Сариа Лакоба – аԥҳәыс лиашареи лхьамҵреи, ачҳареи ахақәҵареи ирҿырԥшыгоу фырԥҳәызбоуп. Фазиль Искандер ишылзиҳәаз еиԥш, Аԥсны зыхьӡ нагоу аҳәса зегьы инарылукааша аӡә лоуп, аҵыхәтәанынӡа лхаҵа игәалашәара аҳаҭыр ахькалмыршәыз азы, уи амшала дгәаҟуа лыԥсы шылхыҵызгьы.

Арифа Қапԥҳа

Сариа инылҵыз 35 шықәса заҵәык роуп, аха убри аԥсҭазаара кьаҿ иҭаӡеит абзиабара цқьа, лҭаацәеи лхаҵеи рымаҵ аура, анра иацу ахаареи, аԥхарреи, асас дахьқәа рыдкылара, амчра знапаҿы иҟаз рҩызара, НКВД (Асовет Еидгыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рзы жәлар ркоммисариат – аред.) абахҭаҟны ҩышықәса рыхлымӡаахра, лыԥсы ҭаны уаҳагьы дахьызҭымҵыз.

Сариа (мамзаргьы Сарие) Лакоба диит 1904 шықәсазы амал змаз аҷаруаҩ Аҳмед-Мамед Џьих-оглы иҭаацәараҿы. Сариа лынахыс аҭаацәараҿы ирызҳауан даҽа фҩык ахәыҷқәа. Аҭаацәара амал зкыз ракәны иԥхьаӡан: Баҭым аԥшаҳәаҿы аҩнқәа рызгылан, урҭ қьырала иарҭон, ирыман иара убас рхатәы чаӡырҭеи адәқьанқәеи. Сариа лан – Мелеқ Ԥаҭланӡиаԥҳа даԥсыуан, Очамчыратәын. «Ари аԥҳәыс ҟәыш, 1920-тәи ашықәсқәа ралагамҭазынӡа аҭаҭқәым (чадра) зшәыз, быжьҩык ахәыҷқәа ааӡара бзиаӡа рылҭеит. Урҭ зегьы агәыблыра рыбжьан, рангьы даара бзиа дырбон», – ҳәа лыҩуеит Адиле Аббас-Оглы, лышәҟәы «Хашҭшьа сымам» аҟны.

Нестори лареи реиқәшәара

Сариа илнасыԥхараны иҟаз Нестор Лакоба (аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны жәлар ркоммисариатқәа рхеилак ахантәаҩыс иҟалаз – аред.) раԥхьаӡа акәны дылбеит дара рыҩны даннеи, Баҭым. Нестор ҩызас диман лара лашьеиҳаб Аки, уи иоуп ақырҭуа меньшевикцәа рҟынтә иҩыза – аԥсуа арԥыс зыҩны дызҵәахуаз. Сариа усҟан жәохә шықәса ракәын илхыҵуаз. Аҭыԥҳа ԥшӡа дкахәхәа, лыбла қаруақәа ҭыԥххаауа, лыхцәы еиқәаҵәа жәпаӡа, Нестор дшынлыхәаԥшыз еиԥшҵәҟьа иаразнак дигәаԥхеит, Сариагьы лылаҿы дааит агәымшәара злаз ареволиуционер қәыԥш. Аҩыџьагьы еицыбналеит.

Сариа лашьцәеи, лани, лаби азныказы урҭ реибагара ргәы иахәомызт, аха хәыҷы-хәыҷла ргәашыра еиқәтәон, ишнеиуазгьы Нестор иаԥсоу маҳәык иаҳасабала дрыдыркылеит. Апоет-аиҭагаҩ Сергеи Липкин ари аҭаацәара иазкны апоема аԥиҵеит «Нестори Сариеи» ҳәа хьӡыс иаҭаны. Акьыԥхь зымбацыз ари арҿиамҭа аҭоурыхҭҵааҩ Станислав Лакоба инапаҿы иҟалеит ашәҟшыҩҩы Фазиль Искандер имҭаны. Липкини Искандери хаҭала еибадыруан, аҩыџьагьы рҩымҭақәа ркьыԥхьуан алитературатә альманах «Метрополь» аҟны.

Ла лыблақәа рҿы даԥхьеит азгәыкра ԥшӡа,
Наӡаӡеиԥш илашаз, зхы иақәиҭыз уи амца,
Уи лаби лашьцәеи ргәеибакра еиҳаз,
Нас лан ллаӷырӡаша аиҳагь ицаз,
Иара амсылманра аасҭагьы иӷәӷәаз…
Игәеиҭеит урҭ зегь, аха игәы мыҭрыст:
Иҩызцәа дыдирдырт – «абар сыԥҳәыс!»

