Амениу
20 Мшаԥы 2024
04:53
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
23.08.2022 15:52
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Анацәеи абацәеи рыклуб аҟны зылшарақәа ԥку ауаа рыпроблемақәа ирылацәажәеит

АААК анацәеи абацәеи рыклуб аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рҭаацәарақәеи, аекспертцәеи, асасцәеи еицахәаԥшит адырраҭара "Анацәеи абацәеи" аҭыжьымҭақәа руак, згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рааӡара иазкыз. Аилацәажәара рхы аладырхәит: Акультуратә-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор, Ахәыҷы изинқәа рынагӡаразы аҭакԥхықәра зду Мактина Џьынџьалԥҳа, зхәыҷқәа ргәабзиара уашәшәыроу Оксана Лакрԥҳаи Ронеза Ԥациеи, агәыҳалалратә центр "Ҳара ҳаицуп" адиректор Милана Аџьԥҳа, асоциалтә программа WV аҳәаақәҵаҩ Рита Басариа.
Аиԥылара алахәцәа инарҭбааны иазааҭгылеит адырраҭараҿы ицәыргаз атема, анацәеи абацәеи ргәы иҵхо азҵаарақәа рҭак ҟарҵартә еиԥш, иара убас ахәыҷқәа ргәабзиара иазкны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны аекспертцәа ргәаанагара иазыӡырҩит. Адырраҭара "Анацәеи абацәеи" ҭыҵуеит ООН (ИУНИСЕФ) Ахәыҷтәы фонди Евроеидгылеи рыцхыраарала.

0
Ахҳәаа ыҟам