Назир Екба игәалаиршәон: «Сколлегацәа, сани саби колнхацәоуп ҳәа анраҳа акыр уамашәа ирбеит. Аинтеллигенттә ҭаацәара шәалҵыз џьаҳшьон ҳәа сарҳәеит. Аиашазы, сани саби аҩышьеи аԥхьашьеи рыздыруамызт».

Гьаргь Чкала

Назир Екба – апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Жәларбжьаратәи апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Урыстәылатәи Афедерациа аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аҵарауаҩ, иара ирҵага шәҟәқәа рылоуп иахьанӡагьы амилаҭтә школқәа рҟны аурыс бызшәа шырҵо.

Назир Екба диит 1927 шықәса, мшаԥымза 22 рзы. Аҭҵаарадыррахь амҩа данылеит Хәыжәдутәи быжькласстәи ашкол данҭала инаркны. Уаҟоуп зегь раԥхьаӡа акәны адыррақәа рдунеи анизаат, анаҩс иԥсҭазаара зегь уи иазикит. «Ашкол ахь санцоз тетрад цыраки карандашьки ракәын исымаз», – ҳәа игәалаиршәалон Назир Беқмурза-иԥа. Есқьынагьы жәаҟәандала ирҵаҩцәа рыӡбахә иҳәон.

«Абри иҩыза аҵаҩцәа егьаҩ ыҟандаз»

– Раԥхьатәи рҵаҩыс дсыман Маџьыҭ Џьусуп-иԥа Кужьев, иара дҭахеит Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду афронт аҟны, уаҳагьы исмоуит алшара инапы имхны, адыррақәа исиҭаз рзы иҭабуп ҳәа иаҳәаразы, – еиҭеиҳәон Назир Екба. – Аҩбатәи акласс аҿы рҵаҩыс дҳаман Валентина Ҳангьери-иԥҳа Хутова, уи зегьы Валентина Александровна ҳәа акәын ишлышьҭаз. Ахԥатәи акласс аҟны аҵара ҳирҵон – Ҳамид Чагәына-иԥа Уаз, аԥшьбатәи акласс аҟны – Ԥшқан Беқмурза-иԥа Ахба. Аԥсуа ақыҭаҟынтә рҵаҩҵәас иҳаман Кахәын Ибрагим-иԥа Алиеви, Мусса Аидемир-иԥа Агирови, урҭ аҵара ҳдырҵон 5-тәи, 6-тәи, 7-тәи аклассқәа рҿы. Директорс ҳашкол даман Спарта иалҵыз Стилиан Евстафи-иԥа Петров, аҵара аҟәша аиҳабыс дыҟан Муҭалиб Иаҳиа-иԥа Кужьев.

Арҵаҩцәа ракәзаргьы, есқьынагьы аҵаҩ қәыԥш рылаԥш ихын, иеихьӡарақәа иреигәырӷьон. «Назир ишықәсқәа шмаҷызгьы, адырра ҿыцқәа рахь агәацԥыҳәара ду шимаз убаратәы иҟан, – иҭеиҳәон Муҭалиб Кужев. – Далгеит иреиҳаӡоу аҵариурҭа, еиҳа-еиҳа аҳаракырахь дхалон, зегьы дгәарҭеит. Ҳәарада, иара иеихьӡарақәа среигәырӷьон. Иара еиԥш аҵаҩцәа егьа ыҟандаз!».

Илахьынҵатәу арҵага шәҟәы

Назир Екба раԥхьаӡакәны арҵагатә шәҟәы инапы ианакы ахәбатәи акласс аҿы дтәан.

– Уи, аурыс бызшәа 5-6-тәи аклассқәа рзы, 1 ахәҭа, афонетикеи, аморфологиеи рзы, 1937 шықәсазы иҭыжьыз арҵага шәҟәы акәын. Авторцәас иаман С.Г. Бархударови, Е.И. Досычеви, – Назир Беқмурза-иԥа убас ибзиаӡаны ихаҿы инхеит раԥхьаӡатәи ишәҟәы ианыз зегьы.

