Еицырдыруа аԥсуа ҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ Валериан Кәабахьиа 2019 шықәсазы 90 шықәса ихыҵуазаарын. Ари арыцхә иадҳәаланы АААК аинфопортал иазнархиеит иара иԥсҭазаара иазку аочерк.

Арифа Қапԥҳа

Валериан Кәабахьиа диит 1929 шықәса, лаҵарамза 15 рзы Лыхны ақыҭан. Хәышықәса раҟара анихыҵуаз иаб диԥхеит, аха ихылҵшьҭра аҭоурых Кәабахьиаа ибзиаӡаны идыруан.

Зыԥсадгьыл ахь ихынҳәқәаз

Валериан иаб иԥсҭазаара мариамызт, аԥсуаа аӡәырҩы реиԥш, XIX ашәышықәсазы иԥсадгьыл дахган.

Валериан иҷкәын Беслан Кәабахьиа, аҭаацәаратә ҭоурых бзианы издыруа, еиҭеиҳәоит: «Сабду Османи ԥшьҩык иашьцәеи Ҭырқәтәылаҟа иахыган. Урҭ рыҟнытә зыԥсадгьыл ашҟа ахынҳәра зылшаз сабду заҵәык иоуп. Хынтә иақәикхьан Аԥсныҟа ахынҳәра, аха уи ус имариамызт. Раԥхьа аҽқәа ирықәҭәаны, анаҩс, рыхәҩык [иҩызцәеи иареи] аӷба иақәтәаны ақалақь Одесса аҟынӡа инеит, уаҟа ауааԥсыра ирызҵаауан Аԥсныҟа излацаша ҳәа амҩа».

Амҩа еилкааны, амшын аҟәара иаваршәны Аԥснҟа рхы дырхеит. Шықәсыбжак аҟара амҩа иқәын: аӡәы дычмазаҩхеит, даҽаӡәы уаҳа аныҟәара илшомызт, аха еицхыраауан, аӡәгьы дныжьны имцеит. Убас ала, зегьы рыԥсқәа еиқәханы Аԥсныҟа ихынҳәит.

«Издыруеит ,уи аныҟәара атәы далацәажәо, сабду аурысцәа рзы ус шиҳәалоз: «аурысцәа раҳ дҽеим, аха дара бзиақәоуп» ҳәа. Уигьы еилкаауп: шықәсыбжак амҩа иқәын, абызшәагьы рыздыруамызт, аха амҩан ирԥылоз аҭыԥантәи ауааԥсыра рыцхраауан, убас рыҩныҟа ихынҳәит», – ҳәа еиҭеиҳәоит Беслан Кәабахьиа.

Осман Кәабахьиа хынтә аҭаацәара аԥиҵахьан, иҳәсақәа зегьы рҟынтә ахшара иоуит. Валериан дналаҵаны, иани иаби ирыман ааҩык ахшаара. Осман 63 шықәса ихыҵуан, ахынтә раан аԥҳәыс данааигоз, уи Валериан дызхылҵыз иан – Мака Хьециаԥҳа лакәын. Осман иԥшәмаԥҳәыс лани лаби Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәқәаз иреиуан. Мака лхаҭа диит Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа ахҵәацәа згоз аӷбаҿы: лан ахшараиура дахыԥсааит, аамҭа кьаҿк ашьҭахь лабгьы идунеи иԥсахуеит. Аӡӷаб хәыҷы лашьцәа роуп дзааӡаз.

Осман Кәабахьиеи Мака Хьециеи рхәыҷқәа шысабицәаз иԥсқәазгьы ыҟан. Валериан ҩыџьа иашьцәа еиҳабацәа – Аруҭани Мхази – Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду афронт аҟнытә изымхынҳәит.

Аҵареи акариериеи

1944 шықәсазы Валериан Осман-иԥа Кәабахьиа дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа, анаҩс уи Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт ҳәа ишьаҭанкылан. Валериан далгоит аурыс бызшәеи алитературеи рфакультет. Аинститут ашьҭахь, аусура далагоит Лыхнытәи абжьаратә школ аҿы рҵаҩыс, уаҟа аус иуан ҩышықәса раҟара, ашьҭахь – дааԥхьан акомсомолтә усурахь. 1953 шықәсазы дҟалоит Гәдоуҭатәи акомсомол араиком аҿы аҩбатәи, анаҩс – актәи амаӡаныҟәгаҩс.

