Лента событий ВААК
  Вернуться к ленте
17.10.2025 19:48
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
«Ирӡтәым»: Аҟәатәи абжьаратә школ № 5 аҵаҩцәа рзы имҩаҧыргеит аҧсуа маҭәа иазкыз алекциа
АААК агәыҧи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҧсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Инна Џьугелиаҧҳаи апроект «Ирӡтәым» аҳәаақәа ирҭагӡаны иацырҵоит арккаратә лекциақәа. Уажәазы ашколхәыҷқәа рҿаҧхьа дықәгылеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи Аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабы Инга Шамҧҳа.
Аиҧылараҿы иалацәажәеит аҧсуа маҭәа. Шамҧҳа еиҭалҳәеит амилаҭтә маҭәа злашьақәгылоу, изладырҧшӡо аџьоуҳарқәа, урҭ рҵакы уҳәа.
Алекциақәа ирзыӡырҩуаз иаҳа игәныркыларц азы, Шамҧҳа ашколхәыҷқәа ирызналгеит амузеитә експонатқәа. Аҵаҩцәа ажәытә аҧсуа маҭәа ҭырҵааит, излашьақәгылоу ахәҭақәа рбеит.
Аиҧылара мҩаҧысит активтә диалог аформат ала. Аҵаҩцәа азҵаарақәа ҟарҵон, аҵыхәтәаны ирҳәеит аҳәынҭқарратә музеи аҭаара шыргәиҭоу.
0
Ахҳәаа ыҟам