Лента событий ВААК
АААК имҩаҧнагеит алагаратә арратә ҽазыҟаҵара иазку аинтенсив Мгәыӡырхәатәи ашколхәыҷқәа рзы.
Аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцура иазку АААК аҟәша имҩаҧнагеит алагаратә арратә ҽазыҟаҵара иазку аинтенсив Мгәыӡырхәатәи ашколхәыҷқәа рзы.
Аҵаҩцәа ирзеиҿыркааит архәҭаҟны аекскурсиа. Анаҩс ашколхәыҷқәеи аиҿкааҩцәеи «Аҧсуа хысратә клуб» ахь имҩахыҵит. Уаҟа абџьар ахархәашьа рзеиҭарҳәеит, анаҩс азыҟаҵаҩцәа адгаланы иддырбеит абџьар ахархәашьа, ииашаны агылашьа, акылҧшшьа, абџьар акышьа, ахысшьа.
Алагаратә арратә ҽазыҟаҵара иазку АААК апроект мҩаҧысуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрреи «Аҧсуа хысратә клуби» рыцхыраарала.
«Гәыкала». Екатерина Бебиаҧҳа
Апроект «Гәыкала» анаҩстәи асас - ажурналист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор Екатерина Бебиаҧҳа.
Раҧхьатәи ашьаҿақәа инадыркны «Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лхырҵаанӡа лзанааҭ гәакьеи, х-тәылак рыҟны иҵәаху ауникалтә архиви, аибашьраантәи аҭоурыхқәеи, АААК аҟны аус зуа Аҳәса рхеилак аусуреи ирызкны шәахәаҧш иазҳархиаз аинтервиу.