Амениу
27 Ԥхынгәы 2024
05:25
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    14 Ԥхынҷкәын 2023
14.12.2023 17:22
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Раҧхьатәи амедицинатә цхыраара иазкыз, ҩбаны иҟаз атренинг мҩаҧган Очамчыратәи ашкол-интернат аҿы. 

АААК аҵарадырреи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша аусзуҩцәа Изольда Ҳагҧҳаи, Наур Хышбеи, иааҧхьаз Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аспециалист Индира Амҷҧҳаи С.П. Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол-интернат аҿы ҩ-тренингк мҩаҧыргеит. Атренингқәа ирылахәын 70-ҩык аҵаҩцәа. Актәи атренинг иаҭааит 5-6 аклассқәа рҿы аҵара зҵо ашколхәыҷқәа, аҩбатәи атренинг мҩаҧган аиҳабыратәи аклассқәа рзы. Индира Амҷҧҳа ашколхәыҷқәа ирзеиҭалҳәеит аҧсмаҷхареи, абылреи, ауаҩы акы аницҳауеи, ахы амра асреи, ааха аиуреи, абаҩҧҵәареи, егьырҭ иҷыдоу аҭагылазаашьақәеи раан аҳақьымнӡатәи ацхыраара аҭашьа аҧҟара хадақәа. Иара убасгьы, иҷыдоу атренажер аҿы ахәыҷқәа иддырҵеит иҧсабаратәым аҧсыҧлагаҩагара атехникеи, агәы иҧиоу амассаж азушьеи.

0
14.12.2023 17:15
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Ацхырааралас аҟаҵара иазкыз атренинг мҩаҧган Ӡыгәҭатәи ашколхәыҷқәа рзы

АААК аҵарадырреи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша аусзуҩцәа Изольда Ҳагҧҳаи, Наур Хышбеи, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аспециалист Индира Амҷҧҳаи Ӡыгәҭатәи абжьаратә азеиҧшҵаратә школ аҵаҩцәа рзыҳәаны раҧхьатәи ацхыраара аҭашьа иазкыз атренинг мҩаҧыргеит. 

Ашколхәыҷқәа ирыҭан аҧсмаҷхареи, абылреи, ахы амра асреи, ааха аиуреи, абаҩҧҵәареи, ауаҩы акы аницҳауеи раан ацхыраашьа иазку адыррақәа рышьаҭа. Иара убасгьы, ашкохәыҷқәа иддырбеит агәы иҧиоу амассаж азушьеи, иҧсабаратәым аҧсыҧлагаҩагара атехникеи.

0