Амениу
16 Лаҵара 2024
15:38
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    29 Мшаԥы 2024
29.04.2024 13:18
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Изхысу амҩа: АААК еиҿнакааит Аҧсны аҧшьаҭыҧқәа рахь аныҟәара

Апроект “Аимадара” аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭыҧантәи аҟәшақәа аус рыцуразы АААК аҟәша еиҿнакааит изаамҭанытәиу аекскурсиатә мшы. Уажәазы аныҟәара еиҿкаан Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рзы. Аекскурсантцәа рхаҭа иҟарҵаз аҳәарала урҭ рымҩа ылган Аҧсны мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу аҧшьаҭыҧқәа рахь: Драндатәи аныхабаа, Мықәтәи аиашахаҵаратә ныхабаа, Елыртәи ауахәама. Уи инацҵаны, ашколхәыҷқәа Оҭаҧ иҟоу Абраскьыл иҳаҧы иаҭааит. Аныҟәараҿы изҭаауаз аҭыҧқәа дрыхцәажәон Мгәыӡырхәатәи ашкол аҿы аҭоурых арҵаҩы Саида Гәынҧҳа. Аекскурсантцәа реиҳараҩык рзы арҭ аҭыҧқәа ҿыцбарахеит. Ашколхәыҷқәа рзы ари амш хҭысла ибеиан, аинтерес аҵан. Амҩа шыуадаҩзгьы, ашколхәыҷқәа уи хдыркәшеит ашәақәеи акәашарақәеи рыла.

0