Нанҳәа 13 рзы ииубилеи азгәеиҭоит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, аҵарауаҩ, амеценат, ауаажәларратә усзуҩы, зхықәки зымчхареи зыжәлар реиҭеира иазызкыз – Мусса Егзакь. Акрызҵазкуа ари амш инадҳәаланы, АААК аинфопортал иазнархиеит аиубилиар изку аочерк.

Гьаргь Чкала

Егзакь зынӡа дыҷкәына хәыҷын, иаҳәшьеиҳабы узакәхарц иуҭахда ҳәа даниазҵаа, абас ала аҭак аныҟаиҵоз: «Аԥара рацәа сырҳалоит, ауаа рацәа срыцхрааларц азы». Иахьа иара хьӡи-ԥшеи змоу ҵарауаҩуп, бизнесменуп, хазы игоу ауаа рыцхыраараҿы даанымгылакәа, жәлары зегьы дрыцхраауеит.

Умч агәрагара

Мусса Егзакь иаԥшьгарала еиҿкааз аконкурс «Ашықәс ашәа – Абаза» 2007 шықәсазы раԥхьаӡа акәны ианымҩаԥыс, аӡәырҩы зныктәи акциоуп ҳәа рыԥхьаӡеит. Аха аконкурс адырҩашықәсангьы имҩаԥысит, убас егьырҭ иааиуаз ашықәсқәа рзгьы иацҵан. Ари аконкурс ауааԥсыра бзиа ирбаз, итрадициатәхаз, абазақәа ркультуратә ԥсҭазаара иузаҟәымҭхо акакәны иҟалеит.

Убас ала Егзакь напы аиркит зымҽхак ҭбаау, абаза бызшәеи акультуреи реиқәырхареи рырҿиареи иазынархоу имеценаттә усура.

Мусса Ҳабал-иԥа ихаҭа афестиваль «Ашықәс ашәа» иазиҳәоит абаза поетцәеи амузикаԥҵаҩцәеи рырҿиара аимпульс ӷәӷәа азҭо усмҩаԥгатәуп ҳәа.

«Ибеиоу ашәатә фонд аҵак ду амоуп абызшәа аиқәырхараҿы, – ҳәа игәы иаанагоит иара. – Ауаа рыҩнқәеи, рмашьынақәеи рҟны, ма иара ус иахьааидтәало иззыӡырыҩуа ашәақәа рацәаны иҳаур, абаза бызшәа зехьынџьара иуаҳауа иҟалоит. Ашәа ҿыцқәа ракәзар, урҭ ҳмузикатә культура еиҳагьы еиздырҳауеит, идырбеиоит. Ари афестиваль – арҿиаразы иӷәӷәоу импульсуп, избан акәзар иара алахәхаразы иаԥҵалатәуп ажәеинраалақәа, амузикатә композициа ҿыцқәа, мамзаргьы иԥшаатәуп ауаа рацәа ирмаҳац ажәытә ашәақәа».

2000-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы абаза культура арҿиаразы даҽа шьаҿакны иҟалеит иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара «Аԥсуа-абаза жәлар рыҿиара ацхырааразы Жәларбжьаратәи аидгыла «Алашара» аԥҵара. Уи аусураҟны ихадоу акы акәны иҟоуп акультуратә-рккаратә хырхарҭа.

Аиҿкаара аԥҵан 2011 шықәса, жәабран 25 рзы, Санкт-Петербург. Убри ашықәс азы, «Алашара» ахылаԥшрала иҭыҵуеит – абазақәа ркультуреи рҭоурыхи иазку, «Абаза тәылаҟны» ҳәа хьӡыс измоу ашәҟәи (авторцәа – М. Егзакь, Н. Емелианова), ашәуааи аԥсуааи рҭоурых зныԥшуа архивтә документқәа знылаз – «Кавказ Ду аҩ-ганк рыла» ҳәа захьӡу ҩ-томкны еиқәыршәоу аусумҭеи. Иара убас, убри аамҭазоуп ианаԥҵаз аинтернет-саит «Абазатәыла» (alashara.org), абазақәеи аԥсуааи ркультуратә ԥсҭазаареи, аиашьаратә жәларқәа иналукааша рхаҭарнакцәеи ирызку аинформациатә ресурс. Уи анаҩсгьы имҩаԥысуан аспорт адгылара азҭоз аусмҩаԥгатәқәа, Аԥсны иаатуа иалагеит аиқәԥаратә школқәеи, еиуеиԥшым асекциақәеи.