Убри аамҭазы, жәашықәса зхыҵуаз Назир, аамҭак ашьҭахь раԥхьатәи ишәҟәы автор, еицырдыруа арҵаҩы, апрофессор Степан Григори-иԥа Бархударов хаҭала диабадыруеит ҳәа иарҳәазар, урҭ рхы еиқәшәам ҳәа дазхәыцыр ҟаларын. Аиабадырра мацара акәымкәагьы, Бархударови Екбеи еицавторны аусумҭақәа еиқәдыршәараны иҟан, Екба хадара ззиуаз аҵарауаа рхеилакгьы еицалахәхараны.

– Хәыжә Ду аҟнытә Невинномысскынӡа шьапыла сааҭк ала сызнеиуа еиҳа агәра згон, абарҭ ахҭысқәа ҟалар рылшоит ҳәа аҵкыс, – иҳәалон Екба.

Ус шакәызгьы, хыхь ишаҳҳәаз еиԥш зегь ҟалеит. Амала, уи иаарласны иҟалаз акы акәымхеит. 1939 шықәсазы, Назир иҵара хирқәшеит бжь-класстәи иқыҭаратә школ аҟны. Рҵара ацҵаразы, Хәыжәдутәи ахәыҷқәа, Ерсакон иҟаз абжьаратә школ ахь аныҟәара иалагар акәын, аха уи даараӡа ихаран – жәа-километрак раҟара бжьан. Убри иахҟьаны зҵара иацзымҵаз рхыԥхьаӡарагьы рацәан. Назир иакәзар, аҵараҵаразы диасуеит Черқьессктәи арҵаҩратә училишьче ашҟа, аха уи дзалымгеит: аибашьра аналага, аобласт зегьы анемец фашистцәа рнапаҿы иҟан.

– Анемеццәа ааит ҳәа ауааԥсыра ианрылаҳәаха, аҵараиурҭаҿы ус ҳарҳәеит, ҳзыԥхьо ашәҟәқәа аӷа ибар, ҳаишьыр шауа. Убри аҟнытә ҳашәҟәқәа адгьыл ихәыҵаҳжит, – ҳәа еиҭеиҳәон Назир Беқмурза-иԥа. Анемеццәа анца ашьҭахь, Бархударов ирҵарага шәҟәы Екба адгьыл иҵихит.

1943 шықәса, ҭагалан азы Черқьесск иаартын арҵаҩратә институт. Назир Екба уахь дрыдыркылеит аттестатда, жә-класск аҵара шимаз. Аинститут даналга ашьҭахь, 1945 шықәсазы, иара дышьҭын Хәыжәдутәи ашкол адиректорс. Ашкол напхгара аҭара адагьы, иара аурыс бызшәа рҵаҩыс аус иуан. Иусураҿы ихы иаирхәон Бархударов ишәҟәы, аамҭак ашьҭахь, уи арҵага шәҟәы иагызгьы ибо далагоит.

– Ҳәарада, уи ашәҟәы ахәыҷқәа рзы иуадаҩын, ианыз атекстқәа жәпакы рҵакы аилкаара рцәыцәгьан. Уи иахҟьаны, ашәҟәы аԥсахра салагеит, еиҳа исырмариеит, – еиҭеиҳәон Назир Беқмурза-иԥа. – Уи ашәҟәы ала еиқәсыршәеит аконспектқәа. Урҭ аобласттә жәлар рҵарадырратә ҟәша ианырба, аҳәара ҟарҵеит аконспектқәа рыла арҵага шәҟәы еиқәсыршәарцазы.

