Амениу
9 Лаҵара 2024
19:15
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
03.03.2024 13:45
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК ахәаҧшҩы қәыҧш игәазыҳәара нанагӡеит 

Аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцуразы АААК аҟәша еиҿнакааит арасаӡыхьтәи абжьаратә школ №2 аҵаҩцәа С. Ҷанба ихьӡ зху адраматә театр раҭаара. Уи аҧхьаҟа, ахьыҷқәа алахәын аҳҭнықалақь акультура-ҭоурыхтә ҭыҧқәа рҭаара алшара рзаҧызҵаз апроект "Аимадара". Аныҟәараан ахәыҷқәа Аконгресс аҟәша аусзуҩцәа ирзеиҭарҳәеит ргәазыҳәарақәа рахь ишаҵанакуа аҧсуа драматә театр аҭаара. Дук хара имгакәа гәалаҟазаарала иҭәыз ахәыҷқәа еиҭа аҳҭнықалақь ахь иааргеит. 25-ҩык арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи мҩахыҵит "Иареи лареи" зыхьӡыз, аҧсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа 150 шықәса аихыҵра иазкыз аспектакль ахь. Ақәыргыламҭаҿы иалахәын Аҧсны зҽаҧсазтәыз артистцәа Виолетта Маанҧҳаи Кьасоу Ҳагбеи. Режиссиорс даман Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Мадина Аргәынҧҳа. Ақәыргыламҭа шьаҭас иамоуп Гәлиа иҩымҭа "Арҧызбеи аҧҳәызбеи рысаламшәҟәы".

Ахәыҷқәа рыҧсы ӡаны асценаҿы имҩаҧысуаз иахәаҧшуан, активла актерцәа рнапы рзеинырҟьон, афырхацәа рыхәмарра цәанырра ҵаулала ирыдыркылон. Ахәыҷқәа аспектакль ашьҭахьгьы ирбаз аҵакы аиҭаҳәара иаҟәыҵуамызт. Ҩашьарада, ари ахәашатәи ахәылҧаз кыраамҭа игәныркылоит.

0
Ахҳәаа ыҟам