Лента событий ВААК
АААК аофис аҿы имҩаҧысит Иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара «Асоциалтә аҧшьгарақәа рзы ауаажәларратә центр» аус ацура иазкыз абрифинг.
АААК аофис аҿы имҩаҧысит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси Ростовтәи атәылаҿацә ақалақь Каменск-Шахтинскии аҟнытә Иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара «Асоциалтә аҧшьгарақәа рзы ауаажәларратә центри» русеицура иазкыз абрифинг. Аусеицура мҩаҧысуан Урыстәылатәи Афедерациа атәыла Ахада игрантқәа Рфонд аицлабра аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Апоект «Икоммерциатәым аиҿкаара аизҳарҭа: Аҧсны» ҳасабтә хадас иамоуп Гал араион Шьашьикәара ақыҭа, Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭа, Очамчыра араион Ҧақәашь ақыҭа, Тҟәарчал араион Уақәым ақыҭа рыҟны ашколқәа рыкәша-мыкәша ауаажәларратә ҭыҧқәа реиҿкааразы аҭагылазаашьа аҧҵара. Зыӡбахә ҳәоу ашколқәа рҭеиҭыҧш дырҽеит, ирзаархәеит аҩнымаҭәеи атехникеи (аноутбук, апроектор, аекран, аҟәардәқәа уҳәа иҵ. аиҿкааратә техника).
Иара убасгьы ашколқәа рҿы имҩаҧысраны иҟоуп «Асоциалтә проектҟаҵара» иазку атренингқәа. Урҭ ирылҵшәаны, иалыркаауеит атренингқәа раан еиқәдыршәараны иҟоу аҿар раҧшьгамҭақәа ҧшьба.
Аҧшьгарақәа ацхыраара рыҭаразы иаархәоит апроект алыршаран иаҭаху зегьы, ирыҵарҳәоит аиҿкаараҿы ирыгхо.