Амениу
25 Мшаԥы 2024
03:11
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
28.07.2022 14:56
Черқьесск, Ҟарачы-Черқьестәыла

Акзаареи аиашьареи рныҳәа: ҞЧА имҩаԥысыз Абаза жәлар VII рыхәмаррақәа ргәы иҭҵәом ирылахәыз

"Анцәа иныс, аиԥырҵра шаҳҭахым", - иҳәеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак Мусса Егзакь ҞЧА имҩаԥысыз Абаза жәлар VII рыхәмаррақәа ирылахәыз абзиараз ҳәа раҳәо.

Аишьцәеи аиҳәшьцәеи реибарбара хықәкыс измаз акультуреи аспорти рныҳәа иалахәыз зегьы ишырҳәаз ала, доусы рыҩныҟақәа иахьцо ргәы ԥхаррала иҭәны ицоит, ирбаз-ираҳаз ргәы иҭымҵәо. Араҟа дара идырҳаит аҩызцәа, ақәлацәа ҿыцқәа, зхәыцрақәа еиԥшу, зыгәҭыхақәа еиқәҿызҭуа, ҳажәлар рԥеиԥш лаша иеигәыӷуа.

0
Ахҳәаа ыҟам