҧсыра. Аицлабра агәырӷьаратә хыркәшара мҩаҧысит аетнопарк «Аҧсны» аҵакыраҿы.

«Амзара» апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны акультура-усутә ҭыҧ «Гәыма» еиҿкаан «Аҧсуа кәылӡы» зыхьӡыз афильм аҧхьарбара. Иара убасгьы АААК аофис аҿы имҩаҧган «Аимҵакьачара» алента аҧхьарбара.

Атәыла еиуеиҧшым ақалақьқәа рыҟнытә 130-ҩык инареиҳаны, ашколқәра иаҵанакуа ахәыҷқәа зҵазкыз амузыкатә проект «Аҿар рыбжьы» - аҟыбаҩ злоу аҿар ралкааразы уасхырны иҟалеит. 2023-тәи ашықәс азы ари апроект иалҵшәаны имҩаҧган авидеоклипқәа ҧшьба рцәыргара. Аҟәшақәа русура иазку, иаҳа инеиҵыху аинформациа шәаҧхьар ҟалоит аофициалтә даҟьаҿы. 

АИНФОРМАЦИА АҞӘША АУСУРА ИАЗКНЫ

АААК аинформациа аҟәша имҩаҧнагоит егьырҭ аҟәшақәеи Аконгресс Аппарати русура иазку аинформациа Аҧсни уи анҭыҵи оперативла ауаа рҟынӡа анагара. 2023-тәи ашықәса иалагӡаны ф-бызшәак рыла 570 инареиҳаны аматериалқәа кьыҧхьуп. Аконгресс аофициалтә даҟьаҿы ахҭысқәа ахьыркьыҧхьуа алента иацҵоуп 230 нҵамҭа. Уахь иаҵанакуеит атекст, афото, авидеоматериалқәа. Иандекс Метрикеи, Google Analytics ахархәагеи излаҳдырбо ала 2023-тәи ашықәса иалагӡаны апортал иаҭааит адунеи еиуеиҧшым акәакьқәа рыҟнытә ?-ҩык ауникалтә хархәаҩцәа. Уаанӡа аиҧш уажәгьы активла аус руеит асоциалтә аҳақәа Facеbook Instagram рыҟны иҳамоу асоциалтә даҟьақәа. Ашықәс агәҭа инаркны, урҭ ирыцлеит Telegram аҿы аканалгьы. Уи аусура Аконгресс егьырҭ адаҟьақәа иреиҧшым аинформациа ацәыргашьеи ахархәаҩцәа аус арыцушьеи рыла.

«Аинформациа ахархәаҩ изнагоуп зеилкаара мариоу аблогертә формат ала. Уи абзоурала аҧхьаҩцәеи ҳареи интерактивлатәи ҳаимадара иазҳауеит. Ҳгәаанагарала, ари аҩыза азнагашьа алҵшәа аҩаӡара ҳаракуп. Убри инамаданы, ҳара иацаҳҵоит ари ахырхарҭа анаҩсгьы арҿиара», – ҳәа азгәалҭеит АААК аинформациа аҟәша аспециалист Есма Гәаланӡиаҧҳа.

Ҳазҭоу ашықәс азы апортал хықәкыла изҿыз – Аконгресс аусура иазку аинформациа ианаамҭоу аҧхьаҩ иҟынӡа анагара акәын. Уи адагьы, АААК асаит аҿы, «Ахаҭарақәа» ирызку аҟәшаҿы иацлеит Абаза диаспора иаҵанакуа иналукааша 4-ҩык ауааҧсыра ирыхьӡынҩылоу аочеркқәа. Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Аинформациа аҟәша аусура аспект хадақәа ируакуп ҳәа иҳаҧхьаӡоит аҧсуа-абаза жәлар Жәларбжьаратәи рассоциаициа (иахьа АААК) ажурнал «Абаза» аҭыжьымҭақәа 19 аҧхьаӡацтәра. Аҧхьаӡац ахь ииагоу аинформациа еидкылоуп 15 шықәса инареиҳаны аҧсуа-абаза жәлар рассоциациа (иахьа АААК) амаӡаныҟәгаҩ хадас иҟаз аҧсуа поет, ауаажәларра-политикатә усзуҩы, ажурнал «Абаза» аредактор хада Геннади Аламиа ихатәы архиви, ААУ афилологиатә факультут аҿы еиҿкаау, Владимир Анқәаб ихьӡ зху аҧсуа-адыга филологиа Аҭыҧ хада архиви, Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекеи рыҟнытә. Асаит аҭааҩцәа аҧхьаӡац ахь ииагоу аматериалқәа рбар рылшоит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аофициалтә саит аҿы, «Ажурнал «Абаза»» зыхьӡу аҟәшаҿы.