2013 шықәсазы Мусса Егзакь иӡбоит, иуаажәларратә усура Ҟарачы-Черқьессиаҟа, ашәуаа рыԥсадагьыл ахь аиагара. Черқьесск ақалақь аҿы иаԥиҵоит «Алашара» иалкаау аҟәша, ауаа еизигоит, урҭ дҵасгьы ириҭоит – абазақәа ахьынхо-иахьынҵуа ирыгу-ирыбзоу аилкаареи, абаза жәлар рыҿиаразы акомплекстә программа аԥҵареи, уи анагӡареи напы аркра.

Усҟан еиԥш иахьагьы Мусса Ҳабал-иԥа иглобалтәу хықәкны имоуп – ашәуа қыҭақәеи, уа инхо ауааԥсыреи рыԥсҭазаара аиӷьтәра. Иара агәра ганы дыҟоуп: азҵаарақәа жәпакы ауааԥсыра рхаҭақәагьы ирзыӡбоит, уи азы агәазыҳәара рымазар, рхы агәра ргозар.

«Аҽы акәӡам аус злоу, аӷәра зку иоуп»

Мусса диит 1964 шықәсазы, ақыҭа Гәымлоуқыҭ. Ҳабал Егзакьи Фатимаҭ Цәзыкьа-Егзакьи рҭаацәараҿы иара аҩбатәи хәыҷын, зынӡа аҭаацәараҿы иит ԥшьҩык ахшаара.

Мусса Ҳабал-иԥа ихәыҷра шықәсқәа ажәа ҟәандала дрыхцәажәоит.

«Сан лылагьы, саб илагьы исыман андуцәеи абдуцәеи. Урҭ иаҳзеиҭарҳәоз алакәқәеи, ажәытә ҳәамҭақәеи рыла иҳазҳаит. Зегьы иреиӷьу ауаҩытәыҩсатә ҟазшьақәа ҳаларааӡон», – иҳәоит иара.

Мусса хәыҷы ихаҭара ашьақәгылараҿы иҷыдоу ароль наигӡеит иаб ила иабду Газиз. Уи уаҩы наӡааӡак, даара еинааланы иҟаз, акрыздыруаз, уамашәа иубаратәы згәы разыз иакәын – аҷкәын хәыҷы изы ҿырԥштәыс, идеалс дыҟан.

«Сабду 97 шықәса ниҵит, иқәра убас ишыҟазгьы аҭәа ирхуан», – иабду дигәалашәацыԥхьаӡа, Мусса Ҳабал-иԥа иблақәа агәыблыреи агәеизҳареи рхубаалоит.

Еиҳаракгьы игәалашәараҿы инхеит хҭыск: иабду ауасақәа иманы аҳәырҭаҿы дшыҟаз, ргәылак идунеи иԥсахит. Усҟан иқәыԥшыз Мусса дрышьҭуеит иҟалаз арыцҳара атәы иабду иеиҳәарцаз.

«Исырҭаз аҽы ергьҳәа амҩа ианын – ахы ларҟәны, алымҳақәа хьдышьшьыла. Убас ала цәгьаԥсышьа баны аҳәырҭаҿы снеин, сабду иҟалаз атәы иасҳәеит. Иара дхынҳәаанӡа ауасақәа сырхылаԥшларц азы адҵа насыҭаны, ахьышәтҳәа дҽыжәлеит. Уамашәа иубаша, аҽы иаразнак аԥсы ааҭалеит – ахы ҩышьҭнаԥаан, сабду дышьҭхысаа ақыҭахь дагеит. Убасҟан сара еилыскааит: аҽы акәӡам, уи аӷәра зку иоуп аус злоу».

Агәарабжьаратә спорти апрофессионалтә спорти

Зыӡбахә ҳамоу аамҭақәа рзы Гәымлоуқыҭ аспорттә школқәеи асекциақәеи ыҟамызт. Абаҩрҵәыра аурок аҟны ахәыҷқәа еиҳарак ампыл акәын изысуаз. Аха ус шакәызгьы, гәарацыԥхьаӡа аԥырҟьақәа гылан, насгьы шамахамзар аҷкәын хәыҷқәа зегьы уи аҟны рҽышьҭыхны изеихаҵәиуан, амала «амра» захьӡыс аихагьежьра аҟаҵара зылшоз – «абаҩхатәра ду злоу» ҳәа иԥхьаӡан.