Арҵаҩ қәыԥш еиқәиршәеит аурыс бызшәазы арҵага шәҟәы: аграмматика, 1 ахәҭа, афонетикеи аморфологиеи ҳәа хьӡыс измаз – Бархударов ишәҟәы аҟны еиԥшҵәҟьа. Амала арҵага шәҟәы аҟны «Ашәуа школқәа рзы» ҳәа ианын. Арҵага шәҟәы ҭыжьын 1953 шықәсазы, иара алоуп абаза школқәа рҿы аурыс бызшәа зларҵозгьы. Уи аамҭазы, Назир Екба Ставропольтәи апедагогикатә институт далгахьан (1950 шықәса), анаҩс, Асовет Еидгыла апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахь иаҵанакуаз амилаҭтә школқәа рҭҵаарадырратә Институт аспирантура дҭалоит (1951 шықәса). 1954 шықәсазы, абазацәа рыҟнытә, раԥхьатәи аҭҵаарадыррақәа ркандидатны дҟалоит, «Абаза школқәа рыҟны аурыс хьыӡцынхәрақәа рҵара» ҳәа хьӡыс измаз адиссертациа хьчаны. Анаҩс, адиссертациа ахьихьчаз аинститут аҟны аусура ҳәа дынрыжьуеит.

Ҽнак азы, черқьессктәи ақыҭа Вако-Жиле ашкол арҵаҩцәа, Назир Беқмурза-иԥа иахь аҳәара ҟарҵеит ирҵага шәҟәы рзааишьҭырц, аҵаратә процесс аҟны рхы иадырхәарц. Урҭ ирыӡбеит, аҵаҩцәа аурыс ажәақәа рҵакы рызнагаразы, Екба ирҵага шәҟәы аҟны иарбаз абаза ажәақәа ачерқьесс ажәақәа рыла рыԥсахра.

Убасҟан оуп Назир Екба аидеиагьы аниоу: ари арҵага шәҟәы ала абазацәеи, ачерқьессцәеи аҵара дырҵара алшозар, Аԥсныи, Ҟабардеи, Адыгатәылеи рҿгьы ахархәара аиур шыҟало. Убас иит аԥсуа-адыга бызшәатә гәыԥ иалоу ажәларқәа зегьы рзы иаку арҵага шәҟәқәа реиқәыршәара алшахар шыҟало агәҭакы. Уи аидеиа аус адулара далагоит. Иҩуеит аурыси, абазеи, аҟабарда-черқьесстә бызшәақәеи реиҿырԥшратә грамматика, анаҩс, уи иалеигалоит атеориа – хылҵшьҭрак змоу абызшәақәа рзы еицырзеиԥшу арҵага шәҟәқәеи, арҵаратә методикақәеи раԥҵара иазкны. Уи аҩыза иаку арҵага шәҟәы аиқәыршәаразы адгыларагьы иҭан. Адаӷьсҭантә ҵарауаҩ Магомед Барагунови иареи, 1965 шықәсазы еиқәдыршәоит Москва иҭыжьыз аԥсуа-адыга бызшәатә гәыԥ ахь иаҵанакуа ажәларқәа рзы анбаншәҟәы (1 акласс азы). 1973 шықәсазы, Назир Беқмурза-иԥа қәҿиарала ихьчоит адоктортә диссертациа, «Аԥсуа-адыга бызшәатә гәыԥ ахь иаҵанакуа ажәларқәа аурыс бызшәа дырҵараҿы иҟоу апроблемақәа» ҳәа хьӡыс измаз.

Ажәларқәа реизааигәара атеориа

Урыстәыла иҟоу амилаҭ школқәа рыҟны аурыс бызшәа арҵара аметодикоуп – Назир Екба ихадоу хырхарҭас иалихыз иҭҵаарадырратә мҩаҿы. Аҵарауаҩ ипрограмма қәҿиарала адыгатәи, абазатәи ашколқәа рҿы ианаларҵәаха ашьҭахь, иара дрызхәыцуа далагеит егьырҭ ажәларқәа рҵаратә системаҿы иусумҭақәа рхархәаразы иҟоу амҩақәа: аамҭак ашьҭахь, Нхыҵ-Кавказтәи ашколқәа рҿы урҭ инарҭбааны ахархәара роуеит, иара убасгьы ареспублика Поволжие аҟныгьы. Адҵаалара рацәа змаз Назир Беқмурза-иԥа иусумҭақәа рыбзоурала иара дҟалоит аурыс бызшәа арҵара апроблема аус адызулоз иналукааша аҵарауаа дырхыԥхьаӡаланы.

