Лаҵарамза 20 рзы 105 шықәса ҵуеит Асовет Еидгыла Жәлар рартист Шәарах Ԥачалиа диижьҭеи. Уи арыцхә инадҳәаланы АААК аинфопортал иазнархиеит артист ду иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызку оачерк.

Саид Барганџьиа

Аԥсуа жәлар рҭоурых – раԥхьаӡа иргыланы, иреиӷьу уи ахаҭарнакцәа ирҭоурыхуп, урҭ рахьтә аӡәырҩы рыԥсҭазаара иалҵхьеит, аха инрыжьыз рҭынха наунагӡа жәлар рдоуҳатә малны иаанхоит. 2000 шықәса, абҵарамзазы иԥсҭазаара далҵит иналукааша аԥсуа актиор Шәарах Ԥачалиа. Иара ихыҵуан 86 шықәса. Иахьагьы, еицырдыруа, ишьақәгылахьоу аԥсуа актиорцәа лымкаала ирылацәажәоит Ԥачалиа дызхыԥхьаӡалоу аԥсуа драматә театр раԥхьатәи актиорцәа рыплеиада. Шәарах Ԥачалиа диижьҭеи иахьа 105 шықәса ҵуеит.

Аеҵәахә агылара

Шәарах диит 1914 шықәса, лаҵарамза 20 рзы, Гәдоуҭа араион, Аацы ақыҭан – уаҟоуп ихәыҷрагьы ахьихигаз. Актиор иқәыԥшра ашықәсқәа ҭәын ашкол аҟны еиҿыркаауаз атеатралтә қәгыларақәеи, иҩызцәеи иареи ашьапылампыл реицасрақәеи рыла. Усҟан азы ухаҿы иузаагомызт, Аацытәи ақыҭаҷкәын адунеи аҟны еицырдыруа, Асовет Еидгыла Жәлар рартистны дҟалоит ҳәа.

Шәарах актиортә мҩа данылеит Аҟәа иҟаз атеатралтә студиа аҟны. Ирҵаҩцәа дыруаӡәкын еицырдыруа аԥсуа милаҭтә кульутра аусзуҩы Кондрат Ӡиӡариа. Анаҩс, Ԥачалиа иҵара иациҵеит Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатр ахь иаҵанакуаз астудиаҿы. Ҳәарада, актиорра илахь ианын уҳәар ҟалоит, инаигӡоз арольқәа зегьы идыршаҳаҭуан абаҩхатәра ду шилаз. Иаԥхьаҟа изыԥшын хыԥхьаӡара рацәала арольқәа – атеатр аҟны еиԥш, акино аҿгьы.

Раԥхьаӡакәны аԥсуа хәаԥшцәа Ԥачалиа асценаҿы дырбеит 1931 шықәсазы: дшыстудент қәыԥшыз инаигӡоит Самсон Ҷанба иқәыргыламҭа «Кьараз» аҿы ихадоу арольқәа руак.

«Сицәыԥхашьон, хәыҷык сицәшәон уҳәаргьы ҟалоит»

Ажәа ҟәандала дыргәалашәоит Шәарах аус ицызуаз, сценак ахь иццәырҵуаз иколлегацәа – усҟан азы актиор қәыԥшцәа, иахьазы – ишьақәгылахьоу актиор ҟазацәа.

Аԥсны Жәлар рартистка, Аҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр асахьаркыратә напхгаҩы Софа Агәмааԥҳа, раԥхьа Шәарах иусумҭақәа лбеит, анаҩс, акыр шықәса рышьҭахь Шәарах ихаҭагьы диабадыруеит.

Иара ихәмарра раԥхьаӡа акәны илбеит данқәыԥшӡаз. Шәарах дызлаз атеатралтә труппа аԥсуа қыҭақәа ирҭаауан, аҭыԥантәи ауааԥсыра аспектакльқәа ддырбон. Дәрыԥшь ақыҭан инхоз Софа Агәмааԥҳа аԥсуа театр актиорцәа рҭаауеит ҳәа нлаҳа, лҩызцәеи лареи иаразнакала ирыӡбоит аспектакль ахәаԥшра.

«Ҳәарада, дазусҭаз здыруан, усҟан Шәарах дыззымдыруаз ҳәа аӡәгьы дыҟамызт! Ихәмарра сыхнахит», – ҳәа гәахәарала илгәалалыршәоит актриса.

Шықәсқәак рышьҭахь Агәмааԥҳа атеатралтә университет дҭалоит, уаҟагьы аҩынтә раан Шәарах дылбоит. Аха реибадырраҵәҟьа аныҟала Софа ауниверситет далганы, аҳхәынҭқарратә театр ахь усура ҳәа данаа ауп.

