Сынтәа 70 шықәса ҵуеит абаза поет хьӡырҳәага Қьарим Мыхц диижьҭеи, уи иаԥҵамҭақәа жәпакы алитератураҭҵааҩцәа адунеитә поезиа алыԥшаахқәа ирхырыԥхьаӡалоит. Апоет ииубилеи инадҳәаланы АААК аинфопортал ишәыднагалоит иара изку аочерк.

Гьаргь Чкала

Алитератураҭҵааҩцәеи аԥхьаҩцәеи еицҿакны иазгәарҭоит Қьарим Мыхц ирҿиара афеномен даҽакы ишеиԥшым, Қьарим дшыхәыҷыз дзабадырдырыз апоет Микаель Ҷкату иакәзар, агәра ганы дыҟан «даҽа зқьышықәса рылагьы ашәуаа дырмоур ҟалап ҳәа Қьарим Мыхц ицназго даҽа поетк». Иара ақәра иниҵыз рацәаӡам, аха иаҳзынижьит зымчхареи зыԥшӡареи уаршанхо апоезиа ду.

«Ауаа рзами сызбыхшаз бара…»

Ашәҟәқәа рҿы имширас иарбоуп лаҵара 6, 1949 шықәса. Аха Қьарим даниҵәҟьаз амза 5 рзоуп. Аинтерес аҵоуп абри еиԥш аиқәшәара: иналукааша арыцхәқәа ахьарбоу асовет амзар аҟны лаҵарамза 5 рзы иазгәарҭон Акьыԥхь амш.

Қьарим иаб ижәлала дыҟазҭгьы Шавахов Абдул-Қьарим Лиуан-иԥа ҳәа ихьӡхон. Аха иара хымз зхыҵуаз сабины дшыҟаз иани иаби еилыҵит, уи ашьҭахь иаб уаҳа изҳареи иааӡареи акала далахәымызт. Хәыжәҷкәынтәи абжьаратә школ аҟны актәи аклаас ахь данца Қьарим ажурнал аҿы иан лыжәлала иҽаниҵеит Мыхц ҳәа. Иқәра анынаӡа ирҭаз апаспортгьы иара уи ажәлала иҟан. Алитературагьы убас далалеит – Мыхц Қьарим Лиуан-иԥа ҳәа.

Ахәыҷы ианду Канитат лҟны изҳауан, уи лхаҵа анемец фашистцәа рабашьраан данҭаха аамышьҭахь, лхалазаҵәык илааӡеит лхәыҷқәа: Қьарим иан Александреи даҽа быжьҩык уи лашьцәеи лаҳәшьцәеи. Қьарим ианду лгәараҭа азааигәара дынхон уи лашьа Умар Шенкао. Қьарим ианшьцәа аӡәырҩы иара иқәлацәан, убри аҟнытә рмоҭа, ма раҳәшьаԥак еиԥш хәҷык днахараны акәымкәан, рашьа гәакьак еиԥш дыҟан, еицрызҳауан. Убри абзоурала иара иеиҭымра уи аҟарагьы иминырит, иаб усгьы дыҟамызт, иангьы уи аамҭазы даҽаџьара дынхон.

Қьарим данпоетха иан илзикыз ацәаҳәа лыԥшаахқәа рацәоуп. Лҿаԥхьа ахара идны ихы ибон, дызну амҩа лара лахь – аҩныҟа дахьамырхынҳәуаз азы, убри даара игәы иҵхон:

«Иҟасҵари шьҭа, нас иҟасҵари?
Ауаа рзами сызбыхшаз бара…»

Апоет ицәа ианыруан лара лаԥхьа ари адунеи шаанижьуаз, хьаас имазгьы акызаҵәык акәын:

«Сан сзыхшаз илҵәыуаша ҟалап…
Са саныҟам лгәы шәамысын, сшәыҳәоит».