Валериан Кәабахьиа апартиаҿы икариера лассы иҿион. 1962 шықәсазы дҟалоит Гәдоуҭатәи акомсомол араиком актәи амаӡаныҟәгаҩс, 1965 шықәсазы – апартиа Аԥснытәи обком актәи амаӡаныҟәгаҩс.

«Ари аҭыԥ ааникылон жәашықәса, – ҳәа еиҭеиҳәоит аполитолог, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Константин Думаа, Кәабахьиа апартиаҟны иусура атәы бзианы издыруаз. – Раԥхьаӡа иргыланы, аԥыза ахәшьара ирҭоит иҭакԥхықәрақәа шынаигӡоз азгәаҭаны, насгьы ауаа реидкылараҿы илшамҭақәа рыла. Абри зегьы Валериан Осман-иԥа қәҿиарала инаигӡон».

Валериан Кәабахьа апартиа обком напхгара анаиҭоз, Аԥсны аекономикеи, аҵараҵареи, акультуреи рҟны аихьӡарақәа аман. Константин Думаа, Кәабахьиа диҿирԥшуеит «Аԥсны аӷба амҩа иашала иназгоз» акаԥдан, уи аамҭазгьы аҵарауаҩ иазгәеиҭоит, Валериан Осман-иԥа зҟазшьа џьбараз напхгаҩны дшыҟаз, инапҵаҟа аус зуаз рдисциплинеи, рҭакԥхықәрақәа рынагӡареи дшацклаԥшуаз. Кварталцыԥхьаӡа дырзыӡырыҩуан аҳасабырбақәа, аиҳабыра ҭыԥқәа нызкылоз ирыдиҵоз ауалԥшьақәа рацәан. Зҭакԥхықәрақәа рынагӡара злымшоз – ахьирхәуан, русураҟнытә рхы ианақәиҭитәуазгьы ыҟан.

Ишьахәу азанааҭ змоу

Ус шакәызгьы, аусқәа мариамызт. Кәабахьиа активла аҳәынҭқарратә усура инапы шалакыз, еиҳаракгьы 1972 шықәса ашьҭахь, Қарҭ аиҳабырахь Едуард Шеварднаӡе днеиуеит. Уи инаркны, Валериан Осман-иԥа иоуеит аӷацәа – Қарҭ аҿаԥхьа рхы бзианы иаадырԥшырц азы, иара иҭыԥ аҟнытә иқәгара иашьҭаз.

«Қарҭтәи арежим аԥсуаа рҿы анационализм рыԥшаарц иашьҭан, – иазгәеиҭоит Константин Думаа. – Зегьы рыхә ршьон Қарҭ разыҟазаашьа азгәаҭаны. Уи аҩыза аҭагылазаашьа еиҳагьы аҽарӷәӷәеит Шеварднаӡе иаамҭақәа рзы. Иара арахь иааишьҭуеит хыԥхьаӡара рацәала ақырҭқәа, аиҳабыра ҭыԥқәа ааныркылац: амилициа аиҳабы дақырҭуан, аҩбатәи маӡаныҟәгаҩыс Валериан Осман-иԥа иаан иҟаз дақырҭуан – Сақварелиӡе. Еиҳараҩык ақырҭуа кадрқәа аԥсуаа рышьклаԥшреи ацәгьаҳәареи акәын изызкыз».

Убасҟантәи аамҭақәа рзоуп Қарҭ лоиалла иазыҟазамыз Валериан Кәабахьиа иҭыԥ аҟнытә иқәгаразы аԥшьгарақәа напы анаддыркы. Ҽнак, Шеварднаӡе Аԥсны даҭааит, апартиатә актив реизара амҩаԥгаразы. Аизараҿы убри аҟнынӡа инеит, ҩыџьа аԥсацәа рықәгыларақәа рҿы Кәабахьиа ахьӡ бааԥсы иҭара рҽазыркит.