Сариа Нестор даниццоз ашколгьы далымгацызт. Аҵара лоуит аҩныҟа ҷыдала лара лзы Нестор ааԥхьара зиҭоз арҵаҩцәа рҟынтә. Аԥышәарақәа екстернла иаҭаны Сариа аттестат лоуеит.

«Уи аамҭазы аҷар ҭыԥҳа лзы ари хҭыс дуун, избан акәзар усҟан амсылман дин ныҟәызгоз аҷар ҭыԥҳацәеи аҳәсақәеи, аҭаҭқәымқәа ныҟәыргон, шамахамзар аҵара рымамызт. Аха иара уи аҿгьы даанымгылеит Сариа. Даара ирацәаны ашәҟәқәа дрыԥхьон, лҵара иазлырҳауан. Ԥсабарала илылаз ахшыҩи, агьама ҳараки, аҟыбаҩи, аҵареи аетикет адырреи анрыцла, абагәа илатәоу ахәац анхьычԥаԥырхо еиԥш ашьха-ҭыԥҳа Сариа, атәыла ахада иԥҳәыс ишлаҭәоу еиԥш, раԥхьатәи леди лакәны даақәгылеит», – ҳәа лыҩуеит Надежда Лиутахина, лессе «Сариа лыҩныҟа дхынҳәуеит» аҟны.

Насыԥла иҭәыз Аҟәатәи аԥсҭазаара

Сариа, Нестор, иара иан, нас егьырҭ рыуацәа гәакьацәеи зегьы еицынхон Аҟәа, иахьатәи Лакобеи Ажәанбеи рымҩақәа реихдаҿы игылоу аҩн ду аҟны. Сариеи Нестори рыԥсҭазаара иадҳәалоу ахҭысқәа зегь реиҳа ирацәаны иаҳзаанлыжьит лара лҭаца – лашьеиҵба Емды иԥҳәыс –Адиле Аббас-оглы, лышәҟы «Хашҭшьа сымам» аҟны. Лара лгәалашәарақәа рҟны Сариа даҳбоит згьама ҳаракӡоу ԥҳәызба ҟәышк лаҳасабала, иԥшӡаны аҽеилаҳәара инаркны аҩны аиҿкаашьа зеиӷьыҟам ала издыруаз лакәны.

«Лара ахьи абырлашқәеи рацәаны илыман, урҭ реиҳарак лашьцәа ҳамҭас илырҭақәоз ракәын, избанзар Нестор излаиԥхьаӡоз ала, уԥҳәыс амцхә «лырқьынцыцра» иаԥсам усын – аха, лара ахаангьы лырԥшӡага ссирқәа зегьы лхаҵаны џьара днеиуамызт, ԥхашьароуп ҳәа лыԥхьаӡон. Иаҳҳәап, зыхә ҳаракӡоу амацәаз лхалҵозар, алымҳарыҩқәа иаҳа имариқәааз алҭон. Аиҳабыра рыҳәсақәа лара илҿыԥшуан, илеиԥшны аҽеиҿкаашьа иашьҭан», – ҳәа лыҩуеит Аббас-оглы.

Сариа лассы-лассы аҳәсақәа лҭаауан, аҽырхиашьа аганахьала лабжьгарақәа раҳарц, ларгьы еснагь хра злаз абжьгарақәа рылҭон, убри аан аӡәгьы игәы нмырхакәа, илҳәоз зегьы ирхааны илҳәон. Лҭаца Адиле илабжьылгеит 1864 шықәсазы иҭыҵыз ашәҟәы «Аамысҭашәала ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәа» даԥхьарц. Сариа лхаҭа лакәзар, ари ашәҟәы ианыз ҿырҳәала илҵахьан.

Зегь рыла иҿырԥшыгаз

Сариа – Лакәараа рыҩнаҭа ԥсыс дахан. Акыр лҽазылшәон лҭынхацәа европатәи акультура радыԥхьалара. Убас, иаҳҳәап, аҩнаҭа иатәу зегьы ачысфага маҭәарқәа рхы иадырхәаларц иашьлырцылон (аԥсуа чыс адкылара атрадициала ишаԥу еиԥш, афатә хкқәа зегьы напыла ирфоит – аред.). Адиле Аббас-оглы ишазгәалҭо ала, уи зыҟалҵоз, «аԥсуа традициақәа атәамбакәа ҳәа акәымызт, лара илҭахын лыԥшәма Нестор Лакоба изааигәаз ауаа аамысҭашәара рныԥшуа иҟазарц, Несторгьы уи азы даара длаҭабуан».