Хәажәҷкәынтәи ажәҩан «иаҳа ииаҵәоуп»

Хәыжәҷкәын ақыҭаҿы Қьарим Мыхц раԥхьатәи 12 шықәса роуп ихигаз. 1961 шықәсазы Черқьесск иҟоу аобласттә школ-интернат ахь ддәықәырҵеит. Уи нахыс иқыҭа гәакьахь уарла-шәарла зны-зынла даауан ауп, инеиԥынкыланы дынхомызт. Аха ус шакәугьы игәалашәараҿы наӡаӡа иаанхеит ихәыҷра ахьихигаз аҭыԥқәа, урҭ ирыдҳәалаз зегьы: ақыҭауаа, аҩнқәа, аҵлақәа, аӡиас. Иажәеинраалақәа жәпакы рҟны Хәыжәҷкәын дазышәаҳәоит, иагьџьеишьоит ишԥа иара егьырҭ ишԥарызгәамҭои «аратәи ажәҩан иаҳа ишыиаҵәоу, амра акәзар – иаҳа ишыхаау!»

Нас ианбацәырҵи апоет игәаҵаҿы абрысҟатәи агәыбылра ду – абас имаҷны дахьынхоз ақыҭа ашҟа?

Ари азҵаара аҭак ҟаҵо Қьарим Мыхц иҳәон: «Иҟалап, уи аныҟала сара схаҭагьы исызгәамҭазар. Ауаҩ иахь оума, аԥсадгьыл ахь оума угәыбылра аҵаулара аныудыруа, – бзиа иубо уанацәыхароу ауп. Сқыҭа сыԥсы ахьынӡаҿҳәароу, иара уи адгьыл аҿы ишьақәгылоз слахьынҵа иахьынӡалоу анеилыскаа уи саҟәыҭханы саныҟала ауп».

Убраҟа Ҳәыжәҷкәын аҿоуп иахьииз раԥхьатәи иажәеинраалагьы. Усҟан иара дыҷкәына хәыҷын, аҽны ақәа леиуан, иара ақәа дшахәаԥшуаз… дамхаҵәыуеит.

«Усҟан ахԥатәи акласс аҿы стәазар ҟаларын – ҳәа игәалаиршәон ари ихәыҷратә епизод атәы Қьарим. – Аҵәыуара санаҟәыҵ, абӷьыци акалами аашьҭысхын цәаҳәақәак анысҵеит».

Даҽа ҩбаҟа шықәса рышьҭахь дмыҩыр зыҟаломызт.

Дазхәыцуазма усҟан ажәлар рзы апоезиа ҵакыс иамоу, апоет ауаажәларратә ԥсҭазаараҿы ҭыԥс иааникыло атәы?

«Ҳәарада, мап! Ажәеинраалақәа ззы исыҩуазгьы сзеилкаауамызт усҟан. Аха исмыҩыргьы ҟаломызт, ҳауада, фатәыда ауаҩы аԥсҭазаашьа шимам еиԥш, саргьы аҩрада ԥсыхәа сымамызт», – иҳәон Қьарим Лиуан-иԥа.

Қьарим аҩра дшачычаз зегь раԥхьаӡа игәазҭаз уи ианшьа Мусса иоуп. Даалаган иаҳәшьаԥа хәыҷы Микаель Ҷкату иҿы днеигеит, уи усҟан Москва Алитературатә институт далганы даахьан, абаза литератураҿы ихы цәыригахьан. Аамҭак ашьҭахь Қьарим иажәеинраалақәа раԥхьаӡа акәны иркьыԥхьит амилаҭтә газеҭ «Коммунизм алашара» (иахьа – агазеҭ «Абазашҭа» – аред.) аҟны, ашкол даналгоз аамҭазы шәкы инарзынаԥшуа ажәеинраалақәа еизигахьан. Урҭ зегьы цқьа-шәқьа атетрадқәа ԥшьба ирынҵаны ишимаз Бемурза Ҭҳаиҵыхә (абаза литература аклассикцәа ируаӡәку – аред.) иҟны инанагеит, иара дрыԥхьаны абас еиԥш ахҳәаагьы рзыҟаиҵеит: «Арҭ ажәеинраалақәа зегьы шәҟәык аҟны еизгаӡам, аха еизоит, шьоукы-шьоукы макьана цқьа имшәыцт, аха ишәуеит, иреиӷьқәоу рыла иубаратәы иҟоуп – ԥхьаҟа иаҳагьы ишеиӷьхо. Арҭ атетрад бӷьыцқәа еихыршәшәо, уаԥхьо ушнеиуа игәаумҭарц залшом автор есааира дшеизҳауа».

