Цәыббра 14 рзы еицырдыруа абаза уаажәларратә усзуҩы Магомеҭ Ҳаџьбақьыр-иԥа Кьышьмахәа 70 шықәса ихыҵуеит. Ари арыцхә инақәыршәаны АААК Аинформациатә портал иазнархиеит аиубилиар иԥсҭазааратә мҩа иазку аочерк.

Гьаргь Чкала

Магомеҭ Ҳаџьбақьыр-иԥа Кьышьмахәа аубых хылҵшьҭра змоу абаза жәла датәуп. Ихылҵшьҭра иазкны Кьышьмахәа хаҭала еиликааз рацәоуп: зегьы иазҿлымҳау ауаҩы, ижәла аҭоурых ҭыимҵаар залшомызт. Уимоу иԥсҭазаараҿы инапы злакыз аусхкқәа зегьы рҟынтә реиҳа ихадараны иҟалеит ижәлар рҭоурых иазикыз аҭҵаарадырратә усура.

«Инасыԥу» ажәла

Кьышьмахәаа рыжәла ахы ыҵнахуеит аубых ҭауад жәла Берзеқь (Берзег) аҟынтә. Ари афакт Кьышьмахәа ишьақәирӷәӷәеит иҳаҩсыз ашәышықәса 90-тәи ашықәсқәа рзы иаԥшьигаз Кьышьмахәаа рыжәла аизараҟны. Ижәлантәқәа еизигаанӡа, Магомеҭ Ҳаџьбақьыр-иԥа ганрацәала иҭиҵааит ижәла аҭоурых, уи иадҳәалаз зегьы – ажәла ахьынтәааз, ажәла зхыз ауааԥсыра ахьынхақәоз аҭыԥқәа шьақәиргылеит, ажәла Кьышьмариа зху Аԥсны инхо иашьцәа иҽрымеидеит.

Ари аус акыр дагәыланахалеит, аҵыхәтәангьы иҭижьуеит иҭҵаарақәа шьаҭас измоу ашәҟәы – «Аубыхцәа иԥшьоу рыԥшаҳәаҟнытә иаауа ажәла» ҳәа хьӡыс измоу. Уи аҿгьы даанымгылакәа, акандидадтә диссертациа ихьчоит, аубыхцәа рҭоурых иазку ашәҟәқәа ҭижьуеит.

Иахьатәи ҳаамҭақәа рҟынӡа еиқәхаз ажәабжьқәа ишырҳәо ала, аҭауадцәа Берзеқьаа аҵыхәтәантәи рыҵәҩаншьап иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, даанхеит зцәа зтәымыз иԥҳәыс. Аҭауад иҩызак, ханк иҷкәын, ус иҳәеит: «Берзеқьаа аԥа дроуит ҳәа адырра сзаазго, акәадыр зқәу аҽыҩ ҳамҭас исҭоит» ҳәа. Зегьы ззыԥшыз аԥа даниы, уи ахан дгәырӷьаҵәа ҿааиҭит: «Кьышь махәа!» ҳәа – уи иара имилаҭ рбызшәала иаанагоит: «Абри амш анасыԥ анагааит!» ҳәа. Абарҭ ажәақәа рҟынтә ауп Кьашьмахәаа ҳаҭырлқәҵарала шәышықәсала иныҟәырго ажәла ахьынтәаауа.

Магомеҭ Кьышьмахәа ижәлантәқәа рҟнытә аӡәырҩы дрызгәдууп. Иаҳҳәап, Баҭаҟәа Иусуп-иԥа – аурыс ар аподполковник, Павловтәи акадеттә корпус аушьҭымҭа. Баҭаҟәа Кьышьмахәа далахәын аурыс ар имҩаԥнагоз Балкантәи (1828-1829 шықәсқәа), Аполиактәи (1835 шықәса) аныҟәарақәа, абазақәеи, ачерқьесцәеи, аурысцәеи рыбжьара иҟалаз аидысларақәа рышьҭахь иара дцоит ақыҭа Прочны Окоп аҿы иҟаз Кавказтәи ацәаҳәа Арыӷьаратәи афланг ар аштаб ахь, уаҟа аурыс ар рԥыза иҿаԥхьа ашьхарыуаа ринтересқәа ихьчон. Бџьарла еибыҭаз аруаа уахынла иуаҭах иҩналаны дыршьуеит.

