Лента событий ВААК
АААК ауаҩы раԥхьатәи ацхыраара иҭашьа иазку атренинг мҩаԥнагеит Аацы ақыҭан
АААК Аҵареи, агәабзиарахьчареи, асоциалтә активреи рыҟәша раԥхьатәи ацхыраара ииашаны аҟаҵара иазку атренинг мҩаԥнагеит Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан. Ашколхәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит ауаҩы иԥсмаҷхараан, абылраан, абаҩԥҵәараан, ашьацараан, ма ак аницҳалак, раԥхьатәи ацхыраара шиҭатәу. Атренинг апрактикатә хәҭахьы ианиас ахәыҷқәа ираҳаз шеилыркааз аадырԥшуан, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩ лыцхыраарала апульс ршәон, ахәра ҿарҳәон, агәы амассаж аҟаҵашьа рҵон.
АААК ауаҩы раԥхьатәи ацхыраара иҭашьа иазку атренинг мҩаԥнагеит Приморское ақыҭан.
АААК акоманда ауаҩы раԥхьатәи ацхыраара иҭара иазку атренингқәа рымҩаԥгара иацнаҵоит. Убас, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩ Индира Амҷԥҳа далархәны аиԥш зеиԥшу атренинг мҩаԥысит Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан. Ашколхәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит аԥсмаҷхараан, абылраан, абаҩԥҵәараан, ашьацараан, ма ак ануцҳалак, ауаҩы раԥхьатәи ацхыраара шиҭатәу. Апрактикатә хәҭахьы ианиас ахәыҷқәа ираҳаз шеилыркааз аарԥшра алшара рыман, апульс ршәон, ахәра ҿарҳәон, агәы амассаж аҟаҵашьа рҵон.
Аконгресси Аԥсшьаратә центр «Фрунзенский» аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи Санкт-Петербург иҟоу абиуџьеттә еиҿкаара «Ахбыџқәеи ақәыԥшцәеи рыԥсшьарҭатә центр «Фрунзенский» адиректор Евгени Соколови аҩ-еилазаарак рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
АААК Хәаԥи Бамбореи ашколқәа рзы аспортмаҭәахәқәа раахәараҿы ацхыраара ҟанаҵеит.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҭыԥантәи аҟәшақәа аус рыцура аҳәаақәа ирҭагӡаны Хәаԥи Бамбореи ақыҭа школқәа рҿы аспортмаҭәахәқәеи англыз бызшәазы арҵага шәҟәқәеи раахәараҿы ацхыраара ҟанаҵеит.