«Шәарахи сареи даараӡа ирацәаны аспектакльқәа рҿы ҳаицыхәмархьан. Аус ицура даараӡа иманшәалан. Иара акыр дсеиҳабын, сицәыԥхашьон, имӡакәа иуҳәазар, хәыҷыкгьы сицәшәон. Даара илеишәа џьбаран, аха ианаҭаххалак ацхыраара дацәхьаҵуамызт. Зегьы реиҳа сгәалашәараҿы инхеит Уилиам Шекспир иаԥҵамҭала иқәыргылаз аспектакль «Король лир», уаҟа сара иназыгӡон иԥҳа лроль», – ҳәа еиҭалҳәоит Софа Агәмааԥҳа.

Ԥачалиа аԥсуа хәаԥшцәа зегьы реиҳа бзиа ирбоз актиорцәа дыруаӡәкын, иара изы анапеинҟьара иеигӡомызт. Шәарах ирольқәа рҟынтә ахәаԥшцәа зегь реиҳа иргәаԥхоз– Иаго ироль акәын, Шекспир ипиеса «Отелло» аҟны ихадоу аперсонажцәа руаӡәк.

«Шәарах убас дыхәмаруан, иарбанзаалак инаигӡоз ароль ахәаԥшҩы игәаҿы инхон. Ахәаԥшцәа деилыркаауан, игәра ргон», – лҳәоит Софа Агәмааԥҳа.

«Дызлоу аспектакль ахәаԥшразы Асовет Еидгыла атәылақәа рҟынтә ауаа ҳзаауан»

Қарҭтәи атеатралтә институт даналга ашьҭахь, Аԥсуа адраматә театр аҿы аусура далагоит иахьазы еицырдыруа актиор Шьалуа Гыцба.

«Даараӡа ибзианы ҳрыдыркылеит, – игәалашәоит иара. – Усҟан Шәарах Абзагә-иԥа аԥсуа театр акорифеицәа дырхыԥхьаӡалан. Уи амш инаркны иареи сареи есыҽны аимадара ҳабжьан. Аԥсуаа рахьтә актиор ду Шәарах Ԥачалиа заҵәык иакәын Асовет Еидгыла Жәлар рартист ҳәа ахьӡ ҳаракы зыхҵаз».

Гыцбеи Ԥачалиеи еицыхәмаруан Софа Агәмааԥҳа хыхь зыӡбахә лҳәоз аспектакль «Король лир» аҟны. Гыцба иажәақәа рыла, аԥсуа атеатр аҭоурых аҟны уи иреиӷьыз аспектакльқәа ируакын.

«Лымкаала ари аспектакль аҿы Шәарах далыркаауан. Ииашаҵәҟьаны, ироль гениалла инаигӡон. Аспектакль ахәаԥшразы Асовет Еидгыла атәылақәа рыҟнытә ауааԥсыра Аԥсныҟа иаауан, иналукааша атеатралтә критикцәа акьыԥхь аҿы рықәгыларақәа изыркуан, иҟазара иҳаракӡоу ахәшьара арҭон», – еиҭеиҳәоит Гыцба.

Иааизакны, Ԥачалиа асценаҿы инаигӡеит 150 инареиҳаны арольқәа. Асценаҿы ақәгылара адагьы, 1939 шықәса инаркны аспектакльқәа ықәиргылон, убасгьы атеатр азы иҩхьан апиесақәа, иаҳҳәап: «Ачара ду», «Гәында».

1940 шықәсазы ианашьахоит Аԥснытәи АССР Жәлар рартист ҳәа ахьӡ. 15 шықәса рышьҭахь, 1955 шықәсазы дҟалоит Қырҭтәыла Жәлар рартист ҳәа. 1966 шықәсазы Ԥачалиа дхынҳәуеит С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр ахь, 1976 шықәса инаркны 1988 шықәсанӡа уи атеатр хадара азиуан.

Абду, аб, акумир

Шәарах Ԥачалиа лымкаала дылзыҟан имоҭа заҵәы Марица Кәачаа, лара лзы иара абык иеиԥш дыҟан. Иахьазы Марица дынхоит, аусгьы луеит Аҟәа. Лабду иԥсҭазаара даналҵуаз 16 шықәса ракәын илхыҵуаз.

