Амениу
27 Ԥхынгәы 2024
04:31
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
23.10.2023 18:16
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААКи раԥхьаӡатәи Аҿар ринклиузивтә еиҿкаареи Анрик Цкәуа игәазыҳәара нарыгӡеит

Иҳаҩсыз ашықәс рашәарамзазы Анрик Цкәуа далахәын Владикавказ имҩаԥысуаз Урыстәылазегьтәи аҿар ринклиузивтә арҵаратә форум "Ҳәаада". Усҟан арԥыс "Инва-тур" захьӡу ихатә проект цәыригеит, инагӡаны зхы иамыхәо ауаа рзы Аԥсны аныҟәарақәа реиҿкаара иазкны. Анрик ипроект ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит. Ари агәҭакы аԥсҭазаара аларҵәараҿы ацхыраара ҟарҵеит раԥхьатәи Аҿар ринклиузивтә еиҿкаара ахаҭарнак рада Ҳалуашьԥҳаи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси, иара убас зхатә гәаԥхарала ахәыҷқәа рныҟәараҿы ирыцыз аҿарацәеи. Анрик Цкәуеи Иана Ԥлиаԥҳаи аныҟәара мҩаԥыргон, изҭаауаз аҭыԥқәа рҭоурыхқәа еиҭарҳәон. Афонҿыцтәи аберҭыԥ, аӡхыҽҽа, аихамҩатә станциа "Ԥсырӡха", амшынҟызқәа зҭоу аӡмыжь уҳәа ирҭааны ирбеит, ргәы иҭымҵәо агәалашәарақәа роуит. Ахәылбыҽха аныҟәара иалахәыз зегьы какалк дыркын АААК ахарџь ала.

0
Ахҳәаа ыҟам