Амениу
29 Мшаԥы 2024
21:31
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    10 Мшаԥы 2024
10.04.2024 18:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа ирызкыз атренинг мҩаҧысит Мгәыӡырхәа ақыҭан

Асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа ирызкыз, ҩымштәи апроект еиҿкаан Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ 9-11 аклассқәа рҵаҩцәа рзы. Асоциалтә проектҟаҵара азыҟаҵаҩцәа Мате Цквитариаҧҳаи Лана Чкадуаҧҳаи аҵаҩцәа ирзеиҭарҳәеит апроектҟаҵара ашьаҭақәа рдырра хәарҭас иацу. Ҩымш ирылагӡаны, ашколхәыҷқәа иддырҵон актуалра змоу ауадаҩрақәа ралкаашьа, ахықәкқәеи аҳасабтәқәеи рықәыргылашьа, асоциалтә проект аформа ахарҭәаашьа, ииашаны абиуџьет аиқәыршәашьа. 

Аҧҟарақәа инарықәыршәаны, алахәҩцәа х-гәыҧкны рыҽшаны, рхатәы проектқәа цәырыргеит. Акәашаратә клуб аиҿкаара,  ашәҟәы ҿыцқәа рыла абиблиотека ахарҭәаара, иара убасгьы ашкол аҵакырадгьыл ариаҵәареи, аҧсшьаратә ҭыҧ аиҿкаареи - абарҭ ах-проектк ирныҧшит акомиссиа ахәаҧшырц азы агәыҧқәа ицәырыргаз рҭахрақәа. Апроектқәа рыхьчара ашьҭахь, АААКи аҿари аспорти рзы Аҧсны аҳәынҭқарратә Еилаки русзуҩцәа рыла ишьақәгылаз акомиссиа аиааира згаз агәыҧ алнакааит, анаҩс уи апроект анагӡаразы афинанстә цхыраара аҟаҵаразы. 

Ари аицлабраҿы аиааира агеит акәашаратә кружок аҧҵаразы ажәалагала ҟазҵаз агәыҧ. 
Ашкол аҿы акәашаратә кружок аҧҵаразы ажәалагала иаҧхьанеиуан 2023 шықәсазы АААК агәыҧ имҩаҧнагаз акәашаратә уада аартра. 

Асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа ирызку апроект мҩаҧысуеит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси, аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилаки рымчқәа рыла.

0