Уи адагьы, Екба аус рацәа адиулахьан ахатәы бызшәа арҵара апроблемақәа: абаза нбаншәҟәи, егьырҭ абаза бызшәа аҵаразы ашәҟәқәеи авторс дрымоуп. Убас ала, Назир Беқмурза-иԥа ибзоурала абилингвизм алаҵәара аиуит, еиуеиԥшым амилаҭқәа реилыбакаарагьы еиҳа иманшәалахеит.

Аурыс бызшәа, Асовет Еидгыла ажәларқәа зегьы еицырзеиԥшу бызшәаны иҟан, уи азы, аурыс бызшәа зегьы ирдыруазар ахәҭан. Ус шакәызгьы, ахатәы бызшәа агәҭасра аҭахуп ҳәа аӡәгьы иҳәомызт.

«Аурыс бызшәа – ахатәы бызшәа ацымхәрас ҳәа акәӡам, уи иацааиуа бызшәас иҟоуп» – убри апринцип акәын дзыдгылоз Назир Екба. Иара убасгьы, илшоз зегьы ҟаиҵон, аҳҭнықалақь аҟны инхоз абаза хәыҷқәа рхатәы бызшәа рцәымӡырц азы. 90-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы, Москва иаԥҵан еиуеиԥшым ажәларқәа рмилаҭтә культуреи, рбызшәақәеи, рҭоурыхи рзы арҵаратә-ааӡаратә Комплекс. Уаҟа иаԥҵаз раԥхьаӡатәи агәыԥқәа ируакын абаза гәыԥгьы, уи алахәцәа рзы академик Екба хаҭала аурокқәа мҩаԥигон.

Ауаа рымадара – аартрақәа ирхыҵхырҭоуп

Еиуеиԥшым Урыстәыла арегионқәа рҿы Назир Беқмурза-иԥа иаԥиҵаз аметодика иаҳа алаҵәара заиузеи, иаҳҳәап, егьырҭ аметодикақәа раҵкыс? Ҳәара аҭахума, раԥхьаӡа иргыланы, уи зыбзоуроу – арҵаҩцәа рзы иманшәаланы, аҵаҩцәагьы игәныркыларазы имариоу формала иахьеиқәыршәаз азоуп. Назир Екбеи арҵаҩцәеи есымша аимадара рыбжьан, уи азын иара ибзианы идыруан урҭ рҭыхрақәа.

Шықәсык ахь знык-ҩынтә иқыҭа данаҭаауаз, Хәыжәдутәи ашкол аҟны дымнеикәа Москваҟа дхынҳәуамызт. Ашколахь данымҩахыҵуаз, арҵаҩцәа зегьы еизон, еиқәиршәаз аметодика иалацәажәон. Урҭ аиқәшәарақәа рҿы, арҵаҩцәа ргәаанагарақәа рҳәон, иметодика иахьатәи аамҭа иаҳа иақәшәо аҟаҵаразы, ԥсахрақәас иалагалатәқәо ирылацәажәон. Арҵаҩцәа рԥыларақәа раан, аҵарауаҩ иалеикаауан иҿыцу иҭҵаарадырратә усумҭақәа рхырхарҭақәа.

Ауаа данрацәажәоз, гәцаракрала урҭ рцәажәашьа дацклаԥшуан, ажәақәа рышҽырԥсахуа азгәеиҭон. Еилкаауп, иарбанзаалак абызшәа аамҭа цацыԥхьаӡа аҽшеиҭанакуа. Москва, мамзар иқыҭа гәакьаҿы дыҟоума, аҵарауаҩ есымша илаԥш ахын абызшәа аҽыԥсахратә процессқәеи, уи иалагалахо аҿыцрақәеи. Еидикылаз аматериалқәа еиҿырԥшны, иара иаликаауан абызшәа иахнаго аԥсахрақәа зхылҿиаауа, уи зыхҟьо. Иколлегацәа ишырҳәоз ала, иусураҿы уи аҩыза азнеишьа абзоуралоуп «аспирант иҟнытә, иоурысым аурыс бызшәа дырҵараҿы иҟоу апроблемақәа ҭызҵаауа ҵарауаҩ дуны дзыҟалазгьы».

