Амениу
25 Мшаԥы 2024
23:52
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    18 Лаҵара 2022
18.05.2022 23:35
Очамчыра, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Очамчыратәи ашкол-интернат асахьаҭыхратә секциа иалоу ахәыҷқәа афильм "Аԥсуашәа" ддырбеит

Апроект "Амазара" аҳәаақәа ирҭагӡаны, арежиссиор Мадина Аргәын лфильм "Аԥсуашәа" ддырбеит. Очамчыратәи ашкол-интернат аҟны асахьаҭыхратә секциа иалоу ахәыҷқәа.

Ахәаԥшцәа қәыԥшқәа афильм анынҵәа ашьҭахь уи ирнаҭаз агәалаҟара сахьала иаадырԥшит: иҭырхуан ашәақәа ирылаз афырхацәа, урҭ зыниоз ахҭысқәа. Ахәыҷқәа русумҭақәа цәыргахоит Очамчыра лаҵарамза 26 рзы. Абри аидеиа аԥсҭазаара аларҵәаразы Очамчыратәи ашкол-интернат иҭоу рзы алекциагьы иаԥхьан, аԥсуа жәлар рашәакәа рҭоурых еиҳа инарҭбааны игәныркыларц азы. 

Ари акциа иацҵауа афильм дырбахоит Пицунда иҟоу аҿыханцатә студиа еиднакыло ахәыҷқәагьы, уаҟагьы анаҩс асахьақәа рцәыргақәҵа еиҿкаахоит лаҵарамза 27 рзы. 

Акциа хыркәшахоит иреиӷьу аусумҭақәа Аҟәа рцәыргарала, уи азԥхьагәаҭоуп рашәарамза 1 азы, Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш инақәыршәаны.

0