Ҳазҭало ашықәс азы ҳара иаҳгәиҭоуп ҳажәлар инарылукааша ахаҭарнакцәа ирызку аинформациала асаит аҟәшақәа рхарҭәаареи, Абаза жәлар ретнографиеи ркультуреи ирызку аинформациа адунеи зегьы рыҟнытә аҧхьаҩцәа арызнагареи.

«Ҳусура алҵшәақәа реиӷьтәразы иаҳгәиҭоуп аофициалтә даҟьахь ауаа иаадырҧшуа азҿлымҳара аҩаӡара ашьҭыхра. Уи ахықәкы анагӡаразы иазҧхьагәаҭоуп аҿыцлагалақәа жәпакы. Уахь иаҵанакуеит анаҩстәи аҟәша ҿыцқәа реиқәыршәара: «Акино», «Амузыка», «Аҧсуа хьыӡқәа». Иара убасгьы амультимедиа аҟәша иацҵахоит аинформациа аҟәша аусзуҩцәа рымчала зеиқәыршәара ҳаҿу, «Зыҧсы ҭоу анапҟазара» зыхьӡу адырраҭарақәа рцикл», – лҳәеит АААК аҟәша аспециалист Алиса Хәытаба.

АМАССАТӘ ИНФОРМАЦИА АХАРХӘАГАҚӘА ҲАРА ИҲАЗКНЫ ИРҲӘО

2023-тәи ашықәсазы АААК активра иазааҭгылеит еиуеиҧшым амассатә информациа ахархәагақәа:

Аҧсуа телехәаҧшра – 21 видеонҵамҭа;

«Абаза ТВ» - 13 видеонҵамҭа;

SPUTNIK – 42 материал;

ИАЕ «АЛАШАРА» – 4 материалк;

«АҦСНЫПРЕСС» – 21 материал;

ААУ АИНФОРМАЦИЕИ АМЕДИАКОММУНИКАЦИЕИ АҞӘША – материалк.

ЏЬАМБУЛ ИНЏЬГИЕИ АААКи РЫПРОЕКТ «Аҭоурыхтә ҭынха аҧеиҧшазы»

Активла аҿиара иаҿуп Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси Џьамбул Инџьгиеи рпроект «Аҭоурыхтә ҭынха – ҧхьаҟатәи аҧеиҧш азы». 2023 шықәса анҵәамҭазы аҳәынҭқарратә телехәаҧшреи Аконгресс аофициалтә даҟьақәеи рҿы ицәырган иазҧхьагәаҭаз 20 документалтә фильм рыҟнытә – 13. Урҭ афильмқәа абжьарахаҳәаамҭа инаркны 1965 шықәсанӡа Аҧсны аҭоурых еиҭарҳәоит. Апроект еиуеиҧшым ақәратә гәыҧқәа рахь иаҵанакуа ахәаҧшҩцәа даара иргәаҧхеит, ирҽхәаны иахцәажәеит. 

«Апроект инанагӡоит иазалху ахықәкқәа: ҧсышәала Аҧсны аҭоурых аларҵәара, аџьынџьтәылатә ҭоурых шьаҭас иҟаҵаны, еизҳауа аҿар аҧсадгьыл абзиабара арылааӡара, адокументалқә фильмқәа рформат ала ашколқәеи иреиҳау аҵараиурҭақәеи рҿы аус зуа арҵаҩцәа рзы «аҧхьаӡацтә цхыраагӡа» аҧҵара, Аҧсны аҭоурых аганахь ала аҭыҧ змоу ақырҭуа амцҭоурыхтә концепциа аҿагылара, иҿыцу адыррақәа аҭҵаарадырра ралагалара, Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа еицырдыруа аҟаҵара. Иара убасгьы апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҧсуа бызшәа ахархәара амҽхак арҭбааразы аҭагылазаашьа аҧҵахоит», – ҳәа азгәеиҭеит апроект автор Џьамбул Инџьгиа. 

Аамҭала фильмк 15-17 минуҭ ицоит. 2014-тәи ашықәс азы афильмқәа аус арыдулара иацҵахоит. 