«Абар уажәшьҭа 20 шықәса ҵуеит, аха ахьаа еиқәтәом. Саб иеиԥш дсыԥхьаӡон», – еиҭалҳәоит Марица, лылаӷырӡ лызнымкыло. Лара лажәақәа рыла, лабду есымша дылзыџьбаран, аха даараӡа бзиа дибон. Иагьазгәалҭоит, зегьы рзы илеишәа шыцәгьаз, ихахьы иигоз аҭакԥхықәрагьы шырацәаз атәы.

«Зегь реиҳа бзиа иимбоз – аӡәы изыԥшра акәын. Есышьыжь сандуи иареи аусурахь еиццон. Амашьына аус анаирулак, санду аҩны адәылҵра дадхалар, дныжьны дцаргьы ҟалон. Убас еиԥш дыҟан», – еиҭалҳәоит Марица.

Лара иазгәалҭоит, лабду анамыс змаз, зтеатр бзиа избоз уаҩны дшыҟаз. Иҟалахьан уи зырҵабыргуа ахҭысқәагьы.

«Сан еиҭалҳәалон, Асовет Еидгыла Жәлар рартист ҳәа ахьӡ ҳаракы анихырҵа, Борис Адлеиба (асовет аамҭазы аԥсуа ҳәынҭқарратә апартиатә усзуҩы, 1978-1989 шықәсқәа рзы Қырҭтәылатәи акоммунистә партиа Аԥсуа обком актәи амаӡаныҟәгаҩ – аред.) имҩаԥигеит сабду иԥылара, уаҟа иагьиеиҳәеит Аҟәа ауаҭах ҳамҭас ишиҭахо атәы. Сабду уи мап ацәикит, ҵаҵӷәысгьы иаирбеит аҩни амашьынеи шимоу, инацҵангьы иазгәеиҭеит, атеатр аҿы зхатә уаҭахқәа змам актиорцәа шырацәоу», –еиҭалҳәоит амоҭа.

Марица лажәақәа рыла, еицырдыруа артист имоҭас аҟазаара гәахәара дуӡӡоуп.

«Испектакльқәа рахь сныҟәон. Даараӡа бзиа дызбон. Сара сзы дкумирын. Насгьы, артист имоҭас аҟазаара абзиарақәагьы иацу рацәоуп: ҳаҩны есымша асасцәа рацәан. Шәхаҿы иаажәга, хыԥхьаӡара рацәала актиорцәа столк ианахатәоу… Иахьагьы исгәалашәоит урҭ аиқәшәарақәа», – еиҭалҳәоит Кәачаа.

Атеатралтә кружоки аҩнытәи ақәыргыламҭақәеи

Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь, Шәарах Ԥачалиа Тҟәарчал атеатралтә кружок еиҿикаауеит.

«Ҳәарада, уи агәыԥ иалахәыз зегьы апрофессионалтә актиорцәа ракәымызт, аха асцена гәыла иазнеиуан. Аибашьра ашьҭахьтәи Тҟәарчал азы атеатралтә гәыԥ ацәырҵра – хҭыс дуун. Ауааԥсыра аспектакльқәа рахь иныҟәон, уажәгьы Тҟәарчал «ажәытә нхацәа» иргәалашәоит урҭ аамҭақәа. Уи атеатр иахьагьы аус ауеит», – еиҭалҳәоит Марица.

Марица Кәачаа лабду ишьҭала дымцаӡеит, аха даныхәыҷыз «актиортә баҩхатәра» аалырԥшуан. Ус лабду иҳәалон.

«Уи аибашьра (Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра – аред.) анеилгаҵәҟьа акәын. Сабду иҩызцәа сасра ианымҩахыҵуаз, ирзықәсыргылон аспектакль хәыҷқәа. Есымша сабду дсырлахҿыхлар сҭахын», – ҳәа еиҭалҳәоит Марица, еиҭахгьы илгәаларшәо лабду иқьиареи илеишәа аџьбарареи.

«Сан илгәалашәалон, лаб лассы-лассы агастрольқәа рахь дышцалозгьы, есымша илаԥш шылхыз – дахьцо-дахьаауа зегьы дшазҵаауаз. Амала сара сзы еиҳа дҟәымшәышәын», – ҳәа дԥышәырччоит Марица.

Иџьбараз, абаҩхатәра ду, аламыси, ауаҩреи злаз Шәарах Ԥачалиа ухаҿы дааугарц азы иуҳәаша аепитетқәа рацәаӡоуп. Шәарах Ԥачалиа – аҟазареи ахӡырымгареи дырҿырԥшыгоуп. Иара иаҳзынижьит акы иуцәаламҩашьо аԥсуа театри акинои рдунеи.