Амениу
27 Ԥхынгәы 2024
04:17
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    7 Ԥхынҷкәын 2023
07.12.2023 13:39
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Жәандрыԥшьи Хыԥсҭеи ашколхәыҷқәа ауаҩы раԥхьатәи ацхыраара иҭашьа ддырбеит.

Жәандрыԥшьи Хыԥсҭеи ашколхәыҷқәа 78-ҩык ауаҩы раԥхьатәи ацхыраара иҭашьа арҵара иазкыз атренинг рхы аладырхәит. Аусмҩаԥгатә еиҿкаауп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аспециалист Индира Амҷԥҳаи русеицурала. Ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит ауаҩы еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа раан аҳақьым дибаанӡа, ацхыраара шиҭатәу: аԥсмаҷхареи абылреи, амра ухы иасма, ма хәаҷак уцҳама, абаҩԥҵәа, ахәахәара, ашьабара уҳәа раан хымҩаԥгашьас иаарԥштәу. Анаҩс аҽаршьцылага ҷыдаҿы аҵаҩцәа агәы амассаж аҟаҵашьеи аԥсыԥ ахәлаҵашьеи ддырбеит.

0