Лента событий ВААК
Азанааҭалхра иазкыз аиԥылара мҩаԥысит Лыхны.
АААК ашколхәыҷқәа рзанааҭалхра иазкыз атренинг мҩаԥнагеит Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан. Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь арҵаҩы Алиса Барцыцԥҳаи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәеи ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит рзанааҭ алхраҿы мҩас изнысыз, идырҳаз аԥышәа зеиԥшроу. Ашколхәыҷқәа ирарҳәеит убасгьы азанааҭ ҷыда ахьуоуша Аԥсны иҟоу аколлеџьқәа рыӡбахә.
"Аибашьра иалиааз асаламшәҟәқәа": Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазкны АААК апроект ҿыц аус адулара иалагеит.
Аԥсны жәлар рџьынџџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵра инамаданы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апроект ҿыц ахацыркра рҽазыҟарҵоит "Аибашьра иалиааз асаламшәҟәқәа" ҳәа хьӡыс измоу.
Акыр иаԥсоу ҳаԥхьаҩцәа, аибашьра анцоз иҩу асаламшәҟәқәа шәзынхазар, ицәырыжәгарц шәҭахызар, аҳәара ҟаҳҵоит адырра ҳашәҭарц Аконгресс асоциалтә ҳақәа рҟны Директ ахь, мамзаргьы ари апроект ахылаԥшҩы Есма Кәыҵниаԥҳа лелектронтә ԥошьҭахь ekvitsinia@mail.ru илзанышәҵа.