АААК алахәцәеи Санкт-Петербургтәи аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәеи рхы аладархәит Аиааира Ду амш иазкны Санкт-Петербург имҩаԥысуаз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа.

Саид Барганџьиа

Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь хадара ззиуаз АААК алахәцәа ргәыԥи, Санкт-Петербургтәи аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәеи рхы аладархәит Аиааира амш – Маи 9 иазкны Санкт-Петербург имҩаԥысуаз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа.

«Аҭынч жәҩан аҵаҟа ҳанхаразы, аԥсҭазаара ҳаурц азы зхы иамеигӡаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирзышьҭаҳҵеит ашәҭшьыҵәрақәа. Дара наунагӡа ҳгәалашәараҿы иҟазароуп, «ҳаԥсҭазааратә мҩа дара рфырхаҵара иаҿҳарԥшлароуп», ԥхьаҟа ҳцаларазы. Анцәа иҳәааит, иҩаҳхыкны аҵар рашәаҳәабжь мацара ҳаҳауа иҟазарц», – ҳәа АААК аинфопортал аҿцәажәараан иазгәеиҭеит Мусса Егзакь, Пискаревтәи амемориалтә нышәынҭраҟны имҩаԥсыуаз агәалашәаратә церемониа иалахәыз.

Ишәгәалаҳаршәоит, 2000-тәи ашықәсқәа рзы Пискаревтәи анышәынҭраҿы ишаартыз аԥсуа-абаза диаспора ирызку ҩ-мемориалк: 2004 шықәса, лаҵарамзазы иаартын амацәаз иҭакыз Ленинград зыхьчоз Аԥснытәи аибашьцәа ирызкыз амемориалтә хаҳә; 2018 шықәса, цәыббрамзазы убри аҩыза амемориалтә хаҳә рзаартын ҞЧА иалҵыз аибашьцәа. Маи 9 рзы арҭ амемориалтә хаҳәқәа рҿаԥҳьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵан.

Ацеремониа иалахәыз, АААК Санкт-Петербургтәи аҟәша иалоу аҿар амҩақәҵага ажәақәа раҳәо, Егзакгь иазгәеиҭеит, ажәлар рҵеи иашаны аҟаларазы «ааԥсарада аусуреи, аҵараҵареи, шхымԥадатәу, иара убасгьы адырреи аҟәышреи рырҳара шаҭаху».

«Абазақәа ҳҭоурых абас ауп ишыҟоу, адунеи аимпериақәа зегьы рнапаҿы ҳааргар рҭахын. Аха ҳарҭ иахьагьы ҳаԥсы ҭоуп, ҳбызшәала ҳцәажәоит. Уи зыбзоуроугьы атрадициақәа ахьҳамоу оуп. Ҳшьа иалоуп аӷәӷәареи аҟәышреи. Ҳара убас ала ҳанхалароуп, аибашьрахь инамгакәа, зегьы аус ҳацруларц, иҳаиԥшзарц рҭаххартә еиԥш агәаҳәара рызцәыргаразы», – ҳәа аҿар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Мусса Ҳабал-иԥа, доусы рҭаацәарақәагьы салам рзынаишьҭит.

Аиааира Амш – маи 9 аҽны, Санкт-Петербург ақалақьуаа, еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи ақалақь иаҭааз ауааԥсыра ирыцны, Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҟны еибашьуаз рфотосахьақәа кны, рҽаладырхәит акциа «Ԥсра зқәым архәҭа». Есышықәса ари акциа зхы алазырхәуа ауааԥсыра рхыԥхьаӡара иацлоит. Аусмҩаԥгатә изцәырнагаз ацәаныррақәа ртәы еиҭеиҳәеит, Александр Можаиски ихьӡ зху Арратә-Космостә академиа аԥшьбатәи акурс астудент Исмеҭ Ҭарба.

«Сара искуп сабду – Иуана Мураҭ-иԥа Ԥкьын ифотосахьа. «Ԥсра зқәым архәҭа» сахьалаху сгәы аладууп. Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҟны еибашьуаз ҳабацәеи, ҳабдуцәеи, урҭ рабацәеи, сара сзы афырхаҵареи, агәымшәареи, Аԥсадгьыл абзиабареи ирҿырԥшыганы иҟоуп», – иҳәеит Ҭарба.

Астудент иазгәеиҭеит, макьаназы ари аҩыза акциа Аԥсны ихы шалимырхәыц, аха иԥсадгьыл ахь даныхынҳәлак, уаҟагьы хымԥада дшалахәхо.

Афашистцәа ԥыххааны ианышьҭаҵаз Аиааира амш – маи 9 – есышықәса инарҭбааны иазгәарҭоит Урыстәылеи, Асовет Еидгыла иалаз атәылақәеи рҟны адагьы, адунеи еиуеԥшым ақалақьқәеи атәылақәеи рҿы. Аԥснынтә Аџьынџьтәылатә Еибашьра ду афронт ахь ицеит 55 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра, урҭ рыҟнытә – 15 500-ҩык милаҭла иаԥсыуаан. Убасгьы, аибашьра афронт аҟны еибашьуан х-нызқьҩык инареиҳаны ашәуаа