1921 шықәсазы Нестори Сариеи аԥа дроуит, Рауф ихьӡырҵеит. Иблагәы ҭбаақәа еиқәараӡа, даара иан длеиԥшын, дыҷкәына ԥшӡан. Аҷкәын ааӡаҩыз диман аԥсуа ԥхәыс Назиа Хонелиа, аԥсуа бызшәеи аԥсуа ҵасқәеи илырҵон. Сариа аҵара бзиа иҭара дашьҭан, Рауф ихәыҷтәы библиотекаҿы иҟан аурыс, афанцыз бызшәала ашәыҟәқәа.

Сариа аҩнра бзиаӡаны иныҟәылгон, даара ихааны ахәы ҟалҵон, аԥсуа чысқәагьы уахь иналаҵаны, асасцәа анырҭаауаз лнапала аишәа лырхион. Сасцәас ирзааиуазгьы зегь реиҳа зыхьӡ нагаз, еицырдыруаз ауаа ракәын. Сариа амузыка бзиа илбон, ҟазарала дкәашон, рыҩны ирзықәгылан Сталин ҳамҭас ириҭахьаз апатефон. Авожд иҭаацәа лассы-лассы Сариа аҳамҭақәа лзыҟарҵалон: уи иԥҳәыс Светлана Аллилуева лҟынтә Сариа илоуит ҷыдала аҳәса рзы иҟаҵоу апистолет хәыҷы, Сталин ихаҭа иакәзар, Аԥсны раԥхьатәи аледи ҳамҭас автомашьына лиҭахьан, уи лара гәахәара дула илырныҟәон.

1936 шықәсанӡа Нестори Сариеи рыԥсҭазаара зырхәашьуаз ҳәа егьыҟамызт. Аха зегь аҽаԥсахит Сталин Нестор Лакоба ианидигала Асовет еидгыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра дахагыларц. Аԥсны аԥыза ари ааԥхьара мап ацәикит, избан акәзар еиликаауан итәыла – иԥсадгьыл даҟәырҭхарц шырҭахыз, уи иаанагоз Аԥсны ақырҭуатәра нахьнатә аахыс згәы иҭаз Бериа ахақәиҭра иҭара акәын.

Нестор аҵыхәтәантәи имҩа

Декабртәи уахык зны Нестор ихала Қарҭҟа ацара игәы шҭоу аниҳәа (Бериа зыԥшрак ҟамҵакәа уаароуп ҳәа адырра ииҭеит) Аԥсны анҭыҵ дахьцалак иццалоз Сариа даҟәылхырц далагеит. Аха Нестор дцарц иӡбхьан, дузаарҳәуамызт, уажәазы иԥҳәысгьы лгара игәы иҭамызт, имашьынарныҟәцаҩ ида уаҳа аӡәы дицзар иҭахымызт. «Сгәы ааԥҵәахаҭеит, иԥҳәыс ихьчаҩ лакәушәа зехьынџьара дицуп, ихала џьара длышьҭуам ҳәа ауаа ирҳәо ахьсаҳауа!» – иҳәан Нестор даагәамҵны, ауада дындәылҵны дцеит.

Аха амашьына дҭатәаанӡа иаалырҟьаны ахысбжьы геит. Абар ари ахҭыс шаалырԥшуа Адиле Аббас-оглы: «Нестор Апполон-иԥа ҵаҟа длыбааит. Минуҭкгьы мҵыцкәа адәахьынтә иуаӷеимшхараны ахысбжьы геит. Сариа арҵәааҳәа дыҳәҳәан, лхы лтәӡамкәа ашә ахь деихеит, ҳара зегь ла ҳлышьҭалеит. Ашә аԥхьа Нестор дҽаԥхаҿаччо дгылан, апистолет кны. Сариа ирӷәӷәаӡаны дааигәыдиҳәҳәалан ус иҳәеит: убыржәы агәра згеит, Сариа, ак сыхьыр, былаӷырӡ бызнымкылакәа бышҵәыуало.