Баҭаҟәа Кьышьмахәа иашьа иԥа Баҭори Аслангьари-иԥа Ставропольтәи агимназиа аҟны рҵаҩыс аус иуан, акыргьы аџьабаа ибеит амилаҭқәа аҵарадырра роурц. Иҵаҩцәа руаӡәк Ҳаџьбақьыр Кьышьмахәа – Магомеҭ иаб иакәын.

Магомеҭ ихәыҷратә шықәсқәа

Иаб, Ҳаџьбақьыр Зулҟарнаи-иԥа диит ақыҭа Дударуковски (иахьа – ақыҭа Ԥсыж – аред.), иара убраҟа агимназиа даналга ашьҭахь рҵаҩыс аус иуан. 1949 шықәсазы дрышьҭуеит Ҟара-Пагәа ақыҭахь. Уброуп Магомеҭ дахьиизгьы. Аҭаацәараҿы ахшара рацәа ирызҳауан: Магомеҭ иман хәҩык аиҳәшьцәеи, хҩык аишьцәеи. Иаҳәшьеиҳаби ҩыџьа иашьцәеи ишыҳәыҷқәаз рыԥсҭазаара иалҵит.

1955 шықәсазы Магомеҭ иҭаацәара Ԥсыжҟа ихынҳәуеит, уаҟагьы аҷкәын ашкол дҭалоит. Ахәбатәи акласс инаркны иара диаргоит Черқьесскҟа, аобласттә милаҭтә школ-интернат ахь. Иара класск аҿы аҵара ициҵон заԥхьаҟа еицырдыруа абаза поетхараны иҟаз Қьарим Мыхц, уи адагьы, урҭ уадак аҿы еицынхон.

Магомеҭ аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа дрызҿлымҳан, убасгьы арадиотехника бзиа ибон. Уи адагьы абокси амилаҭтә кәашарақәеи рахь дныҟәон.

«Аинтернат ашьҭахь, Таганрогтәи арадиотехникатә институт сҭалап ҳәа сгәы иҭан, - еиҭеиҳәоит Магомеҭ Ҳаџьбақьыр-иԥа. – Аха урҭ сыгәҭакқәа иԥсахит Борис Сопоев (Сопоев Борис Александр-иԥа, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист, ансамбль «Алан» асолист – аред.), ҳашколтә ансамбль анапхгаҩы. Ус сеиҳәеит, сареи аҵара сыцызҵоз Қахар Ерыжәи, Сулҭан Едиеви Ашьхарыуа қыҭанхамҩатә институт ҳҭеиҵоит ҳәа, убас ала ҳцеит Орџьоникиӡе (иахьазы – ақалақь Владикавказ – аред.) ақалақь ахь.

Аҵара, абокс, акәашара

Аинститут «шәҭаҳҵоит» ҳәа ираҳәаз ажәақәа маҷк идуцәан: аҷкәынцәа рдыррақәа рыла мацара аҵариурҭа иҭалар акәхеит, Анцәа иџьшьаны, аинтернат аҿы ироуз адыррақәа рызхеит.

«Иахьеиԥш исгәалашәоит амаҭәар химиа ала аҭаларатә ԥышәара, - игәалаиршәоит Магомеҭ Ҳаџьбақьыр-иԥа. – Уи аԥышәара лыдылкылон астудентцәа зегьы зыцәшәоз ахимиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат. Ишьҭысхыз абилет ианыз азҵаарақәа снарыхәаԥшны, ҽазыҟаҵарада аҭак ҟасҵоит ҳәа сҳәеит – уаҟа ианыз атемақәа зегьы бзианы издыруан. Азҵаарақәа зегьы рҭак аныҟасҵа ашьҭахь, аԥышәараҿы итәаз афакультет адекан дсазҵаауа далагеит – сарбану, сабатәиу ҳәа. Инацҵаны исыҭаз азҵаарақәагьы рҭак аныҟасҵа ашьҭахь, адекан хәба сырҭаразы ажәалагала ҟаиҵеит».

Абокси акәашареи Кьышьмахәа аинститут аҟынгьы ирыциҵоит – иазгәаҭатәуп урҭ аҩба қәҿиарала ишицааиуазгьы. 1969 шықәсазы имҩаԥысуаз аԥхьахә ААЕ «Буревестник» (ахатәгәаԥхаратә спорттә еилазаара, еиднакылон Асовет Еидгыла иреиҳаӡоу аҵариурҭақәа реиҳарак рҟны аҵара зҵоз аҵаҩцәеи, иара убасгьы апрофессортә-арҵаҩратә еилазаареи – аред.) аҟны иара игоит араӡны, Асовет Еидгыла аспорт азҟазарахь акандидат инорматив нагӡаны.