Ишьҭрақәлаҩцәа рааӡара

Назир Беқмурза-иԥа аус ицызуаз, аҵарадырра амилаҭтә проблемақәа Ринститути, Урыстәыла аҵарадырра академиеи, Урыстәыла аҵарадырра аминистрреи аҵарауаа еицҿакны иазгәарҭон, амилаҭтә кадрқәа разыҟаҵараҿы рколлега иалагала шдуу. Убасгьы иазгәарҭон, «напхгара ззиуаз аспирантцәа идыррақәа зегьы шриҭоз, урҭ шьақәгылаанӡа илаԥш зырхыз» атәы. Аӡәырҩы иҵаҩцәа аҭҵаарадырраҿы аихьӡара дуқәа рымоуп, Даӷьсҭани, Чувашиеи, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликеи, Аԥсныи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ркафедрақәа напхгаҩцәас иҟан. Амала, зегьы реиҳа игәы иазааигәан изгәакьоу Ҟарачы-Черқьесстәи ишьҭрақәлаҩцәа.

– Сҵаҩцәа роуп ҳәа аҭыԥантәи аҵарауаа ирзысҳәар ҟалоит. Иаҳҳәап, Гонова Луиза Нану-иԥҳа, уи лдиссертациа «Абжьыҟатә дыргақәа абаза бызшәаҿы» ҳәа хьӡыс измаз аҩраан напхгаҩыс сыҟан. Лареи сареи, иара убасгьы Шьашьа Хамуковеи еиқәҳаршәеит даараӡа ибзиоу абаза нбаншәҟәы. Ҟарачы-Черқьессктәи апедагогикатә университет аҟны аус луеит Быкова Мариа, уи лдиссертациагьы напхгаҩыс сыҟан, – еиқәиԥхьаӡон Екба, аҭҵаарадырратә мҩа дзыцанысыз иҵаҩцәа рыхьӡқәа.

«Иеиԥш зеиԥшу ауаа маҷуп»

Иԥхашьаԥхаҵо иҟаз Назир Беқмурза-иԥа аҭҵаарадырраҿы иалагалақәа рыхә ҳаракны ишьомызт.

– Иарбанзаалак сышәҟәык азы исызҳәаӡом, издыруаз, исҭахыз, исылшоз зегьы анысҵеит ҳәа, – иҳәон иара. – Иазгәаҭаз аҽҳәара аҽҭагӡаразы, ирацәан сыццакы-ццакуа иҟасҵоз. 1993 шықәсазы, Ленинград иҭыҵит ашәҟәы «Абызшәақәа реинырреи, абилингвизм аурыс школ аҟныи» ҳәа хьӡыс измаз. Иара уамакгьы идуӡам, аха уи адаҟьақәа рҿы исылсыршеит абызшәақәа аимадара ирыбжьоуи, урҭ рҵаразы принципқәас иҟоуи раарԥшра. Сара сгәанала убри ашәҟәоуп зегьы реиҳа исықәҿиаз. Уи адагьы, 1954 шықәсазы, аспирантура санҭаз, Ҳамид Жирови сареи аус адаҳулеит раԥхьатәи «Аурыс-абаза жәар». Уи аус мариамызт, избан акәзар уи аамҭазы абаза бызшәа ишахәҭоу еиԥш иҭҵаамызт, абаза жәар аиқәыршәараҿгьы ԥышәа дук аӡәгьы имамызт. Уи иахылҿиааз аимак-аиҿакгьы рацәан. Сара сҽадысцалеит ашьхарыуаа ражәақәа ажәар ранҵаразы, уи иашан ҳәа исыԥхьаӡоит, избан акәзар ашьхарыуаа рдиалект (абаза бызшәа адиалектқәа руак – аред.) аиқәырхаразы акрызҵазкуаз акы акәны иҟан.

Назир Екба дравторуп – 300 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа, уахь иаҵанакуеит – 26 монографиа, 73 арҵага шәҟәқәа, 22 апрограммақәеи, арҵага-методикатә комплексқәеи. Арҵага шәҟәқәа жәпакы, иара ихала, мамзаргьы иара инапхгарала еиқәыршәаз 7-13-нтә еиҭаҭыжьын, иахьагьы урҭ ахархәара рымоуп.