АААК АҲӘСА РКООРДИНАЦИАТӘ ХЕИЛАК АУСУРА ИАЗКНЫ

Аҧсуара аиқәырхареи арҿираеи рзы активтә усура мҩаҧнагоит АААК Аҳәса ркоординациатә хеилакгьы. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны асаит адаҟьа ианҵоуп «Аҧсуара амҩахәасҭақәа» зыхьӡу ацикл ала ишьақәгылоу автортә теледырраҭарақәа 17. Иара убасгьы Очамчыра ақалақь имҩаҧысит ақалақьи араиони рҿы иҟоу аҵараиурҭақәа рнапхгаҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи злахәыз аиҧылара. Еизаз алацәажәон ашколқәа рҿы Аҧсуара маҭәарк аҳасаб ала ахысра аҵакы шыҳараку. 

Иара убасгьы Аҟәа имҩаҧысит Аҧсны аҵарадырра знапы алаку ахаҭарнакцәа арҧылара. Аиқәшәараҿы иалацәажәон аҧсуа бызшәеи алитературеи реиқәырхара. Аҧсны Аиааиреи Ахьыҧшымреи 30 шықәса рхыҵра Амш аламҭалазы еиҿкаан Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аибашьцәа ранацәеи, еибашьуаз аҳәсеи злахәыз аиҧылареи, «Зыҧсы ҭоу асаламшәҟәқәа рышьҭала» зыхьӡу афильм аҧхьарбареи. АААК Аҳәса рхеилак еиҧҟьарада Абазашҭа Аҳәса рхеилак аус ацнауеит.

Адиаспорақәа аус рыцура алҵшәақәа ртәы дазааҭгылеит АААК Анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба: 

«2023 шықәсазы АААК иацнаҵеит ҳәаанырцә инхо аҧсуа-абаза диаспора аус арыцура арӷәӷәара. Ус, АААКи Аҧсуафеди аусеицуразы ирыбжьарҵаз аҧкаанҵа инақәыршәаны, Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа культуратә центрқәа рнапхгара иалоу иддырдырырц азы АААК Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы Мусса Егзакь ирзишьҭит аҵыхәтәантәи хәышықәса аиҿкаара имҩаҧнагаз аусура алҵшәақәеи, анагӡаразы ишьақәырӷәӷәоу агәҭакқәеи апроектқәеи ирызку аинформациа. Уи анаҩсангьы, аҧсуа культуратә центрқәа рфедерациа ирзышьҭын анагӡаразы аицалахәра ахьаҭаху апроектқәа. Аконгресс агәыҧ алахәҩцәа активла рхы аадырҧшит ҳџьынџьуаа ахьынхо атәылақәеи атәылаҿацәқәеи рҿы адиаспоратә ауаажәларратә еиҿкаарақәа еиқәдыршәаз аусмҩаҧгатәқәа рҿы», – иҳәеит Инар Гыцба.

«Иара убасгьы иазгәасҭар сҭахуп Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы иӡбамҭала ацхыраара шрыҭаз адгьылҵысраан Шьамтәылатәи Арабтә республикеи Ҭырқәтәылеи рҿы ааха зауз ауааҧсыра. Уи инамаданы, иацҵан Аконгресс арегионалтә ҟәшақәа ахьыҟам атәылақәа рҿы инхо адиаспора ахаҭарнакцәа аус арыцура арӷәӷәара. Иазгәаҭатәуп Ливантәи ареспубликаҿы инхо адиаспореи ҳареи ҳаимадарақәа шҳарӷәӷәаз. Зеиҧшла, аҧсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа аус арыцуреи аҽрымадареи апроцесс еизҳауеит, аҽарӷәӷәоит. Ҳгәыӷуеит, 2024 шықәсазы аусеицура аганахь ала Мусса Ҳабал-иҧа ҳҿаҧхьа иқәиргылаз ахықәкқәа рынагӡара иазку ҳусура иҵегьы аҽарласып ҳәа» - ациҵеит Гыцба.

АФИНАНСТӘ ЕИХШЬААЛА

2023-тәи ашықәс азы азеиҧш биуџьеҭ амҽхак –  25 200 000 мааҭ инаӡеит, д.и. 1,5 млн есымза.

2018 шықәса инаркны аныхтәқәа рзеиҧш еицҵа – 115 000 000 мааҭ инаӡеит, урҭ рыҟнытә 105 000 000 мааҭ – АААК ИА Ахантәаҩы Мусса Ҳабал-иҧа Егзакь агәыҳалалра аҳасаб ала иалаигалаз ауп, егьырҭ 10-миллионк – АААК ИА алахәҩы, Москватәи аҧсуа диаспора аиҳабы Агрба Беслан Родион-иҧа игәыҳалалратә лагала ауп.

Аилатәара хыркәшауа, аколлектив иазгәарҭеит ҳазҭало 2024-тәи ашықәс азы аҧхьацара атемпқәа реизырҳара ишазыхиоу.