Лента событий ВААК
29 January 2025
29.01.2025 12:50
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
Згәы еисуа аҟазара. Амҿлых
Ҟазарак аҳасаб ала амҿы аус адулара Аҧсны абзазаратә ҧсҭазаара иузаҟәымҭхуа иадҳәалан. Уи иалырхуаз даара ирацәан: анхарҭатә ргыламҭақәа, аҩнымаҭәа, абзазаратә маҭәарқәа, аџьатә маругақәа, аиҭанаиааигақәа - аҧсуа еснагь абна дадҳәалан.
Ҳаамҭазтәи анапҟазацәа амилаҭтә ҵасқәа ишрыцырҵо, аҧсуаа рыҩны азааигәара изҳауаз аҵлақәа зҧырымҟоз, амҿымаҭәахә аус адуланы, еиуеиҧшым амаҭәар шьарқәа шалырхуа - абарҭқәеи егьырҭ азҵаарақәеи ҳрылацәажәоит «Зыҧсы ҭоу аҟазара» изаамҭанытәиу аҭыжьымҭаҿы.15:10
0