Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аҿы аус зуа Аҳәса рхеилак имҩаҧыргеит 2024 шықәсазы раҧхьатәи аилатәара. Аиҧылара мҩаҧысит Аконгресс аҟәатәи аофис аҿы. 

Шьазина Бганҧҳа

Амшхәаҧштә аҿы иқәыргылан хадара злоу х-зҵаарак: аҳәса Ркоординациатә хеилак 2024 шықәсазы иазгәаҭаны ирымоу апроектқәеи адҵақәеи, Аҧсны араионқәеи анхарҭаҭыҧқәеи рҿы АААК аҳәса ркоординациатә хеилак аҭыҧантәи аҟәшақәа раартра, аҧсуара маҭәарк аҳасаб ала алагалара иазку аҧышәеи агәаанагарақәеи реимдара.

Астол гьежь  амодераторс дыҟан АААК АР ахантәаҩы Екатерина Бебиаҧҳа. Аҧсуара маҭәарк аҳасаб ала Аҧсны ашколқәа рҿы аҧхьара азҵаара алацәажәареи, аҧышәа арымдареи рзы аиҧыларахь иаарыҧхьеит Пицундатәи абжьаратә школ №1 арҵаҩцәа Дона Малиаҧҳаи Аида Ҭраҧшьҧҳаи, Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкрҧҳаи, Гәдоуҭатәи ателехәаҧшра аиҳабы Лариса Ҷанҧҳаи, Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №5 арҵаҩы Кама Быҭәҧҳаи, Очамчыратәи абжьаратә школ №4 аиҳабы Лиалиа Папасқьырҧҳаи, Очамчыратәи ашкол-интернат арҵаҩы Лорена Пагааҧхаи, ААУ ажурналистика афакультет астудентка Сандра Бениаҧҳаи. Иара убасгьы аиҧылара иалахәын АААК аҟәшақәа реиҳабацәеи аусзуҩцәеи.

Аусмҩаҧгатә алахәҩцәеи асасцәеи аҧсшәа раҳәо, Екатерина Бебиаҧҳа инаҵшьны иазгәалҭеит еизаз зегьы амшхәаҧштә атемақәа гәыкала ишырзыҟоу.

«Аҧсны ашколқәа рҿы аҧсуара маҭәарк аҳасаб ала аҧхьара алагалара ҳгәы иалеижьҭеи акрааҵуеит. Аха иалацәажәо маҷзаргьы ари уажәшьҭа изҵаарам, ипроблемоуп. Есышықәса анаҩстәи абиҧарақәа рзы иалыршатәу адҵақәа рынагӡара ахҳарҧоит. Арҵагатә цхыраагӡа аиқәыршәара, аҧсуара маҭәарк аҳасаб ала аҧхьаразы апрограмма ашьақәырӷәӷәара, ихымҧадатәиу ашколтә маҭәар аҳасаб ала алагалара – арҭ адҵақәа ҳхаҭыҧан аӡәгьы инаигӡаӡом», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.

Гәдоуҭатәи ателехәаҧшра аиҳабы Лариса Ҷанҧҳа иазгәалҭеит аибашьраани аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәеи рзы Аҧны абжьаратә азеиҧш-ҵаратә усбарҭақәак рҿы аҧсуара маҭәарк аҳасаб ала қәҿиарала ишаҧхьоз, уи аҧышәа еиқәханы ишыҟоу. 

«30 шықәса инареиҳаны иҵуеит Нодар Ҷанба акультуреи аҵарадырреи рзы министрс даныҟаз зымҽхак ҭбаау аусура мҩаҧганы, аҧсуа ҵарауааи арҵаҩцәеи ргәыҧ адгаланы, «Аҧсуара» иазку аҵаратә цхыраагӡа еиқәиршәеижьҭеи. Исгәалашәоит хәҭа-хәҭала сааҭла еиқәыршәаны иҟаз апрограмма шаҧҵаз. Агәра ганы сыҟоуп уи апрогрмма ахархәара ҳадҵа анагӡара шарманшәало», - лҳәеит лара.

Очамчыратәи абжьаратә школ №4 аиҳабы Лиалиа Папасқьырҧҳа излалҳәаз ала жәашықәсала ашкол аҿы аус луеижьҭеи ари аҩыза амаҭәар ашколтә программа алагалара аҭахымызт. Аха аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽаҧсахит. 

«Ҵыҧхтәи ашықәса цәыббрамзазы Шьалуа Инал-иҧа иҵаратә усумҭақәа схы иархәаны, ҳашкол аҿы «Аҧсуара» аҧхьаразы схала апрограмма еиқәсыршәеит. Уажәшьҭа алҵшәақәа убаратәы иҟоуп. Ари аҩыза апрограмма аиқәыршәара актуалра иаҳагьы иацлеит», - лҳәеит Папасқьырҧҳа.

АААК Аҳәса ркоординациатә хеилак 2024-тәи ашықәсазы апланқәеи апроектқәеи ирылацәажәеит
© АААК

Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкрҧҳа ҳәаанырцәтәи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо аҧсуа студентцәа ҿырҧштәыс иааганы, иазгәалҭеит уаҟа рырҵаҩцәеи курск аҿы ирыцтәоу рҩызцәеи аҧсуаа рхымҩаҧгашьа ишазҿлымҳахо:

 «Дара (ҳәаанырцә аҵара зҵо аҧсуа студентцәа) иҷыдоу ҳәа акгьы ҟарымҵаӡеит. Аиҳабацәа аныҩналалакгьы ирхаҵгылон ауп. Аха шықәсқәак анҵы «ҷыдала иааӡоу амилаҭ» ҳәа ирыхцәажәо иалагеит. Уи ҳара ҳазгәдууп», - лҳәеит Џьыкрҧҳа. «Иахьа ҳара уамашәа иаҳбоит ҳҿар ишақәнагоу аиҧш ҧсуаҵас иахьааӡам. Аха ари аҭагылазаашьаҿы ҳара иаҳхароугьы ыҟоуп, избанзар идҳарҵаӡом ахымҩаҧгашьа аҧҟарақәа, аҵасқәа, ақьабзқәа. Рхы ианақәиҭу аамҭазы агаджетқәеи асмартфонқәеи роуп ҧыжәара зырҭо», - лҳәеит лара. 

Астол гьежь алахәҩцәа иазгәарҭеит аконцептуал-систематә знеишьа шьаҭас иҟаҵаны, наукала иаҧҵоу арҵагатә цхыраагӡа аиқәыршәара ишазыхиоу. Зегьы еиқәшаҳаҭхеит азҵаара аӡбаразы ари аус даара ишхәарҭоу азы. Аҧсны аҳәса Рхеилак анаҩстәи изаамҭанытәиу аилатәара амҩаҧгара азҧхьагәаҭоуп ҳазҭоу ашықәс мшаҧымза. Уи адагьы, аиҧылараҿы ирыӡбеит АААК аҿы аус зуа Аҧсны аҳәса Рхеилак аадыртраны иахьыҟоу анхарҭаҭыҧқәак ирҭаап ҳәа. 

АААК аҿы аус зуа Аҧсны аҳәса ркоординациатә хеилак – Екатерина Бебиаҧҳа хантәаҩыс дызмоу АААК аструктура ауп.