Амениу
27 Ԥхынгәы 2024
08:11
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    22 Ԥхынҷкәын 2023
22.12.2023 16:01
Ҷлоу, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Ҷлоу ақыҭан адиспансеризациа мҩаҧнагеит

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Б. У. Шьынқәба ихьӡ зху Ҷлоутәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рзы адиспансеризациа мҩаҧнагеит.
Ақыҭа амҽхак дууп, убри аҟнытә ашкол аҿы аус руан инеиҵыху аҳақьымцәа ргәыҧ. Уи агәыҧ иалан агәабзиарахьчара Аминистрра аҟнытә еиуеиҧшым аҳақьым-занааҭтә хырхарҭақәа рыла аусзуҩцәа – ахәыҷтәы ҳақьымцәа Амалиа Азнаурианҧҳаи, Алиса Гәаланӡиаҧҳаи, аендокринологцәа Илона Арӡынҧҳаи Шьаризан Агрҧҳаи, аблаҳақьымцәа Анна Ақаҩҧҳаи, Фатима Сангәлиаҧҳаи, анервҳақьым Саида Канџьариаҧҳа, ареабилитолог Арзадин Агрба, анервчымазара, аультра-бжьытә ҭҵаара иазҟазоу аҳақьым Альбина Хәаџьааҧҳа, арентгенолог Аслан  Берзениа, иара убасгьы амедиаҳәшьцәа Мадина Барцыцҧҳаи, Илона Баркалаиаҧҳаи, Асмаҭ Цааваеи. Урҭ рнаҩсан, адиспансеризациа рхы аладырхәит Аҟәатәи амедколлеџь астудентцәа. Ашкол ашҟа инаган а-УЗИ аппарати, ахәдаџьалтә шьадеи ультра-бжьыла рыҭҵаара иазку амаҭәахәқәеи, КАМАЗ шьаҭас измоу, афлиуорографла еиқәыршәоу, еиҭаҵуа акабинети. Заа игаз ашьа аҭҵаарақәа зегьы мҩаҧнагеит алабораториа «MedLife».
Ҷлоутәи абжьаратә школ аҿы адиспансеризациа иахысыз ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи рхыҧхьаӡара 120-ҩык инарзынаҧшуеит. Адиспансеризациа аҳәаақәа ирҭагӡаны, имҩаҧган амедико-абжьгаратә цхыраареи, еиуеиҧшым аҭҵаарақәеи, илҩаан иаҭаху ахәшәтәрақәа. Еиуеиҧшым ауадаҩрақәа здырбалаз ашколхәыҷқәа ихарҭәаау аҭҵаарахьы инеирц азы адәықәҵақьаад рырҭеит. Агәаҭарақәа ирылҵшәаны, аҵаҩцәа ргәабзиара азеиҧштә ҭагылазаашьа бзиоуп ҳәа ахәшьара аҭан. Адиспансеризациа анаҩстәи, ахыркәшаратә етап мҩаҧгахоит Кәтол ақыҭан.

0