Аспорт
Зхы иақәиҭу аиқәԥара аклуб «Абаза» 10 шықәса ахыҵра иазкыз аконференциа мҩаԥысит Афон ҿыц.
Аԥсуа-абаза милаҭ рыҿиара иацхраауа жәларбжьаратәи аилазаара «Алашара» еиҿнакааз VII-тәи Абаза жәлар рыхәмаррақәа мҩаԥысит Ҟарачы-Черқьессиатәи ареспубликаҿы.
Зхы иақәиҭу аиқәԥара аклуб «Абаза» ааӡамҭа Денис Қәаранӡиа Санкт-Петербург ахәыҷқәа азыҟаиҵо далагеит.
Ҟарачы-Черқьестәыла, Аԥсуа ақыҭаҿы аҽырҩырҭа ҿыц аадыртит. Ари ахҭыс инамаданы имҩаԥысыз аҽырыҩраҿы аиааира агеит Аԥснытәи аҽыҩ.
Урыстәылатәи ашьапылампылтә клуб «Зенит» ахәыҷқәеи-ақәыԥшцәеи ракадемиа ахәмарцәа ҩымчыбжь раахыс Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон. Урҭ лҵшәақәас ироуз атәы АААК аинфопортал иазеиҭарҳәеит «Зенитаа» разыҟаҵаҩи аспортсменцәа рхаҭақәеи.
Аԥсны иаадыртит «Ашьапылампылтә клуб «Зенит» Академиа» афилиал – ари Санкт-Петербург иҟоу, ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ахьазыҟарҵо аолимпиатә хәмаррақәа ррезервтә школуп.
Аҟәа имҩаԥысит есышықәсатәи апремиа «Ашықәсан иреиӷьу асахьаҭыхҩы» анашьара.
Аԥсуа қәԥаҩцәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит Урыстәыла аҩадахьтәи аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысуаз атурнир аҿы.
Черқьесск иҟоу ИАЕ «Алашара» аҟәша анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ, зхы иақәиҭу аиқәԥара азыҟаҵаҩ Расул Чыкәа даиааит Урыстәылатәи Афедерациа аспорт аминистрра иаԥнаҵаз Амилаҭтә премиа.
Ҩымш рыбжьара, жьҭаара 16-17 рзы Гәдоуҭа имҩаԥысуан зхы иақәиҭу аиқәԥаразы есышықәсатәи жәларбжьаратәи атурнир, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихраҿа агаразы.