Аҷкәынцәа зегьы иџых-џыхӡа, амч рыланы ирызҳауан. Ҟарачмаҷтәи араион аҟны имҩаԥысуаз ашколтә еицлабрақәа рҟны Гәымлоуқыҭтәи ахәыҷқәа лассы-лассы еиуеиԥшым аспортхкқәа рҿы актәи аҭыԥқәа ааныркылон.

Амҭак ашьҭахь ақыҭаҿы дцәырҵуеит абоксиор: Мусса хәыҷы уи дахьцалак дишьҭан, иҽазыҟиҵо далагеит, «иҽиларԥсны дикит» уҳәр ҟалоит.

Ленсовет ахьӡ зхыз Ленинградтәи атехнологиатә институт данҭалагьы, Мусса абокс азы иҽазыҟиҵон, аха нас диасуеит зхы иақәиҭу аиқәԥарахь. Хымз рышьҭахь Ленинград иреиҳаӡоу аҵариурҭақәа рыбжьара аиқәԥара дачемпионхоит. Арԥыс испорттә қәҿиарақәа уи алагьы инымҵәаӡеит: иаԥхьаҟа изыԥшын аидгылазегьтәи аҩаӡара змоу аицлабрақәа рҟны аиааирақәа, урҭ аиааирақәа рыбзоурала аспорт азҟаза ҳәагьы дҟалоит.

Ҳәарада, аспорттә ҽазыҟаҵарақәа арԥыс иҟазшьа ианыԥшуеит, еиҳа ддырӷәӷәоит, игәамч еиздырҳауеит, ихықәкқәа рынагӡашьа идырҵоит. Убри азыҳәан, згәабзиара ҳараку ажәлар рыҿиара аус аҟны аспорти абаҩрҵәыреи инарыгӡо ароль бзианы еилызкаауа Мусса Ҳабал-иԥа инаигӡо ауаажәларратәи, мамзаргьы амеценаттәи аусқәа рҟны уи ахырхарҭа иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит. Мусса Егзакь ихаҭагьы шьыжьтәи абаҩрҵәырала имш дналагоит, анаҩс уи иашьҭанеиуеит шьыбжьонтәи абаҩрҵәыра.

Аспециалист қәыԥш иҟнытә абизнесмен нага иҟынӡа

1987 шықәса, жәабранмзазы Мусса Егзакь инапаҿы иоуеит анџьныр-ахимик-атехнолог идиплом. Мызқәак рышьҭахь, мшаԥымзаазы аусура далагоит Ленинградтәи ахимиа-лабораториатә разагақәеи ахархәагақәеи рзауад аҟны, амеханизациа зызуу аҵхырҭа ацех аиҳабы ихаҭыԥуаҩс. 1988 шықәса, жәабранмзазы азауад атехнолог хада ихаҭыԥуаҩс дҟарҵоит. 1989 шықәса, абҵарамзаазы, Мусса Егзакь дҭалоит асаркьеи аситаллқәеи (аситаллқәа – иҷыдоу атехнологиа ахархәарала илгоу асаркьакристаллтә маҭәахәқәа – аред.) рхимиатә технологиа акафедрахь иаҵанакуа аспирантура, уи дагьалгоит 1992 шықәсазы. Анаҩс аусура далагоит Санкт-Петербург иҟаз Иарку Акционертә Еилазаара «Техноинтеллект» аҟны адиректор хада ихаҭыԥуаҩс. Уаҟа аус иуан 1998 шықәса, жәабранмзанӡа.

1998 шықәсазы Мусса Егзакь иаԥиҵоит еиҭамҵуа амал ахь иаҵанакуа апроектқәа аус рыдызуло аиҿкаара – Иаарту Акционертә Еилазаара «Соломон».

