Амениу
15 Рашәара 2024
23:12
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    20 Лаҵара 2024
20.05.2024 17:44
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Алекциа-аекскурсиа: Калдахәаратәи ашколхәыҷқәа апроект «Ирӡтәым» аҟны

АААКи ААУ аҧсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Инна Џьугьелиаҧҳаи еицымҩаҧырго апроект «Ирӡтәым» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧган изаамҭанытәиу алекциа.

Уажәазы алекциақәа рформат маҷк иҧсахын. Алекциа азкын жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш, насгьы ихарҭәаан аҳҭнықалақь амузеи хадақәа рахь аекскурсиа амҩаҧгарала. Калдахәаратәи ашкол-интернат аҵаҩцәа аҭааит аетнографиа иазку Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи. Уаҟа амузеи аусзуҩы Есма Кәыҵниаҧҳа ирзымҩаҧылгеит даара аинтерес зҵаз аекскурсиа. Ахәыҷқәа иддырдырит ртәыла ажәытәи аҿатәи рҭоурых.

Ари амузеи – аинтерес ду зҵоу Аҟәа аблахкыгарҭақәа ируакуп. Иара убасгьы ахәыҷқәа мҩахыҵит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи ахь. Аекскурсиа иалахәыз ашколхәыҷқәа ирбеит 1992-1993 шш. Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аетап хадақәа зныҧшуа азалқәа.

Аҳҭнықалақь асасцәа аҭоурыхи акультуреи иргәылаҧшит, ирбаз-ираҳаз наунагӡа ргәалашәараҿы иаанхартә еиҧш агәаҳәара рнаҭеит.

0
20.05.2024 16:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Амузыкатә мастер-класс мҩаҧысит Цандрыҧшь.

АААКи амузыкант Абзагә Марыхәбеи Н.З. Багаҭелиа ихьӡ зху Цандрыҧшьтәи абжьаратә школ N2 аҵаҩцәа рзы еицымҩаҧыргеит амузыкатә мастер-класс. 

Излацәажәоз атемақәа рыҟнытә ихадан ашколхәыҷқәа бзиа ирбо аҧсуашәақәа. Иара убасгьы, Марыхәба ашколхәыҷқәа ирзеиҭеиҳәеит аранжировка аиқәыршәаразы иҟоу апрограммақәа, ирымеидеит амузыкатә индустриа иадҳәалоу идыррақәа. Ахәыҷқәа лахҿыхрала, ргәы алаҟаны адискуссиа рхы аладырхәит, бзиа ирбоз ашәақәа еицырҳәеит, иара убасгьы игәцаракны ирзыӡырҩит асас иажәабжьқәа. Амастер-класс аныхдыркәша ашьҭахь ахәыҷқәа иалырхит азҟазаратә аранжировка ацҵаны еицырҳәаз ашәа.

АААК амузыкатә проект мҩаҧысуеит Аҧсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы амастер-классқәа реиҿкаара аформат ала.

0