Акәашарақәа ртәы ҳҳәозар – Магомеҭи, иҩызцәа Қахари Ерыжәи Сулҭани Едиеви злаз зҽаԥсазтәыз амилаҭтә кәашаратә ансамбль «Џьигиҭ», Польшеи Венгриеи имҩаԥысуаз актәи, аҩбатәи Жәларбжьаратәи афольклортә кәашарақәа рфестиваль аҟны лауреатс иҟалахьан (1969, 1971 шықәсқәа рзы).

Ари зегьы астудент иҵараҿы ԥырхага инаҭомызт, 1972 шықәсазы инапаҿы иоуеит агроном идиплом.

Аҵараҵара ашьҭахьтәи ашықәсқәа: аколнхареи арреи

Иҵара анхиркәша ашьҭахь Магомеҭ аусура ҳәа дышьҭын Ставропольтәи атәылаҿацә ахь, аха уаҟа агроном ивакансиа ыҟамызт азы иара иқыҭахь дхынҳәуеит. Аамҭак ашьҭахь аусура даарыԥхьоит аԥышәаратә нхамҩахь, уаҟа идыргалеит алаборант иҭыԥ, 70 мааҭ аулафахәы зқәыз.

«Аулафахәы маҷысшьеит: сара сакәын саҳәшьцәа еиҵбацәеи сашьеи ирхылаԥшуаз. Уаҵәынӡа схәыцуеит ҳәа раҳәаны аҩныҟа сааит, - игәалаиршәоит Магомеҭ Ҳаџьбақьыр-иԥа. – Сахьааиз, сани саби исарҳәоит, ҳколнхара «Кубань» ахантәаҩи ихадоу агрономи ҳаҩны ишыҟаз, уаҵәы ашьыжь дара рахь сымҩахыҵырц аҳәара шыҟарҵаз атәы. Адырҩаҽны аколнхарахь сцеит, уаҟагьы исыдыргалеит аҩбатәи абригада агроном иҭыԥ, уи амаҵура 120 мааҭ аулафахәы ақәын. Насгьы, сусура иаларҵеит уи аԥхьаҟа ақыҭа Садовы аҟны иҟаз арԥхаратә нхамҩагьы, уи азы суалафахәы иацҵан даҽа 60 мааҭ. 180 мааҭ усҟантәи аамҭақәа рзы – уалафахәы бзиан. Сақәшаҳаҭхеит».

«Кубань» – Ҟарачы-Черқьессиа иреиӷьу аколнхарақәа ирхыԥхьаӡалан, апрогрессивтә дыррақәа змаз аспециалист қәыԥшгьы иҭыԥ аҟныҵәҟьа днанагеит. Аха, хара имгакәа, арԥыс иџьаус ааникылар акәхоит: 1974 шықәсазы аррахь даарыԥхьоит. Иара дақәшәоит Ленинградтәи арратә округ, атанктә архәҭа. Аррамаҵура дахысуанаҵы иныҟәигон асержант еиҳабы ҳәа арратә хьӡы, дыҟан аҟәша акомандирс, анаҩс – аҟәыра акомандирс. Магомеҭ Ҳаџьбақьыр-иԥа игәалашәараҿы инхеит, арратә шықәсқәа раан ихы данақәиҭхоз амшқәа рзы дшиԥылоз идгьылуаҩ Мураҭ Ерыжә – ишколтә ҩыза Қахар иашьа. (Мураҭ Ерыжә – актиор, арежиссиор, деицырдыруеит абарҭ акиносахьақәа рҟны инаигӡаз арольқәа рыла – «Спецназ по-русски», «Агент национальной безопасности», «Бандитский Петербург 2: Адвокат» – аред.).

Апартиатә аҳәынҭқарратә усураҿы

1977 шықәсазы Магомеҭ Ҳаџьбақьыр-иԥа апартиахь усура даарыԥхьоит. Убри аамҭа инаркны 1986 шықәсанӡа апартиа аганахь ала иара иааникылон еиуеиԥшым амаҵура

ҭыԥқәа, аха анаҩс дхынҳәуеит агрокомплекс ашҟа – аха уи аусура зынӡа иҿыцу аҟазшьа аман.