Иҩыза бзиақәа ируаӡәку Михаил Львов абас ихиҳәаауан Назир Беқмурза-иԥа: – Сара сгәанала иеиԥш зеиԥшу ауаа иахьазы имаҷуп. Дуаҩы разын, иацәажәара мацара агәырӷьара узцәырнагон.

Тимириазевтәи академиа апрофессор Иури Агирбов, Екба дааигәаны дыздыруаз, абри иеиԥш иҟоу ауаҩы дызмоу абаза жәлар – насыԥ змоу жәларуп иҳәон.

Аҭаацәаратә ус

Назир Беқмурза-иԥа аҵыхәтәантәи иусумҭақәа руак – «Аԥсуа-адыга бызшәатә гәыԥ ажәларқәа рҭоурых-культуратә, рбызшәатә еиԥшызаара» (Черқьесск, 1997 ш.) ҳәа хьӡыс измаз, еицеиқәдыршәеит иԥха Зарема Екԥҳаи иареи.

Зарема Екԥҳа – бызшәаҭҵааҩуп, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп. Далгеит Москватәи аҳәынҭқарратә университет, иара убасгьы Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу абызшәатә институт аспирантура. Иахьазы, аинститут аҟны аҭҵаарадырратә усзуҩс аус луеит.

Иԥха еиҵбы Мадинагьы длингвиступ: апедагогикатә университет аҟны илҵон англызи, афранцызи, араб бызшәақәа. Иахьазы, жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы асԥециалист ҳәа дыҟоуп. Ҳәарада, аӡӷабцәа рзанааҭ алхраан анырра рынаҭеит ран лнапы злакыз аусгьы. Ран Заремагьв раб иеиԥш дҵарауаҩуп. Уи излалҳәо ала, лыԥшәмеи лареи реиқәшәарагьы аҭҵаарадырроуп изыбзоуроу – аҩыџьагьы Урыстәылатәи Афедерациа аҵарадырра амилаҭтә проблемақәа ринститут аҟны аус еицыруан.

Заремеи Мадинеи иагьаԥхьоит, иагьыҩуеит абашкьыр бызшәала – ран лбызшәала. Абаза бызшәа аҵара иаҳа иуадаҩхеит, аха ус шакәугьы алагарҭатә дыррақәа рымоуп. Ршьа иалоу аҩ-милаҭк рытрадициақәа ирықәныҟәоит.

Иара убасгьы, Назир даараӡа дылзааигәан, аимадара ӷәӷәа рыбжьан, раԥхьатәи иԥшәмаԥҳәыси иареи ирхылҵыз иԥҳа Лиудеи иареи. Лара дҳақьымуп, Харьков дынхоит. Лассы-лассы лаб ибара ҳәа сасра даалон, иҩнаҭаҿгьы игәакьаӡоу аӡә лакәны дыҟоуп.

Аҩныҟа ахынҳәра

Назир Екба еиҳарак Москва акәын дахьынхоз, уаҟоуп 2002 шықәса, хәыжәкыра 25 рзы идунеи ахьиԥсахызгьы. Иара игәы ишаҭахыз еиԥш, анышә дамардеит иқыҭа гәакьаҿы, уи нахыс наунагӡа иҩныҟа дхынҳәит.

Шәҩыла ауаа еизеит аҵарауаҩ ду иԥсыжра аҽны: хыԥхьаӡара рацәала ауааԥсыра аауан Ҟарачы-Черқьесиантәи, Москвантәи, иара убас егьырҭ арегионқәа рыҟнытә.

2005 шықәса, цәыббра 9 рзы Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика ахада иҟаиҵаз адҵала, Хәыжәдутәи абжьаратә ашкол Назир Екба ихьӡ ахҵан, иара убасгьы Ҟарачы-Черқьессктәи аҳәынҭқарратә университети, Ҟарачы-Черқьессктәи атехнологиатә академиеи (уажәазы – Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә агуманитартә-технологиатә академиа – аред.) астудентцәа рзы иаԥҵан Назир Екба ихьӡ зху астипендиа.