«Аӡәы ус иҳәеит, Кәабахьиа аколнхара даҿагылоит ҳәа, даҽацәы – аӡиас Егры хыҵшьа змам аҳәаа еиҿикааит ҳәа. Аҵыхәтәантәи инацҵангьы иазгәеиҭеит, Валериан Осман-иԥа ари аҩыза ихымҩаԥгашьа хықәкыс ишамоу инационализмреи, ихатә гәаԥхарала ақырҭқәа Аԥсныҟа рынамышьҭра шилшои атәы Шеварднаӡе иирбарц шакәу. Арҭ аҩыџьа рышьҭахь Кәабахьиа ихаҭа дықәгылеит, уи акәхеит, зегьы ажәак аарыхәламшәо, ҿымҭкәа рҭыԥқәа рҿы иаатәеит», – еиҭеиҳәоит Думаа.

Агәаҭарақәа рацәахеит, Валериан Кәабахьиа изкны ацәгьаҳәара иалагеит, аха ус шакәызгьы, иҭыԥ иамхра рылымшеит. Уи еилкааны, Шеварднаӡе иӡбоит Кәабахьиа Қарҭҟа ииагара, министрс иҟаҵара.

«Саб уи аҩыза ааԥхьара лакҩакрада мап ацәикит, – игәалашәоит Беслан Кәабахьиа. – Уи заҳаз Шеварднаӡе Кәабахьиа диазҵаауеит, анаҩс иҽыззикып ҳәа игәы иҭоузеи ҳәа. Азанааҭ бзиа сымоуп, сырҵаҩуп, иаҭаххаргьы аԥсуа школк ахь усура сцоит ҳәа аҭак ҟаиҵоит Валериан Осман-иԥа.

Акы иацәымшәоз, зегьы пату зқәырҵоз

Константин Думаа инаҵшьны иазгәеиҭоит, Валериан Кәабахьиеи, уи иҭыԥ аҟны дзыԥсахыз Борис Адлеибеи, ажәлар рыбжьара даараӡа пату шрықәыз, иара убасгьы, азҵаара змаз зегьы дара рҟыныӡа хаҭала анеира шрылшоз.

«Сара схаан арҭ аҩыџьа зегь реиҳа пату зқәыз уаан. Валериан Осман-иԥеи Борис Виктор-иԥеи џьара еизарак аҟны еицны ианнеиуаз, ажәлар урҭ ирыкәшаны, гәахәарала ирацәажәон», – еиҭеиҳәоит Думаа.

Иҟан аԥсуаа, харада ашьауӷа рықәҵаны Қарҭ абахҭақәа ирҭакны идыргәаҟәуаз, Валериан Осман-иԥа еиуеиԥшым ацәгьоурақәа ҟаиҵеит ҳәа ддырҳәарц азы. Урҭ рахьтә ирацәаҩын Кәабахьиа пату иқәызҵоз, агәаҟрақәа зегьы чҳаны, амц аршаҳаҭра мап ацәызкуаз. Убарҭ ируаӡәкуп Леонти Кәаранӡиеи Григори Ашьхаруеи.

«Дыԥшӡан, иоура-иҭбаара ыҟан, ачҳареи агәымшәареи илан, ауаа рҿы ацәажәашьеи ахымҩаԥгашьеи бзиаӡаны идыруан, деиқәтәа-еиқәгыла дыҟан, ахаан дгәамҵны уаҩы димбацызт, егьараан лахь ширҭахьазгьы», – ҳәа игәалаиршәоит Думаа.

1975 шықәсазы Валериан Кәабахьиа далырхит Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет апрезидиум амаӡаныҟәгаҩыс, анаҩс – апрезидиум ахантәаҩыс. Убарҭ аамҭақәа рзы Валериан Кәабахьиа иаԥшьгарала Иреиҳаӡоу Асовет апрезидиум аҟны раԥхьаӡа акәны иаартын аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа аус рыцуразы аҟәша. Ари иуникалтәыз хҭысын, избан акәзар, уаанӡа асоветтә система амчраҿы аиԥш зеиԥшыз аҟәшақәа ҟамлацызт.