Қьарим Мыхц раԥхьатәи иажәеинраалақәа шәҟәны иҭыҵит иара аррамаҵура данахысуаз: раԥхьатәи иеизга «Сҵааҵла» ҭыҵит 1968 шықәсазы, иара изы уи ашәҟәы аекземплиар ԥошьҭала архәҭахь инарышьҭит.

«Заацәа дҟәышхеит, убри акызаҵәык ауп грас имоу»

Қьарим аррамаҵура дахысуан Москва, Алитературатә институт ахьыҟаз ақалақь аҿы, иара уи аҭалара дазгәышьуан. 1970 шықәса жәабран мзазы иажәеинраалақәа аинститут ахь инаишьҭит, арҿиаратә конкурс иаларҵарц. Алитературатә институт аҭалара зҭахыз даараӡа ирацәаҩын: ҭыԥк ахь ҩышәҩык инареиҳаны ашәҟәқәа аларҵеит! Аха Қьарим аконкурс дахысит, аԥышәарақәа рахь днашьҭын, қәҿиаралагьы урҭ иҭиит.

Аинститут дахьҭалаз, апоезиазы асеминарқәа мҩаԥигон зыхьӡ нагоу алитературатә критик Александр Алықьса-иԥа Михаилов, даара иаамысҭашәаз аӡә иакәын иара. «Анышәаԥшь салхызшәа споетны сҟаиҵеит», – иҳәоит нас Қьарим иара изкны.

Михаилов ихаҭа актәи акурс аамышьҭахь абас еиԥш ахәшьара ииҭеит иҵаҩы: «Апоезиа гәцаракрала дазыҟоуп. Грас иимоу акызаҵәык ауп – заа «дҟәышхеит», иқәра аиҳа ихыҵуазар иҭахуп, иахьа дшыҟоу еиԥш дқәыԥшны, игәы амца акны ахаарԥшра дацәшәоит. Убас ахаарԥшра дашьҭаларц ауп иабжьызго Қьарим. Егьи зегь иара илоуп. Ихы агәра иго дҟалар, иахьатәи амш иаҳзаанаго атемақәа дрызхьаԥшлар – апоезиаҿы амҩа дуӡӡа изыԥшуп».

Қьарим Мыхц Алитинститут дахьынӡаҭаз дызхысыз 45 маҭәар акырӡа идыррақәа дырҵаулеит, ихәыцшьа дырҭбааит, илитературатә дунеихәаԥшышьа, зеиԥшла идунеидкылашьа ашьақәгылара иацхрааит.

Агазеҭ аҟны аусура: апублицист, арепортиор, арратә корреспондент

1975 шықәсазы Алитературатә институт даналга Қьарим Мыхц аусура далагоит агазеҭ «Коммунизм алашара» аредакциаҿы. Ҩажәеи хәба шықәса инарзынаԥшуа абаза журналистика иазикит.

«Сара сзы аредакциа баша усурҭа ҭыԥымызт – акы ахьыҟауҵо, нас уи азы ауалафахәы ахьуоуа. Анцәа дхазҵо изы ауахәама шыҟоу еиԥш, сара ныхак исзаҩызан уи. Уа аус зуаз зегьы ауаа цқьақәа ракәны срыхәаԥшуан», – ҳәа игәалаиршәон Қьарим.

