Зхы иақәиҭу аиқәԥара аклуб «Абаза» 10 шықәса ахыҵра иазкыз аконференциа мҩаԥысит Афон ҿыц. 

Зхы иақәиҭу аиқәԥара аклуб «Абаза» 10 шықәса ахыҵра иазкыз аконференциа мҩаԥысит Афон ҿыц ақалақь аҟны амҽыша ԥхынҷкәын 11 рзы. Уи лозунгс иаиуит «10 шықәса иҭышәынтәалоу аҿиарамҩала» ҳәа, излацәажәоз атема хадақәа ируакын аспорт ауаҩы ихаҭара ашәра ишаныруа. 

Аконференциа рхы аладырхәит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, аспортклуб «Абаза» аԥҵаҩы, уи ахада Мусса Егзакь, аклуб «Абаза» адиректор Леонид Боџьгәуа, зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Европеи Асовед Еидгылеи рчемпион Рашь Хәытаба, зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Аԥсны азыҟаҵаҩ хада Џьарназ Бениа, Асовет Еидгыла аспорт азҟаза, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Ӡука Бениа. 

Аконференциа амҩаԥгаҩ Адгәыр Гәынба еиҭеиҳәеит аспортклуб «Абаза» аҭоурых, уи ааӡамҭацәа азусҭцәоу, еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҿы изныкымкәа ишаиааихьоу уҳәа. Анаҩс аусмҩаԥгатә алахәцәеи асасцәеи идырбан аклуб «Абаза» ашьақәгылареи аҿиареи ирызкны иҭыхыз адокументалтә фильм иаазыркьаҿны, уи азырхиан АААК аинформациатә портал амчала. Уи ашьҭахь иазԥхьагәаҭаны иҟаз аилацәажәарақәа рахь ииасит. 

Апресс-конференциаҿы ажәа иманы иқәгылаз азыҟаҵаҩ Ӡука Бениа иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны зҽазыҟазҵо ақәԥаҩцәа рыпрофессионалтә ҩаӡара акыр ишьҭыҵит ҳәа. Ари аспортхкы аҿиараҿы акыр илагала дууп Мусса Егзакь, нас уи иаԥиҵаз аклуб «Абаза», иҳәеит Бениа.

«Мусса Егзакь аспорт азҟаза иаҳасабала дазааит аҿар ақәԥара ргәы азыбылуа иҟаларц азы аклуб аԥҵатәуп ҳәа. Аспорт аҿы раԥхьатәи зшьаҿақәа еихызго ахәыҷқәа рзы иара дҿырԥшыгоуп, дызнысхьоу имҩала идирбоит – умаашьар, иулымшо ҳәа егьшыҟам», – иҳәеит Ӡука Бениа.

Аспортклуб «Абаза» ааӡамҭацәа раԥхьаҟа ԥеиԥшс ирымоузеи ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо Рашь Хәытаба иҳәеит иахьа аклуб аҿы зҽазыҟазҵо аспортсменцәа акырынтә жәларбжьаратәи, мамзаргьы урыстәылатәи аицлабрақәа рҿы рхы бзиаӡаны ишаадырԥшхьоу. 

Леонид Боџьгәуа иакәзар, дазааҭгылеит Аԥсны зхы иақәиҭу аиқәԥара аспортхкы аларҵәара аус шцо атәы. Аклуб ааӡамҭацәа зегьы иреиҳау реихьӡарақәа еиқәиԥхьаӡеит, нас иҳәеит ари аспортхкы аҿиара иаԥырхагоу проблемақәас иҟоу, урҭ рыӡбарагьы аклуб «Абазеи»  аҳәынҭқарреи еицхырааны иалыршахап ҳәа агәыӷра шимоу.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь аконференциахь иааиз зегь рахь ихы нарханы дцәажәеит. Иҳәеит аспорт хәы змаӡам аҵак ду шамоу аҿар реиҵааӡараҿы. Иазгәеиҭеит апрофессионалтә спорт иааиԥмырҟьаӡакәа ахы аус адулара шаҭаху, аха уамакала ишузеиӷьу, избан акәзар уаӡрыжәуеит, ианакәызаалак аиааира уазықәԥо уҟанаҵоит. 