Абарҭ иажәақәа аҩысҭаа иаҳазшәа, хара имгакәа илабҿабахагәышьеит. Нестор иԥсы ҭаны Қарҭынтә аҩныҟа дзыхнымҳәит. Аԥсны ақырҭқәа раланырхара иазкыз Бериа иплан амшала Нестори иареи даара ажәақәа еимаркит. Нестор ҿыӷәӷәала мап рцәикит арҭ агәҭакы гьангьашқәа: «Сыԥсы ҭанаҵы ари ҟалашьа змам усуп!» ҳәа рыхҳәааны. Иара убри аухаҵәҟьа иԥсҭазаара дагьалҵит: Бериа иҩны уаххьафараан ашҳам ирҭан дыршьит Аԥсны ахада. Уахь анеира зынӡаск даҿыгәҳәаауамызт иара, аха Бериа иԥҳәыси иани ааичычан, шәеинҳарналароуп ҳәа мчылаҵәҟьа иҳәо-иичо, анеира дақәшаҳаҭхаанӡа иааиҟәамҵит. Анаҩс, данԥырҟа ашьҭахь еилкаахеит ашҳам ирҭаз ацианиттә кали шакәыз.

Нестор дшыршьыз ала аҩныҟа ашәаџь анырзааи, Сариа лгәырҩа ҳәаак амамызт. Дыҳәҳәон, лыхцәқәа кыдылхуан, лыҷкәын дгәыдылкылон, умшәан, «товаришь Сталин» дҳацхраауеит ҳәа хәыҭ-хәыҭла иалҳәон, дыргәыбзыӷуа. Акыраамҭа лгәы иаанагон ҩызас ирзыҟаз Сталин иҟалаз ахлымӡаах азы акгьы издыруамызт ҳәа. Аха Нестор данымҩаԥыргоз амшқәа зегьы ирылагӡаны, иара дахьыгҿаз Аԥсуа драматә театр ахь зықьҩыла ауаа ааиуан, лара лнапаҿы илдыркуан адунеи акәакьқәа зегьы рҟынтә иаауаз шәкыла адышшыларатә телеграммақәа, «рҩыза» Сталин иҟынтә ажәак иадымхаргьы илмоуит, иагьылмаҳаит.

Нестор Лакоба инышәаҭара, Аҟәа, ажьырныҳәа 1, 1937 шықәса
© Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи

Нестор ида аԥсҭазаара

Нестор инышәаҭара ашьҭахь мызкы ааҵуанеиԥш, иара изкны ауҳәан-сҳәан хәымгақәа дәықәырҵо иалагеит, ипатреҭқәа зехьынџьарантә иқәыргон, нас аҭакрақәагьы ирылагеит: НКВД ахь ауаа нарыԥхьон, анаҩс дара рыӡбахә ҳәа уаҩы акгьы изымдырӡакәа, хабарда идырӡуан. Сариа лашьа гәакьа Маџьыҭгьы абас анихь аамышьҭахь, лԥа Рауф даашьҭылхын Москваҟа дцеит, Сталин диацәажәарц. Аха Кремль ахь анеиха зынӡаскгьы илырымҭеит. Аԥсныҟа дгьежьит лгәы каҳаӡаны, гәыӷрак лымаӡамкәа.

«Аԥсадгьыл аӷацәас» Нестор идагьы уи иуацәа гәакьацәа зегь рыларҳәеит. 1937 шықәсазтәи ҭагалн азы Аԥсны ауааԥсыра зегьы арадио ала ирышьҭуаз «жәахаҩык Лакәараа» рус аӡбара шцоз ргәы ҳыҭ-хыҭуа иазыӡырҩуан, ак рывымшәарц азы. Зус рыӡбоз рхыԥхьаӡараҿы иҟан Махиали Уасили Лакәараа, Константин Инал-иԥа, Михаил Чалмаз, Владимир Ладариа уҳәа егьырҭ Нестор иҩызцәеи идгылаҩцәеи. Урҭ зегьы иреихсны иршьуеит. Анаҩс иҭаркит рыҳәсақәеи рхәыҷқәеи – урҭгьы цәгьаԥсышьа рзааргеит, рыбжаҩык ршьит, егьырҭ рыԥсы ахьынӡаҭаз абахҭақәа ирҭакын.

Ари ауахҭа цәгьа даргьы шзацәымцоз еилкааны, Сариа илылшеит лхаҵа иархив аҵәахра. Адиле Аббас-оглы ишылыҩуа ала, Сариа лашьеи лареи ашаҳаҭцәа ирбо-ираҳауа агәар аҿы Троцки исалам шәыҟәқәеи егьырҭ ашәарҭара зцыз ақьаадқәеи лыблит, аха еиҳа ихадаз, хәы змаз адокументқәа акәалап иҭаҵаны, нас афольга шәпа акәыршаны аҩны имаӡоу ҭыԥк аҿы илҵәахит.