2006 шықәсазы, Санкт-Петербург, Енгельс ипроспект аҟны аилазаара иаанартуеит ахәаахәҭратә-агәырҿыхаратә комплекс «Гранд Канион». 2010 шықәсазы иаанартуеит ахәыҷтәы центр «Дивныи город», уи аҩнуҵҟа аус ауеит убасгьы ахәыҷтәы театр «Плоды Просвешьениа». Иахьазы аилазаара напхгара азнауеит ҩышә нызқь метра ԥшьыркца рҟынӡа зҵакыра наӡо еиҭамҵуа акоммерциатә мал. 2016 шықәсазы Ажәабатәи жәларбжьаратәи еиҭамҵуа амал иазку аинвестициатә форум «Proestate-2016» аиубилеитә премиа аҟны, аноминациа – «Еиҭамҵуа ахәаахәҭратә мал» анашьан апроект «Гранд Канион».

Аилазаара еснагь адгылара рынаҭоит еиуеиԥшым асоциалтә проектқәа, ирыцхраауеит агәыҳалалратә фондқәа, ахәыҷтәы ҵаратә усбарҭақәа, аҟазара аусзуҩцәа, аспортсменцәа, адинхаҵаратә еиҿкаарақәа.

Иус хада инаваргыланы Мусса Егзакь иҭҵаарадырратә ԥшаарақәагьы реизырҳара даҿын: адиссертациа ихьчеит, атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор ҳәа ахьӡ ихҵоуп.

Иԥсҭазаара зызку

Мусса Егзакь ӷәӷәала ишьапы данықәгыл, иҽазикуеит даныхәыҷыз аахыс реиҳа ихаданы иҿаԥхьа иқәиргылаз ахықәкы – ижәлар реиқәырхара. Усҟан даныхәыҷыз, иаҳәшьеиҳбы лызҵаара аҭак ҟаҵо, Мусса абас мҽхакыҭбаала дымхәыцуазар ҟаларын. Аха ижәлар гәакьа реиҭеира дацхраарц агәазыҳәара еснагь ицын.

«Сыжәлар реиқәырхара азҵаара есымша сгәы иҵхон. Аамҭа цацыԥхьаӡа урҭ ахәыцрақәа еиҳагьы иӷәӷәахон… избон, исныруан ҳатрадициақәеи, ҳбызшәеи, ҳкультуреи аӡра ишаҿу, – иҳәоит Мусса Ҳабал-иԥа. – Санстудентызгьы, ақалақь ду аҟны аҵара анысҵоз, исызгәакьоу, смилаҭ иатәу шысзымхо сныруан… иаҳҳәап, смилаҭ рашәақәа зну кассетақәак рзыӡырҩразы алшара сымазтгьы, сыԥсадгьыл усҟак сацәыхарамшәа схы збалар ҟаларын. Аха усҟан ус еиԥш акгьы ыҟамызт».

Мусса Ҳабал-иԥа игәалашәоит, хәыҷы-хәыҷыла иара дзызкыҵәҟьоу аилкаара шизааиуаз: ижәлар рмилаҭтә хаҿра аиқәырхаразы илшо зегьы аҟаҵара, «ҳхәыҷқәеи, ҳмоҭацәеи рыдагьы, ԥхьаҟатәи абиԥарақәагьы ирзыԥшу аԥсҭазаара гәрахаҵарала иазнеиразы», рхылҵшьҭра рдыруазарц, уи еиҷаҳаларц азы.

«Ҳәарада, сыжәлар рхаҭарнакык иаҳасабала исҭахуп, ҵарадыррала, доуҳатә ԥшӡарала сџьынџьуаа зегьы инарылукаауа иҟазарц, рыжәлар хәыҷи, ртәылеи азы акрызҵазкуа азҵаарақәа рыӡбаразы алшара роурц. Исывагылоу аицеиҿкааҩцәеи сареи иазҳархиеит аетнос аиқәырхареи, арҿиареи иазынархоу жәашықәса иазыӡбоу апрограмма. Сара еилыскааит: убри апроект насыгӡаанӡа, ҭынч сзынхараны сыҟаӡам», – иҳәоит Егзакь.

Иреиҳаӡоу амал – ауаҩ иоуп

Мусса Егзакь ирҳауа ахарџь ахәҭа ду – Ҟарачы-Черқьессиа абаза қыҭақәа рыԥсҭазаара аиӷьтәра иазоуижьуеит. Аха уи аамҭазгьы инаҵшьны иазгәеиҭоит: даара акраҵанкуеит ауаа рхаҭақәагьы рыԥсҭазаара аԥсахра ианашьҭоу.