Мусса Егзакь ԥхьаҟатәи игәҭакқәагьы дырзааҭгылеит: Аԥсны зхы иақәиҭу аиқәԥара ацентр аартра шиҭаху, адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә аспортсменцәа ааны рҽахьазыҟарҵалаша, ҳаамҭа иақәшәо амаҭәахәқәеи азнеишьеи рхы иархәаны.

«Аԥсны аспортсменцәа рзы еснагь еиҳа еиӷьу аҭагылазаашьақәа раԥҵара ҳҽазаҳшәалоит. Убас шьаҿа-шьаҿала аолимпиатә чемпионцәа рааӡа ҳазкылсуеит», – ҳәа азгәеиҭеит Егәакь.

Аконференциаҿы иқәгылаз акыр азҵаара ирылацәажәеит зхы иақәиҭу аиқәԥара аҿиара аҳәынҭқарра аганахьала адгылара раиура инаркны, Аԥсны жәларбжьратаәи аицлабрақәа реиҿкааразы иҟоу алшарақәа рҟынӡа. 

Зхы иақәиҭу аиқәԥара аклуб «Абаза» 10 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Афон ҿыц аконференциа амҩаԥгарала 
Зхы иақәиҭу аиқәԥара аклуб «Абаза» 10 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Афон ҿыц аконференциа амҩаԥгарала 
© АААК

Анаҩс аконференциа иацҵахеит аспортсменцәеи азыҟаҵаҩцәеи аҳамҭақәа ранашьараацеремониала. Аԥсны зхы иақәиҭу аиқәԥара аҿиараҿы иҟаиҵаз алагалазы иҷыдоу аҳамҭала далкаан Мусса Егзакь ихаҭагьы, аҳамҭа иоуит аклуб «Абаза» адиректор Леонид Боџьгәуа инапаҟынтә. АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы абас дахьгәарҭаз азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, аклуб «Абаза» аизҳара азеиӷьеишьеит.

Анаҩс иара ихаҭа аклуб «Абаза» азыҟаҵаҩцәа аҳамҭақәа ранеишьеит Аԥсны зхы иақәиҭу аиқәԥара аҿиараҿы рлагалазы, иналукааша аспортсменцәа реиҵааӡаразы, акыршықәсазтәи русуразы. Азыҟаҵаратә ус азааԥсаразы аҳамҭақәа ранашьан зыԥсҭазаара иалҵхьоу Борис Ҷолокәуа, Заур Ҭырқьба, Валентин Барцыц, Дмитри  Багаҭелиа, Манучар Бешьириши. 

Аспортклуб «Абаза» ааӡамҭацәа иранаршьеит амедалқәа «Жәларбжьаратәи аспорт еицлабрақәа рҿы аиааиразы», «Агәыӷра зыдҳәалоу». 

Зхы иақәиҭу аиқәԥара аклуб «Абаза» 10 шықәса ахыҵра иазкыз аконференциа мҩаԥысит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс 30 шықәса ахыҵреи АААК VIII-тәи Аизарадуи рҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аԥсны ираԥхьаӡатәиу зыдагьы ыҟам зхы иақәиҭу аиқәԥара аклуб «Абаза» аԥҵан 2009 шықәса ԥхынгәымзазы. Аклуб ашьаҭаркҩы Мусса Егзакь ари ашьаҿала ииҭахын Аԥсны ахьыбҿар аспорт аинтерес рыманы, ргәы бзианы еизҳаларц. Жәаха шықәса рыла аклуб аныҟәгареи ақәԥара аспортхкы аҿиареи ирықәхарџьуп 70 миллион мааҭ инареиҳаны. 
2022 шықәсазы Аԥсны араионқәа зегьы рҟны иаарту аклуб асекциақәа рҿы ахәыҷқәа аус рыдырулоит 36-ҩык азыҟаҵаҩцәа. Жәаха шықәса рыла аклуб иахысхьеит 3500-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа. Иахьазы зынӡа рҽазыҟарҵоит 648-ҩык ааӡамҭацәа хәышықәса инаркны 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа. Аклуб асекциақәа аартуп, аус руеит Аԥсны иахьаҵанакуа зехьынџьара. Аԥсны анҭыц иахьа рҽазыҟарҵоит 16-ҩык аклуб ааӡамҭацәа. 

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизараду аӡбахә аларҵәара аганахьала ацхыраара ҟарҵоит: Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра, ателеканал «Абаза-ТВ», аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.