Асовет Еидгыла аиҭашьақәыргылара ашықәсқәа раан (Апартиа амаӡаныҟәгаҩ Хада Михаил Горбачиов иаԥшьгарала атәылаҿы излагаз аиҭакра дуқәа – аидеологиеи, аекономикеи, аполитикеи ахырхарҭақәа рыла. Аҵыхәтәаназы уи зегьы АЕ ахыбгалара аҟынӡа инанагеит – аред.) ирыӡбеит аалыҵ аарыхра иазку зегьы – «амхы инаркны адәқьан аҟынӡа» реидҵара. Уи азы, зехьынџьара иаԥырҵо иалагеит агроааглыхратә еилазаарақәеи акомбинатқәеи.

1986 шықәсазы Усть-Џьегәыҭынтәи агроааглыхратә еилазаара напхгаҩыс даҭан Магомеҭ Кьышьмахәа. Уи аусура адагьы, иара убасгьы Усть-Џьегәыҭынтәи араионтә анагӡаратә еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩс дыҟан. Адырҩашықәсаны, Урыстәылатәи Асоветтә Афедеративтә Асоциалтә Республика Аҳәынҭқарратә агрономтә ааглыхра акомплекс анапхгара азуразы Урыстәылазегьтәи иреиҳаӡоу ашкол аҟны дахысуеит амеханизмқәа рекономикеи, аинтенсивтә технологиақәеи рзы акурсқәа.

1988 шықәсазы аилазаара агроааглыхтә комбинат «Ҟарачы-Черқьессиатәи» иахәҭакны иҟалоит, уаҟа Магомеҭ Ҳаџьбақьыр-иԥа аус иуан 1989 шықәса, рашәарамзанӡа.

Анаҩс иара ддыргьежьуеит апартиатә аусурахьы: раԥхьақәа рзы Апартиа аобласттә комитет аинструкторс, хәымз рышьҭахь – Прикубансктәи араионтә комитет аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩыс. 1990 шықәсазы дҭалоит Ростовтәи иреиҳаӡоу апартиатә школ, уаҟа ҩышықәса аҵара иҵон… аха иҵараҵара иаалырҟьаны ихыркәшан.

«Уи аамҭазы акоммунисттә партиа иӷәӷәаны акритика иахрыжьуан, саргьы адиплом ансырҭа, иԥжәаны икасыжьит. Анаҩс акырынтә исыԥхьон уи адубликат сырҭараз, аха уи сашьҭаланы уаҳа сагьымцеит», - гәаартыла еиҭеиҳәоит Магомеҭ Ҳаџьбақьыр-иԥа.

Ауаа ирыхәара иашьҭаз

Магомеҭ Ҳаџьбақьыр-иԥа иникылоз имаҵурақәа зегьы рҟны ламысла аус иуан, изныкымкәа аҳаҭыртә шәҟәқәа ианаршьахьан араионтәи аобласттәи аусбарҭақәа. Магомеҭ Ҳаџьбақьыр-иԥа – ҞЧА аҳәынҭқарратә маҵзура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы ҳәа ахьӡ имоуп. Аха иара изы ианакәзаалак зегь реиҳа ихаданы иҟан анамыси, иусура ауаа ишрыхәо аилкаареи.

Аԥсны аибашьра ианалага (Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәсқәа рзтәи – аред.), Кьышьмахәа аус иуан Прикубантәи араион ахадара аҟны. Аиашьаратә республиказы агуманитартә цхыраара еидызкылоз дыруаӡәкын, иара убасгьы раԥхьатәи агуманитартә еидара зқәыз аколонна дацын.

«Усҟан ахәрагьы соуит – иаакылырҟьаны ицәырҵыз ақырҭуа авицаиа ажәҩан аҟнытә иҳалахысуа иалагеит, сымгәа аԥҽыха алалеит», - игәалашәоит иара.

Магомеҭ Ҳаџьбақьыр-иԥа изныкымкәа диԥылахьан Владислав Арӡынба – аибашьра анцоз еиԥш, иара убасгьы аҭынчра аамҭазы. Иахьа уажәраанӡагьы иԥшьоу акы еиԥш иҵәахны имоуп Аԥсны Раԥхьатәи Ахада инапы аҟнытә ҳамҭас иоуз – Аԥсны агерб. Кьышьмахәа иажәақәа рыла, ианашьақәаз аҳамҭақәа зегьы рҟынтә реиҳа дзеиҷаҳауа – Аԥсны Аҳәынҭқарра аорден «Ахьӡ Аԥша» ауп.