«Саб ахаан амаҵура ҭыԥ иҽахьынирҳаломызт, аиҳабыраҿы инеира зыбзоуроу уи иҽазҵәылхны дашьҭан ҳәа акәӡам, аҭагылазаашьа ус ишьақәгылеит азоуп», – ҳәа азгәеиҭоит иԥа, иагьациҵоит Валериан Кәабахьиа рацәак дымлакҩаккәа имаҵура ҭыԥ шаанижьыз аамҭа ҿыц шааиз анеиликаа, аҿарацәа амҩа рыҭатәуп ҳәа ԥхьаӡаны.

«Акызаҵәык, Асовет Еидгыла аилаҳара маҷӡак шагыз лассы-лассы Москваҟа дцалон, аидгылатә еиқәшаҳаҭра ҿыц анапаҵаҩра иҭахын, аха хара имгакәа ахҭысқәа зынӡа

даҽакала иааҳәит, апутч ҟалеит (1991 шықәса, нанҳәа 18-21 рзы Москва иконституциатәым мҩала амчра ган – аред.). уи аамышьҭахь еилкаахеит аидгылатә еиқәшаҳаҭра адкылара ҳәа акгьы шыҟамло, убри азыҳәан саб лакҩакрада имаҵура аанижьын, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы иҭыԥ Владислав Григори-иԥа Арӡынба ииҭеит», – ҳәа ҳаилиркааит Беслан Кәабахьиа.

«Саб дыҟоуп, дсырԥхашьар ҟалаӡом»

Валериан Кәабахьиа аамҭа ҭацәык аниоуаз ҿыц иҭыҵуаз аԥсуа литература аԥхьара бзиа ибон, еиҳаракгьы ажәеинраалақәа, лассы-лассы диԥхьон Баграт Шьынқәба, урҭ аҩыџьагь еиҩызцәан.

«Иара злеишәа џьбараз уаҩын, аха ибжьы ҭигомызт ахаан. Аҩны данаҳбоз маҷын. Ашьыжь санааԥшоз иара дцахьан, уахынла санышьҭалоз – дмаацызт, избан акәзар аусура иаамҭа зегь агон. Аха сара еснагь издыруан: саб дыҟоуп, уи дсырԥхашьар ҟалаӡом. Саныхәыҷыз исзеилкааӡомызт аҳәынҭқарратә маҵура дуқәа шааникылоз, уи ҵакыс иамз уҳәа, зегь ранацәеи рабацәеи ус иҟаз џьысшьон. Ҳабжьахны ҳааӡаӡамызт зынӡаскгьы».

Валериан Кәабахьиа ақәра ду ныимҵит, иԥсҭазаара даналҵуаз 63 шықәса ракәын иихыҵуаз. «Аибашьра аналага дук мырҵыкәоуп уи аныҟала, 1992 шықәса, нанҳәа 28 рзы – ҳәа игәалаиршәоит Беслан Кәабахьиа, – Ақалақь далганы Лыхныҟа дааҳгеит иаҳаулак, дчымазаҩ ӷәӷәаны дҟалахьан. Иара уа Лыхны идунеигьы иԥсахит, иқыҭа гәакьаҿы анышә дамадоуп».

Алкаақәа ҟаҵо, аҳәынҭқарратә «ӷба» мҩақәызҵо акаԥдан изкны Константин Думаа ихшыҩҵак абасала иацаҳҵар ҳалшоит: даара акраҵанакуеит ҳтәыла иахагылаз рхамшҭра, еиҳаракгьы еизҳауа абиԥара ирдыруазароуп еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Аԥсны напхгара азҭоз рылшамҭақәа ртәы. Иналукааша аполитик, ахьаҵра закәу ззымдыруаз ауаҩы, аҳәынҭкарратәи ауаажәларратәи усураҿы аихьӡарақәа зауз Валериан Кәабахьиа Аԥсны аҭоурых ачаԥараҿы ихатә лагала ҟаиҵеит, наунагӡа ианымҵуа ишьҭа аанижьит.