«Ауаа реиланхарҭақәа рҟны иаԥаҳҵеит ауаажәларратә хеилакқәа. Раԥхьатәи ауаажәларратә хеилак аартын сқыҭа гәакьа Гәымлоуқыҭ, анаҩс – Ҟарачы-Черқьессиа егьырҭ ақыҭақәа рҿгьы. Ақыҭақәа реиҳабырақәеи ҳареи ҳамчқәа еилаҵаны, ақыҭақәа рырҿиаразы аплан ашьақәыргылара напы аҳаркит. Убас, шьаҿа-шьаҿала ари апроцесс ахь ауаа адыԥхьало, ҳаидгыланы, ҳаицтәылауаа рнапала рыԥсҭазаара еиӷьыртәырц азы алшарақәа аԥаҳҵон. Ауаа аҵыхәтәантәи алҵшәа зеиԥшрахо дара рнапаҿы мацара ишыҟоу анеилыркаауа, ахықәкы анынаӡо аамҭазы, рдунеихәаԥшышьагьы аҽаԥсахуеит. Ҳастратегиаҟны убри ихадоу акы акәны иҟоуп», – иҳәоит Мусса Ҳабал-иԥа, инацҵангьы иазгәеиҭоит: «Сгәаанагарала, ишырҳәо еиԥш «ахаҳәқәа реизгара» аамҭа ааит. Ԥхьаҟатәи ҳабиԥарақәа ҳрызхәыцноуп апланҟаҵара напаркра шахәҭоу. Ауаҩы ихадароу аҭыԥ ахьааникыло абызшәеи акультуреи рыҿиара апрграммақәа рынагӡарала ҳажәлар реиҭеира ашьаҭа ҳкуеит. Ауаҩы иоуп – ихадоу амазара, иреиҳаӡоу амал.

Аԥсадгьыл – аԥсҭазааратә гәамч иахыҵхырҭоуп

Иахьатәи аамҭа иақәшәо ақыҭа зеиԥшразарц ахәҭоу Мусса Егзакь иаҳирбарц иӡбоит иқыҭа гәакьа Гәымлоуқыҭ аҿырԥшала. Анаҩс, уи аԥышәа егьырҭ ашәуа қыҭақәа рахь иигахарц азы. Уи ашьҭахь абри амодель ихьакәзаалакгьы иалаурҵәар алшоит.

Мусса Ҳабал-иԥа Егзакь иаԥшьгареи, ифинанстә цхыраареи рыла 2013 шықәсазы Гәымлоуқыҭ ихацыркын ақыҭа зегь рыла аиқәыршәаразы зымҽхак ҭбаау аусмҩаԥгатәқәа. Амҩақәа ҟарҵеит, асоциалтә обиектқәа дырԥшӡеит. Агәам-сам ахькажьыз нарзантәи аӡыҵхәраа – еиҿкааӡа иҟоу апарк алырхит, иахьа уаҟа хәыҷи-дуи гәахәарала рыԥсы ршьоит.

2018 шықәсазы иргылан иҟаимаҭу аспорттә комплекс, иахьазы уаҟа шәҩыла ақыҭауаа – аиҳабацәагьы аиҵбацәагьы рҽазыҟарҵоит.

Иазырхиоу апроект – «Акурорт Гәымлоқҭ» (Гәымлоуқыҭ, абаза бызшәала – Гвымлокт – ижәытәӡатәиу хьӡуп, Гәым аӡиас аԥшаҳәаҿы ишьҭоу Лоуаа рқыҭа ҳәа аанагоит – аред.), анагӡара ашьҭахь, Гәымлоуқыҭ аԥсшьаҩцәа зҭаауа ҭыԥны иҟалоит.

Мусса Егзакь иџьынџьдгьыл иаҭаара – еснагь ихҭыс дууп. Иара Санкт-Петербург аус рацәа ишимоугьы, шықәсык ала изныкымкәа иқыҭахь даауеит. Усҟан аҭыԥантәи ауаажәларратә актив зегь еизоит, раԥхьагылаҩи дареи рқыҭа арҿиара аплан ҿыцқәа аус рыдулара напы адыркуеит.

Мусса Ҳабал-иԥа даараӡа бзиа ибоит иқыҭа гәакьа.