2000-тәи ашықәсқәа рзы, Магомеҭ Ҳаџьбақьыр-иԥа абизнес наплакык аҿы акоммерциатә директорс аус иуан, анаҩс дхынҳәуеит аҳәынҭқарратә маҵзурахьы – ҞЧА Аԥсабарахархәара ахылаԥшразы Афедералтә маҵзураҿы бжьышықәса аус иуит аспециалист-експертс. Иара убасгьы Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә усзуҩы ареферент 1 акласс ичын ианашьоуп.

Магомеҭ Ҳаџьбақьыр-иԥа абазақәа рыбжьара имоу апатуқәҵареи, иԥсҭазааратә ԥышәеи азгәаҭаны ҩынтә – 2000, 2007 шықәсқәа рзы ауаажәларратә-политикатә ҵысра «Абаза» (уажәазы – Ауаажәларратә еиҿкаара «Абаза» – аред.) напхгаҩыс далырххьан.

«Усҟан ҳара иаԥаҳҵеит атрадициа бзиа – ҳмилаҭ иатәу, иналукааша, аихьӡара ҳаракқәа змоу, зыжәлар азы аџьабаа збахьоу ауаа ирызкны рыԥсы ахьынӡаҭоу аныҳәақәа рымҩаԥгара», – имҩаԥигоз ауаажәларратә усура дахцәажәо иҳәоит Магомеҭ Кьышьмахәа. – Раԥхьаӡа акәны уи аҩыза аныҳәа изымҩаԥаҳгеит Қьарим Мыхц. 1999 шықәсазы иара ихыҵит 50 шықәса, аха ииубилеитә хәылԥазы уаҳа иаҳзеиҿкаауамызт. Аҵыхәтәан аныҳәатә хәылԥазы мҩаԥаҳгеит 2001 шықәса, хәыжәкырамзазы. Уи ашьҭахь мызкы ааҵуаны Қарим иԥсҭазаара далҵит».

Иҳараку ауаажәларратә маҵзураҿы дыҟанаҵ, Магомеҭ Ҳаџьбақьыр-иԥа илшоз зегьы ҟаиҵон, ареспубликаҿы еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбараан абазақәа ринтересқәа азгәарҭаларц.

Аҭҵаарадырратә усура

2004 шықәсазы Магомеҭ Кьышьмахәа далгоит Ҟарачы-Черқьессктәи аҳәынҭқарратә университет аспирантура, ихьчоит адиссертациа, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидатс дҟалоит. 15 шықәса рҟынӡа инаӡо иҭҵаарадырратә усура иалагӡаны иҩуеит 70 инареиҳаны абиографиатә статиақәа Адыгатәи (Ачерқьессиатә) аенциклопедиазы, 40 статиа инареиҳаны Аԥсуа биографиатә жәар азы, астатиа «Абаза ҭаацәара» – «Аурыс ҭаацәара» ҳәа хьӡыс измоу аенциклопедиазы, иҭижьит хә-монографиак, еиуеиԥшым аҭҵаарадырратәи, ауаажәларратә-политикатә ҭыжьымҭақәа рзы хыԥхьаӡара рацәала астатиақәа азирхиахьеит.

Хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, Магомеҭ Кьышьмахәа иҭҵаарадырратә усураҿы ихадоу хырхарҭас иалихуеит аубых жәлар рҭоурых аҭҵаара.

«Ари атема ҭҵаауа сара Ҭырқәтәыла саҭаахьеит, аубых мҳаџьырцәа рҭынхацәа срыҿцәажәарц азы. Урҭ даараӡа аинтрес зҵоу афактқәа сзеиҭарҳәеит. Иара убасгьы аинтерес зҵоу адокументқәа сыԥшааит Ермантәылеи, Азербаиџьани, Ҭырқәтәылеи, Москвеи, Ростови, Ставрополи рархивқәа рҟны. Урҭ аматериалқәа, сышәҟәқәа – «Аубыхқәа ретникатә ҭоурыхи, ркультуреи апроблемақәа», «Аубыхқәа рҭоурыхи, рзини абаҟақәа», уҳәа убас егьырҭгьы шьаҭас ирзыҟалеит», - еиҭеиҳәоит Магомеҭ Кьышьмахәа.

Магомеҭ Ҳаџьбақьыр-иԥа тәанчара дышцахьоугьы, иҭҵаарадырратә усура иахьагьы иациҵоит. Аха аҵыхәтәантәи аамҭазы иԥшәмаԥҳәыс Нинеи иареи, рыԥҳа Альбинеи рԥа Альберти рхәыҷқәа – хҩык рмоҭацәа рганаҿы аҟазаара еиҳа ргәы азцоит.