Амениу
29 Мшаԥы 2024
23:37
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    9 Мшаԥы 2024
09.04.2024 18:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Арра-патриоттә ааӡара: алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵара иазку апроект иацҵоуп

Алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵара иазку апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аҩбатәи аҭыҵра еиҿкаан Цандрыҧшьтәи абжьаратә школ Nº2 аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа рзы. 

Ашколхәыҷқәа аҭааит Ачадара аҳабла иҟоу "Аҧсны ахысырҭатә клуб". Аҧышәа змоу азыҟаҵаҩцәа ашколхәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит абџьар ахархәараан изықәныҟәатәу аҧҟара хадақәа, абџьар аибашьыгатә ҟазшьақәа, аусушьа, иара убасгьы иддырбеит Калашников иавтомат аимыхшьеи аибыҭашьеи.

Ашколхәыҷқәа аҽазыҟаҵараан идырҳаз адыррақәа рхы иадырхәеит аҧышәаҿы. Ахысратә ҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирҵеит абџьар акышьа, ииашаны акылҧшшьа, ацәҟьара ақәшәашьа. 

Алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵара иазку апроект азынархоуп аҿар арра-патриоттә шьагәыҭ арылааӡареи, арратә занааҭқәа рзы ирдыруа аҳәаа арҭбаареи.

0
09.04.2024 15:54
Гәдоуҭа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аекологиатә тренинг мҩаҧысит Хәаԥ ақыҭа

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәшеи, ААУ аекологиеи аҧстәқәа рморфологиеи ркафедра аметодист, арҵаҩы еиҳабы Маиа Цыбулевскаиеи иацырҵоит ақыҭа школхәыҷқәа рзы аекологиатә тренингқәа рымҩаҧгара. Изаамҭанытәиу аинтерактивтә лекциа мҩаҧысит Хәаԥ ақыҭа.

0
09.04.2024 15:22
Санкт-Петербург, Урыстәылатәи Афедерациа

Кан Ҭаниа иҽалаирхәит аелекторалтә процесс иазку Италиатәи аекспертцәа рпресс-конференциа.

Мшаҧымза 6 Ламециа-Терме ақалақь аҟны еиҿкаан хәажәкырамза 15-16 Урыстәыла имҩаҧысыз атәыла Ахада иалхра иалахәыз, аелекторалтә процесс иазку Италиатәи аекспертцәа рпресс-конференциа. Аусмҩаҧгатә иалахәыз ажурналистцәеи асасцәеи  ирыман алшара Запорожие, ДНР, ЛНР, Москва алхырҭатә ҭыҧқәа хаҭала ирҭааз жәибжьҩык Италиатәи аекспертцәа ажәа раҭакразы. 

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рзы аминистрра иҷыдоу анапынҵақәа рзы ацҳаражәҳәаҩ, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Ахантәаҩы иаппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа авидеоеимадара ахархәарала уи апресс-конференциа иҽалаирхәит. Еизаз аҧсшәа раҳәаны еиҭеиҳәеит аинформациа ахьынӡаиашоу хаҭала аҭҵаара аҵак ду шамоу, избанзар зны-зынла амассатә информациа ахархәагақәа иаладырҵәо амц информациа иахҟьаны аиаша ҩашьоит. 

Аиҧылара аихшьаалақәа ҟаҵо, еизаз ақәшаҳаҭхеит Италиатәи аекспертцәа Урыстәылаҟа раара аҟазшьа зныҧшуаз азеиҧш гәаанагара - Урыстәыла Ахада иалхрақәа мҩаҧысит жәларбжьаратәи астандартқәа инарықәыршәаны, иаартны, крызҵазкуа аилагарақәа ҟамҵакәа; аекспертцәа иҭырҵааит амц информациеи амцхаҵарақәеи  рыда  аҭагылазаашьа зеиҧшрацәҟоу.

Апресс-конференциа еиҿыркааит аекспертцәа раҳасаб ала алхрақәа ирылахәыз, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҷыдоу анапынҵақәа рзы ацҳаражәҳәаҩ атәылауаҩ Вито Гриттани, атәылауаҩы Салатино Паскуали.

0