«Иҟалоит Урыстәыла аҩадахьы уиины, уԥсҭазаара зегь уа имҩаԥысуаны, аҵх лашақәеи, уатәи аԥсыӡхкқәеи, уатәи амаахырқәа ирылху ақалмышьқәеи гәыкала бзиа иубо уҟазарц. Аха ҽнык зны Ельбрус ашьха ашьапаҿы уаауеит, ишәҭуа аҭәаҵлеи ашьац иаҵәеи рыфҩы уԥынҵа иааҭасуеит, ашьха ухаланы аҳауа цқьа лбааудоит, уи ашьапаҿы аӡхыҽҽа еибах-еибафо ишлеиуа абжьы уаҳауеит, хыхьынтәи адәеиужь лаԥшыла иааимудоит – ашьхаӡиас адунеи иақәлоу ахатә ҭоурых ахьаннаҵо, нас чаик унаҿыхәоит, иагьеилукаауеит: абар уԥсадгьыл, аԥсҭазааразы гәамч узҭо, уажәы-уашьҭан уззыхынҳәло», – иҳәоит иара, агәрагьы игоит иқыҭауаа зегьы абарҭ ицәаныррақәа шицеиҩыршо.

Жәлар раԥхьагыла

Черқьесск имҩаԥысуаз, ИАЕ «Алашара» иалкаау аҟәша аӡыргара аҽны, Мусса Егзакь ирҭеит азҵаара: «Абазақәа ауаажәларратә еиҿкаарақәа ԥыҭк рымоуп, «Алашара» урҭ излареиԥшымхои?» – ҳәа. Егзакь абас аҭак ҟаиҵеит: «Ҳусура шьаҭас иамазаауеит асистемаркра. Ҳҿаԥхьа ахықәкы ҳаргылалоит, нас уи зланаҳагӡаша амҩақәа ылаҳхлоит, убарҭ амҩақәа рылхразы иахәҭоу аус қәа мҩаԥаҳгалоит. Абас шьаҿа-шьаҿалоуп аихьӡара дуқәа рҟынӡа анеира шалшо».

ИАЕ «Алашара» аԥшьгаралеи, иара хаҭалатәи алахәралеи имҩаԥысуа хыԥхьаӡара рацәала акультуреи, аҵараҵареи, аспорти, аҭҵаарадырреи, агәабзиарахьчареи, асоциалтәи ауаажәларратәи хырхарҭақәеи ирызку апроектқәа қәҿиарала рынагӡара абзоурала, аилазаара иаднаԥхьалеит аԥсҭазаара аиӷьтәра иашьҭоу абаза жәлар амчқәа. «Алашара» акәша-мыкәша рҽеидыркылеит пату зқәу аилазаарақәа ԥыҭк, урҭ зегьы еидгыланы ишьақәдыргылеит Ассоциациа «Аԥсадгьыл». Ассоциациа ахантәаҩыс далхын Мусса Егзакь.

2017 шықәсазы Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза жәлар рассоциациа Аизара ду аҟны Мусса Егзакь уи аиҿкаара ахантәаҩыс иалхра азҵаара ықәдыргылеит, дагьалырхит. Убри Аизара ду аҟынгьы Ассоциациа еиҭашьақәыргылан Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс (АААК) ҳәа.

Абар уажәшьҭа абаза жәлар зегьы раԥхьагылаҩ иаҳасабала, Мусса Егзакь напы аиркит астратегиатә уснагӡатә аӡбара – адунеи зегьы иқәынхо ашәуааи аԥсуааи реидкылара, ихадоу ахықәкы – аетнос аиқәырхара – анагӡаразы.

«Сахьӡар сҭахуп Сыԥсадгьыл маҷи, Урыстәылеи, Аԥсныи ирыхәаша, акрызҵазкуа аусқәа рынагӡара. Ҳаԥхьаҟатәи абиԥарақәа рыҿиаразы ашьаҭа ӷәӷәа азырхиара, – иҳәоит Егзакь. –Ужәлар, уԥсадгьыл бзиарас ирзыҟауҵаз алоуп адунеи аҿы ушьҭа шынужьуа».

Гәык-ԥсыкала Мусса Ҳабал-иԥеи, абаза жәлари зегьы ирзеиӷьаҳшьоит хыхь ишҳәоу еиԥш иҟаларц! Анҵыра дуи, ихырҳагоу аусуреи шәзеиӷьаҳшьоит, иаҳазгәакьоу Мусса Ҳабал-иԥа. Шәыԥсҭазаара илашоу, анасыԥ зцу амшқәа рыла иҭәызааит!