Нестор Лакоба «аԥсадгьыл аӷас» ихьӡ анрыларҳәа, Сталин иаԥыхра зыгәҭакыз ҳәа иршьоз ирышьҭашәарыцо иалагеит. Убасҟан ашәара ҟалеит, Нестор инышәынҭра ԥхасҭартәыр ауеит ҳәа. Аха изларҳәо ала, Сариа абраҟагьы агәымшәара аарԥшны, лхаҵа иаҳаҭыр ахьчара лылшеит. Аофициалтә версиа ишаҳәо ала, Лакоба ибаҩ ыҵхны иблын Аҟәа, иахьатәи Алашарбага аҳаблан.

Аха Адиле Аббас-оглы лышәҟәаҿы илгәалалыршәоит, Нестор ибаҩ рӷьычыр ҟалоит ҳәа ацәажәарақәа шаараҳаз еиԥшҵәҟьа, Сариеи, Нестор иан Шьахәснеи, Сариа лашьа Емдыи (Адиле лхаҵа) Михаиловтәи анышәынҭра ахылаԥшҩы иацәажәаны, рхала Нестор ибаҩ ыҵхны иргеит ҳәа. Адиле агәра ганы дыҟоуп, Нестор ибаҩ Лыхны иара иқыҭа гәакьан анышә иамардеит ҳәа, аха иахьыкәҵәҟьоу здыруаз Сариеи Шьахәснеи заҵәык ракәын. Сариа лашьа гәакьагьы лхаҵа ибаҩ анышә аҭара апроцесс далалмырхәит, дыргәаҟны иидырҳәар ҳәа дшәаны. Нестор иани иԥҳәыси ракәзар, ари амаӡа уаҩы изаамыртыкәа нарцәыҟа ирыцны иргеит.

Сариа дҭаркит 1937 шықәса нанҳәамзазы. Лыҩны дшыҟаз дыргеит, аҩны зегь аадырҳәит, Нестор «ицәгьахәыцрақәа» зыршаҳаҭшаз ашәҟәқәа рыԥшааразы. НКВД аҭыӡқәа рҟны Сариа зегь реиҳа ихлымӡаахыз агәаҟҵәаҟрақәа лхылгеит. Акарцер дҭаркуан, лашьцәа идырбаны ддыргәаҟуан, нас лашьцәагьы дыргәаҟуан лара лыла иарбаны. Абарҭқәа зегьы акгьы ианамыхәа, лыҷкәын Рауф дааргеит. Лыла ишабоз, рыцҳашьарак ҟамҵаӡакәа иааисуа дырԥҟон, Нестор Лакоба Сталин иганахьала ачарҳәара иуан ҳәа Сариа илдырҳәарц.

Абар Адиле Аббас-оглы ари ахҭыс шаалырԥшуа:

— Сан, сеиқәырха, сбыҳәоит! — аҳәара ҟаиҵон лԥа. — Ирҭаху зегь ҳәа.

— Уҽырӷәӷәа, сыҷкәын, — аҭак ҟалҵон Сариа, — ичҳа абааԥсы... Уаб акгьы ихарамызт. Ҳара шьҭа усгьы ҳаурыжьҭуам...

«Шәысҭ, абар снапынҵа!..»

Аамҭа ықәҳа ицон, аха Сариа ирҭахыз уаҳа илыздырҳәомызт. Аҵыхәтәан, уаҳа ирхәыцуаз акгьы анаанымха, акарцер дахьҭакыз ахь амаҭқәа ҭарҵеит: Сариа адунеиаҿы зегь раасҭа дзыцәшәоз урҭ аҳәаза бааԥсқәа ракәын. Сариа лыҵәаабжьқәа акамерақәа рҟны иҭакыз зегьы рлымҳа ҵырхаауан.