Агазеҭ аҟны аус ахьынӡаиуаз ашықәсқәа ирылагӡаны Қьарим Мыхц икьыԥхьит жанрлеи тематикалеи еиуеиԥшымыз аматериалқәа даараӡа ирацәаны. Ихы ааирԥшит иаарласӡаны ахҭыс атәы еиҭазҳәар зылшо репортиор бзианы, иара убас алитература бзианы издыруа, аочеркқәа шьахәны изыҩуа, апублицистикаҿы ажәа цҳафырла ацәажәара иацәымшәо журналистк иаҳасабала.

Қьарим Мыхц иалкаау ижурналисттә усумҭақәа хазы иҭыҵуеит иҩымҭақәа реизга ахԥатәи атом аҟны.

Ари аизга акьыԥхь абеит апоет идунеи аниԥсах ашьҭахь, уаҟа ҷыдала иалкаауп иара Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иазикыз анҵамҭақәа рцикл.

1992 шықәса нанҳәа 14 рзы ақырҭқәа Аԥсны ишалалаз адунеи ианалаҩҩы, Қьарим иаразнакала ихазы иӡбеит уа дыҟазар шакәу. Аха иаарласны Аԥсныҟа дцаратәы изыҟамлеит.

Ҟарачы-Черқьессиа дыҟанаҵ нанҳәа 27 рзы агазеҭ аҿы ибжьы ақәиргеит аешьаратә республикаҿы имҩаԥысуаз ахлымӡаах: «Сыблақәа акы рбом Аԥсны ԥшӡа збылуа амца қьоуқьад ада. Сгәы даҽа хьаак азышьҭыхуам ари аџьанаҭ-тәыла зықәдыршәаз арыцҳара анахыс. Изакәызаалак даҽа хәыцырҭак сымам ахақәиҭреи ахеиқәырхареи рзы иқәԥо аԥсуа жәлар рԥеиԥш ада…»

Цәыббра 8 рзы Қьарим Мыхц амаҵураныҟәара дышьҭын аамҭала Гәдоуҭа итәаз Аԥсны аиҳабыра рыпресс-центр ашҟа. Мызкы иназынаԥшуа иара агазеҭ «Абазашҭа» аредакциахь иааишьҭит Аԥсны иҟоу-иану атәы еиҭазҳәоз астатиақәа фба. Аибашьраҵәҟьа ахьцоз дыҟан, Нхыҵ Кавказынтә хатәгәаԥхарала иааз дрывагылан.

«Иара ҳааигәара дахьыҟаз мацара ҳгәы шьҭнахуан, фырхаҵарак ҟаҳҵандаз ҳәа ҳҟалон», – игәалаиршәоит «ҞЧА аҟынтәи Аԥсны еибашьуаз ахатәгәаԥхаҩцәа реидгыла» ахантәаҩы Заур Ӡыгәа.

Черқьесскҟа даныхынҳә Қьарим Мыхц икьыԥхьит даҽа жәа-материалк, Аԥсны иблала иибаз зегьы ихы-игәы ишанырыз аарԥшуа.

Қьарим Мыхц даныԥслак ашьҭахь, 2012 шықәсазы ианашьахоит Аԥсны иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аԥша» аорден, аибашьра аан хамеигӡарала аџьабаа иибаз азы, 2018 шықәсазы – ианаршьоит «Аиааиразы» амедал.

Пушкин ипоезиа «аласшьа» иеиԥшу

Ажурналистикаҿы илшамҭақәа шырацәаӡоугьы, Қьарим Мыхц иус хаданы еснагь имаз апоезиа акәын. Згәы ԥшқаз, ԥсабарала абаҩхатәра ду злаз, аҵара бзиагьы зауз апоет жәеинраалала дхәыцуазшәа акәын иԥсы шҭаз. Илитературатә рҿиара иара ихаҭа дшазнеиуаз ажәлар рымаҵ аура аҳасабала акәын. «Сыжәлар рахь» захьӡу иажәеинраалаҿы иазгәеиҭоит:

Иџьашәшьандаз ҳәа ажәа ԥшӡақәа срышьҭам.
Издырт ибзиан адунеи сыззықәлаз:
Шәа шәгәырӷьара сазышәаҳәарц слахҿыхны,

