АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа Сҭамԥыл еиқәшәан Аконгресс шықәсыктәи аусура аихшьалақәа ҟарҵеит, иара убас 2019-тәи ашықәс нҵәаанӡа реиҳа хра злоу аусмҩаԥгатәқәа алыркааит.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа Сҭамԥыл имҩаԥыргаз русуратә еиԥылараҿы шықәсык иалагӡаны Аконгресс имҩаԥнагаз аусура ихадароу алҵшәақәа ирылацәажәеит, хаҭалагьы: уажәазы ихыркәшоу мҽхакыҭбаалатәи акциа «Агәы аԥхарра», Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ Ҭырқәтәыла азгәаҭаразы гәҭакқәас иҟоу, иара убас аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа Абаза жәлар есышықәсатәи рыхәмаррақәа рылахәра.

Аԥсныи Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспубликеи рҟны заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа амаҭәа ԥхақәа рыла реиқәыршәара хықәкыс измаз, Ҭырқәтәыла иҟоу апсуа-абаза диаспора алархәны имҩаԥысуаз агәыҳалалратә акциа «Агәы аԥхарра» аихшьалақәа азыҟаҵо АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Ведаҭ Маҟар иаликааит ари акциа иаанашьҭыз алҵшәақәа. Иара мҩаԥысуан 2018 шықәса цәыббрамза инаркны 2019 шықәса хәажәкыра мзанӡа, иааидкыланы акциа аетапқәа зегьы ирылагӡаны ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа рҿы хәыҷи-дуи ирызшан 6-нызқь цыра рҟынӡа аӡынтәи амаҭәа ԥхақәа: акурткақәа, аразина кьаҿқәа, ахызақәа, аимаақәа уҳәа убас егьырҭ аԥхамаҭәа хкқәа.

«АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Беслан Агрбеи, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора рахьтә хазы игоу амеценатцәеи иҟарҵаз ацхыраара абзоурала иалыршахеит абас еиԥш зымҽхак ҭбаау агәыҳалалратә акциа амҩаԥгара. Аконгресс акоманда русура еиқәшәа абзоурала ари акциа қәҿиарала ихыркәшахеит. Агәра ганы сыҟоуп ԥхьаҟагьы абас еиԥш аус бзиақәа анарха роуп ҳәа», – иҳәеит Маҟар.

Аиԥылара ахәҭак азкын Аԥсны аҳәынҭкарратә бираҟ амш Ҭырқәтәыла азгәаҭара. Ҳазҭоу ашықәс азы ари аныҳәа еиҿыркаауеит Аконгресси, Аԥсуафеди, ахеидкыла «Алашареи» еилахәны. АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәа агәыӷра аадырԥшит, абас еиԥш аусеицура иалнаршап ҳәа аныҳәа аҩаӡара ҳаракны амҩаԥгара.

«Сгәы иаанагоит ари амш уаанӡақәа раасҭа ныҳәа дук еиԥш еиҿкааны иаҳзымҩаԥгап ҳәа. Агәра ганы ҳаҟоуп, аинтерес зҵоу апрограмма шыҟало», – ҳәа азгәеиҭеит Маҟар.

Иара еиҭеиҳәеит убасгьы Аԥсны аҳәынҭкарратә бираҟ амш Ҭырқәтәыла азгәаҭара иадҳәалоу азҵаарақәа инапы ишанызаауа АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Ерџьан Башьныхә.

Аусуратә еиԥылара иацҵауа Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа ишьҭырхит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа Ҟарачы-Черқьесиа имҩаԥысуа есышықәсатәи Абаза жәлар рыхәмаррақәа ралахәра азҵаара. АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Аҳмаҭ Ҳапат иазгәеиҭеит Ҭырқәтәылатәи адиаспора арҭ Ахәмаррақәа ишрылахәхо, уажәазы уи иадҳәалоу аҽазыҟаҵаратә зҵаарақәа рыӡбара ишаҿу. Ҳапат иациҵеит ахәмаррақәа рылахәра аҵак ду шамоу, избанзар уаҟа «еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә аԥсуааи абазақәеи реибадырразы зеиӷьыҟам аҭагылазаашьақәа аԥҵахоит».

«Арҭ аспорттә хәмаррақәа – шәышықәсеи бжаки инареиҳаны еиҟәгоу ҳауаажәлар реидкылараҿы даара ихәарҭоуп. Аҿарацәа еибадыруеит, аиҩызара, агәыбылра рыбжьалоит. Акрызҵазкуа хыдҵас ҳҿаԥхьа иқәгылоуп ахәмаррақәа ирылахәхо ауаа рхыԥхьаӡара аизырҳара, урҭ еицымҩаԥырго аамҭа иахьынӡауа ацҵаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара», – иҳәеит Аҳмаҭ Ҳапат.

Аиԥылараҿы иалацәажәан иара убас Аконгресс ахь алахәцәа ҿыцқәа радыԥхьалара азҵаара.

«Ҳара иҳаӡбеит апрезентациа азҳархиарц, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа Аконгресс аидеиақәеи ахықәкқәеи иаҳа иааигәаны идеилҳаркаарц. Аԥхьа апрезентациа мҩаԥаҳгоит аԥсуа культуратә центрқәа ахьыҟоу араионқәа рҿы. Уаҟа иаартхоит АААК аҭыԥантәи аҟәшақәа», – ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳапат.

Иара иациҵеит убасгьы, Аконгресс ахь алахәцәа ҿыцқәа радыԥхьаларазы ишыцхыраагӡа дуу АААК аинформациатә портал (www.abaza.org).

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәеи Аконгресс алахәцәеи реиԥыларақәа аамҭа-аамҭала имҩаԥысуеит. Убас, иҳаҩсыз ашықәс цәыббра 29 рзы Аҟәа имҩаԥысит Аконгресс бжьратәи аусура аихшьалақәа рыҟаҵара иазкыз астол гьежь