«Лыхшыҩ еицакит Сариа рыцҳа, – ҳәа лыҩуеит Адиле Аббас-оглы, ларгьы усҟан уи абахҭа акамерақәа руак аҿы дҭакын. – Лара уажәы-уажәы дҵәыуон, нас иаалырҟьаны акыркырҳәа аччара далагон, ма дгәамҵны џьара аӡәы диқәмақаруан. Абарҭқәа рышьҭахь лҟырҟала ашьа аауан (лырԥҳақәа кыдырххьан усгьы). Ашьҭахь абахҭа ахәышәтәырҭахь днанагеит, шьала деимҳәон. Илыцышьҭаз ачымазцәа изларылшоз ала илхылаԥшуан, аҳақьым уаҩы имырбаӡакәа агәырқәа лзыҟаиҵон, мачқ иадымхаргьы лхьаақәа хызҽшаз ахәшә ҭаҭәаны. Лара уажәшьҭа дахьиаз дагьызгыломызт, аҭәеи акасыжәқәеи ирылхыз аиара дагәылаиан. Зықәра зфахьоу аԥҳәыс бырг леиԥш деизаҟәҿны дышьҭан».

1939 шықәса, лаҵарамза 16 рзы Орҭачалтәи абахҭа акамерақәа руак аҿы дышԥсра дышьҭан Сариа. Аусҭҵааҩ данааи, Нестор дыԥсахҩын ҳәа зҳәоз ақьаад лнапы аҵалыҩырц азы даҽазнык адҵа ҟаиҵарц, дахьышьҭаз дааҩаҵхахан ақьаад лшьа ахьлыршит, иагьылҳәеит аҵыхәтәантәи лымчқәа еизыркәкәаны «Шәысҭ, абар наӡаӡатәи снапынҵа!» ҳәа.

Сариеи Нестори рԥазаҵәгьы алахьынҵа цәгьа изыԥышн. Аббас-оглы ишылыҩуа ала, Рауф Лакоба ахара идҵаны, алеишәа џьбара ахьаԥыз алагер ахь дышьҭын. Шықәсқәак рышьҭахь Бериа иахь асалам шәҟәы иҩит, иԥсадгьыл ахь ахынҳәра азин ииҭарц, аҵара иҵарц, аусура далагарц шиҭаху иҩуан. Бериа иԥсахы еибакит Рауф уажәыгьы иԥсы шҭаз анидыр, адҵагьы ҟаиҵеит, алагер дыҭганы иус аӡбара иацырҵарц. Азҵаарақәа зегь раан Рауф иқәымчуан, иани иаби ԥсахыҩцәан ҳәа иазхаиҵарц, акьыԥхь аҿы, иара убас арадио ала ахара рыдҵаны дықәгыларц идыргалеит, убас ҟаиҵар иԥсы еиқәдырхоит ҳәа ажәа иҭаны. Рауф мап икит, ҳәарада. Нас иргәаҟа еиҭалагеит.

Шьоукы ишырҳәо ала, иара абахҭаҿы иԥсҭазаара далҵит, ҵыхәаԥҵәара змамыз аргәаҟрақәа руак ашьҭахь уаҳа ихдырраҿы дмааиӡакәа. Даҽа версиак ала, Рауф Лакоба ахы игәыдҵаны дшьын 1941 шықәса, ԥхынгәы 28 рзы.

Фазиль Искандер Сариа Лакоба илызкны, Аҟәа, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр, 1990-тәи ашықәсқәа
© АГТРК

Ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер 75 шықәса ихыҵра иазкыз аиубилеитә хәылԥаз аҟны Сариа илызкны абас еиԥш ажәақәа иҳәеит: «Ҳтәылаҿы зыхьӡ нагоу аҳәса

зегьы инарылукааша аӡә лакәны дыԥхьаӡатәуп, Аԥсны мацара акәым, иара Урыстәылагьы. Уи аҟны аӡәгьы ԥырхага изыҟаҵом, избанзар лара илхылгаз агәаҟра хлымӡаахқәа – ҭоурыхтә фактуп. Иҭоурыхтә фактуп убасгьы лхаҵа гәыкала изыҟазаареи, уи иҵабырг амԥсахреи лыԥсҭазаара ахаҭа аиҳагьы ахә ҳаракны иахьылшьаз, лыԥсгьы ахьақәылҵаз… Сара сгәы иаанагоит Сариа абаҟа лзыргылатәуп ҳәа. Убри абаҟа агуп иахьа Аԥсны».

Ауаажәларраҿы акырынтә ихацыркын Сариа Лакоба абаҟа лзыргылара иазку ахалаԥшьгарақәа. Шьоукы ажәалагалагьы ҟарҵахьан Лакоба иҩны-амузеи аҿаԥхьа уи абаҟа дыргыларц, «Сариа лыҩныҟа дхынҳәуеит» ҳәа ахьыӡҵаны. Аха иахьа уажәраанӡагьы аус ацәажәарақәа ирхымсыцт.