Шәа шәрыцҳара иазыскырц сара суаз. Мыхц иԥсы ахьынӡаҭаз ажәеинраалақәа реизгақәа ааба ҭижьит. Раԥхьатәиқәа рҟны, алитератураҭҵааҩцәа ишазгәарҭо ала, хәыҷык иԥсыҽу ажәеинраалақәа уарла-шәарла иуԥылозаргьы, аҵыхәтәантәиқәа ирнылаз убас ишьахәуп, адунеитә поезиа иреиӷьӡоу аҿырԥштәқәа ирыдукылартә аҟынӡа.

Абар Қьарим Мыхц ипоезиа дшахцәажәо афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аапрофессор Владимир Тыгә: «Мыхц иажәеинраалақәеи ипоемақәеи адәахьала убла хызкша апоезиатә маҭәала «еилаҳәаӡам». Убри аҟнытә азныказы имариоушәа, иласцәоушәа угәы иабар алшоит. Аха ари аласшьа Пушкин ицәаҳәақәа ирызҷыдароу аласшьа иеиԥшуп, уи иҵаулаӡоу афилософиатә хәыцра аҵоуп, аԥсҭазаара иреиҳаӡоу амаӡақәа аҵыздыраарц, иаазырԥшырц иашьҭоу. Асаркьеиԥш ицқьоу, аха ҵа змаӡам аӡмыжь еиԥш иҵаулоуп Мыхц ипоезиа, убри аиҿырԥшра зегь реиҳа инаалоит иара ихаҭагьы».

Апрофессор Пиотр Чкала иакәзар, Мыхц изкны иҩуеит абас: «Ажәеинраала аиҿартәышьа аформеи, иузцәырнаго агәалаҟареи, абызшәа ахаҭеи убри аҟара инапаҿы иааигеит, иара иаасҭа еиӷьны изыҩыша даҽа поетк абаза литератураҿы мышкызны дҟалап ҳәа ахаҿы аагара уадаҩуп». Пиотр Чкала шьаҭанкыла иҭиҵааит Қьарим Мыхц ирҿиара зегьы, иара изикхьеит астатиақәа маҷымкәа, иара убас амонографиагьы («Са сааит абрахь, абра сынхарцаз…» – аред.), убри аҟнытә ҿыӷәӷәала иҳәоит: «Қьарим Мыхц – цәырҵра дууп, аӡәы дилаҩашьом абаза милаҭтә литератураҿы мацара акәым, адунеитә литератураҿгьы, амилаҭреи аҵакырадгьылреи ҳәаақәҵара ахьырымуа апоезиа адунеи аҿы».

«Зегь раԥхьаӡа абзиабара ыҟан»

Қьарим ипоезиа атематикала даара ибеиоуп. Абиблиографиатә еилыркаага «Абаза шәҟәыҩҩцәа» ианылаз иара изку астатиа алагоит абарҭ ажәақәа рыла: «Угәы иҭало алирик ҵаула…» Абарҭ ажәақәа Мыхц ипоезиа зегьы иазукыр ҟалоит, еиҳаракгьы ибзиабаратә лирика.

Абзиабара атема аҭыԥ ду ааннакылоит Қьарим Мыхц ипоезиаҿы. Иџьоушьартә иҟоуп, абас ирацәаны абзиабара иазкны изыҩхьоу апоет, џьарак иадымхаргьы ажәакгьы еиҭамҳәакәа, еснагь иԥшӡаны, ихыркны, угәаҵанӡа инеиртә еиԥш ҩышьас иаиҭоз.

