Амениу
16 Мшаԥы 2024
08:05
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
20.05.2022 15:50
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Баслахә иҟоу АААК Аҭыԥантәи аҟәша ашколхәыҷқәеи Ерик Миқааи реиԥылара еиҿыркааит

Аҭыԥантәи аҟәшақәа аус рыцура аҳәаақәа ирҭагӡаны АААК аусзуҩцәеи актиор, апродиусер, арежиссиор, ауаажәларратә усзуҩ  Ерик Миқааи Баслахәтәи ашкол иаҭааит. Ашкол арҵаҩцәа иҟарҵаз ааԥхьарала аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа рзы Миқаа дызлахәыз ахәылԥаз  еиҿкаан. Аиԥылараҿы тема хадас иқәгылан  «Ухықәкы уазцартә иалухша амҩа», уи иаанарԥшит асас дызнысыз арҿиаратә мҩа, изанааҭ ала иеизҳара шымҩаԥысуаз, ихаҭара шышәуаз.

Ерик ахәыҷқәа ирзеиҭеиҳәеит уажәнатә рымч-рылша ииашаны аихшара азҿлымҳара арҭарц, аԥсҭазаараҿы рхы ззыркырц ирҭаху алырхырц.

Иара убас ажәаҳәатә ҟазара аганахьала абжьгарақәа риҭеит, нас ахәыҷқәа исахьаркны ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.

Аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Руслана Торчуа асас изку ажәеинраала лыҩын, иара ихаҭа даԥхьарц идылгылеит. 
Аиҩызаратә ҟазшьа аманы имҩаԥысыз аиԥылара ҟәанда ԥхьаҟагьы иацҵазарц ӡбан, убри аҟнытә Ерик Миқаа Аурыс драматә театр аҿы рашәара 3 рзы имҩаԥысраны иҟоу иконцерт ахь ахәыҷқәа ааԥхьара риҭеит.

Баслахәтәи ашкол аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи аиԥылара аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит абас еиԥш хадара злоу атемақәа иахьрылацәажәаз, насгьы уи азы иалхыз аформат азы.

0
Ахҳәаа ыҟам