Амениу
28 Мшаԥы 2024
08:42
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
30.09.2022 22:39
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аԥсуа милаҭ хәмаррақәа рзы атурнир «Ахьышьҭра» мҩаԥысит Аҟәа АААК ацхыраарала

Аԥсуа милаҭ спорттә хәмаррақәа рзы атурнир раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит Аҟәа. Ари ахҭыс Аԥсны аҳҭнықалақь ахы ақәиҭтәра 29 шықәса ахыҵра иазкын. Ахәмаррақәа ирылахәын агәыԥқәа ԥшьба: ақыҭақәа Дәрыԥшь, Џьгьарда, Ҷлоу, нас Аҟәа ақалақьи рҟынтә 14-16 шықәса зхыҵуа ашколхәыҷқәа рыла ишьақәгылаз. Дара еиндаҭлон ахәмаррақәа хԥа рҟны: «Аимҵакьачара» (ампыласра – азгәаҭа), «Ахылԥахас», «Акьыброу» (аҵәы хәмарра – азгәаҭа).

https://abaza.org/abk/914

0
Ахҳәаа ыҟам