Ателехәаԥшраҿы имҩаԥгаз еиԥыларак аҟны Кьарим Лиуан-иԥа длафны ус иҳеит: «Сажәеинраалақәа ирыԥхьо ус ргәы иаанагозар ҟалап: ҟоҳ, џьушьт, ари абзиабара дахыԥсаауеит ҳәа». Нас иациҵеит, иара изы абзиабара иаҵанакуа акыр ишырацәоу, уи аԥҳәыс лахь иузцәырҵуа ацәанырра адагьы, ан лахь, аԥсадгьыл ахь, иааидкыланы – ауаа рахь абзиабара шакәу атәы иҳәеит. Мыхц изыҳәан абзиабара – зегьы зықәгылоу уасхыруп, адунеи ашьаҭақәа зку. Уи атәы иҳәоит иажәеинраала «Зегь раԥхьаӡа абзиабара ыҟан» захьӡу аҿы:

Азқьышықәсақәа шьарда цеит уи ашьҭахь,
Аха уажәыгьы иҟоуп еимактәыс:
Шьоукы ирҳәоит – «зегь раԥхьа иҟан ажәа»,
Егьырҭ – «мамоу, ираԥхьаӡан аус!»
Ҳдунеи ду ала мыцхәы сшаҭан сыҟам,
Ус акәзаргьы сазааит имарианы:
Зегь раԥхьаӡа абзиабара ыҟан –
Ауси ажәеи зхылҿиааз ҵабыргны.

Мыхц ирҿиараҿы аҭыԥ ду аннакылоит иара убас аԥсра атема, насгьы наунагӡатәи аԥсҭазаара азхәыцра. Еиҳаракгьы ирҿиара аҵыхәтәантәи апериод азы уи лассы-лассы дазааиуеит.

Қьарим ихаҭа абас ахиҳәаауан уи атема: «Аԥсра сзалацәажәо уи сацәшәаны, ма сахыццакуаны акәӡам. Ҳара зегь иаҳхамшҭлароуп ари адунеиаҿ наӡаӡа ҳашнымхо, аамҭала ҳаԥсы шҭоу. Мышкызны ҳадунеи ҳаԥсахуеит. Иаҳгозеи нарцәыҟа ҳанцо, ара инҳажьуеи ҳашьҭахь?» Абас доусы ихы дазҵаалароуп ҳәа иԥхьаӡон апоет. Убарҭ азҵаарақәа рҭак шыҟаҳҵо еиԥш иаҳхаҳгоит ҳаԥсҭазаарагьы ҳәа дазхәыцуан.

Апоет ихаҭа изы акраҵанакуан доуҳала дыҭәны, игәи иареи еинааланы анхара. Цәеижьла аԥсра акәӡамызт дзыцәшәоз, гәыла ажәреи аԥсреи ракәын.

Ашара, ахәлара, иахьа, уаҵәы, уаҵәашьҭахь…
«Адунеи ахәыҷы илаӷырӡ иаԥсам…»
Згәаҵәа жәпоу аҩысҭаа дрыцрыхоит,
Дышнеиуа ихаҭа дхаҳәхоит…
Сара сзыцәшәо аԥсра ахаҭа акәым,
Сгәы ԥсны сазнымхааит адунеи.

Қьарим Мыхц ирҿиара зегьы иагәылсуеит абаза жәлар рлахьынҵа азхьаарагьы. Уи реиҳа иахьааԥшуа ажәеинраалақәа ируакуп урысшәала ииҩыз ажәеинраала «Абазашҭа», иара убас апоема «Агәалашәара» аҟны, ара Мыхц поезиа бызшәала иааирԥшит ашәуаа знысыз рҭоурыхтә мҩа зегьы. Апоет ижәлар рлахьынҵа дазхьааны далацәажәоит, избан акәзар абаза жәлар рҭоурых аҟны арыцҳарақәа рацәан: аибашьрақәа, ахҵәарақәа, ауаа уаҵәы рымца ахьеиқәырҵо анырзымдыруаз аамҭақәа хьанҭақәа. Аха абарҭқәа зегь зхызгаз ажәлар зқьышықәсала рбызшәеи рҵас-қьабзқәеи мырӡкәа иааргеит, ԥхьаҟатәи абиԥарақәа ирзырыхьчеит.

