Амениу
26 Мшаԥы 2024
03:56
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
26.03.2023 20:39
Гәдоуҭа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК аацытәи ашколхәыҷқәа адиспансеризациа иахрыжьит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апроект ҿыц иацҵауа, аҩбатәи қыҭас иаҭааит Аацы (Гәдоуҭа араион). Адиспансеризациа ҩ-етапкны имҩаԥысит: актәи амш азы ахәыҷқәа ршьа рымырхит азеиԥш анализ аҟаҵареи, ашьақар агәаҭареи рзы; адырҩаҽны аҭакқәа зеиԥшраз еиԥш аҳақьымцәа игәарҭон. Аневролог Саида Кәанџьариа, аневролог, узи-диагност Альбина Хәаџьаа, амедеиҳәшьцәа Илона Бараклаиа, Емма Какәбаа лыцны, ахәыҷтәы ҳақьымцәа Ангелина Оҭырԥҳа, Наталиа Рогова, аендокринолог Радмила Гәниаԥҳа, аотоларинголог Амина базԥҳа, аблаҳақьым Анжела Џьоџьуа, арентгенолог Аслан Берзениа, ауролог Давид Смыр. Ахәыҷқәа ультрабжьы аппарат ала игәарҭеит, ргәеисшьа иахәаԥшит, ррыԥҳақәа рсахьа ҭырхит. Аацы имҩаԥысуаз амедицинатә гәаҭара рхы аладырхәит Мҵаратәи ашкол аҟынтә 10-ҩык аҵаҩцәа.  Зеиԥшла аҩбатәи адиспансеризациа иахысит 80-ҩык инареиҳаны ашколхәыҷқәа.

0
Ахҳәаа ыҟам