Лента событий ВААК
24 Абҵара 2025
24.11.2025 12:36
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
Зыҧсы ҭоу аҟазара. Ажьицәа рфестиваль.
Амца, аметалл, ашәышықәсақәа иргәылгоу аҵасқәа – Аҟәатәи абаагәараҿы ҩымш рыҩнуҵаҟа имҩаҧысит ажьицәа рфестиваль. Асасцәа амастер-классқәеи алекциақәеи, абџьартә цәыргақәҵақәеи ирҭааит. Иҷыдоу аинтерес цәырнагеит заатәи абжьарашәышықәса иаҵанакуа ахысҩы иҭеиҭҧш. Уи асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа авторс дамоуп.
«Зыҧсы ҭоу аҟазара» аҭыжьымҭа ҿыц аҿы ҳара афестиваль ҳаҭаауеит, ишәҳарбоит абџьар «шиуа» - ажьаҳәала актәи акшара инаркны, аҵыхәтәантәи аҟынӡа.
0