Убри аҟнытә ХХ-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы имҩаԥысуаз аполитикатә, аекономикатә еиҭакрақәа ирыхҟьаны ауаа аматериалтә беиара ианашьҭала, ауаҩреи,

адоуҳаи аганахь инханы ианыҟала, апоет аҭоурых иазхьаара ахаҭыԥан ижәлар рԥеиԥш азы агәҭынчымра иоуит. Абызшәеи акультуреи зцәыӡыз ажәлар рмилаҭтә хаҿра рцәыӡуеит. Мыхцгьы аҿҟьара ихықәгылоу иуаажәлар убри деилиркаарц дашьҭоуп.

Ахықәаҿ иааины ихықәгылоу абазақәа,
Згәы иақәиҭу, шәабацо шьҭа шәара?
Ишәаҳаӡом, аха шәазхәыц шәыԥсҭазаара,
Сара санкаҳауа ма сыҵәаабжьы шәшәырҳа!

Иуникалтәу атекстқәеи урҭ реиҭагареи

Абарҭ ажәеинраалақәа зегьы аурысшәахь еиҭеигеит москватәи апоет Андреи Галамага, ибзиангьы еиҭеигеит, ҳәарада. Аха зегь акоуп, дара злаҩу абаза бызшәала урҭ рыԥшӡашьа акалашәа иҟоуп, уи даҽа бызшәак ала еиҭаҳәашьа амаӡам. Аиашазы, абаза бызшәа – адунеиаҿ реиҳа иуадаҩу абызшәақәа ирхыԥхьаӡалоу – аҵара иаԥсоуп Қьарим Мыхц иажәеинраалақәа аоригинал абызшәала рыԥхьаразы мацарагьы.

Аха абас иуадаҩу абызшәала иҩуаз апоет изы акраҵанакуан ауаа рацәа иҿахәы раҳартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵара.

Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ран Қьарим Лиуан-иԥа ихаҭагьы аиҭагара аус нап аиркит – иара ихатә жәеинраалақәеи егьырҭ абаза поетцәа ражәеинраалақәеи аурысшәахь еиҭеигон. Дзыхьӡаз зегьы иҩымҭақәа реизга аҩбатәи атом ианылеит. Мыхц иԥсы ахьынӡаҭаз иеиҭагоу иажәеинраалақәа реизгақәа ҳәа акгьы ҭымҵӡацызт, хазы жәеинраалақәак ркьыԥхьхьан ауп.

2013-2018 шықәсқәа рзы Абаза милаҭ рыҿиара ацхырааразы жәларбжьаратәи ахеидкыла «Алашара» имҩаԥнагеит Пиотр Чкала иаԥшьигаз аиҭагаратә проект. Уи иалҵшәахеит Қьарим Мыхц иажәеинраалақәа реизга «Возвращаюсь» урыс бызшәала рҭыжьра, (аиҭагаҩ Андреи Галамага). Апроект автор игәаанагарала, ари аизга иалнаршоит аурс ԥхьаҩы иҟынӡа абаза поет Қьарим Мыхц ипоезиатә хаҿра анагара, урыстәылатәи алитературатә шҭахьы иҭаршылара.

«Иузымҵо»

Еицырдыруа анемец философ Иммануил Кант ишиҳәахьаз ала, агениалра иаанаго –«иузымҵо, зҵара алымшо, иҿыцу акы аԥҵароуп». Қьарим Мыхц идкыланы абри ахшыҩҵак уахәаԥшуазар, апрофессор Пиотр Чкала иҩуеит, апоет ирҿиамҭақәа жәпакы рҿы – апоема «Агәалашәара», ациклқәа «Амшынҵа адаҟьақәа», «Ахьаақәа рыдгьыл лаша», уҳәа ажәеинраалақәа рҿгьы иааԥшит хықәкыла џьара иузымҵо, Алитературатә институт акәыз, даҽа ҵараиурҭак акәыз. Ус иҟоу аԥсҭазааратә ԥышәагьы иунарҵом, уи ма ԥсабарала иулоуп, ма иулаӡам.

