Амениу
30 Мшаԥы 2024
00:05
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    2 Мшаԥы 2024
02.04.2024 15:53
Очамчыра, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК иацнаҵоит Аҧсны ашколқәа рҿы аекологиатә тренингқәа рымҩаҧгара

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәшеи, ААУ аекологиеи аҧстәқәа рморфологиеи ркафедра аметодист, арҵаҩы Маиа Цыбулевскаиеи иацырҵоит "Ашколхәыҷқәа рзы аекологиатә тренингқәа" зыхьӡу апроект анагӡара. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны изаамҭанытәиу, аинтерактивтә лекциа мҩаҧысит Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Тамшьтәи абжьаратә школ аҿы. Аекологиатә тренингқәа рымҩаҧгара хықәкыс ирымоуп ахәыҷқәа аекологиа иазку адыррақәа арыҭара, аҧсабара аиҷаҳареи азҿлымҳара ашьҭыхреи ирызку ахәдурақәа рсистема арӷәӷәара. Ашколхәыҷқәа активла адискуссиа рхы аладырхәуеит, ргәаанагара иалацәажәоит, насгьы еиздырҳауеит аимадаратә лшарақәа.

0