«Абарҭ реиԥш иҟоу аҩымҭақәа жәҩанынтәи иааз агәацԥыҳәара иунарыҩуеит акәымзар, даҽакала иишьа рымаӡам, иузхәыцӡом, – ҳәа агәра ганы дыҟоуп Мыхц ирҿиара аҭҵааҩы. – Хшыҩла, ма логикала иаҳзеиҭаҳәаӡом абри аҩыза агармониа, аԥшӡара, аестетикатә нырра ӷәӷәаӡа ҳазҭо ацәанырра зхылҿиаауа <…> Араҟа акны еилаҵәеит ирационалтәуи ирационалтәыми, хшыҩла иузеилымкаауа, еиҭаҳәашьак ззыузыҟамҵо, асахьаркыратә цәанырреи, агәынхәҵысҭеи рыла ишьақәыргылоу. Абас иҟоу арҿиамҭақәа агәра удыргоит: Қьарим илаз аҟыбаҩ – уциуазароуп, иузҵаӡом. Шәагаала иузымшәо, иузымҳасабуа, хыхьынтәи Анцәа иулаиҵо баҩхатәра цқьоуп».

Ахаҭара аарԥшра – адура иацырҟьоуп

Қьарим Мыхц ирҿиара официаллагьы иазгәаҭан. 1998 шықәсазы ихҵан «Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика жәлар рпоет» ҳәа ахьӡ ҳаракы, 1999 шықәсазы Умар Алиев ихьӡ зху апремиа ианашьан абаза литература арҿиаразы иҟаиҵаз алагалазы.

Аха Қьарим Лиуан-иԥа ихаҭа ас еиԥш иҟоу аформалтә ҳаҭырқәҵара рацәак игәы азҭамызт, ихадараны ииԥхьаӡоз ауаа разхаҵара акәын. Аԥхьаҩцәа рыбзиабара дшаԥсахаз аршаҳаҭит Қьарим Мыхц ирҿиаратә хәылԥазы, 2001 шықәса, хәажәкыра 17 рзы имҩаԥысыз. Ахәылԥаз мҩаԥысит Черқьесск, адраматә театр ахыбраҿы, атеатр уаала иҭәын, ахәылԥаз ныҳәак еиԥш имҩаԥысит. Ауаа бзиа ирбоз апоет иԥсы ахьынӡаҭаз ажәа ҟәандақәа иаҳәара иахьӡеит.

Абри аиԥылара ашьҭахь мызкгьы мҵыцкәа – мшаԥымза 12 рзы апоет идунеи иԥсахит.

Ари адунеиаҿ зегьы ирқәашьхом рхаҭараҵәҟьа аарԥшра. Қьарим Мыхц уи илшеит. Абри идура азгәеиҭеит ҟарачытәи апоет Иусуф Созарыҟәа, иҩыза иԥсра абас еиԥш жәеинраалала иақәҿызҭыз:

Акрали ақьачақьи рҭыԥкәа рԥсахуан,
Уахьынаԥшлак зехьынџьара цәгьаран –
Дыкралҵәҟьан усҟан арҭ зегьы насҭхьаҳәан,
Меицакрада зхы аарԥшра зылшаз…

Қьарим Мыхц дызлахәыз аҵыхәтәантәи ателехәаԥшратә дырраҭарақәа руак аҿы апоет иԥсҭазаара дазааҭгыло гызмалрада иазгәеиҭеит, иԥсҭазаара игәы шазҭоу, аха игәы еихьызшьуа «иара ихаҭа илшоз, дзыхьӡарц ииҭахыз аҟынтә иҟаиҵаз ахьмаҷу» акәын. Ачын дуқәеи амали ахьимырҳаз дахьхәны дыҟамызт. Иара изы зегь реиҳа ихадараз – уаҩрала иԥсҭазаара ахьихигаз ауп. Данқәыԥшызтәи игәы ацқьара ахьеиқәирхаз далаҽхәон.